Ауаҩы зны дызлыҵыз, дыззыхынҳәраны дыҟоу адунеи: Даур Занҭариа ифантастика азхәыцра

© Foto / Из личного архива Элеоноры КогониаДаур Зантария
Даур Зантария - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2023
Анапаҵаҩра
Афантастикатә жанр ахыҭҳәаара иахаҿырбагоу литературатә хырхарҭоуп. Аԥсуа сахьаркыратә литература аҭоурых ҳахәаԥшуазар, афантастика знапы алазкыз, уи аҩра згәаӷьыз рацәаҩым, шамаха иуԥыхьамшәо хырхарҭоуп.
"Аԥсуа литератураҿы макьана имҿиац ируакуп асахьаркыратә фантастика. Уамашәа иубаша, ҳфольклор ҳәаа змам афантастикатә, амифологиатә ԥсабарагьы ара иныррадахеит", - иҩуеит аҵарауаҩ-афольклорҭҵааҩ Зураб Џьапуа, "Ашьанҵа-уаа рлакҭа" захьӡу истатиаҿы абри ахырхарҭа дазхәыцуа.
Ари ажанр ԥхьаҩык лаҳасабала ахаангьы саднаԥхьаломызт, акино, асахьаҭыхра, асахьаркыратә литература уҳәа иара ахьцәырҵуа сраҩсуан иахьа уажәраанӡа. Иҟалап, ажәытә аԥсуа лакәқәа, еиҳаракгьы анашанатә сиужетқәа сгәы рыҭхаџьзар, убри аҟынтә, афантастикеи сареи ахаангьы ҳааибуамызт.
Даур Зантария  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2021
Даур Занҭариа иӡызлани сыԥхыӡқәеи: ашәҟәыҩҩы, аҩыза игәаларшәаразы
Даур Занҭариа иакәзар, иԥсҭазаара ахаҭагьы фантастикак иаҩызан, убри аҟынтә, игәаӷьит афантастикатә повест ҳадгалара. Аурыс поет Татиана Бек Занҭариеи лареи реицәажәарақәа рҿы иара даҩсуамызт ажәлар рҳәамҭақәа ирҿиамҭақәа ҵәатәышьаҟас ишрымаз: "А больше всего я люблю народные сказы. Я их и сам собирал: всю жизнь ездил верхом по селам за фольклором", - ҳәа сеиҳәахьан лҳәоит лара.
Аҵарауаа афантастикеи жәлар рнашантә сиужетқәеи еидкыланы ирмыхәаԥшуазарагьы, Даур Занҭариа хыхь ишиҳәаз еиԥш, ифантастика иамоуп аҿаԥыцтә рҿиамҿҭақәа рнырра, ихыҭҭәаау автортә ҩымҭаны ишаанхогьы.
Автор ифантастикатә повест "Ашьанҵа-уаа" иҩуан 1988-1989 шықәсқәа рыбжьара Хәаԥи Аҟәеи. Аповест кьыԥхьын 1989 шықәсазы ахәыҷҭәы журнал "Амцабз" аҿы, хықәкыла ихәыҷтәы фантастикоуп шузымҳәогьы.
2010 шықәсазы Аԥснышәҟәҭыжьырҭа иҭнажьыз "Ашьанҵа-уаҩ" захьӡу аизга хәыҷы иануп "Абри ашәҟәы Даур Занҭариа инапала ирмазеины ашәҟәҭыжьырҭа "Алашара" иадигалеит 1989 шықәсазы. Аибашьра иацәынханы иахьанӡа ашәҟәҭыжьырҭаҿы ишьҭан. Уажәы алшара ҟалеит уи аԥхьаҩцәа ироуртә еиԥш".
Аурыс шәҟәыҩҩы Владислав Отрошенко Занҭариа ирҿиаразы иҩхьан: "В прозе Даура Зантариа мы имеем сегодня самый чистый образец мифотворящего сознания, чудом проскользнувшего в сегодняшнюю реальность сквозь тысячелетия. Абсолютно не сомневаюсь, что именно такие сочинители, как Зантария, — то есть люди, обладающие его мировосприятием, — творили мифы в неисследимой древности".
