Аԥсны

Sputnik амчыбжь: амшцәгьа ӷәӷәеи асасцәа дахьқәеи

Аинформациатә маҵзура Sputnik иазнархиеит ԥхынгәы 3-9 рзы Аԥсны аҭыԥ змаз ахҭысқәа рыхҳәаа.
Sputnik
Ииасыз амчыбжь алкаахеит Гагра араион аҿы иҟалаз амшцәгьа ӷәӷәеи анапы зҵаҩыз акрызҵазкуа аиқәшаҳаҭрақәеи рыла.
Sputnik.

Аекономикатә ҿиара азҵаарақәа

Ԥхынгәы 4 рзы Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников Аԥсны даҭааит. Аделегациа Гагра араион Алаҳаӡы ақыҭан астанциа маҷи ацрыҵцқьацарҭақәеи ирҭааны ирбеит. Решетников аргыларақәа рҿы аусурақәа шцо ҭиҵааит, уадаҩрақәас иҟоу еиликааит, зыргылара иаҿу ахархәарахь ианнеиуа аҿҳәарақәа дразҵааит.
Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Кристина Озгани Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетникови Пицунда 2026 шықәсазы идыргылараны иҟоу асасааирҭатә комплекс "Москва-Резорт" иаҭааит. Апроект авторцәа еиҭарҳәеит акомплекс зеиԥшрахараны иҟоуи аргылараан уадаҩрақәас ирԥылои.
Решетников аихшьаалақәа ҟаҵо иҳәеит, Аԥсны имариам аиҭакрақәа шымҩаԥысуа, ареспублика ахахьы иагаз ахыдҵақәа шынанагӡо. Иара ишиҳәаз ала, аҳҭнықалақь аҳаирбаӷәаза аусуразы иҵегьы аинвестициақәа зҭаху афымцамчтә ргыларақәа шыҟоу.

Решетников иҳәеит, Аԥсны аекономика ирласны ишҿио, иахьатәи аамҭазы абиуџьет 58% ареспублика ахала ишарҿио, иаанхаз 42% - Урыстәыла абиуџьет асубсидиақәа рҟынтәи ишаиуа.

Аганқәа алацәажәеит аҭыԥантәи аарыхыҩцәа рыдгылара азҵаарагьы. Урыстәыла аекономҿиара аминистр иажәақәа рыла, Аԥсны алшарақәа рацәаны иамоуп аргыларатә материалқәеи афатә аалыҵи рыҟаҵаразы.

Гагра иҟалаз амшцәгьа

Амҽыша, ԥхынгәы 9 ауха Гагра араион аҟны ақәыршҩы ӷәӷәа леит. Гагра араион иатәу АҶА амцарцәара-еиқәырхаратә маҵзура аусзуҩцәа зегьы дәықәҵан иауз ақәыршҩы ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы.
Ареспубликатә мҩаду аҿы атранспорт аныҟәара аамҭак ала иаанкылан, хәҭа-хәҭала ахәылбаҽха ишьақәыргылан. Иара убасгьы иаанкылоуп адәыӷбақәа рныҟәара.
Ацхыраара аҟаҵаразы иаԥҵан аоперативтә штаб, аус ауеит ателтә цәаҳәа ҷыда - +7(940) 721-00-01, +7(940) 920-98-92.
Аԥсны АҶА заанаҵтәи адыррақәа рыла, ауаа ралгара аҭахымхаӡеит, ааха зоуз ҳәагьы аӡәгьы дыҟаӡам. Амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа аԥырҟәҟәаразы аусурақәа цоит. Иҟоу аԥхасҭа аҳәара макьана изаацәоуп.

Аԥсны ареферендум

Ԥхынгәы 4 рзы Аԥсны алхратә комиссиа хада ашәҟәы иҭанаҩит атәыла ахада игәрамгаразы ареферендум мҩаԥызгарц згәы иҭоу аԥшьгаратә гәыԥ. Ареферендум ахь ицәырырго азҵаара абас иҟоуп: "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа заанаҵ имҩаԥгатәуп ҳәа шәыԥхьаӡома?"
36-ҩык злоу аԥшьгаратә гәыԥ аҭаҩрази урҭ иқәдыргыло азҵаара адклырази аӡбамҭа рыдыркылеит еицҿакны.

