Ҵа змаӡам абызшәа аӡмыжь: Даур Занҭариа ибызшәа азхәыцра

© Foto / Из архива центра имени Даура ЗантариаДаур Зантариа
Даур Зантариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.05.2023
Анапаҵаҩра
Ашәҟәыҩҩы адунеи асахьа аҭыхразы иааирԥшуа, ихырку абызшәатә культурала аԥхьаҩ изидгалар, дитҟәоит доуҳала. Абызшәа ауп автори аԥхьаҩи злеимадоу.
Сынтәа 70 шықәса зхыҵуа ашәҟәыҩҩы Даур Занҭариа изку анҵамҭақәа рҿы иалыскарц сҭаххеит ашәҟәыҩҩы ибызшәа абеиара иацу ахәыцрақәа.
Аԥсуа литература ахы аныҵнахуаз, иаҳҳәап Дырмит Гәлиа, ма Ӡаӡ Дарсалиа, мамзаргьы Самсон Ҷанба уҳәа, традициа дук змоухьаз алитература аларҵәаразы сгәанала ажәабжьеиҭаҳәаратә стиль алырхит. Анаҩс, алитература ашьаҭа бзианы иаҳауа ианалага, ицәырҵуа иалагеит стильла акгьы иаламҩашьоз, афилософиеи, ауаажәларратә автортә хәыцрақәеи ахьеилаӡҩаз асахьаркыратә рҿиамҭақәа. Еиҳаракгьы, уи аԥхьагылаҩцәа дреиуоуп Алықьса Гогәуа, ҳдунеи иалеигалаз иажәабжьқәеи ироманқәеи рыла, иаҳҳәар ҳалшоит аԥсуа проза ҽаԥарак иԥеит ҳәа уи ихаҿрала.
Презентация книги Алексея Гогуа Ас ду - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2022
Аԥсны
Амацәыс агьама зхьысыз…
Даур Занҭариа итәы ҳҳәозар, асовет литература ҳәа ззаҳҳәо ашәҟәыҩҩцәа аҵыхәтәантәи абиԥара дырхыԥхьаӡалоуп. Иара иҩыратә ҟазшьараба хықәкыла ҳазааҭгылозар жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәеи рҳәамҭақәеи, нас Анцәа иҟынтә иоуаз ашәҟәыҩҩратә хыҭҳәааи еилаӡҩаны иҳадигалеит иҟәышу, аха ихьанҭам асахьаркыратә ҩымҭақәа. Абарҭ зегь злалиршоз иара иныҟәигоз ишәҟәыҩҩратә бызшәала акәын.
Санҿаз сзыԥхьоз иажәабжьқәа рҿы игәасҭеит шамаха ахархәара змам алексика ихы ишаирхәоз.

Занҭариа аԥсуа бызшәа идыруан ихыжәжәа-ҿыжәжәаны акәымкәа, ахы иақәиҭӡаны, аԥхьаҩ дирҭаслымратәы, исиужетқәа дрыдырхаларатәы. Аԥсҭазаараҿы дануцәажәоз, исызҳәом идыррақәа ирхылҵуаз абызшәа зегь ихы иаирхәон ҳәа. Даур Занҭариа дцәажәон иаабац аԥсыуак дышцәажәара, амала алаф ду аҵаҵаны. Ишеилыскаауа ала, икьыԥхьга машьынкеи иареи анеизынхалакгьы, исиужетқәа злаирҵәиуаз абызшәа акыр иҵаулан, иахьеи-уахеи ахархәара зиҭоз аасҭа.

