Сынтәа 70 шықәса ихыҵуеит ашәҟәыҩҩы Даур Занҭариа. Уи ирҿиараҿы ҳара иаҳԥылоит ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа, асценариқәа, иара убас иҽазишәахьан апиеса "Аҽацә лас" аҩра.
Даур Занҭариа асовет аамҭазтәи аԥсуа шәҟәыҩҩцәа абжьаратәи абиԥара иаҵанакуа рҿиаҩуп ҳҳәар ауеит. Аԥсуа советтә литература ахырхарҭаҿы ҳара иаабоит асистема иашьашәалоу алитература зырҿиоз реиԥш, уи ашьҭрақәа ирхымлакәа, еиҳа зых иақәиҭу астильқәа шьҭызхыз арҿиаҩцәа. Абарҭ аҵыхәтәантәиқәа дреиуоуп Даур Занҭариа. Иара иҳәан еиԥш, иаԥиҵон "ҳаамҭазтәи аепос".
Исҳәар сылшоит иара Алықьса Гогәуа апрозаҿы имаз ахақәиҭратә мҩа иацызҵоз дреиуоуп ҳәа. Уи иабзоураны Занҭариа ирҿиара анаҩстәи абиԥарақәа рзгьы зеилкаара уадаҩым сахьаркыратә аԥҵамҭақәоуп, ашәҟәы иаԥхьо дҟалар...
Ашәҟәыҩҩы ихаҭареи ирҿиареи узеиҟәыҭхом, сара дахьынӡаздыруаз еснагь згәы акы ыҵхоз, зхы иацәгәаауаз, игәамҵуаз, алаф инароуны изҳәоз уаҩын.
Даур Занҭариа ауаҩы, ашәҟәыҩҩы иаҳасабала Алықьса Гогәуа ииҭаз ахәшьара зегь реиҳа иҭнахуазар ҟалап ихаҿра: "Он был застенчивым и дерзким, смешливым и грустным, ироничным и задумчивым, обаятельным и замкнутым, счастливым и несчастным, и все это в нем было освещено талантом". Абра еиқәыԥхьаӡоу аҟазшьақәа иара иаҳзынижьыз ирҿиамҭақәа шьахәла ирныԥшуеит.
Даур Занҭариа ҩ-бызшәак рыла дыҩуан – аԥсышәалеи урысшәалеи, аха сара санҵамҭақәа рҿы сыззааҭгыло еиҳарак автор хатәы бызшәала иишаз аҩымҭақәа роуп. Ашәҟәыҩҩы иҩышьа астиль атәы сҳәозар, жәлар рҳәамҭақәа ахархәара анриҭози, иара ус ихатә дунеи иалиԥаауаз асиужетқәа анаԥиҵозгьы, дызлаҩуаз алитературатә стиль акыр ицәны, игәылырҭәааны иҟаиҵоит.
Занҭариа ипроза ҳазааҭгылозар, бзазаратә лексикам ихы иарихәо, ажәлар рцәажәашьа анеиқәирхо шыҟоугьы. Даҽакала исҳәозар, Занҭариа аҵанӡа аԥсуа бызшәа иамаз алшарақәа зныруаз иакәын. Ашәҟәыҩҩы ирҿиараҿы хазы иалкааны "ажәабжьоуқәа" ҳәа рзиҳәоит ажәабжь аҳәаа иҭыгоу, аха аповест ҳәа ҳзышьҭоу аҟынӡа инагам ирҿиамҭақәа.
Владимир Занҭариа еиқәиршәаз 2013 шықәсазы иҭыҵыз аизга актәи ашәҟәаҿы иануп, урҭ ажәабжьоуқәа ҳәа автор иззиҳәо быжьба. Урҭ рыбжьара иҟоуп ажәытә ҭоурыхқәа ирхылҵыз, иара убас, арҿиаҩы ихатә дунеи далыԥшны иибоз асахьақәа аазырԥшуа.
