Аԥсны

Џьамила Ануаԥҳа: ақырҭқәа рҷан сҭахым ҳәа дыгәрымуан саб

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира амш 30 шықәса ахыҵра аламҭалаз Елеонора Коӷониаԥҳа ланҵамҭақәа ирыцаҳҵоит. Иахьа Sputnik аколумнист иҳадылгалоит Тамшь Ануаа рхәы ииз, изызҳаз Џьамила Ануаԥҳа аибашьраан лыбла иабаз ахҭысқәа.
Sputnik
Џьамила Ануаԥҳа Тамшь Ануаа рхәы ҳәа иахьашьҭоу изызҳаз лоуп. Дара рҭаацәара ааӡаб рхыргеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы. Џьамила иахьа аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс аус луеит лқыҭаҿы. Лара илгәалалыршәоит аибашьра алагамҭа, насгьы Ануаа рхәы имҩаԥысуаз ахҭысқәа уҳәа, шықәсык инацны ицоз аибашьраҟынтәи лгәалашәараҿы инхаз асахьақәа. Усҟан лара 22 шықәса лхыҵуан.

Аԥхыӡ лабҿаба

Август 14 1992 шықәсазы Тамшь Ануаа рхәы сыҟан. Амза быжьба рзы санду лыԥсхәы ҳун, аҽеилыргара ҳаҿын. Ҳҭаацәа зегь – саб, сан, сашьцәа ҩыџьа аҩны ҳаҟан. Аҽны саб Қарбеи ашьыжь дҩагылан, ус иҳәеит: "Иаха аԥхыӡ избаз ҽеиӡам, ажәлар ирзеицәоу ак ҟалар ҳәа сшәоит", - ҳәа. Иара иԥхыӡқәа ԥхыӡ лабҿабан. "Ажәлар еилақьы еилагыланы еиқәаҵәаны, лашарада, еилаҩынтрак збеит, исгәаԥхаӡом", - иҳәеит. Абри еиҭеиҳәонаҵы, ҵаҟа амҩаду ахь гәыргәырҳәа абжьқәа ҳаҳауа иалагеит. Ануаа рхәы акыр ихароуп амҩаду аҟынтәи, километрак усгьы ибжьоуп. Ҳара џьара ҳамцозар, шамаха уахь ҳалбааӡомызт. Саб уамашәа ибеит, зыбжьы го закәызеи, абри аҟара амашьынақәа рацәоума амҩаду аҿы иҳәеит. Ҳашҭаҿы амушмалақәа ҩба еиҭаҳан ҳказарма аԥхьа – убра ашәшьыраҿы дтәан саб.
Ус ҳгәыла Нури Ануа даан саб абас иеиҳәеит: "Уара, Қарбеи, акаамеҭ збеит сахьыԥшыз, - иҳәеит. - Атанкқәа иаҵәҟаҟараӡа амашьынақәа рышьҭаргыланы ицоит", - иҳәеит. Убри ашьҭахь Ануаа рхәы инхоз аҷкәынцәа лбааит. Ицо-иаауа, хыхь инхоз иҟоу гәаҭаны ихало иалагеит. Нури ҳәа сызҿу иҟоу еилыскаап ҳәа дылбааит ҵаҟа. "Шәазусҭцәада, ишәҭахузеи", - ҳәа дразҵаазаап дзыхҭыгәлаз. "Қарҭынтәи ҳааит, Ԥсоунӡа ҳцоит, - рҳәеит. - Ҳара еибашьра ҳәа ҳмааӡеит, абра аихамҩа хьчатәуп, егьиуп", - ҳәа ажәабжь иарҳәеит.
Нури 60 шықәса ракәын ихыҵуаз, аха ихцәы шлаӷәаӷәаӡа ишлахьан азы, дбыргуп ҟарҵама, аӡәгьы диламкьысӡеит. Арҭ ҳаҷкәынцәагьы ирбоит иҟоу, аха Нури дхалан абас ирҳәаз иҳәан, сабгьы игәы ааирҭынчит. Еибашьра ҳмааӡеит ҳәа рҳәеит аниҳәа, ӷәӷәала деигәырӷьеит саб. Уа изҳәақәазгьы ҟалеит Ануаа рхәы уара ишааз ицозар акәхап, шәрыламцәажәан ҳәа.
Ус, Беслан Ануа раԥхьа дгыланы маӡала ҵаҟантәи ихалеит абџьар зкырц зылшоз амҩаду азааигәара инхақәоз Занҭариаа рыҷкәынцәа - Заза иашьцәагьы иаргьы, Дым, Валера (ӡбаҩыс иҟоу), нас Едик Ҭарба, Мираб Тәанба, Роман Гадлиа уҳәа ԥыҭҩык. Урҭ ирҳәеит арҭ иааны ицо ракәӡам ҳәа. Бесик аибашьра ашьҭахь дҭахеит, уи арҭ рызегь ықәаҳхыроуп, ус шьҭахьҟа ицарц ргәы иҭам иҳәеит. "Ҳаибашьыроуп", - рҳәеит аҷкәынцәа. Убас исцәымыӷхеит. "Шәызлеибашьуеи, ак шәкым, ак шәышьҭым, бџьар шәымам", - сҳәеит. "Мызкы ҩымыз ракәхап", - сҳәахит сара. Бесик иаасҿаирхьит: "Иарбан мызку, шықәсык, ҩышықәса", - иҳәеит. Абџьар змаз рацәаҩымызт, абри Зазараа, Асланраа агвардиа иалаз рыда.
Џьамила Ануаԥҳа лаб- Қарбеи Ануа.

