Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ақырҭқәа ари арратә операциа ргәы рымнарҟьеит": Ахра Гәаланӡиа иультәи ажәыларазы

© Foto / Елеонора КогониаАхра Голандзиа
Ахра Голандзиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2023
Анапаҵаҩра
Иультәи арратә операциа "Тамшьтәи адесант" ҳәа хьӡыс изауз иалахәыз Мрагыларатәи афронт агәыԥ "Дельфин" ахаҭарнак Ахра Гәаланӡиа игәалаиршәоит иуль 2 1993 шықәсзатәи ахҭысқәа. Иара усҟан ихыҵуан 21 шықәса. Дара ргәыԥ Кәтоли Тамшьи рҳәааҿы абаржа иаԥылон. Ахра ишиҳәо ала, раԥхьа уи агәыԥ еиҿикааит Бурди (Валера) Агрба, нас, Руслан Чагәаа напхгара аиҭон, анаҩс Игор Сиҷынаа (дҭахеит), уи ишьҭахь Витали Осиа.
Абас далагеит Ахра иажәабжь: "Уажәы ус аӡәы игәы иаанагар ҟалоит ҩадахьтәи афронт аҿы апартизантә еибашьран, убри аҟынтә алеишәа ыҟамзар ҟалон ҳәа. Алеишәагьы ҳаман, аизхәыцрагьы ыҟан. Ҳара иуль мза алагамҭазы ргәы ак шҭаз ҳгәы азҩон, аха иҳаздырӡомызт иҟалаҵәҟьоз, амала, аҽырхиарақәа цон".

Ампыл асра

Аибашьраҿы ишдыру еиԥш, еснагь жәыларам, ирацәаҩуп аветранцәа рахьтә еиҭазҳәахьоу – ажәыларақәа рыбжьара аԥсшьарагьы, алафҳәарагьы, ахәмаррақәагьы шыҟаз. Ахра иҩызцәеи иареи апост иқәгыламызт иуль акы ауха, убри аҟынтә ампыл асра иалагеит.
Аветеран Гәаланӡиа ишиҳәо ала, аџьаԥҳаны аизгара иаҿын. Абаржа ӡхыҵуеит егьи ҳәа рыздыруамызт, аха жәыларак ҟалоит ҳәа аҽазыҟаҵара иаҿын рнапхгара. "Амза акы ауха ақырҭқәа ахысра ишаҿыз иаҿын. Апост иқәгылаз ықәгылан, егьырҭ ашьапылампыл асра ҳалагеит. Ақырҭқәа рыхқәагьы ааскьон, аха ҳпозициа кажьны ҳабацоз, ампыл ҳасуан уажә аӡәы иџьеишьаргьы. Ҳахьасуаз аимак-аиҿак ҳауит – уара уаиааит, сара саиааит ҳәа. Ҳабжьы аныцәгьаха ақырҭқәагьы ахысра иаҟәыҵит. Тамшьынӡа ҳабжьы наӡон. Ҳампылгьы ԥжәан, аҩнуҵҟа маҭәак ҭагәашәа ҳасуан. Убри ауха Џьгьардантәи мшьамбак ҳауит. Бесик Осиа Ерик иԥа, (дыршьит) Ахра Табаӷәуа уҳәа ҳаицхырааны – абри абырзент цәҩыча иалхны ҳџьаԥҳаны зҭаҳҵо ҳӡахит. Ҳахҭаҵарҭа (рожки) ҭаҵаны ҳҽырхианы ҳаҟан, ҳагьыҩит анаҩс. Убри аухагьы иаауаз ашхәаԥс (баржа) аӡбахә ҳаздырӡомызт. Ауха ҳзыԥсахуазгьы ҳаргьы зегь ҳаанхеит. Ашьыжь асааҭ 3 шыҟаз иааит ҳаиҳабыра Нодик Чагәаа, Адгәыр Ӡлаиа, Бурди Агрба - шәгыл уажәшьҭа, шәҽеибышәҭ рҳәеит. Аиаша басҳәап, чарак ахь ҳцозшәа ажәылара ҳҭахын. Ари аус ибзиаӡаны еиҿкаан сҳәар сылшоит. Ҳара ҳгәыԥ ишиашоу ала Тамшь амҩаду ахь ицәырҵыр акәын. Егьырҭ аказакцәа ԥыҭҩыки аурысқәа рынхарҭа Хәытор ҳәа иахьашьҭаз Дӷамшь аганахь (Кәтол анкьатәи абжьаларҭа) – убри амҩала ицеит. Даҽа гәыԥк Наӷбоу – Габлиаа ахьынхоз ала ицәырҵит. Абри Ахәутор ала ицаз дрылан Пантик Торчуа - уи аҽны дыршьит. Даараӡа иманшәалахаз операциахеит иара аԥсҭбарақәа шацызгьы", - иҳәоит Ахра иуль 2 1993 шықәсазтәи амш игәаларшәо.
© Foto / Стоп кадр из видео Тали ДжапуаАхра Гәаланӡиа
Ахра Голандзиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.06.2023
Ахра Гәаланӡиа
Иара иажәақәа рыла, ашьыжь иандәықәлоз ирарҳәеит - иахьа ашхәа лас ҳаԥылароуп ҳәа. Заза Занҭариа, Славик Кәычбериа уҳәа ргәыԥқәа рыманы ицахьан уи аамаҭазы. "Аиааира убри аҟара ҳазԥшын, убри азакәзар ҟалап изыманшәалахаз аоперациа. Иаҳҭахыҵәҟьаны ҳаҿын. Ҳхысуа еибашьрала мацара ҳцеит. Дара аҿагылеит, аха егьрылымшеит усҟан. Ҷлоуаа, мықәаа, мыркәылаа зегь Лашькьындар ҳәа иахьашьҭоу ицәырҵит. Уахь амҩа адыркит. Кындыӷааи, тамшьааи, аҭарааи арӷьарахь амҩа адыркит. Убарҭ рыбжьара ибжьаз ҳара аус рыдаҳулон", - еиҭеиҳәоит Ахра.