Иахьа сыззаҭгыло ажәабжьоу раԥхьаӡа санаԥхьаз схы зызцаз ахырхарҭа аҵкьыс акыр иҵаулоуп. Уи "Енџьы-Ҳаным, зынасыԥ зцымныҟәаз" захьӡу аҭоурых ауп. Ақәыԥшра иацуп аромантика, уи акәхап, ари ажәабжь раԥхьатәи сыдкылашьа зыхҟьазгьы. Автори сареи ҳаибадырит 1985 шықәса рнаҩс ақьафурҭа "Амра" аҩбатәи аихагылаҿы. Убри анаҩс, иҵегь санеиҵаз сзыԥхьахьаз иҩымҭақәа рдаҟьақәа еиҭаасыртуа салагеит. Уажәы ари анысыҩуа, Енџьы-Ҳаным лхатә лахьынҵа азхәыцра аҵкьыс акыр ишеиҳау збоит автор иааирԥшуа аҭоурых. Енџьы илызку ажәабжьоу аамҭас иаҵанакуеит Аԥсны аҵыхәтәантәи аҳ Ҳамыҭбеи (Михаил) Чачба атәыла данахагылаз. Автор ари аҩымҭаҿы ихаҭа ибла иабазшәаҵәҟьа, акыр исахьаркны иаҳирдыруеит усҟантәи Аԥсны аҭоурых, атәыла аҩнуҵҟатәи аибарххарақәа, иара убас, аԥҳәыс лразҟы амҩақәҵашьа, насгьы ларгьы аполитикаҿгьы дышхәыдамыз даҩымскәа. Занҭариа ари ажәабжь аҿы ихы иаирхәоит еиуеиԥшым астильқәа, жәлар рырҿиамҭа, автортә хьаҵрақәа, ажәеинраалақәа. Аԥхьаҩ дмырааԥсакәа, ганрацәалатәи алексикатә хархәарақәа рыцхыраарала зыӡбахә имоу аҭоурых аԥхьаҩ дагәыланархо аҟаҵара илшеит.
Егьырҭ иажәабжьқәа рҿы ишыҟаиҵало еиԥш, араҟагьы автор ари ажәабжь ажәытәуаа рҟынтә ишаниҵаз азы ахҳәаақәа ҟаиҵоит. "Абри ажәабжь шҵабыргу еиқәшаҳаҭны ирҳәоит аԥхьарцарҳәаҩцәа дуӡӡақәа Агхәа Хәаҭхәаҭи, Амзыц Кадыри, Шәынд Уамахьи", - абас ахы икуеит автор "Енџьы-Ҳаным, зынасыԥ зцымныҟәаз".
Ажәытә жәабжьқәа рымҩала далагозаргьы, иҟазара иахылҿиаауа ҩымҭаны ишыҟоу ҩашьом иааирԥшуа аҭоурых, избанзар Занҭариа дышәҟәыҩҩы хаҭан, ус баша иаҳаз ажәабжь ақьаад ахь аиагара мацара дазкымызт.
Иахьа ҿыц иҩымҭа анаасыртуа, сқәыԥшра аамҭа иснамырбаз аполитикатә хәыцрақәа, аԥсуаа жәытә-натә аахыс реимак, реиҿак, рӷыӷеибагара уҳәа, ганрацәалатәи аҭоурых аарԥшра иазку жәабжьуп сҳәар ауеит. Автор ажәабжьоу ахьӡ "Енџьы-Ҳаным, зынасыԥ зцымныҟәаз" ала азныказ дирблаҟьоит аԥхьаҩ, аԥҳәыс лхатә ԥсҭазаара иазкушәагьы инарбоит. Даҽа бызшәак ала исҳәозар, абзиабара атемала иааирԥшуеит XIX ашәышықәсазтәи Аԥсны аполитикатә ҭагылазаашьа. Ҳамыҭбеи Чачба иаҳәшьа лхаҵацарагьы ҵаҵӷәыс иамаз аполитика акәын. "Уажәы иара иаҳәшьа Хьымкәараса дигар, уи имчхара ала зжьы ужәыр, зтәан еиламгылоз Далаа инапаҿы раагара иаҳа изымариахон Аԥсны аҳ", - иҩуеит автор аԥсҳа дзызхәыцуаз ҳардыруа. Чачба хара дыԥшуан, уи иҭахын Далтәи Маршьанаа инапаҿы раагара. Иара ибзиаӡаны еиликаауан иаҳәшьа ԥшӡа Енџьы, уи ауп, дзызхьуаз, урысшәала ажәеинраалақәа лзызкуаз аофицер Шәлиман иахь илымаз агәыбылра днахысны лашьа иҳәатәы дзықәныҟәаз:
Она стояла у прибоя,
Где волны бьют подошвы скал.
