Кремль аҳәамҭа ҟанаҵеит Урыстәыла аҳәаақәа еиларгацыԥхьаӡа иахәҭоу аҭак шыҟанаҵало

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ Москве отменен режим самоизоляции
В Москве отменен режим самоизоляции  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2021
Анапаҵаҩра
Британиа Ду адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит рырра-мшынтә мчқәа "Украина аҵакыратә ӡқәа" рахь ишҭалац ишҭалало, абри азы аҭак ҟанаҵеит Кремльгьы.

АҞӘА, ԥхынгәы 7 - Sputnik. Москва Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа британиатәи аӷбақәа еиларгацыԥхьаӡа иахәҭоу аҭак ҟанаҵалоит, иара убас адипломатиатә инструментаригьы ахы ианархәалоит. Абри атәы иаанацҳауеит РИА Новости, Владимир Путин ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков Британиа Ду адәныҟатәи аусқәа рминистр Доминик Рааб аесминец Defender иазкны иҳәамҭазы иҟаиҵаз аҭак ааго. 

Рааб иҳәеит Британиа Ду адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит рырра-мшынтә мчқәа "Украина аҵакыратә ӡқәа" рахь ишҭалац ишҭалало, убри азы Кремль агәынамӡара аанарԥшуеит.

Самолет радиолокационной разведки ВВС Великобритании Bombardier Global Express Sentinel R.1 - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.10.2019
Британиа ду аҳаирпланқәа Урыстәыла аҳәаа ааигәара иԥшыхәуан

"Урыстәыла ахадеи, егьырҭ аҩаӡарақәа рҟни изныкымкәа иазгәарҭахьеит урыстәылатәи аган амшын аҟны рҳәынҭқарратә ҳәаа еилазго иақәнагоу аҭак шрырҭало", - ҳәа Песков ажурналистцәа иреиҳәеит.

Иара иажәақәа рыла, аҳәаахьчаҩцәа наҟ-наҟгьы ишынарыгӡало аҳәынҭқарратә ҳәаа аилагараан ишьақәгылоу аинструкциақәа.

Аесминец аҵыхәала иҟалаз ахҭыс ашьҭахь Москвеи Лондони ирыбжьалар зылшо аизыҟазаашьақәа рыӡбахә ҳәа, Песков иазгәеиҭеит уажәазы еиҿцәажәара ҳәа акгьы шыҟам.

Рашәарамза анҵәамҭазы британиатәи аесминец Defender урыстәылатәи аҳәаа иахысит Ҟрым амыс Фиолент аҿы. Урыстәылатәи аҳәаахьчаратә ӷба акырынтә ргәы анырҽанаҵа ашьҭахь ианаанымгыла, ргәырҽанырҵартә ихысит, аҳаирплан Су-24М акәзар, "агәҽанҵаратә бомбршәра" иалагеит аесминец ахьнеишаз акурс шьҭыхны. Британиатәи атәылахьчара аминистрреи аиҳабыра аусеилыргарҭеи агәра ддыргоит аесминец ишамеихсуаз, урыстәылатәи аҵакыратә ӡқәа рҿгьы ишыҟамыз. 

Ажәабжьқәа зегьы
0