Ашхәа ацлымҳәа

Аветеран ишигәалашәо ала, анкьа "Сельхозхимиа" ахьыҟаз, убра амашьына ргыларҭа дуӡӡа ыҟан, убри азааигәа иӡхыҵит ашхәа. "Раԥхьа иахьнеиз маҷк иӡбаарран ашхәа ацлымҳәа аатыроуп, аха абарқәам акы аҿашәан – аиҿыхра маншәаламхеит. Уаанӡа ицаны итәахьан рекаа. Славик Кәычбериа иашьа Одик – ашхәа аҟәара аҟынӡа ианзымааи амшын далаԥаланы дцаны град ҭигеит. Одик илшаз фырхаҵароуп. Ҳара амҩаду аҿы ҳанынцәырҵ – иахьеиԥш исгәалашәоит Омар Маниеи Ԥач Чагәааи (Аслан) – агранатамиот ркын. Убри аамҭазы ақырҭқәа иртәыз "Урал" ииаҟьан ицоз деихсит Омар Маниа – зныкала иԥжәеит. 22-ҩы антәалан. Агранатомиот аус ауит. Кәтолтәи абжьалараҭаҿы уааӡаанӡа 60-ҟа метра бжьан ашкол аганахь ари ахьымҩаԥысуаз. "Урал" ихәны иҟаз ақырҭуа гвардиауаҩык далыбган дкаҳаит, убри Хәсеин Џьалаӷониа даҳцәишьит. Едик Агрбеи Вова Раҵәбеи ахәра роуит. Абарбал даватәаны дхысит ақырҭуа, аха нас дҭаҳархеит. Убри "Урал" аҟынтәи 22 втомати, аџьаԥҳаны рацәеи ҳгеит. "Урал" иақәгылаз АГС абжьыуаа рыҷкәынцәа зегьы ҳаидгылан иҭаҳархеит", - абас агәымшәара аазырԥшуаз ҳаибашьцәа рҭоурыхқәа еиҭеиҳәоит Ахра. Аветеран иара убас игәалашәоит ииаҟьаны ирыцәцаз ақырҭуа БМП ахьрызҭамырхаз игәы ишалоу. Ахра иажәақәа рыла "Кындыӷынтәи иасит БМП ҳацәцеит шәаԥыл ҳәа. Аха убри аҟара даӷьны дцон аԥсҟы зкыз - Ԥач Чагәаа деихсит, даҽаӡәгьы деихсит, аха ирыцәцеит. Нас, лашькьындараа адырра рырҭеит, аха урҭгьы ирыцәцеит… Ус акәзаргьы, Ԥач идырҩатә еиӷьхеит, атанк иагәыдиҵеит уи аҽны. Абри Кәтол иаҳзықәгылоу атанк Ԥач Чагәаа аҽны дзеихсыз ауп. Ашьҭахь ихҭыԥ ануп".
Артур Голандзиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.06.2023
Аԥсны
Аибашьра иаԥсахит агәҭакқәа: аветеран Артур Гәаланӡиа иҿцәажәара