Прибрежный ветер, зычно воя,
Ея одежду развевал…
Исахьаркыз урысшәала ацәаҳәақәа лзызкуаз Шәлиман ирҿиаргьы иаргьы агәаԥхара шлырҭозгьы, "аҳәынҭқаррақәа еилазгоз ацәа ссир зыҟәныз" Енџьы ахаан илымбацыз, Маршьанаа ҵәатәышьаҟас ирыҵагылаз Хьымкәараса иццара дақәшаҳаҭхеит: "Уара иахьуҳәо сыҟоуп, Аҳмыҭ… саҳ ухаҵкы!", - аарла лыбжьы ааҭылкааит лара. Занҭариа иажәабжь аҿы Аԥсны аҳ даара агызмалреи агьангьашреи знубаало уаҩуп - Аԥсны аҳ усҟан аҭырқәа ган иадызцәылоз Далаа инапаҿы раагара хықәкы хаданы измаз иакәын.
Ари жәытә ҭоурыхзаргьы, автор иҩымҭа ҳаамҭазтәи аԥсуа политикаҿы иуԥыло аӷыӷеибагара иашьашәалоуп. "Енџьы-Ҳаным илдыруан, мышкы зны лхаҵацара аамҭа анааилак, лара дагьылмазҵаакәа, аҳра ишахәарҭахаша ҳәа мацара дазнеины, лразҟы ичаԥараны дшыҟаз лашьа", - иҩуеит автор, Аҳмыҭбеи аполитика аҳаҭыраз иаҳәшьа лразҟы дшамеигӡоз ҳардыруа.
Занҭариа иажәабжьқәа рҿы иахьа шамаха ахархәара змам аԥсуа хьыӡқәа ҳԥылоит: Шәаҭрахь, Маҳмаҭҟача, Баҭыршлаҟ. Уи адагьы, иара дызлацәажәо Енџьы лҭацаагацәа зҭааз, аҵаул чара ахьыруз ақыҭа Лаҳлар ҳзынханы иҟамшәа збоит…
Автор аетнографиатә темақәагьы дрывымсит, усҟантәи ачараушьа иахьатәи акыр ишацәыхароу аарԥшуп ажәабжьоу аҿы. "Иаҳәшьа лхаҵацара ахьӡала аҽырыҩра еиҿикааит Аԥсны аҳ Аҳмыҭбеи, – иҳәоит Занҭариа, – аҵәыршәра, ампыл асра, аҽырхәмарра уҳәа еиуеиԥшым аиндаҭларақәа шымҩаԥыргоз цәырго. Аҭаца дызгаз Маршьанаа рзы "Далаа аҭгара ду ҟарҵеит", - иҳәоит Занҭариа.
Автор иҩышьа стиль хьанҭоуп узымҳәозаргьы, ишысҳәахьоу еиԥш, аполитика дшаҿу, ажәабжь афырԥҳәызба лахь диасуеит, уи лразҟы иаргьы гәҭымчымра шинаҭо еилукааратәы, уи алагьы асиужет акыр иркәараҵоит.