Тамшьтәи ацҳа

Август 15 рзы ашьыжь кәтолаа, џьгьардаа, тамшьаа тҟәарчалаа ртротилқәа рыманы иаан, Тамшьтәи ацҳа ԥыржәеит. Роман Ԥачлиа (хабарда дыбжьаӡит) иԥилҭа шәақь ала дхысзаап ақырҭқәа рганахь. Шәақьла атанкқәа уреихсыр ауазма? Ари данхыс, атанкқәа зегь аахьаҳәын, Ануаа рхәы ахалара иалагеит. Сара ахысбыжь ӷәӷәаны иансаҳа, 23 шықәса зхыҵуаз сашьа Џьони сареи хыхь ҳиан аҩбатәи аихагылаҿы, ҳкаҳаит ҳкаруаҭқәа рҟынтәи, убри аҟара амч аман итҟәацуаз. Аҩынгьы ӷәӷәаны иарҵысит. Сашьа иаразнак ҵаҟа дылбааит. Иҟалеи ҳәа сӷьаҵәыӷьаҵәуа саналага, иҟалеи, аибашьра иаламгеи иҳәеит сашьа. Сара исыздырӡомызт ацҳа ҳа ҳтәқәа ишԥыржәаз, ақырҭкәа ракәыз џьысшьон.
Зыламыси зыуаҩреи цқьаз: Аԥсны Афырхаҵа Сҭеԥан Занҭариа игәаларшәаразы

Абџьар Ануаа рхәы измада?