Ашәарақәа рышьҭыхра

Аҳәынҭқарратә программа "Адемографиа аҿиара" еиҭакны еиӷьтәхоит. Аҿыцрақәа убарҭахеит ԥхынгәы 3 инаркны ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрра адемографиа аҟәша аиҳабы Сабина Андарбуаԥҳа.
Лара лажәақәа рыла 2021 - 2022 шықәсқәа рыҩнуҵҟа аминистрраҟны иҭҵаан 782 рзаҳал.
Уаанӡа ахԥатәии анаҩстәии ахшара риразы 100 000 мааҭ рзыршәозҭгьы, 2023 шықәса ԥхынгәымза инаркны аҩбатәи ахәыҷы ииразы 50 000 мааҭ ашәара иалагеит, ахԥатәи изы - 100 000 мааҭ, аԥшьбатәии анаҩстәии ахшара рзы– 200 000 мааҭ.
Аиҭакрақәа алыршахеит апрограмма аԥаразоужьра 50 миллион инаркны 90 миллион рҟынӡа иахьышьҭырхыз.
Аԥсны
Аԥсны ахәыҷы ииразы иаку ашәарақәа рыԥсахит

Аветеранцәа рзы азакәан

Аԥсны Апарламент аҟны аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдыркылеит "1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рзы", "Аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара азы" азакәанқәа.
Адокумент ишьақәнаргылоит аветеранцәа рсоциалтә зинқәеи категориала реихшареи.
Азакәан амчра аиуеит 2024 шықәса инаркны.

Ҩ-тәылауаҩрак

Афедерациатә хеилак Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара ҩ-тәылауаҩрак аиуразы аиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит.
Аиқәышаҳаҭраҿы ишарбоу ала, аганқәа руак атәылауаҩ азин имоуп итәылауаҩра мап ацәымккәа егьи аган атәылауаҩра иоур.
Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны нанҳәа 26 2008 шықәсанӡа Урыстәыла атәылауаҩра змаз, абри аамҭазы иара зцәымӡыз, зықәра наӡоу Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи атәылауаҩра ирмарианы аиуразы арзаҳал рҩыр алшоит.

Аҟәа-Москва

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Москва ақалақь адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәеи рдепартамент аиҳабы Сергеи Чериомини реиԥылара мҩаԥысит ԥхынгәы 7 рзы.
Сергеи Чериомин Аԥсны ахада Аҟәа ақалақь Амш азгәаҭарахь ааԥхьара ахьииҭаз иҭабуп ҳәа иеиҳәеит.
Ареспублика атуризм аганахьала алшара дуқәа амоуп, аҿиара иацхраатәуп иҳәеит иара.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит, ишазгәаҭоу агәабзиарахьчара, аҵарадырра русхк аҟны Москвеи Аҟәеи реинырра.
Аҟәа ақалақь ахадареи Москва Аиҳабыреи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит асабша, ԥхынгәы 8 рзы.
Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуп аҩқалақьк русеицура арҿиареи уи иқәынхо ауааԥсыра рыбжьара аиҩызареи аилибакаареи рырӷәӷәареи хықәкыс иҟаҵаны. Уи инақәыршәаны амҩа-транспорттә инфраструктура, ақалақьргылара, аинформациатә технологиақәа, аҵараиура, акультура, агәабзиарахьчара русхкқәа рҟны аусеицура мҩаԥыслоит.

Ахашәала цҵақәа

Риҵатәи апарки Афон ҿыцтәи аҳаԥи рҟынтә аԥара рзоужьхоит Гәдоуҭа, Тҟәарчал, Очамчыра араионқәа.
Апарламент аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдыркылеит "Аҭыԥантәи абиуџьетқәа рахь ахыԥхьаӡаларақәа рышьақәыргылараз" азакәан.
Азакәан инақәыршәаны апарки аҳаԥи рбилеҭқәа рыхәԥсаҟынтә:
150 мааҭ Гәдоуҭа араион иазынашьҭхоит, 50-50 мааҭ Очамчыреи Тҟәарчали араионқәа.
Альготатә билеҭқәеи 8-12 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы абилеҭқәеи арахь иаҵанакуам.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрцәа реиԥылара