Насыԥны ҳара иҳамоуп иара идоуҳатә мчы иарҿиаз ажәабжьқәеи аповестқәеи зну ашәҟәқәа. Аԥсуа ԥсҭазаараҿы уамак иаартны ирзымҳәо, иаҳҳәап, ахаҵеи аԥҳәыси реизыҟазаашьақәа ирыдҳәалоу ацәажәарақәа, Занҭариа имырхьаакәа, игәнаҳкыларатәы иҳадигылоит: "Лыԥсы цқьа аҭхаџьра иазгәыкуан. Иахьылгәыдлыҳәҳәалоз иҷыжь-ҷыжьуан", - абас иҩуеит "Енџьы-Ҳаным зынасыԥ зцымныҟәаз" аҿы, амҳарахьы зхаҵа инеира иазыԥшыз лзы.
Шәахәаԥш, иарбан ажәоу иара ихы иаирхәо, цәалажьылатәи анасыԥ иазыԥшу аҭаца лзы. "Аҭхаџьра иазгәыкуан" иҳәоит, маӡа шәкыла иҭәу аԥҳәыс лыԥсабара аарԥшразы. Ганкахьала иара давымсит имариам, иаахтны зҳәара хьанҭоу атема, даҽа ганкахьала, ажәа еизадала акәымкәа, автор уи иазиԥшаауеит еиҳа иҵауланы аԥҳәыс лгәазыҳәара злеилаҳкааша ажәа "аҭхаџьра". Ари ажәа хаҭашьала иаанаго азхара акрыфара, ауаҩы игәазхара фатәыла данчо ауп. (урысшәала -наедаться досыта).
Даур Зантариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.05.2023
Аԥсны
Амреи аԥсреи реилыҵра Даур Занҭариа ирҿиамҭаҿы
Ҳәарада, иахьылгәыдлыҳәҳәалоз "иҷыжь-ҷыжьуан" ҳәа дызҿугьы араҟа еиҭарсу аҵакы амоуп, иара дызлацәажәо еиҳа исахьаркны иааирԥшырц азы ахарахәара аиҭоит. Абжьааԥны уи ажәа иаҳҳәап ашә аҷыжь-ҷыжьра иаҿын ҳәа ашьҭыбжь аазырԥшуа ажәаны ҳхы иаҳархәозар, иара абри ажәабжь аҿы, аԥҳәыс лгәеисра аарԥшразы ахархәара аиҭоит. Афырхаҵа Хьымкәараса ипортрет аҭыхраҿгьы, ашәҟәыҩҩы ихы иаиархәоит зпоетика ҳараку ажәа сахьарк: "Ибаҩԥсараха иҟаз ихы-иҿы, ирҵауланы иҭартәан иблақәа, ахьшьыцба аблақәа реиԥш ихыгьежьааӡа, иҩеижьӡа илаԥш шыџьбаразгьы, хьаак хубаалон…". Занҭариа ифырхаҵа иҭеиҭԥши иҟазшьеи раарԥшразы ихы иаирхәоит аиҿырԥшра – "ахьшьыцба аблақәа реиԥш ихыгьежьааӡа", иара убас, ахаан иаҳамбац Хьымкәараса иеиҿартәышьа ҳәаақәызҵо ҳәоуп "ибаҩԥсараха иҟаз ихы-иҿы", "дналҿаԥшит иблақәа амаӷ рхыҳәҳәыло". Абарҭқәа рыла автор даҳирбоит злеишәа џьбараз, иласыз аԥсуа хаҵа.
Даур Занҭариа автор иаҳасабала, иперсонажцәа рсахьақәа ҭыхуа, мамзаргьы аамҭа ахаҿра аарԥшуа убас акырџьара аиҿырԥшратә ҟазшьа змоу ажәақәа ааигоит: "Ахаҳә зҭашәаз аӡҭынч еиԥш аконтора аацәқәырԥеит", "зыԥшшәы ажьакца ахылахьаз абырфын напҭарԥа ҵаӷақәа лнацәкьарақәа инархалҵеит, нас урҭ лнацәкьара шшәырқәа лыплашь аҳәынҵәрақәа ирҿархәмарны иааибалыркит", "иҿырҳасуа илԥылаз аҿымҭра" - ҳаԥхьоит ажәабжь "Аԥшаҳәа" аҿы. "Ашәшьыра иҩылыҷҷоз амрахәага хахә зықәӡамыз ихагәҭа иқәкәашон", - ажәабжь "Аҽи амреи" аҿы автор абас иҳәоит ҳзышьцылахьоу - амра шәахәақәа ихагәҭа иқәыԥхоит ацынхәрас, "Иқәхәмаруеит" иҳәоит, ашәахәақәа изқәыԥхо иҭеиҭыԥш анырра шарҭо аарԥшуа.
Даур Зантария - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2023
Ауаҩы зны дызлыҵыз, дыззыхынҳәраны дыҟоу адунеи: Даур Занҭариа ифантастика азхәыцра

