Зыламыси зыуаҩреи цқьаз: Аԥсны Афырхаҵа Сҭеԥан Занҭариа игәаларшәаразы

© Foto / семейный архив Степан Зантария
Степан Зантария  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Афырхаҵа Сҭеԥан Занҭариа, иахьа иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан 60 шықəса. Уи игəалашəара аҳаҭыразы ишəыдаагалоит ажурналист Сырма Ашəԥҳа ланҵамҭа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсны Афырхаҵа Сҭеԥан Занҭариа диит Очамчыра араион Тамшь ақыҭан. Иҧсадгьыл, иуаажəлар, иуа-иҭынха гəыразыла дырзыҟан. Аҧсны излагаз Аџьынџьтəылатə еибашьра иара иҧсҭазаара аркьаҿит умҳəозар, фырхаҵарыла дҭахоит Мрагыларатəи афронт Тамшь ақыҭан, Ануаа рхəы ахақəиҭтəразы имҩаҧгаз ажəылараҿы. Дхəыҷаахыс ибзианы дыздыруаз, Тамшь ақыҭа ииз-иааӡаз Аҧсны Афырхаҵа, Аинрал-полковник Владимир Ануа, гəыблыла дигəалаиршəоит ақəрахьымӡа, аха зыхьӡ-зыҧша Аҧсны аҭоурых аҿы наӡаӡа ааныжьра зылшаз Сҭеҧан Занҭариа.

Џьопуа Артиом, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз - Sputnik Аҧсны
Иҿымцәаауа агәыӷра: хабарда ибжьаӡыз Артиом Џьопуа иҭоурых

"Сҭеҧан Занҭариа, Тамшьтəи абжьаратə школ далгеит. Даара аҵара бзианы иҵон дыҷкəына еилҟьан, аиҩызаразы дхазынан. Сара сеиҳа ҧыҭк деиҵбын, аха зегь рыла далукаартə дыҟан унаҧшны дахьубоз, иҩызцəагьы дахьрылагылаз. Ҳаигəылацəан, аизааигəара ҳамоуп, дсымбаргьы алшаӡомызт", - ҳəа азгəеиҭоит Владимир Ануа.

Сҭеҧан Занҭариа, иара убасҵəҟьа қəҿиарала далгоит Аҟəатəи арҵаҩратə институт, анаҩс ашкол аҿы аусура далагоит, иаҧиҵоит аҭаацəара. Аҧсыуа ҭаацəарак ишраҭəаз еиҧш инхон-инҵуан, аха аибашьра хлымӡаах дара рзы акыр аҽарџьбареит.

"Аибашьра аҧхьатəи амшқəа инадыркны Сҭеҧан иашьа Семионгьы иаргьы, иҩызцəагьы аҕа хəымга иҿагылоит. Иара убас рыҧсадгьыл рыхьчон иаб иашьа иҧацəа Аслан, Заза, Асҭамыр Занҭариаа. Аҧхьатəи амшқəа рзы, Очамчыреи Аҟəеи еимаздо Тамшь иагəылсуа амҩаду аҿы аҕа иҭархара, иаанкылара, ааха иҭара аус аҟны иҩызцəагьы иаргьы даара аџьабаа рбеит. Уи ашьҭахь, Ануаа рхəы ахырҕəҕəарҭаҿы аҭыҧқəа аанкыланы ҳаҟан, ҳаицын", - игəалаиршəоит аинрал-полковник Владимир Ануа.

Аибашьра адəаҿы ауаҩытəыҩса аҧсреи абзареи данҭагылоу аамҭазы, иааирҧшуа ахымҩаҧгара иалукаауеит иара иҟазшьа аҷыдарақəа. Зыламыси зыуаҩреи цқьаз иакəын Сҭеҧан, ус азгəарҭоит иара лымкаала дыздыруаз, аибашьратə мҩа ицанысыз иҩызцəа.

