Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Қьырса Иӡаахра амш иазку анцәаимҵаныҳәара даҭааит

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания посетил богослужение в честь Крещения в Сухуме
Аслан Бжания посетил богослужение в честь Крещения в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2023
Анапаҵаҩра
Аиашахаҵаратә қьырсианра иаҵанакуа Анцәа Иӡаахра азгәарҭоит ажьырныҳәа 19 рзы.
АҞӘА, ажьырныҳәа 19 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҟәатәи акафедралтә уахәамаҿ имҩаԥысуаз Қьырса Иӡаахра амш иазку анцәаимҵаныҳәара даҭааит.
Анцәаимҵаныҳәара мҩаԥигон Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама ахада аиереи Виссарион (Аԥлиаа). Аныҳәа рхы аладырхәит жәаҩыла Анцәа дхазҵо ауаа.
Верующие во время празднования дня Крещения Христова у источника Святого Василиска возле села Каман в Республике Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2023
Аԥсны
Адунеи ақьырсианцәа Қьырса Иӡаахра амш азгәарҭоит
Аныҳәа традициа хаданы иазыҟоуп аӡы аԥшьара. Аӡы рыԥшьоит ажьырныҳәа 18 аухеи ажьырныҳәа 19 аҽынгьы. Ари аӡы ацәеижьи адоуҳаи арыцқьоит ҳәа иԥхьаӡоуп. Иара убасгьы ари амш аҽны имҩаԥыргоит аӡаахрақәа.
Ажьырныҳәа 19 (ажәытә стиль ала ажьырныҳәа 6) рзы Аӡаахра амшныҳәаз Анцәа дхазҵо иргәаладыршәоит Иаса Қьырса Галилеинтәи аӡиас Иордан ашҟа дышнеиз иҽӡааихырц азы. Иара аӡы данҭыҵуаз адунеи зегьы ирбарҭахеит Анцәа-Аб, Анцәа-Аԥа, аҳәыҳә асахьа зманы Иаса Қьырса ижәҩахыр иқәтәаз Анцәа-Иԥшьоу идоуҳа. Аныҳәа иара убасгьы Анцәаибара ҳәа иашьҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0