Агәалашәара ахьмыӡуа аҩымҭақәа рҿоуп: Светлана Корсаиаԥҳа Даур Занҭариа изы
© Sputnik / Томас ТхайцукСветлана Корсая
© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Сынтәа 70 шықәса зхыҵрыз, заа здунеи зыԥсахыз аԥсуа шәҟәыҩҩы Даур Баӡ-иԥа Занҭариа иниҵыз 48 шықәса роуп. Иааркьаҿны инысымҩа атәы уҳәозар –диит Очамчыра араион Тамшь ақыҭан лаҵарамза 25 1953 шықәсазы.1975 шықәсазы иара далгоит Аҟәатәи апедагогикатә институт аԥсуа, аурыс бызшәақәа рзанааҭ ала. Анаҩс 1984 шықәсазы иҵара хиркәшеит Москва иреиҳаӡоу акиносценаристцәа ркурсқәа рыҟны аҟаза Валентин Ежов инапхгарала. Занҭариа дыҩуан аԥсышәалеи урысшәалеи. Аус иухьан ахәыҷтәы журнал "Амцабз" аредакциаҿы, иҩуан акиносценариқәа, хықәкыла иаҳҳәозар авторс дамоуп афильм "Асувенир" (ареж. В. Аблоҭиа). Аԥсуа ԥхьаҩцәа дырдыруеит иповестқәа "Енџьы-Ҳаным зынасыԥ зцымныҟәаз", "Ашьанҵауаҩ", "Чыу Иақәыԥ иуахҭа", ажәабжьқәа "Аӡызлан", "Апап Иуана", "Чычиа" уҳәа, даҽакы иаламҩашьо, аԥсуа сахьаркыратә литература ӡырызго арҿиамҭақәа рыла. Занҭариа дыҩуан урысшәалагьы, иара инапала аурысшәахь еиҭеигеит иажәабжьқәа рӷьырак, иара убас 1998 шықәсазы хаз шәҟәны иҭыҵуеит урысшәала иҩу, амагиатә реализм иахаҿырбагоу ҳәа иԥхьаӡоу ароман "Ахьтәы уадалыхә" ("Золотое колесо"). Ашәҟәыҩҩы иԥсҭазаара далҵит ԥхынгәымза 7 2001 шықәсазы.
Даур Занҭариа иубилеи иазкны Sputnik Аԥсны асаит адаҟьа иазсырхиаз аколонкақәа ирыцысҵарц сҭахын, ибзианы дыздыруаз, курск аҿы аҵара ицызҵоз Д. Гәлиа илитературатә -мемориалтә музеи адиректор Светлана Корсаиаԥҳа лгәалашәарақәа рыла. Рацәак ҵуам саргьы еилыскааижьҭеи урҭ Аҟәа апедагогикатә институт аҿы ишеидтәалаз. Светлана лгәалашәарақәа абас рхы лкуеит:
"1970 шықәсазы Даури Владимири (Вова) Занҭариааи сареи Горьки ихьӡ зхыз Аҟәатәи апедагогигатә иститут аҭаларазы аԥышәарақәа рыҭираан ҳаибадырит. Усҟан афилологиатә факультет аурыс, аԥсуа бызшәақәа ҳәа акны иҟан, уажәеиԥш еидыгамызт. Исҳәарц сҭахуп, убри афакультет иалгаз зегьы ҩ-бызшәак рыла аҵара рыманы иалгеит ҳәа. Сара сгәы иалоуп иахьеидырхыз, избан акәзар, ҳреалтә ԥсҭазаараҿы афундаменталтә ҵарадыррала афилологиа уазнеиуазар, аԥсуа-аурыс факультет аныҟаз аҵара амҽхак еиҳа иҭбаан. Иалгоз рдырра еиҳа еиҳан. Вовеи сареи ҳаттестатқәагьы хәшьара бзиала иҭәын, аха Даур иакәын "ахьтәы медал" змаз. Ажәакала, раԥхьатәи аԥышәаратә ҩыра 5 ҳәа ианиҭи нахыс, аԥышәарақәа раамҭазы уаҳа ҳаибамбеит, иара иаразнак даднакылеит. Анаҩс, актәи аҩбатәи акурсқәа рҿы даара ҳаизааигәаны ҳаҟан. Иара сара, Вова, Маиа Паӷәааԥҳа уҳәа. Сара џьаргьы исымҳәаӡац абас Даури сареи ҳаизаигәаны ҳаҟан ҳәа. Ауаҩы деицырдыруа даныҟалалакгьы, грас измоу ауаа ыҟоуп еиҩызцәаны ишыҟаз егьиз ҳәа ажәабжьқәа реиҭаҳәара. Даур Занҭариеи сареи аҵара еицаҳҵон ҩышықәса, нас Москваҟа атеатртә ҵараиурҭахь сцеит, аха арахь санаауазгьы ҳаибабон, нас ҳәарада ара аусура саналагагьы аибабара ҳаман. Аинститут ҳанҭазтәи ахҭысқәа рахь сгьежьуазар, иҟазшьа даҽаӡәы итәы еиԥшӡамызт. Иҟазшьа ссирын ҳәа сҳәарц сҭахӡам. Иҟазшьа даара иуадаҩын, комплексқәак иман ихәыҷра иадҳәалаз. Аҵәы алеиҵошәа, акы дахыччошәа ихы анымҩаԥигоз ыҟан. Иареи сареи аиҩызара зҳабжьаз иҟазшьа сгәаԥхон ҳәа акәӡам, алитература абзиабара ҳаиданкылон. Вовеи, иареи, сареи ҩызарас иҳамаз - алитература абзиабара акәын. Сара саб иаҳәшьа Ҭина Корсаиа лыҩны (Иури Аргәын иԥшәмаԥҳәыс. Е. К.) инеиуан ҳҩызцәа зегьы. Лассы-лассы Даургьы уахь днеиуан. Ҳара аиҩызара ҳабжьазҵаз аурыс поет Александр Блок иоуп. Ҳгәыла ашәҟәыҩҩы Мушьни Лашәриа Блок ишәҟәы ҳамҭас исиҭахьан. Уи нахыс уи апоет са сзы дынцәан. Нас, Цветаева дцәырҵит, Ахматова дҟалеит. А-20-тәи ашәышықәса алагамҭазы абри ахьтәы литература ҳәа изышьҭоу апериод зегьы- усҟан иҟаз аҿар, 70-тәи ашықәсқәа ирыҵаркуа зегьы уи иаҿыгәҳәааны бзиа ирбон. Усҟан афилолгиатә факультет иҭаз алитература бзиа изымбоз, иамыԥхьоз ҳәа аӡәгьы дыҟамызт. Даур иаҟара сара еилыскаауан сызҳәом алитература, схаҭагьы бзиа ишызбозгьы. Иара иеилкаара даҽакын, еиҳа иҵауланы идикылон. Насгьы, Даургьы Вовагьы рхаҭагьы ажәеинраалақәагьы рыҩуан. Даур иара итәгьы даԥхьон. Иҟан ианҳгәаԥхоз, иҟан ианҳӷәамԥхоз. Даур Занҭариа еснагь акала уиршанхарц иҭахын. Абри уара ишузымдыруа ааиртырц даҿын. Уи хәыҷраҵас илан иара. Сара сгәызианын, исарҳәоз акәыз џьысшьон. Ашәҟәыҩҩцәа рацәаҩын, урҭ ражәеинраалақәа зегь сара издыруазма? Даур ак кылыԥшааны, ишысзымдыруаз дырны аурыс бызшәа ҳазҭоз Евгениа Арсениева ллекциаҿы дааины даасыдтәалон . Жәеинраалак изтәу сгәалашәом, даасзаԥхьан "абри иаха исҩит ишԥаббо" иҳәеит. Азныказ ишԥабзиоу, абри уара иуҩыма сҳәеит? Аччара далагеит иара ишысзымдырыз сырдыруа, арҵаҩгьы ҳаадәылылцеит…".
