Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Мушьни Лашәриа иԥсҭазааразы: смоҭа хәыҷи сареи ҳаиҩызара иацысҵар сҭахын

Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵра иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа литература аклассик, Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ажьырныҳәа 16 рзы 85 шықәса ихыҵит. Асахьаркыратә ажәа азҟаза арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы иирамш шазгәеиҭаз еиҭеиҳәеит, дызнысыз иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи ртәы дазааҭгылеит.
85 шықәса -кыр ыҟоуп, сара ус ҳасабс исыман аҩны ҭаацәашәала азгәаҭара, аха анапхгара аҟынтә иааит, исхамышҭуа ажәаԥхақәа сарҳәеит, иҳәеит Мушьниа Лашәриа ииубилеи шазгәеиҭаз дазааҭгыло.
"Арҿиара иаҿу ҳамҭак-премиак сырҭандаз ҳәа дыҟам, аха уи акраҵанакуеит, ауаҩы игәы ҭнагоит", - азгәеиҭеит аҟаза.
Сырҿиаратә усура еиԥхьбаны иҟаӡам, иацсымҵозар иагсмырхацт иҳәеит Лашәриа.
"Агазеҭқәа, ажурналқәа саамҭа маҷымкәа иргеит, сызхьымӡаз ашәҟәы ҭыжьра аганахьала даара ирацәоуп. Убри маҷ-маҷ сазхәыцуеит", - иҳәеит апоет.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0