Убри нахыс абна ҳҩылалеит. Ҳцон, ҳаауан. Ақырҭқәа еилыркааит ара ахәаҿы аҿагылара шыҟалоз, убри азоуп ртанкқәа ирықәтәаны изхалазгьы. Аха ианхалалак, ауаа рҽырӡон азы, аӡәгьы дырбомызт. Атанкқәа ахьышәҭҳәа изхалома? Рыбжьы ангалакгьы, ҳа ҳтәқәа рҽырҵәахуан.
Ҽнак саб ашҭаҿы дыштәаз иааихҭыгәлеит. Ақырҭшәа бзианы идыруан иара, избанзар қырҭуа школуп дзылгаз. Абра абџьар зку ӡәыр дудыруама ҳәа иазҵаазаап. Ацҳа ԥызжәада? Насгьы, арсынтәи Аҟәаҟа амҩа ыҟоума, ацҳа ԥжәоуп, ҳазлацо ҳаздырам ҳәа азҵаарақәа ирҭеит. Арахь ала Аҟәаҟа амҩа ыҟаӡам. Аӡқәа ҩба шәрырроуп, абнара шәылсны шьапыла шәымцозар, атанк мҩа ыҟам иҳәазаап. Уара ара узтәои ҳәа даҽа зҵааракгьы ирҭазаап. Сыҩны сыҟоуп нас, сабацо ҳәа раҭеикит. Абџьар ҳара ҳхәаны аӡәгьы имаӡам, ацҳа ԥызжәазгьы дҳаздырӡом, ишәҿагыло ҳәа ара аӡәгьы дыҟаӡам ҳәа реиҳәеит. Ҳара хықәкыс иҳамаз Ԥсоунӡа ацара акәын, абџьар зкым аӡәгьы ԥырхагас ҳиоуӡом, амала ҳашьҭахь иаауа арҳәреи ахысреи рзы ишәарҭоуп, ухы думырбан ҳәа иарҳәзаап даргьы. Мал ҳәа акыр шәымазар ишәҵәахы ҳәа наиарҳәан, ихынҳәны ицеит урҭ.
Уи ашьҭахь, есыҽны ихалон ақырҭқәа Ануаа рхәы. Нас, Ирод Габелаиа иҿы инеин, абырг аума изааргеит. Иара иуршәозгьы иакәмызт, аха… Ирод иԥа Сулико рыцҳагьы хабарда дыбжьаӡит, итҟәаны иргеит Грышьа Ануагьы иаргьы сентиабр, ма октиабр анҵәамҭазы. Уаҳагьы рыбаҩгьы ахьыҟоугьы рзымԥшааит.
Аԥсны
"Ақырҭқәа ари арратә операциа ргәы рымнарҟьеит": Ахра Гәаланӡиа иультәи ажәыларазы

Џьумбер 16 шықәса ихыҵӡомызт…

Ануаа рхәаҟынтәи амҩаду зегь убон. Арҭ ахалара ианаҟәымҵ, ҩымш, хымш ҵхьан, саб иаҳәшьаԥа Џьгьардатәи Павлик Амҷба тракторла араион аҿы аҭабиақәа зегь зжыз, даан, аҳәса сара иалызгоит иҳәеит. Бангьы баргьы шәаалароуп иҳәеит. Сара аӡәы заҵәык сымаҭәақәа анышьҭысхуаз, спартретқәагьы шьҭысхит. Аҷкәынцәа аӡәгьы дҳацымцаӡеит. Сашьеиҵбы Џьумбер 16 ихымҵӡацызт, убри дызгарц сҭаххеит Џьгьардаҟа, аха, иабыкәу сахьцо иҳәан, имуит. Сан лыҷкәынцәа анымца, ларгьы дымцаӡеит. Сабгьы дымцаӡеит. Сан Гагәуаа рыҩны дыҟан, саб Аҩӡаа рахь дцеит.
Ҳаҩны Тамшьаа рыҷкәынцәа ҩналеит, штабс иҟарҵеит. Сан илазҳәозгьы ҟалеит, ара штабс иҟарҵеит, ақырҭқәа халар, шәыҩны рбылуеит ҳәа. "Ара ианхала, акгьы нхаӡом, сыҩны акәым", - лҳәон. Хыхь уа Мираб Тәанба, Рома Гадлиа, Едик Ҭарба, Занҭариаа рыҷкәынцәеи ыҟан. Валера Занҭариеи Мираби еилшәарак анрымаз ашәҟәқәагьы ирыԥхьон. Валентин Пикуль ишәҟәы ихы иаҵан Мираб, санцоз, санаауаз исымбоз. Ианыцәгьаз, Кәтол, ма Џьгьарда сцон, нас саауан. Октиабрмзазы схалеит, сгәы ԥҵәеит, аибашьра нҵәом, аҩныҟа исҭахын. Мызкы саанхан, сан слыцхраауан аибашьцәа рхәы ахьыҟалҵоз. Ҽынла ҳаҩны ҳнеиуан, аказармаҿы ҳаҟан лареи сареи, аҩынду аибашьцәа ҩнан. Стиопеи Дыми Занҭариаа уа иҟан. Декабр азы ҳа ҳтәқәа Ануаа рхәы анрыцәца, убасҟан иҭахеит.
Џьамила Ануаԥҳа лашьа Џьумбер Ануа.