Сынтәа Даур Занҭариа - 70 шықәса ихыҵра аҳаҭыразы, снапы зласкыз анҵамҭақәа аус рыдызуло саналага, ифантастикагьы сазхьаԥшырц сыӡбеит. Аповест санаԥхьа, ари ахырхарҭазы исымаз агәаанагара хьшәашәа аҽеиҭанакит. Занҭариа ифантастикатә повест "Ашьанҵа-уаҩ" аԥхьаҩ дагәыланахалоит ареалтә ԥсҭазаареи ихыҭҳәаау афантастикатә цәаҳәақәеи рсахьаркыратә дунеи. Автор ари аповест рзикит иҩызцәа Мушьни Хәарцкьиеи Нина Полиаковои. Даур Знаҭариа ифантастикатә повест ииашаҵәҟьаны аибашьра иалагаанӡа 1985-тәи ашықәсқәа рзы Хәаԥ ақыҭан археологиатә ԥшаарақәа мҩаԥызгоз ауаа ирыдиҳәалеит. Аха, автор, уи ареалтә дунеи ззырҳәо фантастикатә цәаҩала убас еилеиӡҩеит, еиҭеиҳәо ахҭыс агәра угаратәы. "Ашьанҵа-уаҩ" иалоу афырхацәа ргьырак Игорь Хәарцкьиа, Мироди Руслани Гәажәаа уҳәа аамҭак иҳацаныз ракәзаргьы, апрозаик урҭ зегь асахьаркыратә ҭеиҭԥш риҭеит. "Ашьанҵа-уаҩ" аочерк ҟазшьа амам, уи сахьаркыратә хыҭәҳәаатә фантастикоуп.
"Даур Занҭариа збаҩхатәреи, зинтеллекти, зырҿиаратә хыҭәҳәааи еибакапануа, насгьы урҭ ирыцназго агәаӷьра зманы аԥсуа литературеи аурыс литертуреи рышҟа имҩахыҵыз шәҟәыҩҩуп", - ҳәа ахәшьара аиҭоит уи ирҿиара - иҩымҭақәа еидкыланы аҭыжьра иаззырхио аҵарауаҩ Владимир Занҭариа.
Ииашаҵәҟьаны, ҳлитератураҿы афантастика ашьҭрақәа ҭӷәыхаа излалгам ала, ари ажанр инапы ахьеиркыз – рҿиаратә гәаӷьроуп ҳҳәар ауеит.
Аколонка аԥхьаҩцәа, инасымҩатәны ишәасҳәарц сҭахуп Даур Занҭариа ирҿиараҿы зыӡбахә сымоу аповест шзаҵәым, иара иҩит икьаҿу афантастикатә жанр иаҵанакуа ажәабжь "Бабаду Мзалеии аамҭа амашьынеи". Икьаҿзаргьы, ари ажәабжь аҿы иара иқыҭа Тамшь иадҳәаланы, акиноқәа рҿы иаҳбахьоу "аамҭа амашьына" (машина времени) акыр шықәса шьҭахьҟеи ԥхьаҟеи анеиааира зылшо абырг Мзалеи ихаҿрала, иара иааирԥшуеит аҭоурыхи ареалтә дунеи дшырзыҟоу. Ажәабжь анҩу арыцхә арбам, аха ихаҭа аамҭаны иаликаауеит" 21-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы, амедицинеи, иаҳарак атехникеи ахьынӡанеихьоу" ҳәа асиужет агәыцә ҳаамҭаз имҩаԥысуаны. "… Аха иахьа, анцәа имчала Аамҭа амашьына ыҟоуп. Уи абзоурала бабаду Мзалеи 481 шықәса днехьеит, ихыҵҵәҟьахьоу шәи ҩажәи жәибжь шықәса шракәызгьы", - абас афантастикатә ԥшаарақәа рыла асахьаркыатә жәабжь аҿы аԥхьаҩ ԥхьаҟеи, шьҭахьҟеи адунеи дакәаиргьежьуеит. Ажәабжь кьаҿуп азы, араҟа иповест аҿы иааирԥшуа аперсонажцәеи, ахҭысқәеи рацәам, аха Амашьына аамҭа ҳәа дызҿу ишаҳнарбо ала агәра уиргоит, ауаҩы ашәышықәсқәа дыргәылагьежьыр алшоны" Иаахҭнагахьоузеи ҳаԥсадгьыл, сабиц! Агәаҟра, аибашьра, амца, ашьа…"- абас азҵаатәы ықәиргылоит автор абырг Мзалеи ихаҿрала.