Занҭариа иҩымҭақәа игәцаракны урыԥхьар, абызшәа еизаданы акәымкәа, еиуеиԥшым аепитетқәа ахархәара шриҭо умбарц залшом. Аԥҳәыс лсахьа анҭихуагьы, автор уамашәа еиҿартәны, аԥсабара асахьа угәалазыршәо ассоциативтә еиҿырԥшрақәа ҟаиҵоит - "Амра аԥсҭҳәа ианалыԥхо еиԥш зны-зынла дааԥышәарччалон акәымзар, (Енџьы-Ҳаным. Е.К) лхы-лҿы шышәшьыц ишәшьын", - иҳәоит ҭацара зуаз аԥҳәыс лыԥшӡареи, лцәаҩеи ҳирдырразы. "Аҟәара иқәԥсаз ахаҳә рыҵацәажәо", "алашара амшын ааҩнаҵәеит"- ҳаԥхьоит "Бабаду Мзалеи аамҭа амашьынеи" аҿы. "Ашәшь ԥарда иалыхәхәа арахь иҩнаҭәон амрахәага", - иҳәоит Занҭариа "Ашьанҵауаҩ" аҿы даҽа блак иамбо аилкаара, апоезиа аҟазшьа змоу абызшәала.

Аԥхьаҩ рацәак дмырааԥсакәа, аха ажәа сахьаркла, абжьаӡра иаҿу алексика ахархәарала ирҿиамҭақәа хирҷоит автор иаҳсабала Занҭариа. Ас еиԥш иҟоу ажәеицааирақәеи, ажәеидҳәалақәеи ҵҩа рымам ашәҟәыҩҩы ирҿиараҿы.
Даур Занҭариа ибызшәа аҷыдарақәа ртәы ҳҳәозар, иазгәаҭатәуп иара ишәҟәҩҩратә рҿиараҿы ажәытә аԥсуа лексикеиԥш аамҭа ҿыц иаланагалаз атәым ажәақәа ауаа ишырҳәозҵәҟьа еиҭамгакәа ахархәара шриҭо: "Аҭакәажә лыплашь шьҭахәхәа, лҳаргь нышьҭакшо атротуар даныланы лҿыналхеит" , "Убри аламҭалазы адиректор ишә аатын, адиректор ихаҭагьы ашә даалаглыт, акоридор ацәыҵлашьцара иблақәа ахьамышьцылацыз, дгәааны дыҟазшәа", "Шәпаспорт сзааншәыжьроуп…", "Ушԥамыԥхьо, очень интересно", "аҭӡамц икыду афотографиақәа". Араҟа ажәабжь "Аԥшаҳәа" аҿы иаԥсуам ажәақәа ҳара аԥсҭазаараҿ ишаҳҳәо ауп иаргьы ишиҳәо – атротуар, апаспорт, аплашь, очень интересно. Даҽа ганкахьла, атәым лексика аԥсуа сахьа ахаҵаны ихы иаирхәоит анаҩс: "Амала, аиашазы, аҭоурых дууп Аҳҭқыҭ асамыкьҭанра. Ара еизон, аҩы ржәуан, акаҳуа ржәуан, анард иасуан, еиҳарак аҽага ацәыбналацәа". Асамыркьҭанра ҳәа Занҭариа дызҿу ақьафурҭа ауп, ҳара ҳжәарқәа рҿы уи зынӡагьы ианым.
"Чычиа" захьӡу ажәабжь аҿы капельница аҭыԥан, автор аԥсуа еилкаарахь ииаигоит уи аҵакы "кәаԥ-кәаԥ ахәшә назышьҭуа агәыр", иара убас, анасилка зыхьӡаҳҵаз асакаса, иара иажәабжь аҿы иаԥсышәаны иаанижьуеит "Асакаса данҵаны ахәшәтәырҭахь даныҩнаргалоз".
"Аҽацә лас" аҿы абас ихы иарихәоит ажәа акавалер – "Амода ԥҳәызбацәа ркаулерқәа рыцны". "Бабаду Мзалеи аамҭа амашьынеи" аҿгьы иаҳбоит ҳбызшәаҿы шамаха хархәара змам ажәақәа "Аџьанҳәаз гәымха" - ахәҳаахәҭҩы Фалконе иоуп. Амшынтә лексика атәы ҳҳәозар, араҟа "амарқәа" иҳәоит ашхәа азы Занҭариа, ари ажәа ҳара ҳжәар аҿы аӡахра иадҳәало амаҭәар ҳәа ауп ишарбоу, аха (урысшәала – ткацкий челнок). "Аԥсры" (урысшәала -трюм) ҳәа азиҳәоит ашхәа аҵаҿы атәцәа ахьҭадыртәоз, ари ажәа