"Аибашьраҿы ахысра анаҩс, ауаҩра улазароуп, аҩызарагьы аҭахуп, аҧатуеиқəҵарагьы аарҧштəуп. Аибашьраҿгьы аҧсҭазаараҿы ухы шымҩаҧуго еиҧш азнеишьа аҭахуп. Сҭеҧан иҩызцəа даара бзиа дырбон, пату иқəырҵон. Ивагылаз иҩызцəеи иареи еизхəыцны, имҩаҧыргоз аус аҵыхəанӡа иҭҵааны иҳəаақəырҵон. Аибашьра рхыргахьоушəа, мамзаргьы иара аганахь ала аҵарақəа ирылгахьоушəа абасала рхы аадырҧшуан", - иҳəеит Аҧсны Афырхаҵа Владимир Ануа.

Мрагыларатəи афронт амца акуан, 1992 шықəса, ҧхынҷкəынмза 2 рзы ақырҭқəа Ануаа рхəы ампыҵахаларазы ажəыларақəа мҩаҧыргон, аҭагылазаашьа акырӡа иуадаҩын, убас еиҧшҵəҟьа иагьшəарҭан.

Аибашьраан аԥсуа еибашьцәа Кындыӷ ақырҭуа импыҵархалаз атанк - Sputnik Аҧсны
Аԥсра абла ишҭаԥшуазгьы: аԥсуа еибашьцәа Кындыӷ аӷа итанк шԥыржәаз

"Мчыбжьык еиҳаны иаанкылаз амҩаду ус ишамуаз ҳаргьы иаҳдыруан, аха ҳхьаҵуамызт. Акыр аҧсҭбарақəа ҟалеит амза 2 рзы, ауха, адырҩаҽны. Ҳаҕацəеи ҳареи ҳамчқəа еиҟарамызт, ҳамхьаҵыр ада ҧсыхəа ҟамлеит. Сҭеҧангьы Семионгьы еицын, Сҭеҧан зегь рышьҭахьӡа даанхоит, аҕацəа рахь ихы рханы аахақəа шриҭоз фырхаҵарыла дҭахоит. Данҭаха ачқəынцəа хынҳəит, аха Ануаа рхəы аҟынтəи иалгара уадаҩын. Иашьа Семион убас еиҧш иҟаз ақəҵара идикылеит, убра џьара бнарак аҿы дааныжьны ицарц, избанзар егьырҭгьы ҭахар алшон. Ауха иалгара рылдыршеит Сҭеҧан, ари ахҭыс ҟалеит ҧхынҷкəынымза 3 рзы", - ихəыцрақəа ҳацеиҩишон аинрал-полковник Владимир Ануа.

Сҭеҧан Занҭариа иашьеиҳаб Семион убас еиҧш Аҧсадгьыл ахьчаразы дҭахоит аибашьра ашьҭахь, 2001 шықəса рзы, жьҭаарамзазы, Гəылрыҧшь араион аҟны. Сҭеҧан иҧацəа аҩыџьагьы, иара убас аибашьра ашьҭахь рыҧсҭазаара ҿахҵəоит.

Аҧсны Афырхаҵа Сҭеҧан Занҭариа иашьцəагьы иаргьы рыхьӡ ахуп Тамшь амҩадуқəа руак. Урҭ рфырхаҵареи ргəымшəареи еизҳауа абиҧарақəа рзы иҿырҧшыгахап. Иахьа, Сҭеҧан иашьцəеи, иҩызцəеи ирыбзоураны Тамшь ақыҭа иалыҩуеит ахəыҷқəа рыччабжьы, аҧсҭазаара ҧхьаҟа ицоит.

© Foto / семейный архив Аҧсны Афырхаҵа Сҭеҧан Занҭариа иашьцəагьы иаргьы рыхьӡ ахуп Тамшь амҩадуқəа руак
Зыламыси зыуаҩреи цқьаз: Аԥсны Афырхаҵа Сҭеԥан Занҭариа игәаларшәаразы - Sputnik Аҧсны
Аҧсны Афырхаҵа Сҭеҧан Занҭариа иашьцəагьы иаргьы рыхьӡ ахуп Тамшь амҩадуқəа руак

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0