Адырхаҽны амҳара иҩналаз Хьымкәараса инеиҿаԥшыз Енџьы лгәы нҭыԥсааит: "Иара дагьауцәамызт, аха дфархьын аҟынтә, дҳаракызшәа лбеит азныказ. Леишәацәгьак шиакәыз ҩашьомызт. Енџьы-Ҳаным лгәы нҭыԥсааит. Дабаҟаз дзеигәыӷуаз арԥыс-хаҵа, аҽы ацәаҩа џьбара змоу, ашьха рҩаш иаҩызоу агәаҳәара зыблақәа мцаны ирыхгылоу?" - абарҭ асахьақәа ҳадгало, автор иаҳирбоит усҟантәи аԥҳәысаагара иацыз атрадициақәа акыр ишыџьбараз, рныҟәгарагьы ахәҭаны ишыршьоз уи зкультураз ҳмилаҭ. Асиужет ишаанарԥшуа ала, Енџьы дызгоз ахаангьы длымбацызт, ахымш рышьҭахь ауп иара амҳара даныҩналазгьы. "Дналҿаԥшит, иблақәа амаӷ рылыҳәҳәо, дыржьоу дрымжьоу, иԥҳәыс ишақәнагоу дыԥшӡоу дыԥшӡаму еиликаар иҭахызшәа", - ҳәа иҩуеит автор, акыр еиҿартәу лексикала.
Рҩыџьагьы еибамбацызт, раԥхьатәи реиниара абас иҟаз ахәыцрақәа ацын. Убас шакәызгьы, "зынасыԥ зцымныҟәаз" ҳәа Занҭариа иззиҳәо аҭыԥҳа дазыԥшын иара лааигәа инеира. Автор араҟа ихы иаирхәо ажәақәа акыр ираӡоуп, ахаҵеи аԥҳәыси реизааигәахара абзазаратә цажәашьа зынӡагьы иацәыхароуп, даара ихырку ажәала иҩычоуп : "Лымаршәа куа лиарҭа днылаириеит, лылацәақәа ааиқәылыԥсеит, лнапқәа аалываҳаит. Иԥаҵа џьаџьақәа лӡамҩа инахьишьын, ашьшьыҳәа лқьышәқәа днарыгәӡит".
Анаҩстәи асиужет абжеиҳаракгьы, Енџьы лынасыԥдара иазкуп, дызгаз Амаршьан аӷацәа рацәаҩны излаимаз ала, "дҿаҳәазаарын". "Дышҿаҳәаз макьана агәра игарц иҭахымызт, уи аганахьала уаханаӡа гәҩара имоуцызт, уи дагьазымхәыццызт ашьхарыуа ԥагьа"- ҳаԥхьоит ажәабжь аҿы. Уи арбгаразы акыр дырцәагьы иҽырзикит, аха лҵшәа амамызт. Аҳ иаҳәшьа уи мырзакәа ҭацара луан акыраамҭа, лыԥҳәысра лиааианӡа.
Занҭариа иажәабжь аҿы акырынтә дырзыхынҳәуеит аԥсуа ҳаблақәа реимакқәа, аҭырқәеи аурыси рыбжьара еиҳа анырра змаз ауаа дуқәа реиндаҭларақәа аарԥшуа. Абраҟагьы, акырынтә ибжьаӡуа ацәажәшьақәа ахархәара риҭоит Даур Занҭариа. Аҭаца лбацәа иреиуаз, аха аԥсҳа изыуаамыз ирхыԥхьаӡалаз Асланбеи "бқәақәра згааит, дад, сахьшьа!" иҳәоит иара, ҳара иахьа ҳхы иаҳархәо саҳәшьа аҭыԥан. Уи ҳамҭас илиҭаз амацәаз ахә ҳаракны ишьо автор иҩуеит "Лыбла аахнакит, лгәы иааҭалеит амацәаз мӡанра аԥшӡара". Иахьа амӡанра иҵоурам символуп иаанарԥшуа, ишаҳбо ала, ажәытәан уи ажәа аԥшӡара иахаҿырбаган. Автор даҽаџьарагьы - Ахьы Шабаҭ аҭаца илзааигаз азы абас иҩуеит: "Хаҳә жәлабзиала иҷаҷыз хәдахаҵа мӡанрак" - амаҭәар аԥшӡареи ахаҭбазиареи ҳзырбо ажәала.
