Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Амреи аԥсреи реилыҵра Даур Занҭариа ирҿиамҭаҿы

© Foto / Из архива центра имени Даура ЗантариаДаур Зантариа
Даур Зантариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.05.2023
Анапаҵаҩра
Ашәҟәыҩҩы, апоет, апублицист Даур Занҭариа диижьҭеи сынтәа 70 шықәса ҵуеит. Ари арыцхә инамаданы Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа иахьа дазааҭгылоит ашәҟәыҩҩы иажәабжь "Ашамҭаз" иаҵоу афилософиа.
Ашәҟәыҩҩы Даур Занҭариа ирҿиараҿы иҟоуп дылҿыгәҳәааны бзиа иибоз ианду лгәаларшәра шьаҭас измоу ажәабжь "Ашамҭаз". Егьырҭ иажәабжьқәеи иажәабжьоуқәеи, иромани рҿы иара иқыҭа иадҳәалаз ахҭысқәа анеиҭеиҳәоз ыҟан, еиҳаракгьы афантастикатә, амифологиатә елементқәа злоу ажәабжь "Аӡызлан" аҿы уи бзианы иаарԥшуп. "Ӡызлан-Ӡаҳкәажә лтәарҭа ҿыцгьы, уаанӡа иахьӡыз сыздыруам, аха убри инаркны Ҭоумышь ахьӡхалт", - иҳәоит иара рқыҭа иавсны ицо Ҭоумышь аӡиас акәша-мыкәша имҩаԥысуаз аҭоурыхқәа аԥхьаҩцәа ирыдгало.
Даур Зантария - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2023
Ауаҩы зны дызлыҵыз, дыззыхынҳәраны дыҟоу адунеи: Даур Занҭариа ифантастика азхәыцра
Иқыҭа Тамшь имҩаԥысуеит, иаҳҳәап, ифантастикатә жәабыжь "Бабаду Мзалеи Аамҭа Амашьынеи" асиужетқәа рцырҟьа: "Усҟан Тамшь Таманса, мамзаргьы Санта Таманса ҳәа иашьҭан. Араҟа иҟан Генуиатәи афакториа…". Сызлацәажәо автор ипоезиаҿгьы давсуамызт иқыҭа атема. Абар урысшәала иҩу иажәеинраала "Тишина" аҿы аибашьра иашьаҟьаз иқыҭа шааирԥшуа:
Мины цветут на лугах.
Ходишь - и страх в ногах.
Не разогнаться уже,
Так, чтоб отрада душе.
Здравствуй, однако ж, день,
Где все дома без стен.
Здравствуй, родной Тамыш.
Где все дома без крыш…
Даур Занҭариа данхәыҷыз иаҳаз, иибаз акыр ахархәара риҭоит ирҿиараҿы. Тамшь акәын иара иԥсы зыҿҳәараз, еснагь дыззыхынҳәуаз. Ашәҟәыҩҩы Владимир Занҭариа имоуп агәалашәаратә ҟазшьа змоу анҵамҭа. Уаҟа акыр исахьаркны еиҭеиҳәоит Даур дзыниахьаз. Иара изаатәиу ианҵамҭақәа рҿы зсахьа ҭихуаз акомедиатә ҟазшьа змаз аԥҳәыс бырг лҭынхацәа иаҵырдыразаап тәамбарак, урҭ иара игәылацәан. "Этот эпизод стал серьезным поводом для выяснения отношений родственников старушки с писателем..", - иҩуеит Владимир.
Хымԥада, иара исиужетқәа аԥсҭазаара иалихуан, иааигәа-сигәа ибла иабоз ахархәра риҭон, аха Владимир дызҿу асиужет аҿы Даур зынӡа ицәыраргамахазар ҟалап игәыла лхаҿсахьа. Анаҩсан, Владимир уи ахҭыс иацҵо еиҭеиҳәоит Даур иперсонаж лыԥсыжра рҩыџьагьы иагханы ишнеиз аԥсыжцәа дареи амҩан ишеиқәшәаз: "Стоявший рядом с Дауром сосед по имени Куамгяс, знакомый с "литературными происками" писателя, философски изрек:
— Даур, лыԥсы анҭазгьы улылгахьан уи агәаҟ, уажәгьы лыԥсыжра уара иуқәшәеит".
Даур Зантария  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2021
Даур Занҭариа иӡызлани сыԥхыӡқәеи: ашәҟәыҩҩы, аҩыза игәаларшәаразы
Даур Занҭариа идунеи аниԥсах ашьҭахь, иқыҭаҿы аполитика инамаданы иҟаз абарбалбылра ила иабозҭгьы, ҳәарада, зеиӷьыҟам аиумортә жәабыжь алихыр ауан, иара урҭқәа злабжьаимыжьуаз ала сгәахәуеит уажә санизхәыцуа.
