https://sputnik-abkhazia.info/20230620/ozgan-eialeit-aati-aairbaaza-aiashayrgylaraz-eishaaraas-ialo-1046419893.html
Озган еиҭалҳәеит аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылараз еиқәшаҳаҭрақәас иҟало
Озган еиҭалҳәеит аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылараз еиқәшаҳаҭрақәас иҟало
Sputnik Аҧсны
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура аиҭаларгареи наҟ-наҟ аусуреи ирызку аинвестициатә проект анагӡаразы Аԥсни Урыстәылеи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит ахәаша, рашәара 16... 20.06.2023, Sputnik Аҧсны
2023-06-20T09:00+0300
2023-06-20T09:00+0300
2023-06-20T09:00+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0c/06/1042996243_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_1f8fb5f871d3d836485d8ea26cb96f2b.jpg
АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik. Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аеродроми аеродромтә инфраструктуреи аҳәынҭқарра иахатәны иаанхоит лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз аекономика аминистр Кристина Озган.Лара лажәақәа рыла, дара қьырала ирыҭахоит. Аинвестор ихатәызаауеит аҳаирбаӷәаза аусура ашьақәыргылара иадҳәалоу аргыларақәа - атерминалқәа, былтәыла-аиқәыршәаратә комплексқәа уҳәа егьырҭгьы."Зыӡбахә ҳәоу, аргылара ҿыцқәеи иалагалахо аинвестициақәа рхатәра ахәдықәҵреи роуп", - лҳәеит аминистр.Озган иазгәалҭеит, аҳаирбаӷәаза ахархәараз ҩ-ҭагылазаашьак шыҟоу."Аԥсны аҳаирбаӷәазак ауп иҟоу, хымԥада атәылахьчаратә зҵаарақәа ирыдҳәалоу зегьы аанхоит ари аинвестициатә проект анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны. Уи ахырхарҭаз аҳаирбаӷәаза адгьылҵакыра ахәҭак ииагахоит, аргыларҭа аҽаԥсахӡом, зегьы шыҟац иаанхоит", - лҳәеит лара.Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳаир еимадара абжьаҵара - ари акыр зҵазкуа аполитикатә, аҭоурыхтә, аекономикатә хҭысуп ҳәа лҳәеит Озган. Лара лажәақәа рыла, аргылара иалнаршоит атранспорттә инфраструктура аизырҳара, атуристцәа рымҩа арманшәалара, "Ԥсоу" аҳәаа ахысырҭа иамоу ахьанҭыра аиҵахара, еизҳауеит атуристтәи атранспорттәи комплексқәа, иара убас иҟалоит аусурҭатә ҭыԥқәагь.Аекономика аминистр илҳәеит, иааиуа мызкы-мызки бжаки рыла аинвестори дареи ишеиқәдыршәо аҳәынҭқарра-хаҭалатәи аиҩызаратә еиқәшаҳаҭра.Иазгәаҭоуп, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳаир еимадара аусура иалагап ҳәа 2025 шықәсазы. Ирҿыцхо аҳаирбаӷәаза иалшоит сааҭк ала 400-ҩык апассаџьырцәа рыдкылара, шықәсык х-миллионҩык рҟынӡа.
https://sputnik-abkhazia.info/20230616/asni-urystylei-aati-aairbaaza-aiashayrgylarazy-aishaara-rnapy-aarit-1046368242.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0c/06/1042996243_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_c870bf846c0f300549baeeec70ffbef5.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Озган еиҭалҳәеит аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылараз еиқәшаҳаҭрақәас иҟало
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура аиҭаларгареи наҟ-наҟ аусуреи ирызку аинвестициатә проект анагӡаразы Аԥсни Урыстәылеи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит ахәаша, рашәара 16 рзы.
АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik. Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аеродроми аеродромтә инфраструктуреи аҳәынҭқарра иахатәны иаанхоит лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз аекономика аминистр Кристина Озган.
Лара лажәақәа рыла, дара қьырала ирыҭахоит. Аинвестор ихатәызаауеит аҳаирбаӷәаза аусура ашьақәыргылара иадҳәалоу аргыларақәа - атерминалқәа, былтәыла-аиқәыршәаратә комплексқәа уҳәа егьырҭгьы.
"Зыӡбахә ҳәоу, аргылара ҿыцқәеи иалагалахо аинвестициақәа рхатәра ахәдықәҵреи роуп", - лҳәеит аминистр.
Озган иазгәалҭеит, аҳаирбаӷәаза ахархәараз ҩ-ҭагылазаашьак шыҟоу.
"Аԥсны аҳаирбаӷәазак ауп иҟоу, хымԥада атәылахьчаратә зҵаарақәа ирыдҳәалоу зегьы аанхоит ари аинвестициатә проект анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны. Уи ахырхарҭаз аҳаирбаӷәаза адгьылҵакыра ахәҭак ииагахоит, аргыларҭа аҽаԥсахӡом, зегьы шыҟац иаанхоит", - лҳәеит лара.
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳаир еимадара абжьаҵара - ари акыр зҵазкуа аполитикатә, аҭоурыхтә, аекономикатә хҭысуп ҳәа лҳәеит Озган. Лара лажәақәа рыла, аргылара иалнаршоит атранспорттә инфраструктура аизырҳара, атуристцәа рымҩа арманшәалара, "Ԥсоу" аҳәаа ахысырҭа иамоу ахьанҭыра аиҵахара, еизҳауеит атуристтәи атранспорттәи комплексқәа, иара убас иҟалоит аусурҭатә ҭыԥқәагь.
Аекономика аминистр илҳәеит, иааиуа мызкы-мызки бжаки рыла аинвестори дареи ишеиқәдыршәо аҳәынҭқарра-хаҭалатәи аиҩызаратә еиқәшаҳаҭра.
Иазгәаҭоуп, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳаир еимадара аусура иалагап ҳәа 2025 шықәсазы. Ирҿыцхо аҳаирбаӷәаза иалшоит сааҭк ала 400-ҩык апассаџьырцәа рыдкылара, шықәсык х-миллионҩык рҟынӡа.