Урыстәыла

Вольвач Аԥсны аҳаиреимадара ашьақәыргылара аҵакы ахәшьара аиҭеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 23 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" аиҭашьақәыргыларазы рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра- ҭоурыхтә хҭысуп, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач Sputnik аинтервиу аҭо.
Вольвач иазгәеиҭеит, атәылақәа рыбжьара аҳаиреимадара аиҭашьақәыргылара атуризм аҿиара иацхраауеит ҳәа. Аҳаирбаӷәаза шьақәыргылахоит аинвестор ихарџьала.
Дмитри Вольвач иҳәеит, 2022-2025 шықәсқәа рзы асоциал-економикатә ҿиаразы аҳәынҭпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны аҵакыраҟны атуризми афатә ааглыхреи рхырхарҭаҟны аинвестпроект нагӡахоит ҳәа. Апроектқәа рхарџь-10 миллиард мааҭ.
Аԥсны
Озган еиҭалҳәеит аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылараз еиқәшаҳаҭрақәас иҟало
Рашәара 16 рзы Аԥсни Урыстәылеи рнапы аҵарҩит Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура аиҭаларгареи наҟ-наҟ аусуреи ирызку аинвестициатә проект анагӡаразы аиқәшаҳаҭра. Урыстәыла аганахьала аиқәшаҳаҭра инапы аҵаиҩит Аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников, Аԥсны аганахьала - аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳаиреимадара аусура иалагап ҳәа 2025 шықәсазы. Ирҿыцхо аҳаирбаӷәаза иалшоит сааҭк ала 400-ҩык апассаџьырцәа рыдкылара, шықәсык х-миллионҩык рҟынӡа.
Аԥсны
Аԥсни Урыстәылеи Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргыларазы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит