АШәМ урыстәылатәи аҳаирпланқәа рымҵарсразы украинатәи аԥшыхәра аоперациа еиԥнарҟьеит

АШәМ урыстәылатәи аҳаирпланқәа рымҵарсразы Украина АА ААУ аоперациа еиԥнарҟьеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 25 — Sputnik. Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура адырра ҟанаҵеит Украина арратә ԥшыхәра урыстәылатәи аибашьыгатә ҳаирпланқәа рымҵарсразы аоперациа шеиԥнарҟьаз, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Украина арратә ԥшыхәра аусзуҩцәа ртәыла аполитикатә напхгара рыхьӡала иқәгыло рҽазыршәеит урыстәылатәи аԥырҩцәа хырхырц. Дара Евроеидгыла иалырхуа тәылак атәылауаҩреи аԥаратә гәазыҟаҵара шроуеи рзы агәра ддыргон. Аҳаирпланқәа УАМ иатәу аҳаирбаӷәазақәа руак аҿы идыртәарц рыдыргалон", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Урыстәылатәи азинмчратә усбарҭақәа ари аус иалахәу шьақәдыргылахьеит. Уи адагьы дара ироуит адыррақәа украинатәи арратә хыбрақәа ааха рыҭара алзыршоз.
Иара убасгьы АШәМ иркьыԥхьит аоперативтә видеоҭыхра акадрқәа, Украина АА ААУ аусзуҩ урыстәылатәи аԥырҩы ҭелла дахиҿцәажәо, аҳаирплан амҵарсразы аԥара ахьидигало.
"Ҳара иаҳхықәку аҳаирплан ауп. Уи шәаргьы ибзианы еилышәкаауеит. Ахәԥса ашәара ҳазыхиоуп. Иреиҳаӡоу Рада асаит аҿы ари аҩыза аусқәа рзы официалла миллионк (долларла—аред.) ашәара ҳшазыхио. Иҟалоит аҽа миллионкгьы ацаҳҵар. Ҳаилацәажәап", - иҳәоит украинатәи ахаҿы.
Урыстәылатәи аԥырҩы аванс ҳасабла 4 000 доллар ииҭараны дыҟан акуриер, уи дааныркылеит. Киев ирыгәҭакын Су-24, Су-34 ма Ту-22МЗ амҵарсра.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Лавров Украина аганахьала аӡбарақәа ЕАА аҳәынҭдепартамент ауп издызкыло иҳәеит
Уи адагьы украинатәи аԥшыхәратә усбарҭа аԥырҩцәа рыҳәсақәа ЕЕ атәылақәа руак ахь риагара иақәшаҳаҭын. Урҭ уа атәылауаҩра шроуа агәра ддыргон.
"Урыстәылатәи аԥрыҩцәа рҭаацәа Урыстәыла ишаалҵлак урҭ Украина ААУ анапаҿы иҟалон. Аршәареи ашантажи рметодқәа украинатәи амаҵзура ҷыдақәа ирзыҟазшьоуп. Иарбанызаалак моралтә ҽынкыларак рымам" ҳәа иҳәеит Урыстәыла АШәМ аусзуҩ ателеканал "Россия 24" аефир аҿы.
Киев ишазыԥхьагәанаҭоз ала аԥырҩы ишьҭыԥраара аҿаԥхьа аҳаирпланныҟәцаҩ клофелин ииҭар акәын, ахәшә 30-40 минуҭ рышьҭахь ахы цәырнагарц. Анаҩс украинатәи аҳаиртә мчрақәа аҳаирплан Украина аҵакыраҿ мчыла идыртәазшәа иеиҿыркаарц.
АШәМ аусзуҩ иазгәеиҭеит аоперациа британиатәи амаҵзура ҷыдақәа алахәны ишымҩаԥысуаз.
Кремль аҳәамҭа ҟанаҵеит Урыстәыла аҳәаақәа еиларгацыԥхьаӡа иахәҭоу аҭак шыҟанаҵало