"Агәалашәароуп ҵа змаӡам" – ӷьашьак змам анацәа рыхәрақәа

© Sputnik / Владимир Вяткин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМатери абхазских солдат
Матери абхазских солдат - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хашҭра зқәым, угәы ҭызшьаауа, аҭоурых иаҿахәҳәагоу агәалашәарақәа – ажурналист Сырма Ашәԥҳа ланҵамҭаҿы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы ҳажәлар иргаз Аиааира амшныҳәа ааигәахацыԥхьаӡа, агәырӷьареиԥш угәы ҭызшьаауа ахҭысқәа, агәалашәарақәа маҷым. Иахеижьҭеи ҭаха сырҭом лабҿаба сызлаԥшхьоу ахҭысқәа, еиҳаракгьы иҭахаз Анацәа ирыдҳәалоу ахәыцрақәа. Хьаахҽыгас зҭел сымоу сырзасуеит, гәаԥхаражәак иадымзаргьы ирасҳәарц сгәы иаҭахуп. Иахьатәи амш инамаданы ссиа иану издысныҳәалараны иҟоу аибашьцәа рхыԥхьаӡара маҷҩым, исцәыбжьахо ҟаларгьы раԥхьа аҭамзаара шьҭасҵоит…

Омар Акшба - Sputnik Аҧсны
Аби аԥеи рыԥсадгьыл рыхьчон

Сҩызцәеи сареи лассы-лассы ҳанааидтәало лыӡбахә цәырганы ирасҳәоит аибашьра анцоз аамҭазы Тамшьынтәи ихырҵәаз, ҳара ҳҟны ақыҭараҿы аамҭала инхоз, ҩыџьа зԥацәа Рамани Рамини аибашьра иалагылаз арԥарцәа ран Светлана Гогьиа-Занҭариа лыӡбахә. Усҟан сара сагьмаҷцәамызт, 14 шықәса схыҵуан, аха инагӡаны исзеилкаауамызт аԥҳәыс хатәра лхымҩаԥгара.

Есышьыжь дгыланы  лыбжьы ныҵакны дныҳәаныԥхьон, аибашьраҿы аӡә дҭахеит ҳәа анлаҳалак,  ашҭаҿы ҭыԥк лзымыԥшаауа акыраамҭа дныҟәон, анаҩс усгьы налҳәон: "Аӡәы сихашшаауам, ҳазшаз Анцәа аӡәы дысхашшаауа сҟаумҵан", - ҳәа. Зынӡа ианылзымычҳалак, ҳаҩнашьҭахь аӡиас ыҟоуп, уахь лҿыналхон, "Сылаӷырӡқәа атәым шҭа ишԥаҭасыԥсои?" - ҳәа. Абас илхылгон зԥацәа бџьаршьҭыхла зыԥсадгьыл ахьчара иазгылаз аишьцәа Занҭариаа ран Светлана Гогьиаԥҳа.

Усҟан, лцәа иалашәахьазар акәхарын ак шылԥеиԥшыз, дзыргәаҭеиуаз закәыз. Ҩыџьа лԥацәа рахьтә, аиҵбы Рамин Занҭариа аӷа ихымца дзацәымцеит. Исгәалашәоит ари ахҭыс хлымӡаах шаҟа гәхьаала иҳадаҳкылаз,  ҷыдала арҭ аҭаацәеи ҳареи аиуара ҳабжьан, Тамшь сабду игәараҭеи дара ахьынхози  аанда заҵәык рыбжьан, рҿаҵа еиҩшаны ирфон, сан лакәзар Рамин аӡы дӡаалххьан. Ҳамҭас илиҭахьаз амацәаз, сан саҳәшьеиҵбы илылҭеит, "Сара сыԥсыргьы, бара ибмырӡын, сара сзы уи акырӡа аҵанакуеит…" - ҳәа иамаз аҭоурых наҳәаны. Санҵамҭақәа руак аҿы инарҭбааны сазааҭгылоит аишьцәа Рамини Романи рфырхаҵаратә хҭысқәа.

Убас еиԥш, иахак сархивтә материалқәа сышрылаз исыԥшааит угәы ҭызшьаауа даҽа видеонҵамҭакгьы. Убас еиԥш акадрқәа џьбаран, исгәалашәоит Аԥсуа телехәаԥшра аефир ахь иҳашьҭыртә еиԥш изыҟамлеит усҟан иҭыхыз абжеиҳарак, ҳажәлар ргәы кыднахуеит ҳәа ԥхьаӡаны. Сшеимдоз, амонтаж зызумыз акадрқәа аасымԥыхьашәеит. Иахьеиԥш исгәалашәоит уи амш, исхашҭрангьы сыҟам.

ОВНА - Sputnik Аҧсны
Арадио
"Агәалашәара амҩала": Зафер Аргәын ифырхаҵара иазкны

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы бџьаршьҭыхла зҩызцәа ирыцны Ҭырқәтәылантәи иааз ҳџьынџьуаҩ Зафер Аргәын данҭаха анаҩс, шықәсқәак ааҵуаны иан лыҷкәын иҳаҭгәын лнапы ықәылшьырц раԥхьаӡа акәны данааз амш сара сзы ихамшҭыхәу хҭысуп. Гәдоуҭа аиашьаратә нышәынҭраҿы Зафер анышә дахьамадоу иан ҳлыцны ашҭа ҳанааҭала, Ан лмыткәмабжьы ҳаргачамкит, аҳаҭгәын лхы нықәҵаны акыраамҭа лԥа диацәажәон, анышә даҳзаҟәымҭхеит, ахәаҽра аҟынӡа днеит. Ашьҭахь, лхы дааҩахан аматанеира далагеит, лгәы ааиқәҳәаланы аныҳәаԥхьыӡқәагьы аацәырылгеит. Лҽанаашьақәылк, даасгәыдсыҳәҳәалеит : "Иаурым (схәыҷы) ҳаҭырла иабацәа рыдгьыл дамажәдеит, сихыбаауам, шәара дышәтәын, шәара шәахь дааит, уаҳа шәгәы шәзырхьуа шәымбааит…"- лҳәан, лылаӷырӡ лҿаҳәҳәы даацәажәеит. Аҳаҭгәын ахьыҟаз ашҭа ҳанҭыҵит, лԥеи лареи еизааныжьны, лгәы лара ишылҭаху еиԥш илырҭынчып, ҳарҭ адәаҿы ҳаалзыԥшып ҳәа ԥхьаӡаны.