Сак амгьал

Ахра Гәаланӡиа ишеиҭеиҳәо ала, ҳпартизанцәа гәымшәарыла еибашьуан. Зегь рыхьӡқәа аҳәара имариам усуп, асҟак аамҭа анцахьоу, аха абар иаликаауа : "Омар Маниа, Аслан Касланӡиа (Чуниа), Ахра Табаӷәуа, Ремиз Табаӷәуа, Витали Осиа уҳәа зегь "рцәа рхыҵит" уи аҽны, аџьабаа дуӡӡа рбеит. Пантик Торчуа ҳшеилаҩынтуаз убра дыршьит ҳәа ҳақәҿырҭит. Дӷамшь аганахь аӡә иҽыҵәахны дыҟан диеихсызаап. Бесик Осиа Ерик-иԥа иакәзар – урҭ ҭаацәаныла аӷа иҿагылан. Аб, аишьцәа рҩыџьагьы, уи адагьы ранду иналыркны зегь ҳафатә ишаҿыз иаҿын. Пантик Торчуа иангьы – лыҩны ахқәа неины икаҳауан, лырахә ашьуан, аха лара убра даԥырымҵит. Бесик Осиа, Бақәа аҵара дҭан ашахтақәа ирыдҳәалаз азанааҭ ала. Ашхәа ӡхыҵыр уацҵаны уҳашьҭуеит ҳәа иаҳҳәеит – ухәыҷуп уаби уашьеи еибашьуеит, уара 18 шықәса роуп иухыҵуа, уара уцароуп аҵарахьы шаҳҳәоз– иара убри аҽныҵәҟьа даҳцәыршьит". Бесик Осиа ихьӡ иадҳәаланы, Ахра Гәаланӡиа гәалак имоуп, иахьагьы ихашҭуам. Уи зызку абри ауп : "Ашьыжьымҭан ажәылара анырҳәа сыҩны сцеит иара иахь. Дыцәан иара. Ҿысҭит – Бесик уаала ҳәа. Дҩагылан ашырҳәа иҽааибиҭеит. Иан – акырумфаӡеит Бесик, нан, лҳәеит. Акрыфаха имамызт, аха иџьыба сак амгьал ҭалыршәзаап. Тамшь данеиқәыскуаз иџьыба санҭаԥшы избеит имгьал са хәыҷы", - абас иҟоуп Ахра агәҭынчымра изҭо 18 шықәса зхыҵуаз Бесик аҵыхәтәантәи имш .