Абри зегь зхысҳәаауа, ихыҭҳәаа ажәабжьқәа рҿы ихәыҷра иалигаз, аиҳабацәа рҟынтә иидыруаз асиужетқәа акырџьара ахархәара риҭахьан. Ус акәзаргьы, ахатә нысымҩатә (автобиографиатә) ҟазшьа змоу, аессе еиԥшу ажәабжь "Ашамҭаз" - иара изы иагьаныз, иагьынцәаз ианду лызхәыцра иазкуп. Ганкахьала аиаша акыр иазааигәоуп, даҽа ганкахьала акыр ҟыбаҩла апоезиа агьама аҵаҵаны ихәыҷра иацыз ассир-ԥсҭазаара хьааго еиҭеиҳәоит, ихшыҩ аҿы еицакра ақәымкәа инхаз асахьақәа. Даур Занҭариа ианду илзикуа ажәабжь сахьарк иаанарԥшуеит уи лхаҿсахьа наунагӡа ишицыз.
Санҵамҭақәа рҿы акырынтә еиҭасҳәахьеит уи ихәыҷра абзиара шацызгьы, ахьаақәагьы рацәаны ишизыннажьыз. Дзааӡоз иаб Баӡ Занҭариеи иан Наҭела Ҷкотуаԥҳаи, иара иажәабжь зызку ианду Сониа Кәакәасқьырԥҳаи уҳәа, акыр ихӡыӡааны, рнапы дықәыргыланы дырбон, аха иҟан ашәҟәыҩҩы идунеиаҿ ԥсҭазааратә гәынамӡаракгьы. Автор уи џьаргьы ихтны даламцәажәозагьы, хаҭалатәи ҳаицәажәарақәа рҿы даақәыԥсычҳауан игәы иҵхоз иира иадҳәалаз ахҭысқәа ишрызкыз гәҩарас иуоуратәы. Даур Занҭариа дзыхшаз иан дхазын, дзааӡоз иани иаби, сызлацәажәо иажәабжь "Ашамҭаз" зызку ианду Сониа уҳәа ракәын гәакьацәас имаз, бзиа иибозгьы: "зегь сара исывагьежьуан, исыцрыхон, сџьаршьон" - игәалаиршәоит ажәабжь аҿы автор. Ус акәзаргьы, сара сгәы шазҩо ала, ианхаҭа лызхәыцра амца ицранаҵон, иҟалап иара ирҿиара дырдхаҵас изыргьежьуаз, еилаҩынтуаз иҩнуҵҟатәи идунеи уи иахылҿиаауазаргьы…
© Foto / Из архива центра имени Даура ЗантариаФазиль Искандер, Андреи Битов, Даур Занҭариа, Руслан (Пуся) Џьопуа.
Даур Зантариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.05.2023
Фазиль Искандер, Андреи Битов, Даур Занҭариа, Руслан (Пуся) Џьопуа.
Аԥсуаа ҳҿы уамак иманшәалам ҳәа ирыԥхьаӡоит, ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа реиҭаҳәара, аха Даур уи сара исанеижьрын, избанзар маӡақәак сымеидахьан. Ажәакала, Даур Занҭариа иажәабжь "Ашамҭаз" аҿы иԥсы изалымхуа бзиа иибоз ианду данԥсы иадҳәалаз ахәыҷтәы хәыцрақәа ааирԥшуеит.
"Изласарҳәаз ала, ауаа иааиуаз агәашәаҿ сырԥылозаарын, шәыҳәҳәа, шәыҳәҳәа, нанду дыԥсит ҳәа, схаҭагьы сыӡӷы сахо, срывагыланы сҿаасхозаарын", - иҩуеит ажәабжь аҿы.