Зегь реиҳа са сшәон…

Ноиабр анҵәамҭазы ахәы ирацәаны артҟәацгақәа ақәрыжьуа иалагеит. Уи аамҭазы уа схаланы сыҟан. Сшәан, сыҩуа Ҷаҷал сыбжьысит схала. Сан, сызцаӡом, бара бца лҳәан, сцеит. Сашьеиҳаб Џьон уи аамаҭазы ипсихика шьақәҟьахьан, октиабр азы дшәахьан. Ҳаҩны артҟәацгақәа анақәҳа, ақырҭқәа халаз џьыршьан, ҵаҟа иҩназ ыҩит, аха иара дыздәылымҵит ашьҭахьтәи аган ала албаарҭа ыҟамызт. Аҭабиахь ацарагьы даҟәыҵит. Мама иҟазшьақәа лгәамԥхо даналага, дбыман бца лҳәеит. 1998 шықәсазы идунеи иԥсахит иара...
Ирзымдыруа иақәымгәыӷуа ақырҭқәа декабр азы иақәлеит Ануаа рхәы. Зегь рпозициақәа рахь иҟан, ақырҭқәа ахәаҿы ауаа маҷны ишыҟаз еилыркаан Кындыӷ алагьы, ҵаҟа Тамшь алагьы иахаҩеит . Сан зегь рышьҭахь ауп даныбналаз. Аха, лыҷкәын аиҵбы дахьыҟаз лыздырӡомызт. Ломиаа рыҩны акәын аибашьцәа рхәы ахьыҟарҵоз. Бесик Ломиа деибашьуан, аума ихигеит. Хыма-ԥсыма лгәылацәеи лареи лашьцәа Коӷониаа рҿы дааит Кәтол. Саб Арланаа рҿы даангылеит, сабхәраа рахь сызцом иҳәан. Нас, уи ашьҭахь Ашәаа рҿы дааит ианшьцәа рҿы дыҟан. Еибамдырӡакәа зегьы Ҷаҷал ала ирулакгьы иалҵит Ануаа рхәы ақырҭқәа ианырга.
Сан лыҷкәын аиҵбы дахьыҟоу лыздырӡом. Декабр хԥа шыҟаз Гиа Маланӡиеи иареи ааит ҵхыбжьон Кәтол ҳаншьцәа рҿы. Саргьы уи аамаҭазы уа сыҟан. Ақырҭқәа рыбжьы агара ианаҟәыҵ, арҭ ашьшьыҳәа илбааит. Бнала ибналт аҭыԥқәа рымдыруаз. Реваз Хвита ҳәа гыруак ҳара ҳзы деибашьуан уажәыгьы Ануаа рхәы дынхоит - ргәырҽанӡамкәа ианрықәла алҵразы аицәажәахагьы шрымамыз иҳәон. Еибымҳәаӡакәа џьоукы Чаарқыҭ ала ицеит, џьоукы Тамшь ҵаҟа Гьергьедаа ахьынхоз ала… Абри сашьеиҵбы данааз иадҳәаланы исхамышҭуа хҭыск ыҟоуп – имаҭәақәа ишәыхра далагеит иҽикәабарц. Ҳбираҟ икәыршан дыҟан. Аҵәыуара салагеит. Ақырҭқәа уныркылазҭгьы урымшьуаз сҳәеит. Ҳбираҟ ныжьны сабацоз, иаӷрагыланы иԥыржәжәо иалагон иҳәеит. Ишәыршәыруа бзиак иалхын. Тигр ҳәа ерманык дыҟан, Кесиан ижәлан, тамшьаа ртанк трофеи иақәтәаз, убри иахаргыланы ирыман уи абираҟ.
Аԥсны
"Уара аҵара умоуп, арахь умааин": аибашьра аветеран Сурам Сақаниа игәалашәарақәа