Исыцыз аоператор Саид Агәхаа ихьаԥшымҭазы ибазаап Ан иҟалҵаз, ажәжәаҳәа иԥхьаикхьаз икамера аус аруны аҭыхра дналагеит. Ан рыцҳа лԥа иҳаҭгәын агәаҟынтә ҿаҵак анышә аашьҭылхын лҿы инҭалыԥсеит, аԥаҭлыка иҭаны илкыз аӡы нашьҭаҵан илбаалдеит, ҩаԥхьа лԥа иҳаҭгәын лҽықәлыжьит лҽаласаны. Анаҩстәи ахҭысқәа реиҭаҳәара уадаҩуп, аҩра сахьаҿугьы сылаӷырӡқәа сыхәлаҵәоит.

ОВНА - Sputnik Аҧсны
Арадио
"Агәалашәара амҩала": Баҳадыр Абаӷба ифырхаҵара иазкны

Аҽны хәлаанӡа ҳаицын, исалҳәаз лыгәҭыхақәа рацәоуп. "Сара уажәшьҭа Аԥсныҟа уаҳа сзаауоу еилкаам, схәыҷы, Анык леиԥш сбыҳәоит, аамҭак анбымоу абра ишьҭоу ҳаҷкәынцәа бхабмыршҭын, раҳәшьак леиԥш рҳаҭгәын баҭаала", - ҳәа. Ан лажәақәа ҭаха сырҭом аныҳәақәа анааигәахо, сызхьымӡақәо хьаазгоит, рҿаԥхьа сара исымчузеи?!

Арҭ ацәаҳәақәа рыҩра саҿуижьҭеи схәыцрақәа рҽоурыжьит, реиқәҳәалара сцәыуадаҩхар ҳәа сшәоит, гәынхәҵысҭала, Ҭырқәтәыла иҭахаз ҳашьцәа рҭаацәарақәа рахь скылыргоит.

Аԥсны Афырхаҵа Баҳадыр Абаӷба иаб ихаҿсахьа ҩынҩықәра нысҵыргьы исхашҭуама? Иԥазаҵә игәырҩа дзазымиааикәа ихы изымдыруа данаҳԥылаз амш, убас еиԥш Ефқан Цыба иан лылаӷырӡ, иҿкаауаз лгәаҟынтә иаауаз ажәақәа, рыҩны уахьыныҩналоз лԥа аԥсуа маҭәа ишәҵаны икнаҳаз ифотосахьа.

Ведаҭ Кәаӡба иани иаби ракәзар, рԥа ихьӡ акамыршәразы рыҩнаҭаҿы еиҿкааны ирымоу ацәыргақәҵа хәыҷы, Ҳанефи Егожь иан лчашә агьама иахьагьы сгәы иқәуп ихааӡа, лыҷкәын бзиа ибон, Аԥснынтә ҳашнеиуаз анлаҳа, акырӡа дшычмазҩызгьы лнапала иаҳзылӡит, "сԥа дшәыцны даазшәа сгәы иабоит», - ҳәа ԥхьаӡаны... Еҳ, шаҟа ирацәоузеи аҳәатәы, шаҟа ирацәоузеи угәы ҿызкаауа ахҭысқәа. 

ОВНА - Sputnik Аҧсны
Арадио
"Агәалашәара амҩала": Ведаҭ Кәаӡба ифырхаҵара иазкны

Шьыжьнаҵы абарҭ ахәыцрақәа ҭаха сырҭом, амш нҵәаанӡа исгәалашәаша егьаҟоуп. Нхыҵ-Кавказынтәи, Аахыҵи-Нхыҵи Уаԥстәылантәи иааны иҳацеибашьуаз иҭахаз арԥарцәа рҭаацәарақәа ахьынхо аҭыԥкәа рҭаара, егьа иуадаҩзаргьы, хьаа шәкы цәырыргозаргьы, урҭ рыҿцәажәара ахьысқәашьхаз, лабҿаба избартә еиԥш аҭагылазаашьа ахьсоуз  сара сзы ԥсҭазаарак иаҩсуеит. Урҭ зегьы аӡәаӡәала ажәа лыԥшаахқәа ззыукша роуп.

Ианысҵаша рацәоуп, агәыҭшьаагатә жәабжьқәа абраҟа инеиқәҳәаланы исҭахуп ҳақалақь ԥшӡахь ацәырҵра, ҳашьцәа рҳаҭгәын аҟны снеины схырхәарц, иара убас Ҭырқәтәылантәи еибашьуаз ҳашьцәа Гәдоуҭа анышә иахьамадоу ацара. Уи уасиаҭҵас снапы иануп… Шәыԥсы ҭынчыз, иахьа иҳалагылоу афырхацәа шәгәы бзиаз, ҳаԥсадгьыл Аԥсны ԥшӡа енагь иахашәыршәырлааит Ҳиааира абираҟ!

Ажәабжьқәа зегьы
0