Элеонора Когония и Даур Зантария - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2020
Аԥсҭазаара аԥҟарақәа ирҭамӡоз: Даур Занҭариа игәалашәара иазкны
Уажәшьҭа сазыхынҳәуеит санҵамҭа еиҳарак иззыскуа аповест. "Ашьанҵа-уаҩ" асиужет хада мҩаԥысуеит 1980-тәи ашықәсқәа рзы аԥсуа археологцәа аԥшаарақәа ахьымҩаԥыргоз "Мачагәа иҳаԥы" ҳәа иахьашьҭоу Хәаԥ иаԥну аҳаракыраҿы. "Пещера Мачагуа в селе Хуап Гудаутского района является первой комплексно исследованной мустьерской многослойной пещерной стоянкой в Абхазии. Была обнаружена летом 1980 г. группой археологов Причерноморской археологической экспедицией АН СССР во главе с В. В. Бжания (Бжания, Хварцкия, 1982)", -ҳаԥхьоит "Мачагуа - памятник среднего каменного века в Абхазии" захьӡу ашәҟәы аҿы. "Хышықәсоуп археологцәа Мушьни Нинеи ари аҳаԥы ԥшааны, араҟа ашьанҵа-уаҩ анендертал итәарҭа шыҟаз агәра ганы, аҭаларҭа дрыцқьоижьҭеи", - ахы ҳнықәиҵоит ифантастика автор.
Абасала, археологиатә ԥшаарақәа ҳәа зыӡбахә имоу шхыҭҳәаамгьы, аповест афырхацәа Мушьни, Нина, Нур-Камидаҭ уҳәа, анеондерталцәа ирыниеит. Ари асенсациа акәша-мыкәша имҩаԥысуан аповест аҿы иаарԥшу ахынҭаҩынҭарақәа. Аповест аҿеиԥш, аԥсҭазаараҿгьы автор дырҭаауан иҩызцәа археологцәа, убри аҟынтә, иажәа хыҭҳәаамшәа, ифантастикамшәа уалеихалоит иудигало ахыҭҳәаа. "Иаҳауеи, сажәа иалшозҭгьы ақыцәи ашәыгеи ирылшо, иҭысымхрыз усҟан Аҭӡамц ԥшӡа, шә-нызқь шықәса аамҭа зхагалара иадхалаз…", - иҳәоит автор ифантастика иаргьы дшадҳәало ҳардыруа. Занҭариа ифантастика афырхацәа аҿатә-уаа, ажәытә-уаа ҳәа ҩ-категориакны ишоит. Ганкахьы ашьанҵауаа ирхаҭрнаку арԥыс иаҳәшьеи иареи, егьи аганахь Мушьни иҩызцәеи иареи: "Уажәшьҭа аҿатә-уаа ишыхҩыкыз иааины иҟан ажәытәуаа рҟны". Занҭариа аԥсҭазаараҿ алаф шиҳәоз еиԥш, ирҿиамҭаҿгьы акомедиатә цәаҩақәа рхеиҵон ифырхацәа. Зегьы дрылукаауеит уи аганахь зны Нур захьӡыз, Камидаҭ ҳәа зарҳәоз, изныкмыкәа ԥҳәыс дызгахьаз Нур-Камидаҭ. Ашьанҵа ҭыԥҳа дымҵазырсыз аҿатә уаҩ иҽахәда аҭыԥҳа дықәкны дандәықәла :
- Камидаҭ! Уаангыл! – ҿиҭит Мушьни.
- Камидаҭ сыздыруам, аха Нур! –аҭак иаҳаит ҵаҟанә, аҽышьҭыбжь алагьы иҩашьомызт Нур-Камидаҭ иҽыҩ еиҳагьы ишарццакыз… "Даур Занҭариа иажәабжьеиҭаҳәара аритми акомедиатә ԥсабареи ирымараз абызшәа азиԥшааит", - иҩуеит Зураб Џьапуа автор ифантастикатә бызшәа астиль инадҳәаланы.