Даур Занҭариа иажәабжьоу иаанарԥшуеит аҭоурыхтә хҭысқәеи, аетнографиеи ибзианы ахархәашьа рыҭара шилшо. Араҟа иалагалоуп ахьӡыртәрақәа ирыҵаркуа ацәаҳәақәагьы:
Фицар вакьыцла заанда зшышыз,
Инрал вакьыцла ихызышшааз
Иацтәи ҳасас Ахьы Шабаҭ…
"Адраматә ҟазшьа змоу ҭыԥуп ажәабжь агәаны Енџьы лашьа, аԥснаҳ Ҳамыҭбеи иҭааз исасцәеи иареи реиқәшәара. Занҭариа иаҳирбо Аҳмыҭбеи аурыс инрал Раевски дызҭаауа дреиуоуп. Далаа иреиуаз аҭауадцәа Ешсоуи Шабаҭи араҟа иаарԥшуп аҭырқәцәа рахь зхы хоу ракәны "Ҳтәыла Аԥсны –ҩ-мчык ирыбжьашәазар, руакы уҽадукылароуп- реиҳа анарха змоу", - иҳәеит сасра иааз Шабаҭ аҭырқәцәа рахь еиҳа иаҳзеиӷьуп ҳәа шьақәырӷәӷәо. Аԥснаҳ усҟантәи ихәыцрақәа рыла, асасцәа иааз атәыла зегь еидкыланы ишыҟаиҵаша, ганкы ишадлаша аниабжьыргоз ихы зызцоз аҽакын. Аҳ дхәыцуан: "иара иҭыԥангьы иаҳа иҳәатәхаҵаҩу дааганы ара, Лаҳлар днадыртәон, аԥснаҳ ҳәа". Аԥсны аҵхәтәантәи аҳ ихәыцрақәа рыла, ашәҟәыҩҩы Даур Занҭариа амчра афилософиа ккаӡа иааирԥшуеит : "Ианҭынчрахалак еснагьгьы аԥхьанеиҩы дмыцхәхоит, избанзар еиҭаацәырҵхуеит амчра зкыц. Аԥхьагылаҩ ма дҭахароуп, ма дмыцхәхароуп….".
Абас еиуеиԥшым аполитикатә еибарххарақәа шааирԥшуагьы, Аԥсны аҵыхәтәантәи аҳ иҭоурых ахыркәшарахь ииаимгеит ашәҟәыҩҩы исиужет. Уи дихашҭуамызт зынасыԥ зцымныҟәаз ифырԥҳәызба Енџьы-Ҳаным. Даара ҟазарала иааирԥшуеит автор, аҳкәажә аԥшаҳәаҿы ауаргьала даниааланы лыԥшахьарсрақәа. Лмаҵуҩы араԥ Мысҭафа длывагьежьуа, нас урҭ ирыхҭыгәлаз ахьча Хылԥацәгьа иԥа Ҟәлангьери дареи реибадырра уҳәа зеиӷьыҟам асиужет ҳадигалоит иара. Абраҟагьы, Гогәуа исиужетқәа рҿы ишаабало еиԥш, Занҭариа аеротикатә мативқәа цәыригоит аԥҳәыс лыԥсабара аиааира шаго ҭызхуа. Аџьмашша лхьызшьуаз ахьча азныказ агәра изгомызт дзыниаз анасыԥ. Лара лыԥшреи лсахьеи рыла ссиршәа деиҿартәымзи. "Лышьхәақәа рыла далагеит. Еиҭах! Еиҭах! Еиҭах мыхкәа ҟәаданы исықәуп. Ма ԥшьаала дықәиазар ибаргәыз. Лызқәа ианахьишьуаз, иаргьы иааигәаԥхеит. Аха лара дҳәаҵәыҳәаҵәуа диԥырхаган… Ишьа- идагьы иазымдыруаз ԥхаррак, гәыхыҭхыҭрак аарнырит…", - абас зынӡа иаахтцәамкәа автор иаҳирбоит аҳкәажәи ахьчеи реизаагәахара. "Лхы хәынгалшьо дҟалеит" зынасыԥ зцымныҟәаз Енџьы Зафарбеи иԥҳа, лцәа ахшара дшалашәаз анылдыр. Иара уи аамҭаз, лхаҵа леишәацәгьа Хьымкәараса "иҿаҳәара" ԥирҭларцаз, ажәытә фольклор нҵамҭақәа рҿы ишаарԥшу еиԥш аныҳәарақәа мҩаԥигон, аԥсаҭатә ҟаиҵон: "Абнаршәыра иагәылаҵәахыз адәҳәыԥш аҿы ианнеи, амца еиқәырҵеит. Ибзыцәашьеи иареи ацәаӷь нкарыжьын, ацқьа иаҳәызба ааҭыганы ахәда хиҵәеит. Хьымкәараса кәасҭхак аагны, ашьа инылаиршьшьит…" - абасшәа иаарԥшуп уи амҩаԥгатә, иахьа зыӡбахә шамаха уаҩы имаҳауа.
