Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ахәыҷы ииразы иаку ашәарақәа рыԥсахит

© Sputnik / Владимир ТрефиловДенежные купюры и монеты.
Денежные купюры и монеты. - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2023
Анапаҵаҩра
Апрограмма "Адемографиа аҿиара" 2016 шықәса раахыс аус ауан Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Афонд аҿы, 2021 шықәса раахыс – Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрраҟны.
АҞӘА, ԥхынгәы 5 – Sputnik. Аҳәынҭқарратә программа "Адемографиа аҿиара" еиҭакны еиӷьтәхоит. Аҿыцрақәа убарҭахеит ԥхынгәы 3 инаркны ҳәа радио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрра адемографиа аҟәша аиҳабы Сабина Андарбуаԥҳа.
Лара лажәаәқа рыла 2021 - 2022 шықәсқәа рыҩнуҵҟа аминистрраҟны иҭҵаан 782 рзаҳал.
Уаанӡа ахԥатәии анаҩстәии ахшара риразы 100 000 мааҭ рзыршәозҭгьы, 2023 шықәса ԥхынгәымза инаркны аҩбатәи ахәыҷы ииразы 50 000 мааҭ ашәара иалагеит, ахԥатәи изы - 100 000 мааҭ, аԥшьбатәии анаҩстәии ахшара рзы– 200 000 мааҭ.
Аиҭакрақәа алыршахеит апрограмма аԥаразоужьра 50 миллион инаркны 90 миллион рҟынӡа иахьышьҭырхыз.
Иаку ашәарақәа роуразы арзаҳал назышьҭуа аминистрра адемографиа аҟәшахьы инеираан имазароуп:
атәылауаҩшәҟәы,
ахәыҷқәа риразы аршаҳаҭга,
аҭаацәара реилазааразы анхарҭаҭыԥ аҟынтә аршаҳаҭга,
аҭаацәа аус руазар русураҟынтә аршаҳаҭга, аус рымуазар – ахәыҷбаҳча ма ашкол рҟынтә.
Иарбан банкзаалак аҟны арзаҳал назгаз ихьӡала аԥхьаӡамҭа аартхоит.
Андарбуаԥҳа ишылҳәаз ала апрограмма аиҭакрақәа ирыҵанакуеит 2023 шықәсазы ииз ахәыҷқәа.
2023 шықәсазы ирыхәаԥшын 164 рзаҳал, урҭ рҟынтәи аԥшьбатәии анаҩстәии ахшара риразы 40 ҭаацәара аиҭаҳасабыркра рзыҟарҵоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0