Сан есымша лԥа дишьҭан

Џьумбер аҵыхәтәанынӡа деибашьуан. Ҳан рыцҳа уи гәырҩас длыман. Абри зынӡа атәыла ахьыбгоз Заза дигаӡомызт иара. Зны, зынӡа ианшәарҭаха, Тҟәарчал ҳцеит ҳаб иаҳәшьа лахь март азы. Аҟәа ажәылара аныҟала, ақырҭқәа зынӡа ихагахеит. Сан ҳаб иаҳәшьа Арышаа ирымаз лахь лчымазаҩ дылгеит. Уа ауада дыҩнан Џьон. Ҳара Аҟәарчаԥан ақыҭараҿы дача ҳасабла иҳаман ҩнык, убрахь ҳцеит. Иаҳфозгьы аԥшаара уадаҩын. Сан ауҭраҭыхгьы ҟасҵоит лҳәан, Аҟәарчаԥан ҳааит. Сабгьы уа Тҟәарчал иаҳәшьа лҿы дыҟан. Аиҵбы даҳзынкыломызт. Сашьеиҳаб Тҟәарчал ауада ддәылҵӡомызт усгьы.
Ус сани сареи ҽнак амҩаду ҳаныланы ҳшаауаз, машьынак ааҳавалеит. Заза дақәтәан. Мама лнапы лҟьан иаанылкылеит. Даԥырагылеит амашьына. Сан есымша лԥа дишьҭан. Аҩныҟа уаала ҳәа дыхҭалкуан. Уҭыҵ, уара, уан улацәажәа иҳәеит Заза. Џьумбер уа дҭатәан. Есымша бсышьҭоуп, быԥхамшьаӡои иҳәеит. Аҷкәынцәа сырцәыԥхашьоит, быҩуа бсышьҭоуп иааиԥмырҟьаӡакәа ҳәа иҽирцәгьеит. Уара уқәра зықәроу еибашьӡом, убри азоуп сызушьҭоу лҳәеит. Нас, Заза ус иҳәеит: "Галиа, хьаас дҟабымҵан, бхәыҷы сыԥсы ҭанаҵы дысшьӡом, сара дсыцуп, дсыхьчоит", - иҳәеит. Ҳара Заза убриаҟара игәра ҳгон, ус аниҳәа, деиқәхоит ҳәа иҳаԥхьаӡон.
Џьамила Ануаԥҳа лан- Коӷониа-Ануа Галина Уанчка-иԥҳа.
Адгәыр Занҭариеи Бесик Ануеи рхәын, рхәы ҳаманы ахәышәтәырҭахь Тҟәарчал ҳцеит ҽнак. Ҳахьнеиз, Адгәыр ус иҳәеит: "Ҳанырхә, аминақәа рдәаҿы ҳашьҭан, быҷкәын Џьумбер ида игәаӷьны аӡәгьы ҳаизықәымгеит", - иҳәеит сан лахь. Убасҟан ауп ианеилыскаа сашьа дахьыҟаз, уаанӡа Заза иштаб аҿы дтәаз џьысшьон. Тамшьаагьы аҩныҟа уца ҳәа иарҳәон. Аҭаацәарақәа зегь имыцхәу аӡәгьы дрымаӡам, зегь рԥацәа еибашьуеит иҳәон саб, ухәыҷы дынкыл анырҳәоз. "Утәа, аиҳабы ипсихика ықәҟьеит, ҳаԥсыр, ҳазжуада", - сҳәон сара. "Аибашьра еилгар, бхы ларҟәны бымныҟәаларц азыҳәан ауп, Џьамила, сзеибашьуа", – саҭеикит иара. Аибашьра ашьҭахь иаҽԥнысҳәон зхы ларҟәны иныҟәада имеибашьыз ҳәа…
"Агәалашәароуп ҵа змаӡам" – ӷьашьак змам анацәа рыхәрақәа

Аиааира

Тҟәарчал ҳшыҟаз Аҟәа ргеит ҳәа ҳаҳаит. Сара сгәырӷьеит. Аҟәа аныргоз аамҭазы Џьумбер Тҟәарчал дыҟан ани ҳуадаҿы. Аиааира ҳгеит ҳәа ажәабжь аниасҳәа, илаӷырӡқәа аауан. Бзыргәырӷьои, ҳазҭахызи иаҳҭахызи зегь ршьит иҳәеит. Заза дыршьхьан ииуль 10 рзы. Акагьы деигәырӷьаӡомызт, избанзар Зазеи Аслан Камкьиеи ҭахахьан. Заза даныршь ашьҭахь Тҟәарчалҟа дааит иара, иҵаҟьон зегьынџьара, дмаҷымзи. Абри ашьҭахь Кәтолҟа ҳаншьцәа рахь ҳалбааит.