Санҵамҭа саналагоз ари ажәабжьи сареи раԥхьа ҳанеиқәшәаз, еиҳа абзиабаратә хырхарҭа амазшәа избеит ҳәа исҳәаз, иҟалап зынӡа аҵабырггьы иацәыхарамзар. Занҭариа зегь акоуп, цәаҳәа хаданы иагәылигоит Енџьы лынасыԥдара азҵаатәы. Иара ихы иаиархәоит анашанатә ҟазшьа змоу ацәырҵрақәа. Ажәабжьоу ахыркәшамҭаз зхы хәынгазшьоз Енџьы, иҟалҵаз аниаҳа ашьҭахь игьежьыз лхаҵа, лшьамхы арсны иҿаԥхьа лыҽкалыжьт. Иаргьы иҟаиҵара изымдыруа дҳашҳатәрахазшәа дгылан. "Игәы ааилахәеит, ииура ииҳәара изымдырт". Убасҟан Хьымкәараса инырит иҳәеит автор "аҩы џьбареиԥш иоуразароу дыруалыуашо ишьа-ида иҭаланы ишдәықәлаз, иааизыхынҳәыз, уаҳа ишьа-ида иҭымҵырцаз бзанҵы".
Занҭариа ифырԥхәызба иара убас дполитикны дааирԥшуеит, ари ахҭыс аԥхьа ақыҭауаа, лашьа дрықәлоит ҳәа заҳаз раҳҭынра ианақәла, урҭ рацәажәашьа шылдырыз, насгьы аҩныҟа иааԥхьаны ишеиқәлыртәаз аарԥшуа. Аԥхьаҩ ажәабжьоу азҵаарақәа изыннажьуеит, зхаҵара гьежьыз Хьымкәараса иланеижьрызма ахьча иҵкару лымгәарҭа дахьҭаз? Уи аҭак нагӡаны иҳамаӡам. Лхы хәынгашьо анаҩс адунеи дықәзу, лцәа иалаз ашьхаҿы ибӷалаз ахьча ихылҵыз адунеи иқәлара насыԥ лнаҭоу Енџьы? – абри аҩыза азҵаатәгьы узцәырҵуеит ашәҟәы адаҟьақәа анаурклакгьы.
"Аԥсуа милаҭтә доуҳатә хыҵхырҭақәа рҟынтә адунеитә сахьаркыратә ԥшаарақәа ркаҵәара ашҟа зхатәы мҩахәасҭа, зхатәы шьхацамҩа ылхны инеиуз шәҟәыҩҩын Д. Занҭариа", - ҳәа иҩуеит аҵарауаҩ Владимир Занҭариа. Ииашаҵәҟьаны, иара абри ажәабжьоу мацарагьы иаанарԥшуеит иара ипрозатә поетика ахара иԥшуаз, аԥхьаҩ акыр дзырхәыцуаз сахьаркыратә рҿиамҭаны ишыҟоу.
Ԥсабарала иромантикыз автор ихаҭа Енџьы-Ҳаным "зынасыԥ зцымныҟәаз" лзиҳәазар, ус анакәха, аполитикатә еибарххарақәа зынасыԥ ԥырхага арҭаз ԥҳәысны длыхәаԥшуазар ҟаларын. Аполитикатә шьаҭа змаз сиужетны иҳадигалозаргьы, Енџьы ллахьынҵа азхәыцра аԥхьагылара агозаргьы ҟаларын ашәҟәыҩҩы иԥсабараҿы... Ари ажәабжьоу аурысшәахь еиҭаганы аԥхьаҩ идигалахьан автор.