иахьа шамаха ҳхы иаҳмырхәо амшынтә лексика иахыԥхьаӡалоуп. Анаҩсан "аҽага ацәыбналаҩцәа" ҳәа автор дызҿу, уи зеиԥшла аусура зҭахым рҟазшьа аазырԥшуа еилкаароуп. Абас уҿыноухар, ҵа змам абызшәа аӡмыжь унҭанагалоит Даур Занҭариа илексика. Уи ицәыриго ажәеидҳәалақәа даҽаӡәы ишимҳәара исахьаркуп: "алашьцара ҟьаԥс", "ахәаахәҭцәа рфакториа" "акакаҷ иҽеиуатә", "амшын ԥенџьыр" (амшын аганахь зхы хоу аԥенџьыр. Е.К) "асаркьа дагәақәа"… Аповест "Ашьанҵауаҩ" аҿы акырынтә ԥҳәыс дызгахьаз рыԥшәма анеондерталҭыԥха аҩны даннеига, алақәа рҵарбжьы ауаҩытәҩысатә бызшәахьы ииаигоит автор, дара рхаҭақәа ирҳәазшәа агәра ҳарго:
-Уара умсит уигьы дшааурбуа, - игәра мгацәо иааҵарит Бжьацал.
- Ус умҳәан, иудыруеи диаабыр, -иаахьанаршшеит ҟыурыла Пырқьа.
Светлана Корсая - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2023
Агәалашәара ахьмыӡуа аҩымҭақәа рҿоуп: Светлана Корсаиаԥҳа Даур Занҭариа изы
Даур Занҭариа "Ашьанҵауаҩ" аҿы иара убас, ихы иаирхәоит еиуеиԥшым ажаргонқәа, аблатноицәа ҳәа изышьҭаз рхы иадырхәоз "Вы што, в натуре, борзый держите, мои тухлые вены! – дыҳәҳәеит амедал змаз иакәымкәа егьи", "иаҳәшьаԥа агалаварез", "Иҟалеи, цәгьароума, диахоз?", "Короче братишка, где пришел задний ход не знаю". Уи адагьы ари аповест аҿы ахҭысқәа ахьымҩапысуа Хәаԥ иқәынхо рцәажәашьа астильқәагьы ахархәара риҭоит: "Ббаашәт, баатәар, уахак аџьабаа бымбар атәыла бгазшәа", "сызбахысуа?", "убаашәт", "агәарад-уаа"....
Даур Занҭариа зыӡбахә сымоу аповест аҿы анеандерталцәа ҳәа дызҿу афантастика иалоу ауаа рзгьы иԥшааит хәаԥааи дареи злеилибакаашаз абызшәа : "Гәыжә Ԥсы", "Сахшьа" "А-у-о-и-ы". Иара убас, аповест архелогиатә ԥшаарақәа изларыдҳәалоу ала, араҟа иубоит иҷыду дара рхы иадырхәо алексика "Нуклеус", "анивелир" "амшә аԥыц" "аҳаԥымшә" "зоопарком запахло" (абнатә ԥстәы афҩы ануаҳауа) "абжьаратәи апалеолит" "апрефокарта" "ахаҳәргәы".

Ари зегь ҵарадыррала аҭҵаара аҭахгәышьоуп, анаҩстәи абиԥарақәа рыбжьара алингвистцәа гылар. Макьаназы, ҷыдала илексика акәым, иҩымҭақәа рфилософиатә ҵаки, иаадырԥшуа адунеи ахәшьара аҭара зылшахьоу ԥсыуа ҵарауаҩк дгылахьеит ҳазҳҳәом, анҵамҭақәак ҳԥылозаргьы. Иахьагьы иҳамаӡам алитература-критикатә усумҭа ҿыгҳақәа. Ҳәарада, уи ыҟамзаргьы, аԥхьаҩ бзиа имоуп алашара, иҭыҵхьоу иҩымҭақәа реизга днагәылалан Занҭариа идоуҳатә дунеи агьама абара…

Автор ихаҭа иакәзар, иааирԥшуа адунеи асахьа аҭыхразы инагӡаны ажәа изымҳәазшәа ихы дақәыӡбон: "Иаҳауеи, сажәа иалшозтгьы ақыцәи ашәыгеи ирылшо", - иҳәоит иара ашәҟәыҩҩы иаҳасабала иҵегь агәыҵхақәа шимоу аарԥшуа.
Ажәабжьқәа зегьы
0