Светлана Корсаиа ишеиҭалҳәо ала, Занҭариа аҵара марианы ицааиуан. Иара убри аан, иара ишиҟазшьаз еиԥш, уи хымԥада иуирдыруан.
Светлана лгәы иаланы илҳәоит Даури Вовеи ианстудентцәаз илзыркыз ажәеинраала аибашьра аамҭазы иахьылцәыӡыз:
"Даур итәы еиҳа исгәаԥхеит, аха Вовагьы дгәаар сҭахымызт азы, аҩбагьы ссируп сҳәеит. Даур уи аниаҳа дгәааит. Иҵәахны исыман, аибашьра аамҭазы исцәыӡит. Заҟа сгәы иалоу жәдыруандаз. Усҟан ҳәарада ҳара ҳазхәыцуамызт, ари дклассикхоит, ари деицырдыруа дҟалоит ҳәа. Усҟан сара Даур абаҩхатәра дуӡӡа шимаз еилыскаахьан ҳәа сҳәар мцуп. Сара сзыҳәан иара даатит "Ахьтәы уадалыхә" ("Золотое колесо") аниҩ ашьҭахь. Ииашоуп, уаанӡатәи иҩымҭақәагьы сгәаԥхон, аха ари цәырҵроуп ҳәа сазымнеиӡацызт. Иажәеинраалақәа даара среилаҳауан. Сара Алықьса Гогәуа аԥсуа литератураҿы далкааны дсыман апрозаик иаҳасабала. Уи ирҿиара бзиа ишызбо, даҽа литературак аҿгьы аӡәгьы иӡбахә сызҳәом. Иара убас, Фазиль Искандер даара иҩымҭақәа сгәаԥхоит, шаҟантә срыԥхьахьогьы сыздыруам. "Золотое колесо" хынтә раҟара саԥхьахьеит. Абра иҟоуп асинтез ҳәа ззырҳәо. Абри жанрк иатәу рымҳәои, аха сара уи уиаҟара сашьҭаӡам. Автор араҟа ахархәара риҭоит афантазиагьы, ахатә хәыцрагьы. Иара урысшәала иҩит, аха ԥсышәала иҩызтгьы еиҳагьы еиӷьхон сгәахәуеит. Еиҳагьы амч ӷәӷәаны иаманы иҟалар ауан. Аха, ус акәзаргьы, араҟа абызшәа инструментуп. Сара араҟа сызхәаԥшуа ахәыцшьеи азнеишьеи роуп. Ара иҟоуп амифологиа, афантастика, ара иҟоуп сҳәар ауеит аҟазара злоу ауаҩы иуалыуашара. Ари аҩымҭа ауаҩы дахьынхозаалакгьы идикылоит абри Искандер "Сандро Чагьамтәи" шрыдыркыло еиԥш. "Золотое колесо" иаԥхьалакгьы ирбоит ҳҭоурых , амала мазакәальраа раара, рцара ареалтә соцриализм ала иҩызтгьы, уи баша хроникахон. Аҩымҭа убас иҟаҵоуп, иарбан аамҭазаалакгьы дасу иара изааигәаны иҟалоит. Здунеи зыԥсаххьоуу ашәҟәыҩҩы Еҭери Басариаԥҳа абас лҳәахьеит ҳазҿу ароман азын "Даур Занҭариа зхыԥхьаӡара дуӡӡоу милаҭк датәызар, адунеи зегь ахьынӡанаӡааӡо дырдыруа дҟалон" ҳәа. Сара сгәанала, убри аҩыза ашәҟәыҩҩцәа ҳамоуп, убри аҟара абаҩхатәра змоу- адунеитә классикцәа ирыдукылар ауеит. Ҳара ҳахьмаҷу, насгьы ҳбызшәа зҭагылоу ирыхьҟаны урҭ аларҵәара ду рымаӡам. Ароман "Золотое колесо" - аҭоурыхтә, афольклортә, амифологиатә баҟаны сахәаԥшуеит сара. Ари ианыԥшуеит иара иҵарадыррагьы, азҿлымҳара зиҭозгьы. Сара уи санаԥхьо иара ихаҭа дызбоит. Иара убас, аповест "Ашьанҵауаҩ" лаӷырӡыда сзаԥхьаӡом, избанзар саԥхьа иаагылоит Мушьни Хәарцкиа, уи ҩыза Нина Полиакова. 