"Ашамҭаз" ишаҳнарбо ала, иара хәбаҟа шықәса деиҳамзар ҟаларын, аԥсра закәыз макьангьы излаизеилымкаауаз ала. Занҭариа урҭ ахҭысқәа ааирԥшуеит дарбанзаалакгьы ихәыҷра игәаланаршәаратәы, аԥсра захьӡу ари адунеи ааныжьра адкылара ауаҩы ианицәыуадаҩу, данацәмаҷу аамҭа аарԥшуа. Ажәабжь даара акыр сахьарк ажәала иҩуп, афилософиеи амифи ирыбжьаршәны иҭихуеит амреи иареи реиқәшәара:
"Араҟа ҭынчран, саԥхьа иаацәырҵуаз "Мым"(Амра ус дашьҭан. Е. К.) акәзар, иԥшӡан, иҭынчын, иҿыцын, имаӡан. Убри аҟынтә иаҳагьы саршәон. Саршәон, аха иԥшӡан – сыблагьы сзаҟәгомызт. Ҳаиҿаҳаит амреи сареи". Даур Занҭариа иара ишиҟазшьоу еиԥш, ҳара ҳзышьцылахьоу ацәырҵрақәа, иара акыр исахьаркны, иҷыдоу лексикала иааирԥшуеит. Даҽаџьара самыԥхьац – "ҳаиҿаҳаит амреи сареи" - зҳәо жәабыжьк…
Автор иҩымҭаҿы иааирԥшуеит иахьа акыр зҽеиҭазкхьоу усҟантәи аҵәыуарақәа рымҩаԥысшьа. Хәыҷтәы блала акәзаргьы, анкьатәи аигәыцхәра, аҵӷы ацәԥра, уахынла аҷаԥшьара уҳәа, асиужет иагәыларсоуп акыр шықәса раԥхьатәи ахҭысқәа:
"Исгәалашәоит гәыԥҩык аҽцәа ааицҽыжәҵны, икала-калаӡа, ахацәа бзиақәа агәашә иааҭалеит, нас инеины ашҭа агәҭа идыргылахьаз астол иаадгылеит…. Ишьхныԥсыланы ишгылаз, иааунашьҭызшәа, иааҭрысын, рнапқәа ашьшьыҳәа ишьҭыхны рхы-рылахь инадкыло рҿынархеит….".
© Foto / Из архива центра имени Даура ЗантариаАндреи Битови Даур Занҭариеи.
Даур Зантариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.05.2023
Андреи Битови Даур Занҭариеи.
"Ашамҭаз" автор данхәыҷыз дзыршанхаз, аԥсреи амреи реилыҵра иасимволушәа иҟаҵоуп. Амра - есыҽны иаҳԥыло, ауаҩы - зыҿҳәара анааилакгьы ари адунеи иаԥырҵны ицо: "Ҳкәасқьа абыркьылаҿ асоф иқәтәаз амузыкантцәа рбыкь цырцырқәа аашьҭырхын, арҳәара иалагеит. Зегь ааҭрысит, иааилаҩеиласит, џьарак иааизибагеит…", - абас иҳәоит автор усҟантәи аамҭазы аԥсыжратә традициақәа рсахьа аарԥшуа, насгьы ихьааигоз иандуи иареи рдунеиқәа шхазхаз игәаларшәо…
Ахәыҷра асахьақәа автор хатәнысымҩатә хыҭҳәаак аҳасабала дазнеиуеит, иажәабжь аиашагьы иазааигәоуп, аха иҟоуп иҟазара иахылҵуа афантастикатә цәаҩақәа знубаало адунеигьы. Усҟан ибла иабоз, цқьагьы изеилымкаауазаргьы, иандуи иареи реиԥырҵра иара ихьааны ишицраз даанхеит: "Дыргеит санду абаҳчарахь, иҭахкааз, џьара-џьара анышә ҭаҳаны иахьыҟаз абаҳча акәахьахь. Ауаа ахьнеиуаз ашәҭ шкәакәақәа рхала икаԥсаны рхала идырҟьацуан, сара срышьҭаланы урҭ ашәҭқәа еизызгон; ашәҭқәа ашьапы ахьрыӷрагылаз ихьыдышьшьуан. Цәқәырԥаҵас инеиуаз, ауаа рыхқәа ирхыланы иахьцоз сашьҭаԥшуан санду дызҭаз; зны-зынла, ашьҭахьҟа маҷӡак ианынаалак, иҟәашкакараӡа, азанҵиар снахыԥшны избон санду лхы-лҿы". Игьало инҭалеит ԥыҭк уи ашьҭахь автор ианду днаскьазгоз Амра, адырҩаҽны аԥсҭазаара иасимволны игыларазы…
Даур Зантария - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2020
Зажәа хьыршәыгәыз ашәҟәыҩҩы: Даур Занҭариа изы ажәа
"Ашамҭаз" зегь реиҳа автор дугәалазыршәо, иара ихатә дунеи иаларсу сиужетны избоит ирҿиара зегь ааидкыланы сазхәыцуазар.
Санҵамҭа ззырхоу аԥхьаҩцәа ракәзар, хымԥада ажәабжь ахаҭа иаԥхьарц сҭахуп, даргьы ирнырырц ауаҩи амреи реиниареи реиԥырҵреи, андуи амаҭеи рыбзиабара иазку ажәабжь ссир.
Ажәабжьқәа зегьы
0