Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Лолуа: Аԥсны узықәгәыӷша ахыхьчаратә цәаҳәа амазароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРауль Лолуа
Рауль Лолуа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2023
Анапаҵаҩра
Уаанӡа, ԥхынгәы 6 рзы Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба ахысырҭа Нагвалоу аҿы аҽазыҟаҵарақәа ирҿыз Атәылахьчара аминистрра арҟәшақәа дырҭааит.
АҞӘА, ԥхынгәы 8 – Sputnik. Аԥсны узықәгәыӷша, зхаҭабзиара ҳараку ахыхьчаратә цәаҳәа амазароуп Қырҭтәыла аганахьала иҟалар зылшо апровокациақәа рҭак аҟаҵаразы ҳазхиазарц, абри иҳәеит амилаҭтә шәарҭадареи атәылахьчареи рзы Аԥсны ахада иабжьгаҩ Рауль Лолуа, арадио Sputnik аинтервиу анеиҭоз.
Лолуа, атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ мрагыларатәи Аԥсны ахыхьчаратә цәаҳәа зыргыло арҟәшақәа ианырҭаа, игәарҭеит аусурақәа рхаҭабзиара, иара убас ирацәажәеит ажәылареи аԥшыхәреи ирызку аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа ҟазҵо Атәылахьчара аминистрра арҟәша ҿыц алахәцәа ирацәажәеит.
Аԥсны ахада иабжьгаҩ ишиҳәаз ала, Аԥсны иҟарҵо арҭ рҩызцәа аҳаирпланқәа иалкаау анаӡараҟынӡа инеины, арбџьар кажьны ахынҳәра рылшоит.
"Арԥарцәа рхы-ргәы азышьҭны рус иаҿуп. Алҵшәагьы рымоуп. Ҳахыҽхәаны иаҳҳәар ҳалшоит актәи аетап хыркәшоуп ҳәа. Уажәшьҭа еиҳа ирацәаны рыҟаҵара иалагоит, иара убас урҭ рыхкқәа рацәахоит", - иҳәеит Лолуа.
Иара иажәақәа рыла, Аԥсны аибашьра еилгеижьҭеи раԥхьаӡа акәны ари аҩыза мҽхакы ҭбаала ахыхьчаратә цәаҳәа аргылара мҩаԥыргоит. Уи Урыстәылеи Аԥсни рҳәаахьчаратә мчқәа рҽеимаданы идыргылоит.
Абџьар ҿыци арратәи иҷыдоуи атехникеи рыла еиқәыршәоу Атәылахьчара аминистрра арҟәша ҷыдақәа аԥҵоуп Аԥсны Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа идҵала.
Адҵаҟаҵаҩ хада идҵала, Атәылахьчара аминистрра адҵа арҭеит Арбџьармчқәа аибашьра разхиазаара еиздырҳарц, иахьатәи аамҭазы аибашьрақәа рҟазшьеи рцашьеи ҳасаб азуны иазыҟаҵазарц.
Вице-президент проверил готовность нового подразделения Минобороны Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.07.2023
Аԥсны
Атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Аԥсны атәылахьчара аминистрра аҟәша ҿыц ахиазаара гәеиҭеит
Ажәабжьқәа зегьы
0