Абар уи иаԥхьаз аурыс шәәҟыҩы Андреи Битов иахиҳәааз: "Двадцать лет назад он показал мне свою первую крупную вещь "Енджи-Ханум, обойденная счастьем". Она была не только талантлива, но и гениальна, настолько в ней выражен новый жанр, новый писатель — органичный сплав эпоса и хроники, фольклора и летописи".
Занҭариа ашәҟәыҩҩы иаҳасабала Аԥсны анҭыҵ аурыс ԥхьаҩцәагьы ирылаирҵәеит иҩымҭақәа. Фазиль Искандер инаҩсан, дцәырцит урысшәала арҿиара зылшоз даҽа аԥсыуа шәҟәыҩҩык. Уи иус мариамызт, акыр ҟыба-ӡыба ихигеит Урыстәылатәи ажурналқәа рҿы дыркьыԥхьларц азын.
"Даур Зантария был слишком талантлив. Казалось, после Фазиля Искандера в абхазо-русской прозе делать нечего. Даур нашел путь, продолжение которого сулило мировую мощь", - ихәыцрақәа аԥхьаҩцәа ирыдигалоит Битов.
Аурыс поет Татиана Бек лгәалашәарақәа рҿы илыҩуеит автор ҩ-бызшәак рхарахәаразы ииҳәалоз: " Я принадлежу к малочисленным народам, которые, как правило, двуязычны. Я с детства основную интеллектуальную информацию получал на русском языке — на абхазском я классику прочитать не мог. Мышление мое двуязыко".
Хаҭала "Енџьы-Ҳаным зынасыԥ зцымныҟәаз" дахцәажәо Даур Занҭариа Бек илеиҳәеит ари аҭоурых иара жәлар ирҳәамҭаны ишеидикылаз: "Мои герои — реальные и в свое время весьма значимые фигуры. Существует много архивного материала, с ними связанного. Существует — и это главное — народная память о них: песни, сказания, притчи — и про Енджи-Ханум, и про ее мужа, и про ее возлюбленного. Я попытался скрестить молву с документом...".
Аԥхьаҩ лаҳасабала, Занҭариа иҩымҭақәа рахьтә урысшәала иҩу "Золотое колесо" захьӡу ароман инаҷыданы, егьырҭ зегь, иахьа сызлацәажәогьы налаҵаны, аԥсышәалоуп сышрыԥхьахьо. Егьа имадырҽхәозаргьы, зегь акоуп ашәҟәыҩҩы ихатәы бызшәала иҩу, аԥсуа ԥхьаҩ иԥсабара иашьашәалоу рҿиамҭақәоуп.
"Когда я пишу на русском, то инстинктивно миную те сферы, где моего русского не хватит. Я вовсе не претендую на то, что мой роман — новое слово в развитии русского литературного языка. Цель моя была проще и скромнее: я хотел рассказать о том, о чем никто, кроме меня, рассказать не может, и таким языком, который русскому человеку не станет резать слух", - ҳәа леиҳәон Даур иҩыза апоет Бек урысшәалатәи ирҿиара дахцәажәо. Анаҩстәи ҳазлацәажәо ажәабжь азы илеиҳәахьазгьы ҳадылгалоит аурыс поет: "Моя повесть "Енджи-Ханум, обойденная счастьем" — это не просто авантюрная история, как ее можно прочесть, все, о чем там написано, быль. Ни одного имени и мало-мальски значимого события я не придумал".
Ииашаҵәҟьаны, Енџьы лҭоурых аԥхьа инаргыланы, егьырҭ иажәабжьқәа рӷьыракгьы жәлар ркультура иахылҵыз асиужетқәа рыла еибаркуп, аха Занҭариа ашәҟәыҩҩы иаҳасабла, ажәытә ҭоурыхқәа ахатә сахьаркыратә цәаҩа рхазҵаз иакәны даанхоит ҳәа изаҳҳәар еиҳагьы иашахоит...