Тамшьҟа агьежьра

Аибашьра анеилга Ануаа рхәы аминақәа ыҵоуп аӡәызаҵәык шәхалар ҟалаӡом рҳәеит. Иҵазҵазгьы ԥсхьеит, ахсаала ҳамам рҳәеит. Еиҭах Тҟәарчал ҳцеит. Октиабр 1993 шықәсанӡа ҳаб иаҳәшьа лҿы ҳаҟан. Нас, Гиа Маланӡиа шәанбанӡатәо ара иҳәан, Аҟәа Патеи-иԥа имҩаҿы аҩнқәа ҭацәуп, шәаала иҳәеит. Ҳаб иҭахымхеит, аха ҳан аҭыӡшәа ҟалҵеит ара сызтәаӡом, џьара усурҭак ма иҳаԥшаап лҳәеит. Акгьы зыҩнамыз қырҭуа ҩнык ҳаҩналеит. Нас, ҳаб иашьа Леуард данԥсы, ажра дааҳгар акәхеит. Усҟан аминақәа арахә рхаԥжәахьан 1995 шықәсазы акәын, ахалара ҟалоит рҳәеит.
Ҳахьхалаз - ҳаҩны ҳәа акгьы ыҟаӡамызт. Аказарма абжа блын, абжа аанханы иҟан. Аҩын ду блын иқәццышәаа. Нас, сашьа Џьумбер аԥҳәысаагара игәы иҭеикит, иара усҟан аминаҵхыҩцәа рҿы HALO Trust аус иуан. Аиҳабы Заде ижәлан, амашьынақәа ааишьҭын идрыцқьеит. Кәтолтәи Дима Ҷкадуа машьынала агәамсам ықәигеит. Ҳказарма ҟаиҵеит. Саб ақырҭқәа рҷан сҭахым ҳәа дыгәрымуан еснагь. Нас, дцеит Тамшьҟа нхара. Сан ҩынтә анхара сылшом лҳәон, аха дишьҭаԥало дцеит лхаҵа. Ахаҳәқәа, ақьырмытқәа еиқәҵаны, аҩнашә ықәҵаны – убри каруаҭс ирыман сани саби сара Москва сцаны, аԥара рҳаны срыхьӡаанӡа. Уаҳа излаиоз акгьы рымаӡамызт.
Сан аибашьраан анышә иаҭаны илҵәахыз акҿыҩра маҭәахәқәа зегь ақырҭқәа иргахьан. Убри аказарма еиҭашьақәиргылеит саб. Оҭар Какалиа ибзоурала ашифер ҳарҭеит иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа , нас ахыб ақәиҵеит саб. Уаҳа аӡә имҭа ҳәа акгьы ҳаздырӡом. Нас, каруаҭк ҳауит, диванк ҳауит. Иахьагьы ҳаҩны аказарма ду иеиԥшуп. Ашьҭахьала иацаҳҵеит аҿаԥара. Џьумбер 1994 рзы ашьақар чымазара иахҟьаны ахәышәтәырҭа дҭашәеит. Убри даргәамҵуан цәгьала. 2022 шықәсазы идунеи иԥсахит. Ахшара хҩык иҭынхеит. "Агәымшәараз амедал" имоуп. HALO Trust ашьҭахь, ар рус аҿы дыҟан ԥшыхәҩыс. Убра дшыҟаз ауп иԥсҭазаарагьы дшалҵыз. Ичымазара иахҟьаны иҷаҷақәа аусура иаҟәыҵит.
Џьамила Ануаԥҳа лашьа Џьон Ануа.