Град хысит

Ахрараа ргәыԥ Тамшь абыржәы абылтәы ахьырҭиуа амҩаду аҿы ицәырҵит, уа Бараҭелиаа рыҩны акәша-мыкәша аколхоз ахаан иржқәаз гәаҩарақәак ыҟан. Убра рҭыԥ ылырхит. "Ус ҳашҭатәаз Рома Габлиа дааит – иаҳзынкылаӡом ашкол аҿы ацхыраара ҳҭахуп, ақырҭқәа ҩналеит ҳәа. Иҟалап Ануаа рхәы аҟынтә илбаазар, ма уа рҽыҵәахны итәазар –цқьа исгәалашәом. Ашкол инаркны Лашькьындарынӡа ашхәа анҳадаҳкылоз иаҳрыцқьахьан, аӡәгьы дыҟамызт. 250- 300-ҩык рҟынӡа иҭахаз ақырҭқәа амҩаду аҿы ишьҭан. Ҳара ҳтәқәа убри аҽны иҭахеит сыԥсымзар - 70-ҩык рҟынӡа. Ижәыло ар еиҳа иҭахоит есымша, ҳашжәылозгьы аиааира ҳара ҳганахь иҟан", - иҳәоит Ахра. 30 шықәса рышьҭахьтәи ахҭысқәа ауаҩы ихаҿы аанкылара шыуадаҩугьы, Ахра еиҭеиҳәоит ашкол ахь ақырҭуа танк аннеи иӡхыҵыз аҷкәынцәа шеихсыз. Убри аҽны ашкол аҿы кәтолтәи аҷкәын Аҟәа инхоз ашхәа иацны иааз абиԥазаҵә Рамин Дараселиа дҭахеит. "Асааҭ 4 шыҟаз ҳаиқәшәара ҟалеит ашхәа иаанагази ҳареи. Убранӡа 6-танкк, БМП, БРДМ , кәтолаа иаҳгаз атрофеи ҳа ҳахь ибжьаҳаргылахьан. Тамшь ацҳаҿы ақырҭуа танкист дҩашьан ҳа ҳтәқәа дрылагылеит. Уи атанкгьы иара дҭарханы иргеит. Аград анаҳба уи иааиран ҳа ҳзы. Аград ахаан иаҳбахьазма ҳаигәырӷьеит. Тамшь ачаӡырҭа ахьыҟаз аганахьала даабжьыҵын сыҩны сиԥылеит иаазгоз. Ерманык дақәтәан, ԥсуакгьы дыҟан. Суҳәоит знык ухыс сҳәеит. Убри аамҭазтәи Аиааира аҳаҭыраз. Ануаа рхәы агәаӷ сыман дара уа итәан. Ҩынтә дхысит, ҳа ҳтәқәа иҟалеи уара итҟәаци ҳәа иџьаршьеит. Аград сырхысит ажәакала. Убас агәырӷьара ҳаман", - иҳәоит Ахра.
Гарри Аджинджал - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.04.2023
Аԥсны
"Ԥақәашь ҳаӷа далаҳамҵеит": аветеран Гарри Џьынџьал игәалашәарақәа