80-тәи ашықәс иаҵанакуа ҳҿар раамҭазы ҳхы иҭаз, ҳгәы иҭаз, гәыӷрақәас иҳамаз абри зегьы уа иҟоуп. Дарбан шәҟәҩҩызаалакгьы иаамаҭоуп иааирԥшуа. Иаамҭа ааирԥшуеит ажәытә далацәажәозаргьы, иҟалараны иҟоу далацәажәозаргьы. Аамҭак ицаныз уи ианаԥхьо, ҳәарада рыхгьы рбоит, рҩызцәагьы рбоит. Насгьы, абаҩхатәра аманы ианҩу иузцәырнаго ацәаныррақәа, агәалашәарақәа рацәахоит".
© Foto / Из архива центра имени Даура ЗантариаДаур Занҭариа
Даур Занҭариа
© Foto / Из архива центра имени Даура Зантариа
Даур Занҭариа иҩыза Светлана Корсаиа лгәы иалоуп ашәҟәыҩҩы заа дахьаҳцәыӡыз, дахьаҳзымыхьчаз. Лара ибзианы илгәалашәоит иара уадаҩрақәас имаз, игәы змырҭынчуаз аҭагылазаашьақәа:
"Уажәы ус зҳәо ыҟоуп, Даур дышҟазаз рдыруазшәа еигьиуазшәа, аха ус иҟамызт. Даур Занҭариа Москва алитературатә институт дҭаларц иҭахын. Еиҳа алшарақәа соуеит ҳәа дхәыцуан. Аха, ара ирзалмыршеит убриҵәҟьа. Уи иҭаланы иалгақәаз, цәаҳәак ззымҩыз уанрызхәыцуа, даара угәы ухьуеит. Даур зны аибашьра иалагаанӡа игәы каҳаны Аԥсуа театр аԥхьа дысԥылеит. Абри "Аҽацә лас" иахьа иқәҳаргылоит ҳәа зыӡбахә рҳәо апиеса икын. "Абри иқәҳаргылоит иааг ҳәа рҳәан иаазгеит. Мызкы ҵит, ԥшьымыз ҵит анҿырымҭ, наҟ ирымхны изгеит" иҳәеит игәы ԥыжәжәо. Цәгьала игәы каҳаны дыҟан уи аҽны. Иҩбахаз, иԥсҭазаара убас иҟан, цәгьала ачҳара ицәмаҷын, иԥан бааԥсын, данииз нахысгьы иԥсҭазаара даҽакалашәа иҟан… Зегь зыхҟьоз, иира, ихәыҷра ирыдҳәалаз апроблемақәа иӷрыхон азоуп. Убарҭ идырҿиаз акомплексқәа ахьиԥырхагахаз рацәоуп, аха ирҿиараҿы ихәазаргьы ауеит, аха дафон, дахьарблаҟьозгьы ыҟан. Даҽакгьы - иара насыԥ змаз уаҩын. Аинститут салганы санаа ашьҭахь, иԥшәмаԥҳәыс Лариса Аргәынԥҳаи сареи аиҩызара ҳабжьалеит. Даара ҳаиднакылеит 1989-тәи ашыкәсқәа рзы амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара иасимволхаз "Аидгылара" захьӡу ауаажәларратә еиҿкаара. Аамҭак ыҟан иахьа хәлаанӡа ҳанеицыз ажәлар русқәа инарыдҳәаланы. Ана аизара ыҟан, ана амитинг ыҟан, ҩтәык ыҟан зҳәаз еиԥш. Акрыфара ҳәа лара лҿы ҳааҩнаԥалон, уажә имузеи ахьыҟоу. Даур дааҳахҭыгәалар "бара, исзеилымкааит сара, шәара аҩны шәымаӡами?" иҳәон лара лзын. Иҟан уи зны-зынла имҽыӷны данлацәажәоз. Ианеинымаалоз ыҟан, еимаркуаз ыҟан, еснагь ибзианы еицынхон ҳәа узҳәаӡом, аха рыҷкәын Нар, даараӡа абзиабара ду иахылҵыз иоуп сҳәар ауеит. Аха, аиашазы, сара издыруа акы заҵәык ауп – Лариса бзиа дшибоз, уаҳа иԥсҭазаараҿ бзиабара дук ҟалахьеит ҳәагьы сыҟам. Иара рацәак нимҵызаргьы, сзеигәырӷьо убри ибзиабара ахьиԥшааз ауп".