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киути Урыстәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Игор Зубови еиԥылеит Москва, ԥхынгәы 5 рзы. Ишьақәдырӷәӷәеит Аԥсни Урыстәылеи рыҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррақәа русеицура арӷәӷәара ишазхиоу.
Аԥсны
Роберт Кьиут Москва Амҩатә ныҟәара аиҿкаара ацентр анапхгаҩы дидикылеит
Аганқәа алацәажәеит 2021-2023 шықәсқәа рзы аминистррақәа русеицуразы Апрограмма анагӡара, Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа еицырзеиԥшу аинформациа-ҳәаақәызҵо ацентр ахыбра Аҟәа аргылара, аҳәаахьчара иахьаҵанакуа изакәанымкәан анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршареи ацәгьоуреи рҿагылара, аусеилыргареи аусӡбареи иацәыбналаз ауаа рыԥшаара, акурорт аамҭазы урыстәылатәи аԥсшьаҩцәа ршәарҭадара аԥҵара иазкыз азҵаарақәа.

Атәылахьчара аминистрра аҟәша ҿыц

Атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Аԥсны атәылахьчара аминистрра аҟәша ҿыц ахиазаара гәеиҭеит аҽазыҟаҵарҭа Нагвалоу аҟны.
Аԥсны Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада инапынҵала иаԥҵоуп ҳаамҭа иақәшәо аԥеиԥш змоу абџьари атехника ҷыдеи рыла еиқәыршәоу Атәылахьчара аминистрра аҟәша ҿыц.
Гәынба идырбеит аҭыԥ аҿы иҭыжьу аԥшыхәратә еиԥш ажәыларатә ҟазшьагьы змоу аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рԥышәаратә хкқәа, анапхгараҭаратә системақәа, арҭ ахархәагақәа рыцхыраарала артиллериа ажәылашьақәа.
Аԥсны
Лолуа: Аԥсны узықәгәыӷша ахыхьчаратә цәаҳәа амазароуп

Ақалақьтә еизара аӡбамҭа

Аҟәа ақалақьтә еизара адепутатцәа еицҿакрыла 2009 шықәсазы аизара иаданкылаз аӡбамҭа иашам ҳәа азгәазҭаз Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбамҭа иазашшит.
Аҟәатәи ақалақьтә еизара 2009 шықәса абҵара 12 рзы ирыдыркылаз аӡбамҭа, уи инақәыршәаны ақалақь ауснагӡа хада шьақәнарӷәӷәаанӡа, ақалақь ахадара амшын аԥшаҳәа ахьынӡанаӡааӡо 16 метра еиҳау ахыбрақәа рыргыларазы азин рыҭара аанкылан.
Ақалақь ахадара Ақалақьтә еизара аӡбамҭа иашам ҳәа ишьаны аӡбарҭахь иашшит.

Ақалақь Амш

Ԥхынгәы 8 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аҳҭнықалақь ауааԥсыра ирыдиныҳәалеит Аҟәа ақалақь амш.
Аҟәа амҩа ссирқәа, архитектура, апарк шьахәқәа, амшын аԥшаҳәа рыла иҩычоу, раԥхьа иргыланы, ҳҳәынҭқарра Аԥсны иаҳҭнықалақьуп, убри инадҳәаланы иҿырԥшыганы иҟазароуп иҳәеит атәыла ахада.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Аҟәа амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит
Ақалақь Амш азы имҩаԥган аконцертқәа, ацәыргақәҵақәа, флешмобқәа, ауааԥсыра рынеиааира. Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы иаартын “Аҟәа ашҭа”. Ара ицәырган абзазаратә маҭәарқәа, аҳҭнықалақь аҟны еицырдыруа ақьафурҭақәа рҟынтәи аԥсуа чыс, уи агьама ибар илшон изҭахыз зегьы.

Аплиажқәа ахараԥса рықәҵоуп

Аԥсны официалла аӡҭаларатә сезон аартын рашәара 15 рзы. Абри аамҭазы ареспублика аплиажқәа зегьы ашәарҭадаратә ҭагылазаашьақәа ирықәшәо еиҿкаатәын.

Гәдоуҭеи Гагреи рплиажқәа ахараԥса рыдырҵеит аӡҭаларатә сезон азтәи аԥҟарақәа ирықәшәо иахьыҟамыз азы.

Иара убасгьы игәарҭеит Афон, Гагра, Пицунда, Цандрыԥшь рыплиажқәа. Урҭ рҟынтәи асезон иазырхиаз Афонтәи аплиаж амацара акәын. Рыдҵақәа ахьынармыгӡаз азы араионқәа рхадацәа ахараԥсақәа рықәҵан – 12 000 мааҭ.