Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа ахәыҷырацәа змоу аҭаацәарақәа аиҳабыра адҵа рырҭеит рынхарҭа азҵаара рыӡбарц

© Foto / АПСНЫПРЕСС Многодетные семьи в Сухуме потребовали от властей решения жилищного вопроса
Многодетные семьи в Сухуме потребовали от властей решения жилищного вопроса - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.01.2023
Анапаҵаҩра
Аҟәа Аҳабла ҿыц еизаз аҿагылаҩцәа еилымҵит аԥыза-министр Александр Анқәаб идимкылакәан.
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 – Sputnik. Ахәыҷырацәа змоуи зылшарақәа ԥкуи аҭаацәарақәа рхаҭарнакцәа ажьырныҳәа 20 рзын еизеит Аҟәа, Аҳабла ҽыц Кьараз амҩаду аҟны иҟаҵамкәан игылоу аҩнеихагыла №18Б аҟны. Абри атәы аанацҳауеит "Абаза-ТВ".

Еизаз ирҳәеит нхарҭа ҭыԥда ишыҟоу, қьырала ауаҭах амхра шрылымшо. Дара ргәаанагарала жә-еихагыларак иҟоу аҩны аҳәынҭқарраҿ ашәҟәы иҭагаламзар, дара рхатә харџьала ишьақәыргыланы анхара иалагар ҟалоит.

"Ԥшьышықәса раахыс аҩнеихагыла ашә ҿамкәан, аԥенџьыр ҿамкәан игылоуп, ахыбгьы амаӡам. Ҳара арахь ҳааит изтәу деилаҳкаарц. Ҳара ауадақәа ҳҭахуп, изыҟамлари ипотека ҳасабала иаҳгар, ишԥаҟамлари аӡәы иҳамоу ауадаҩрақәа дрызхьаԥшыр", - ҳәа лҳәеит амитинг иалахәыз руаӡәк Ильда Ҷаниа.
Амилициа аусзуцәа амитинг иалахәыз аҩнеихагыла иҩнарымҵеит. Уахь инеиз ақалақь ахадара аусзуҩцәа ирҳәеит ари аҩны қьырала акоммерциатә наплакы ишаҭоу, аамҭагь шынҵәо жьҭаарамзазы.
Ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәба идеилиркааит аилахәыра аиқәшаҳаҭра иалагалоу ахәҭақәак еиланагар, уи ашьҭахь аҳәынҭқарра иаӡбоит ауаҭахқәа ауааԥсыра рыҭара, убысҟан хыҵакырҭада иҟоу ауаа, амитинг иалахәымызгьы азхьаԥшра шроуа.
Аҿагылаҩцәа иазгәарҭеит амамзаара иахҟьаны нхарҭа ҭыԥда ишыҟоу, анхарҭа аиуразы агәаран шықәсы рацәала ишықәгылатәу. Ирҳәеит ауалафахәы шмаҷу, рхәыҷқәа ргәабзиара ахьыуашәшәыроу иахҟьаны аус шырзымуа. Аӡәырҩы иазгәарҭеит акырынтә аиҳабыра рахь ишнеихьоу, аха ишлыҵшәадау.
Кабинет Министров Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.11.2022
Аԥсны
Аԥсны аиҳабыра апрограмма "Анхарҭа-2025" рыдыркылеит
Аԥсны Адемографиатә политикеи асоциалтә еиқәыршәареи рзы аминистрраҟны ажурналистцәа ирзеиҭарҳәеит, аҳәынҭқарратә программа "Анхарҭа 2023-2025" ашҟа ишынашьҭу 416 рзаҳал. Абиуџьет аҟынтәи апрограмма шықәсык ишазоунажьуа 60 миллион мааҭ, уи иаанагоит шықәсык ала 60 ҭаацәара нхарҭа ҭыԥла еиқәыршәахоит ҳәа.
Амитинг ахь инеит Жәлар Реизара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба, адепутатцәа Инар Гыцба, Кан Кәарҷиа, Ерик Рштуни, Асҭамыр Гьерхьелиа, иара убас "Аԥсуа жәлар рхеидкыла" анапхгаҩы Адгәыр Арӡынба. Уи анаҩс аҿагылаҩцәа рхаҭарнакцәеи, адепутатцәеи, АЖәР анапхгаҩы Адгәыр Арӡынбеи, Адемографиатә политикеи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Руслан Аџьбеи, Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәбеи аԥыза-министр Александр Анқәаб иԥылеит.
Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура иаанацҳаит, аиԥылара мҩаԥысит лҵшәа аманы, "аӡбамҭа рыдыркылеит асиа иарбоу ауаа категориала нхарҭа тыԥла реиқәыршәара азҵаара аӡбара" ҳәа.
Уаанӡа, аҩаша ажьырныҳәа 17 рзы ахәыҷырацәа змоуи зылшарақәа ԥкуи аҭаацәарақәа рхаҭарнакцәа Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿ еизеит. Усҟангьы уахь инеит Апарламент адепутатцәа, дара еизаз ақәдыргәыӷит аҳәынҭпрограмма "Анхарҭа" иалахәхарцаз ацхыраара шыҟарҵо азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0