https://sputnik-abkhazia.info/20230623/volvach-asny-aaireimadara-ashayrgylara-aaky-akhshara-aieit--1046512238.html
Вольвач Аԥсны аҳаиреимадара ашьақәыргылара аҵакы ахәшьара аиҭеит
Вольвач Аԥсны аҳаиреимадара ашьақәыргылара аҵакы ахәшьара аиҭеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 23 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" аиҭашьақәыргыларазы рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра- ҭоурыхтә хҭысуп, абри азы... 23.06.2023, Sputnik Аҧсны
2023-06-23T19:22+0300
2023-06-23T19:22+0300
2023-06-23T19:22+0300
урыстәыла
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/01/1037381051_0:161:3071:1888_1920x0_80_0_0_03ba335a369bde3707c6dd1617f26fd6.jpg
АҞӘА, рашәара 23 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" аиҭашьақәыргыларазы рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра- ҭоурыхтә хҭысуп, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач Sputnik аинтервиу аҭо.Дмитри Вольвач иҳәеит, 2022-2025 шықәсқәа рзы асоциал-економикатә ҿиаразы аҳәынҭпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны аҵакыраҟны атуризми афатә ааглыхреи рхырхарҭаҟны аинвестпроект нагӡахоит ҳәа. Апроектқәа рхарџь-10 миллиард мааҭ.Рашәара 16 рзы Аԥсни Урыстәылеи рнапы аҵарҩит Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура аиҭаларгареи наҟ-наҟ аусуреи ирызку аинвестициатә проект анагӡаразы аиқәшаҳаҭра. Урыстәыла аганахьала аиқәшаҳаҭра инапы аҵаиҩит Аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников, Аԥсны аганахьала - аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган. Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳаиреимадара аусура иалагап ҳәа 2025 шықәсазы. Ирҿыцхо аҳаирбаӷәаза иалшоит сааҭк ала 400-ҩык апассаџьырцәа рыдкылара, шықәсык х-миллионҩык рҟынӡа.
https://sputnik-abkhazia.info/20230620/ozgan-eialeit-aati-aairbaaza-aiashayrgylaraz-eishaaraas-ialo-1046419893.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230616/asni-urystylei-aati-aairbaaza-aiashayrgylarazy-aishaara-rnapy-aarit-1046368242.html
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/01/1037381051_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_0e7a4abb791d5ef97c9829d111080fc0.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Вольвач Аԥсны аҳаиреимадара ашьақәыргылара аҵакы ахәшьара аиҭеит
АҞӘА, рашәара 23 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Аҟәа" аиҭашьақәыргыларазы рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра- ҭоурыхтә хҭысуп, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач Sputnik аинтервиу аҭо.
Вольвач иазгәеиҭеит, атәылақәа рыбжьара аҳаиреимадара аиҭашьақәыргылара атуризм аҿиара иацхраауеит ҳәа. Аҳаирбаӷәаза шьақәыргылахоит аинвестор ихарџьала.
Дмитри Вольвач иҳәеит, 2022-2025 шықәсқәа рзы асоциал-економикатә ҿиаразы аҳәынҭпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны аҵакыраҟны атуризми афатә ааглыхреи рхырхарҭаҟны аинвестпроект нагӡахоит ҳәа. Апроектқәа рхарџь-10 миллиард мааҭ.
Рашәара 16 рзы Аԥсни Урыстәылеи рнапы аҵарҩит Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура аиҭаларгареи наҟ-наҟ аусуреи ирызку аинвестициатә проект анагӡаразы аиқәшаҳаҭра. Урыстәыла аганахьала аиқәшаҳаҭра инапы аҵаиҩит Аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников, Аԥсны аганахьала - аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳаиреимадара аусура иалагап ҳәа 2025 шықәсазы. Ирҿыцхо аҳаирбаӷәаза иалшоит сааҭк ала 400-ҩык апассаџьырцәа рыдкылара, шықәсык х-миллионҩык рҟынӡа.