© Foto / Из архива центра имени Даура ЗантариаДаур Занҭариа иԥшәмаԥҳәыс Лариса Аргәынԥҳа
Даур Занҭариа иԥшәмаԥҳәыс Лариса Аргәынԥҳа
© Foto / Из архива центра имени Даура Зантариа
Анаҩс, Светлана Корсаиа аибашьра аамҭазы ашәҟәыҩҩы иԥшәмаԥҳәыси иареи ирыхҭыргоз ауадаҩрақәа лгәалалыршәоит. Даур иқыҭа Тамшь аӷа ацҟьара даҿын, иҭаацәа уа иҟан, иара убас иҷкәын заҵә Наргьы:
"Аибашьра цон. Тамшь иҟаз жәдыруеит. Нар Тамшь иандуи иабдуи рахь дышьҭны дрыман. Ус аибашьра иалагеит. Лариса Даур иани иаби цәгьала бзиа илбон. Тамшь дцон, даауан еснагь. Лара леиԥш ауаҩы лаша, ауаҩы гәызиан даара лыԥшаара уадаҩын. Лыблақәа иаҵәаӡа абыржәгьы сыбла ихгылоуп… Лариса агәамбзиара шьҭкааны заа лдунеи лымԥсахызтгьы, иара Даур Занҭариагьы иахьа уажәраанӡа иԥсы ҭазаауан ҳәа агәаанагара сымоуп иахьагьы. Ажәакала, аибашьра аналага ихбыџхахьаз рхәыҷы Тамшь дыҟан, лара Аҟәа далахеит (маӡалагьы аус луан ҳара ҳзы). Даур Гәдоуҭа дгәаҭеиуан ахәыҷы дысзалгозар ҳәа, зны Нхыҵ-Кавказ ала иақәикит. "Иҟасҵари, иан сара исывылбоит" иҳәон иара усҟан. Убасҟан аҟарагьы Даур игәы каҳаны дсымбаӡацызт. Иахьагьы сыбла дыхгылоуп дуалыуашо. Иара абжьааԥны ус дыҟамызт. Даур еснагь аформа икын, ҩныҵҟала деилаҩынтуазаргьы адәахьы иуирбомызт. Иара зегь реиҳа аԥсҭазаараҿы дзыцәшәоз аӡәы дрыцҳаишьар ҳәа акәын. Уи иара изы аԥсра еиҩсуан. Зны адунеихаан исхашҭуам, даарыцҳашьашәа игәшәымшә аасҳәап сҳәан, иаразнак иаасҿаирхьит. Иара даартызшәа збозгьы ыҟан, аха мап, игәаҿыҵәҟьа иҟаз уи адунеихаан иаартны иқәиҵаӡомызт. Лариса лчымазара апровакациа азызузгьы убри астресс ауп, иара аибашьрагьы усгьы истрессын аха. Нас, Даур ииулакгьы ихәыҷы далигеит, Ларисагьы ачымазара лылыжжуа дҟалахьан…".