Даур Зантария - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2020
Зажәа хьыршәыгәыз ашәҟәыҩҩы: Даур Занҭариа изы ажәа
Автор ифантастикатә повест аҿы жәлар рырҿиамҭақәа рҿы иуԥыло ацәаҩақәагьы ааирԥшуеит ашьанҵа-ҭыԥҳа лхаҿсахьа аарԥшраҿы: "Амра ашәахәа лықәыҷҷо ацалаҟа дықәгылан лара. Дара лбаӡомызт. Ацалаҟьа дықәгыланы цыгәхыршәҭ ҟалцон. Нас, лҽаалыриашан, егьи ацалаҟьа днықәԥалеит, уаагьы цыгәхыршәҭ ҟалҵон. Нас, ишанханы агәашәахьынтә ишылзыԥшуаз, ацалаҟьа аҵкар шьапԥынҵала лҽынахылшьын, даагьалеит". Аҵарауҩ Зураб Џьапуа иазгәеиҭоит – "аповест апоетика ианыԥшит афольклортә ԥсабара" ҳәа. Хыхь иаагоу Анеандертал ҭыԥҳа илызку аҿырԥштәы "Ӡызлан илызку амифтә жәабжь угәаланаршәоит", - иҳәоит иара. Занҭариа иҭихыз анеодерталҭыԥҳа лхаҿсахьа жәлар рпоезиа аҿгьы иуԥылоит. Аҵарауаҩ Валентин Кәаӷәаниа иеизгамҭақәа рҿы иҟоуп аҭаца лыхьӡыртәра иадҳәало атекстқәа, уи хыхь иаагоу зынза иазааигәоуп, уимоу аҵарауаҩ ишиҳәо ала, ихаҭа дизаԥхьахьан:
Ацалаҟьа дықәгылан цыгәхыршәҭ ҟалҵон,
Уаа -ҳа, ҳаа, ҳаа!
Дылбаагьагьан аҳаҟьа лырбзон
Уаа -ҳа, ҳаа, ҳаа!...
Даур Занҭариа иалихиз ажанр, атеоретикацәа фентези ҳәа изышьҭоу амифологиатә-фантастикатә стиль иашьашәалоушәа збоит. Араҟа ахархәара рымоуп арелтәи амифологиатә хаҿқәеи. Хыхь ишысҳәахьоу еиԥш Занҭариа иповест афырхацәа хыҭхәыцым, археологцәа аԥшаара ахьымҩаԥыргоз акыҭа Хәаԥ налаҵаны.
Асиужет шеиҿартәу ала, имҵадырсыз ашьанҵа ҭыԥҳа Гәажәԥҳа лашьа шасыс археолог Нина дигеит. Аповест ахы ахьхо ала, Мушьни Нур-Камдаҭ дыргәыбзыӷны Минадора зыхьӡитәыз Гәажәԥҳа-ажәытәҭыԥҳа Мачагәа иҳаԥахьы лашьа иацәажәаразы дрыманы ицаразы. "Камидаҭ, ушьанҵа ҭыԥҳаи уареи шәеиқәшәазар ҳәоула, уи уара думызхуа дарбану?", - игәы ааирӷәӷәарц ҿааиҭит Мушьни. Абраҟа, иацгьы иахьагьы аблатнои разборка ҳәа изышьҭоу ареалтә ԥстазаара ацәаҩақәа аацәыригоит автор Камидаҭ иҿала:
© Foto / Из архива центра имени Даура ЗантариаДаур Зантариа
Даур Зантариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.04.2023
Даур Зантариа
- Саншьа иԥа изысыцҳауеит. Агалаварез цқьа иоуп, уҭаххар хынтәгьы дҭаркхьеит, - иҽааирӷәӷәеит Камидаҭ. Даур Занҭариа аԥсҭазаареи афантастикеи еиваргыланы инеигоит иҩымҭаҿы. Камидаҭ ашьанҵа ҭыԥҳа амца еиқәылҵарц Нур имедалқәа зыршаҳаҭуаз ашәҟәы ала ианеибалыркы "Шәара шәыжәла ақәны ақәрыԥсароуп, қьаафыри мааинцыз, иана саԥыс" хәа даалықәҵәҟьеит. Уи акәхеит, ажәытә-ҭыԥҳа хамаԥагьа уаҩ даалзыбзиамхакәа иашҭа ааҭалырцәит. Афантастика автор ихиркәшеит зегь ианалагоз ишыҟаз ахь. Нина Мушьни иахь дгьежьуеит, ажәытә-ҭыԥҳа лашьа иахь дцоит. Аха, Нур-Камидаҭ, игәы нлырхазаргьы, ихьааны ицран имҵарсны иигаз анеондертал ҭыԥҳа, нас Минадора зыхьӡитәыз дахьиқәашьымхаз….
