Ииасыз амчыбжь азы Аҟәа имҩаԥысит зхатә нхарҭақәа змам аҭаацәарақәа реизара, Аминистрцәа реилазаара иаднакылеит амедицинатә программақәа, Мрагыларатәи атәыла ахәҭаҿы алашара арцәара аихшанҵа ҿыц шьақәдыргылеит. Арҭи егьырҭ ахҭысқәеи ртәы Sputnik ахҳәааҿы.
Анхарҭақәа рызҵаара
Ажьырныҳәа 17 рзы Аҟәа имҩаԥысит ахшара рацәа змоуи зылшарақәа ԥкуи аҭаацәарақәа рмитинг. Урҭ атәыла анапхгарахь ааԥхьара ҟарҵеит анхарҭақәа рыла реиқәыршәараҿ ацхыраара рырҭарц.
Ажьырныҳәа 20 рзы ахшара рацәа змоуи зылшарақәа ԥкуи аҭаацәарақәа рхаҭарнакцәа еизеит Аҟәа, Аҳабла ҽыц Кьараз амҩаду аҟны иҟаҵамкәан игылоу аҩнеихагыла №18Б аҟны.
Еизаз ирҳәеит нхарҭа ҭыԥда ишыҟоу, қьырала ауаҭах амхра шрылымшо. Дара ргәаанагарала жә-еихагыларак иҟоу аҩны аҳәынҭқарраҿ ашәҟәы иҭагаламзар, дара рхатә харџьала ишьақәыргыланы анхара иалагар ҟалоит.
Амилициа аусзуцәа амитинг иалахәыз аҩнеихагыла иҩнарымҵеит. Уахь инеиз ақалақь ахадара аусзуҩцәа ирҳәеит ари аҩны қьырала акоммерциатә наплакы ишаҭоу, аамҭагь шынҵәо жьҭаарамзазы.
Ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәба идеилиркааит аилахәыра аиқәшаҳаҭра иалагалоу ахәҭақәак еиланагар, уи ашьҭахь аҳәынҭқарра иаӡбоит ауаҭахқәа ауааԥсыра рыҭара, убысҟан хыҵакырҭада иҟоу ауаа, амитинг иалахәымызгьы азхьаԥшра шроуа.
Аҿагылаҩцәа иазгәарҭеит амамзаара иахҟьаны нхарҭа ҭыԥда ишыҟоу, анхарҭа аиуразы агәаран шықәсы рацәала ишықәгылатәу, иахьеизаз ишеилымҵуа.
Амитинг ахь инеит Жәлар Реизара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба, адепутатцәа Инар Гыцба, Кан Кәарҷиа, Ерик Рштуни, Асҭамыр Гьерхьелиа, иара убас "Аԥсуа жәлар рхеидкыла" анапхгаҩы Адгәыр Арӡынба.
Анаҩс Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб иҟны имҩаԥысит аиԥылара.
Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура иаанацҳаит, аиԥылара мҩаԥысит лҵшәа аманы, "аӡбамҭа рыдыркылеит асиа иарбоу ауаа категориала нхарҭа тыԥла реиқәыршәара азҵаара аӡбара" ҳәа.
Алашараз аихшанҵа ҿыц
Ажьырныҳәа 18 инаркны ЕгрыГес аҟынтәи алашара зауа Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҟны алашара арцәара аамҭеихшара ҿыц кьыԥхьуп ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура. Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡыҩаӡара амаҷра иахҟьаны уахыки-ҽнаки алашара дырцәалоит хә-сааҭк.
Урыстәылантәи алашара зауа ареспублика мраҭашәаратәи ахәҭеи агәҭеи рзы ажьырныҳәа 12 рзы иалагалаз аԥкрақәа шыҟац иаанхоит.
"Ари ашықәс ихадоу шықәсхоит": атәыла хада иҟны аилацәажәара
Аслан Бжьаниа аныҳәатә мшқәа раан дырԥылеит урыстәылатәи ачынуаа, абри атәы иара иҳәеит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы аилацәажәараҟны.