Атрактор аус ауан

Адырҩаҽны амза 3 рзы ҳа ҳтәқәа аҭабиақәа рыжра иалагеит. Ақырҭқәа Ануаа рхәы ихалан итәеит. "Џьгьардатәык Павлик Амҷба ҳәа дыҟан. Уи итрактор дақәтәаны иҟаиҵоз ҟазҵоз ԥсыуак дыҟаӡам. Ануаа рхәы аҟынтә ишиеихсуаз убра аҭабиа ҳзижит. Атрактор аус ауан ахқәа ахыҟьҟьа ишцозгьы. Амза хԥа рзы ҳнеины уи ажра ҳанҭатәеит. Уажәшьҭа ҳманшәалахеит. Атрасса ҳгеит, ашхәа ҳадаҳкылеит, аград ҳауит. Иҭахаз ҭахагәышьеит – рыԥсаҭа бзиахааит. Амза 3 рзы ҳаҩҭатәеит ашьыжь абылтәы ҭирҭа ахьгылоу.
Аҟәантәи ақырҭқәа дәықәлар кындыӷаа ирызнымкылар ҳара ҳрыцхраарц- абас адҵа ҳаман. Ашьыжь ахысра иалагеит. Ҩ- нызқь метра раҟара аҵанакуан ҳахьтәаз аҭыԥ, амҩаду аҿықәаҿ акәын. Ашьыжьымҭан асааҭ 6 рзы ахысра иалагеит аминаршәгақәа рыла. Ҽынла асааҭ 3-нӡа уа адәы узықәмыргыло иҟан. Гиви Лашәриа, сашьа Даур (Шурик), Кама Лашәриа рхәит. 50-ҩык ҳахьыҟаз 15-ҩык рҟынӡа ҳааргеит. 8 сааҭк иҳалахысуан. Нас атанкқәа дәықәлеит. Ҳара ԥшыхәра ҳәа хәыҷык ҳнаскьеит - Омар Маниа, сара, Баҭал Табаӷәуа , Ԥач Чагәаа. Ашкол авараҿы аевкалиптҭраҿы иныҟәоз ауаа ҳбеит. Иааскьахьазаарын дара. Нас ҩ-танкк дәықәлеит. Акы аӡы иҭаланы ихаларц иалагеит, егьи хыхь ала ихысуан. Ҳа ҳтәқәа ҳарзасит атехника шгылоу, нас ацхыраара ҳарҭарц, иҳацәцар ауан азы. Нас, Баҭал арациа аашьҭихын иӷәӷәаны дцәажәеит. Абра Кәтолтәи абжьаларҭа инаркны ҳтанки ҳ- БМПеи бжьысны ихысуан, ақырҭқәа хыхьынтәи", - абас еиԥкааны ажәабжь иҳәоит Ахра. Абарҭ аиҿахысрақәа рыбжьара ибжьагылан Ахрараа ргәыԥ. Уи аамаҭазы ҳаибашьцәа руаӡәы данхыс ақырҭқәа ртанк иақәшәан, иааҳәын амца акын иблит. Аветеран игәалашәоит ашьҭахь ашьа ӷәӷәаны иахькашыз аҭыԥаҿ ҳаибашьцәа халаны аминақәеи, атанк аԥжәагақәеи уҳәа аџьаԥҳаны трафеи шыргаз. Рышьаҟауаа имаҷымкәан ааха роуит, азныказ иагьхьаҵит ақырҭқәа. Ҳара ҳтәқәа ахәрақәа зауз амхыҭрала иалыргахьан. Амш зеиԥшраз атәы ҳҳәозар - шоуран Кәыркәамзазы ишаԥу еиԥш. Абас есыҽны ажәылара цон. Ҳа ҳтәқәа уи иаҿагылон сзацәажәо ишсеиҳәаз ала. "Ҽнак арациа ала ауаҩы дасит - Ахра уминақәа абаҵоу ҳәа. Ари дақырҭуазаап, издыруеи сара. Қәҭелиаа рыбжьаларҭаҿы ҩба ыҵоуп, уахь ала изааиӡом сҳәеит. Уцаны иҵх уажәыҵәҟьа, ҳа ҳҭехника неиуеит иҳәеит. Амза 7 рзы акәын. Ҳанхьаҵыз аҽны. Уи аҽны Очамчыратәи амшынтә баӷәазаҟынтә иаҳзаарцоз аҳәара цәгьоуп. Сыҩны сцаны аминақәа ыҵхны сааны рациала исҳәеит. Иҵысхит уахь ала ицқьоуп сҳәеит. Уи аамҭазы ижәылеит ақырҭқәа Лашькьындар ала. Ануаа рхәы ҳгарц ҳшаҿаз ҳашьҭахьҟа аӷа дҳажәлеит ҳәа ҿырҭит. Анатоли Шьониа дҳацын, икассетақәа ицәыӡит убра. Даур Коӷониа Очамчыратәи дхәын (абанк аҿы аус зуа). Наӷбоу ала ҳхьаҵит ҳара. Ҳгәы ԥжәеит, аха иҟауҵои, еибашьран.…. Ашьҭахь ақырҭқәа иртәыз БМП-қәа 4 ҳпозициа ахьаҳкхьаз игылеит. Ақырҭқәа Мықә аганахь 25 хы атехника ааганы идыргылеит. Қырҭтәыла зегь жәылон. Усҟан 9-мшы сменада ҳтәан. Ҳхәы наргон калаҭла. Зны ашьыжь идәықәлаз шьыбжьышьҭахь инеит калаҭк азна акәац рыманы. Шоуран ибааит", - иҳәоит Ахра иультәи ажәылара ашьҭахьтәи ахьаҵра дазааҭгыло. Убри ашьҭахь уаанӡатәи рпозициахь игьажьит ҳаибашьцәа.
Митиа Хьиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2023
Аԥсны
Митиа Хьиба: "Смашьына алыхәҭеиԥш икылыҵәҵәа иҟан…"