Даур Занҭариа арҿиаратә лаԥықәшәа имазшәа, ифантастикаҿы Мушьни Хәарцкьиа дыԥхьагылаҩны, жәлар рлахьынҵазы дҵәатәышьаҟаны далибаауеит. Абар ашәҟәыҩҩы ишааирԥшуа Мушьни хаҭа исахьа знибаалаз арԥыс ихаҿра: "Ахәадантә ҵаҟа дахьырзыԥшуаз ибон: иуаажәлар амца иахьакәшаз ртәашьа – Агьежь акәын. Амцахь идыррххоз рнапқәагьы имҩақәа иреиԥшын. Аха имҩақәа ирныланы Агьежь ахь инеиуаз Иԥеиԥш акәызҭгьы, арҭ анапқәа ирыӷраланы Агьежь ашҟа инеиуан Амца иахылҵуаз Аԥсҭазаара"… Аԥсуа литератураҿы афантастика традициа дук шамам азгәаҳҭахьеит.
© Foto / Из архива центра имени Даура ЗантариаДаур Зантариа
Даур Зантариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.04.2023
Даур Зантариа
Аҵарауаҩ Сергеи Зыхәба ашәҟәыҩҩы Алықьса Џьениа ирҿиараҿы афантастикатә елементқәа алибаауан. "Ааԥсара ззымдырӡо ашәҟәыҩҩы" захьӡу истатиаҿы Џьениа ироман "Ацәаҟәа аабатәи аԥштәы" дазхәыцуа иҩуеит абас: "Уи ашәҟәыҩҩы ирҿиаратә хыҭҳәаа иаӡбаз, иҟамларц зыхәҭо, ауаҩытәҩысагьы аԥсабарагьы ирыцәтәыму, ирыхәҭам акоуп. Аха амомент зхы иархәаны иаацәырҵло, ицәыршәагоу, иҵабгагоу зегьы "аабатәи аԥштәы" ҳәа иԥхьаӡоит автор", -иҩуеит Зыхәба. Аха, ашәҟәыҩҩы Џьениа хаҭала уи ироман фантастиканы иаликаауам. Апоезиа атәы ҳҳәозар, Таиф Аџьба иҿы иаҳԥылоит афантастикатә поема ҳәа иалкаау "Ицоит аӡиас". Араҟа апоет дзыниаз зегь илабҿабатәым, ихыҭҳәаау сиужетуп:
Иаадыды-мацәысны, ихысны-
Адунеи кккаӡа иааимҟьеит,
Жәҩангәашәԥхьара агәашә сынҭысны,
Дгьылк ҳәа снықәлеит – сыбла хкуеит….
"Афольклор аҿы ҟоуп афантастика апоетикеи астили ирықәшәаша абызшәа, аха афольклортә фантастикеи алитературатә фантастикеи зынӡа еиқәшәом, еивыгоуп. Афантастикатә жәабжь нашанатә лакәым, уи даҽа сахьаркыратә ԥсабароуп иамоу. Аха усгьы аповест апоетика ианыԥшит афольклортә ԥсабара. Гәажәԥҳа ацалаҟьа данықәгылаз. Д. Занҭариа иповест "Ашьанҵа уаҩ", акомикатә стили амагиатә ԥсабареи ирыбзоураны, афабула, иҟалахьоу ажәабжьк еиԥш, ҳхи, ҳахшыҩи, ҳцәаныррақәеи ирхьысуеит", -ҳәа ихәыцрақәа ирыциҵоит Зураб Џьапуа истатиаҿы. Арҿиаҩы иаҳасаб ала, Даур Занҭариа аԥшаарақәа ирышьҭаз иакәын, дацәшәомызт ашьацәхныслара. "Ашьанҵа-уаҩ" сазхәыцырц сгәы ианҭаск, сашьҭалеит алитератураҭҵаараҿы, акритикаҿы иара иазку анҵамҭақәа рыԥшаара. Ашәҟәыҩҩы изку агәалашәарақәеи, ихьӡныҩлоу ажәеинраалақәеи инарҷыданы, иҩымҭақәа еилыршәшәаны амонографиақәа, астатиа дуқәа сықәшәеит сҳәар мцхоит. Даараӡа ацхыраара снаҭеит аҵарауаҩ Зураб Џьапуа истатиа "Ашьанҵа-уаа рлакҭа" сымҳәозар.
Аԥхьаҩ лаҳасабала, афольклорҭҵааҩ игәаанагара еиҳагьы исыдыскылоит, избанзар ашәҟәыҩҩы иԥсабараҿы, зегь акоуп жәлар рҳәамҭақәа рышьҭрақәа ҭӷәыхаа игоушәа збоит...
Ажәабжьқәа зегьы
0