Аиԥылараҟны ирылацәажәан урыстәылатәи аилахәырақәа Аԥсны аҵакыраҿы ринвистициатә усуразы аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра, ҩынтәны ашәахтәқәҵара алмыршаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра, аҳаирбаӷәазеи ареспублика газла аиқәыршәареи рызҵаарақәа.
Бжьаниа иара убасгьы иҳәеит, Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭаҿы Аԥсны иалҵыз абизнесуааи иареи шеиԥылаз. ⠀
Атәыла ахада иҳәеит 2022 шықәса аихшьаалақәа шыҟаҵатәу. Аԥыза-министр инапы ианиҵеит ақалақьқәеи араионқәеи рнапхгаҩцәа алархәны аилацәажәара ҭбаа мҩаԥгазарц.
Иара убасгьы иҳәеит аобиективтә информациа еизгазарц иҟаҵоу азы, 2023 шықәсазтәи ауснагӡатәқәа рзы.
"Ари ашықәс акрызҵазкуа акәхоит, избанзар уаанӡатәи аҩышықәса аҽазыҟаҵаратә ҟазшьа рыман. Аиҳарак уахь иаҵанакуеит аҵаҵӷәытә документқәа разырхиара. Ауааԥсыра идырдырлатәуп аԥыжәара заҳҭо аусқәа, ҳалшамҭақәа, иаҳзымыӡбаз апроблемақәа ртәы",- иҳәеит Бжьаниа.
Аилацәажәараҿы иазааҭгылан Гагра аспорткомплекс аргылара. Апроект нарыгӡоит ахатәхаҿқәа. Иара ҳамҭас аҳәынҭқарра иаҭахоит.
Ахықәкытә программақәа
Ажьырныҳәа 19 рзы Аминистрцәа реилазаараҟны ишьақәырӷәӷәан ахықәкытә программақәа.
2023 шықәсазы Аԥсни уи анҭыҵи ҳтәылауаа рыхәшәтәра иазырхахоит 90 млн мааҭ.
Аимҳәаду аԥырҟәҟәаразы - 7 млн мааҭ.
Аҷаҷачымазара змоу рыхәшәтәразы - 50 млн мааҭ.
Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ргәабзиара аиҭашьақәыргылараз - 3 млн мааҭ.
Арра инарыԥхьо аҿар амедицинатә гәаҭарала реиқәыршәараз – 450 000 мааҭ.
Аԥыжәара змоу аусеицура
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аԥсны аҵакыраҿы аус зуа Жәларбжьаратәи еиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи аиԥылара мҩаԥыргеит.
Аиԥылараҟны аганқәа русеицуразы иҟаҵатәу ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит.
Аиԥылараан иалыршан аиҿкаарақәа рыпроектқәа рхырхарҭа хадақәа рзы аиқәшаҳаҭрақәа, русура аан агуманитартә ҟазшьа мацара ақәныҟәара.
Аԥсны ахада инапанҵала Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Ашәарҭадаратә маҵзуреи, ҳтәылаҿы аус зуа Жәларбжьаратәи еиҳабыратәым аиҿкаарақәеи ЕАР амаҵзурақәеи русура агәаҭарақәа ирыцҵахоит ҳәа иҳәеит Инал Арӡынба.
Аӡаахра амшныҳәа
Аиашахаҵаратә қьырсианра иаҵанакуа Анцәа Иӡаахра азгәарҭеит ажьырныҳәа 19 рзы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҟәатәи акафедралтә уахәамаҿ имҩаԥысуаз Қьырса Иӡаахра амш иазкыз анцәаимҵаныҳәара даҭааит.
Жәлар рпоет ииубилеи
Аԥсны Жәлар рпоет, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы, иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу, Пушкин имедал иаԥсахахьоу Мушьни Лашәриа ажьырныҳәа 16 рзы 85 шықәса ихыҵит.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ажьырныҳәа 16 рзы дидикылеит аиубилиар. Аслан Бжьаниа Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ҳамҭас ииҭеит Аԥсны Абанк иҭнажьыз аԥараҿырԥқәа.