© Foto / Из архива центра имени Даура ЗантариаДаур Занҭариа иԥшәмаԥҳәыс Лариса Аргәынԥҳаи рԥа Нари.
Даур Занҭариа иԥшәмаԥҳәыс Лариса Аргәынԥҳаи рԥа Нари.
© Foto / Из архива центра имени Даура Зантариа
Светлана Корсаиеи сареи ҳаицәажәараҿы ҳзавсуамызт, иахьа ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа рӡыргаразы иҳалшараны иҟоу атәы. Ишаҳдыруа еиԥш, ашәҟәыԥхьара акыр игәыгәҭажьуп иахьа, уи зеиԥш тенденциоуп. Аха, ус акәзаргьы, иҟоуп иҟоуҵаша. Абар лара лгәаанагара:
"Ҳара иахьа аԥхьара уи аҟара бзиа иаҳбаӡом. Даур иԥхьарагьы ус имариаӡам, убри аҟынтә, ари иаҭахуп азнагара. Ари иаҭахуп алабҿабатә хархәагақәагьы. Сара сгәы иаанаго убри ауп, иаларҵәатәуп аформа азыԥшааны. Иаҳҳәап, аицлабра ҟаҵаны- асахьаҭыхразы, аԥхьаразы, аиҭаҳәаҩразы ашколхәыҷқәеи, астудентцәеи алархәны. Нас акино, ма атеатр аҿгьы иӡыругар ауеит. Иаҳҳәап, Иракли Хынҭәба ибзоурала Русдрам амоноспектакль "Енџьы- Ҳаным" ықәдыргылеит. Убас еиԥш, асцена ианаало арҿиамҭақәа рацәоуп Даур ирҿиараҿы. Абарҭқәа рыла иалшоит Даур ирҿиамҭақәа раларҵәара. Ҳара ҳабиԥара алитература азҿлымҳара змоу аԥхьоит аха, нас? Настәи иазхәыцтәыми. Абри ҳара абаҟақәа рырыгылара бзиа иаҳбоит. Уи саргьы мап ацәыскуам, аха… Ашәҟәыҩҩы изы баҟас иҟоу, игәаларшәара ахьмыӡуа иҩымҭақәа рҿоуп. Иҩымҭақәа ауаа рыԥхьонаҵы агәалашәара ыҟоуп, мамзар иеиҵагыло аҿар агәыблра роуӡом".
© Foto / Марина Барцыц
Даур Занҭариа иԥшәмаԥҳәыс Лариса Аргәынԥҳа лҩызцәа рыгәҭа.
1/3
© Foto / Марина Барцыц
Даур Занҭариа иԥшәмаԥҳәыс Лариса Аргәынԥҳа лҩызцәа рыгәҭа.
© Foto / Марина Барцыц
Даур Занҭариа иԥшәмаԥҳәыс Лариса Аргәынԥҳа лҩызцәа рыгәҭа.
2/3
© Foto / Марина Барцыц
Даур Занҭариа иԥшәмаԥҳәыс Лариса Аргәынԥҳа лҩызцәа рыгәҭа.
© Foto / Марина Барцыц
Даур Занҭариа иԥшәмаԥҳәыс Лариса Аргәынԥҳа лҩызцәа рыгәҭа.
3/3
© Foto / Марина Барцыц
Даур Занҭариа иԥшәмаԥҳәыс Лариса Аргәынԥҳа лҩызцәа рыгәҭа.
1/3
© Foto / Марина Барцыц
Даур Занҭариа иԥшәмаԥҳәыс Лариса Аргәынԥҳа лҩызцәа рыгәҭа.
2/3
© Foto / Марина Барцыц
Даур Занҭариа иԥшәмаԥҳәыс Лариса Аргәынԥҳа лҩызцәа рыгәҭа.
3/3
© Foto / Марина Барцыц
Даур Занҭариа иԥшәмаԥҳәыс Лариса Аргәынԥҳа лҩызцәа рыгәҭа.