Абираҟ шкәакәа зкыз

Убри аҽны абаржа иаанагоз аџьаԥҳаны абжакы ақәхра иахьымӡаӡеит. "Нас, ҽнак Лакәыт Зарандиа дааин, жәҩык ҳҟынӡа абаржа иақәырхыз, аха ирзаамгаз аџьаԥҳаны ӷьычны иааҳгарц ҳаиҳәеит. Ари амза 5 рзы акәын. Баҭал Табагәуа дҳацын. Ҳшааиуаз Тамшь ашкол аԥхьа ажәлар шеилаҩынтуаз ҳбеит. Арҭ жәыларак ргәы иҭоуп ҳгәахәит. Ҳара ҳцәаара анырба абираҟ шкәакәа иман иҿааихеит ақырҭуа. Лакәыти Баҭали неит, иааизи ҳареи 10 метрак рааҟара ҳабжьан. Ҳҽыҵәахшәа ҳтәан ҳашмаҷҩу даҳмырбарц. 300-ҩыуаак Кахетиатәи абаталион ҳаҟоуп, Шрома ргеит ҳақәырцеит абра ҳаиасыр ҳҭахуп ҳабџьар шҳамоу ҳшәышьҭы иҳәеит - абираҟ шкәакәа зманы иааиаз. Иаҳаӡбаз убри ауп - абрахь ибжьацаланы иҭаҳархап лашькьындар аганахь ҳәа. Знык ара изҭалар иоузыжьуадаз рабџьар рыманы. Ари ақырҭуа дцеит. Шәҳашьҭуеит рҳәеит ҳа ҳтәқәа, арахь лашькьындараа мықәаа, лабра инаркны иԥшуп ианбабажьало ҳәа, –урҭ ирыздырӡом арҭ ирҳәаз. Урҭ шәҽырхианы шәтәаз ҳәа ауп ирарҳәаз. Абираҟ зкыз дцан, нас деиҭааит. Ҳабџьаргьы нҳажьуеит ҳшәышьҭы ҳәа. Абра ҳашгылаз Кындыӷынтәи "Уазик" ааин аиҿахысра ҟалеит дара дара рыбжьара. Ажәҩан ахь ихысуан. Иаҳбоит ҳара уи. Ус командирк даазар акәхап, даарылагьежьын иаҳцәеимпит "акоробка" иқәгылаз 300-ҩык. Ануаа рхәы ихалеит", - еиҭеиҳәоит Ахра Гәаланӡиа ихамшҭуа ахҭыс. Убри адырхаҽны ицеит ҳа ҳтәқәа Ануаа рхәы ҭадырцәырц, аха ирзалмыршеит, ртанкгьы уа ирцәынхеит .

Агуманизм аибашьраҿы

Иультәи ажәылара хәҭакахьала ишықәҿиаразгьы, ашхәа маншәаланы ишыӡхыҵызгьы, амҩаду ҳара ҳтәқәа инкыланы ишрымазгьы, анаҩсан ҳаибашьцәа хьаҵыр акәхеит. Ус акәзаргьы, "ақырҭқәа ари арратә операциа ргәы рымнарҟьеит" иҳәоит сзацәажәо аветеран. "Даҽа ҩымзгьы ҳпозициақәа рганахь ақырҭқәа бжьамлаӡеит. Ари ҳара ҳгәы шьҭнахит. Ҳара ҳшыҟаз басҳәап - агәуманизм ззырҳәоз ҳалан. Дельфинаа атрасса иазааигәаны ҳтәамзи, ацәырҵрақәа ҳзымариан еиҳа. Амашьына аниасуаз абас ҳарҳәон ҳара ҳкомандирцәа - аԥҳәыс дызҭатәоу аушәыжьҭла ҳәа. Тариел Коӷониа ҿиҭуан- ԥшьҩык ҭатәоуп абџьар зку, ԥҳәыск дрылатәоуп иоушәыжьҭ ҳәа. Амашьына ҳашьҭуан. Абри аҩыза агәызианра ҳаман ҳара. Зынӡа ҳшәаӡомызт сҳәар иашахом. Ҳашԥамшәоз, насгьы сара ссахьаҭыхҩын Ленинград аҵара сҵахьан убри аганахь ала. Аибашьра аус сара истәымызт. Ақырҭуа дышьны дахьышьҭаз збаргьы ҩымш крысзыфаӡомызт. Сара самхаҵәуар ауан ҳа ҳтәык дырхәыр, ма дыршьыр. Нас, аихаҵгылара ҳаман. Са саҵкыс еиҳабу иаԥхьа сгыланы сцозар - уаангыли уара сара шықәсык уара уеиҳа сеиҳабуп ҳәа снаскьеигон. Аибашьра еибашьран, аха аиҳабацәа иахьырбоз аҭаҭынгьы ҳахомызт. Абарҭ аҟазшьақәа зегь ҳахәаз џьысшьоит аиааира агараҿы", - абас иажәа хиркәшеит Ахра Гәаланӡиа.
Ахра Гәаланӡиа ианашьоуп Леон иорден. Дҭаацәароуп, хҩык ахшара драбуп. Гәылрыԥшь араион аинвалидцәа рфонд деиҳабуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0