Аԥсны

"Ашьхакаԥкаԥ абжьы лыбжьуп": аԥҳәызбеи аԥсаатәи реиҿырԥшра

Аԥҳәызбеи аԥсаатәи реиҿырԥшра атәы шәаԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Sputnik
Ашьха ркаԥкаԥ – ӡара фырџьан,
Сымра шаша ирлаша сыҩнра.
Сыԥшуп-сыԥшуп, ааи, анбабҳәауа?
Ианбалашо сымра, сыхаара – сыҩнра? /Ражден Гәымба иаԥиҵаз ашәа ацыԥҵәаха/.
Ашьхакаԥкаԥ шьхатәыла иаԥоуп. Аԥсаатә абжьы ахрақәа ирныҩуеит, шьха-шәарахқәа ирхылаԥшуеит, ашәарҭара рыҟәнацоит. Акаԥкаԥ уаҩы дахьзымнеиуа ахра цәгьақәа роуп еиҳарак измоу, ашьра даара имариам, уи зылзыршаз дышьхауаҩ хаҵоуп, дхысҩы бзиоуп, ихы кашәом ҳәа дрыԥхьаӡоит.
Ашьхакаԥкаԥ (урысшәала "горная индейка" или "улар кавказский") – даара иԥшӡоу ԥсаатәуп. Аӡынра анааигәахалак ахәыжә аҟьоит, ахәы шкәакәа ақәланы, асы иузалымбаауа иҟалоит.
Аԥсны
"Ажәҩан далоуп": ауаҩи ажәҩани реиҿырԥшразы ажәақәак

Аԥҳәызбеи ашьхакаԥкаԥи реиҿырԥшра

Ҳмилаҭтә ааӡара шыҟоу еиԥш аԥҳәызба илыхӡыӡаауан, ажәа лыԥшаахла илыхцәажәон, иҟәымшәышәу, иԥшӡоу акы дадыркылон. Ахархәара ҭбаа амоуп аԥҳәызбеи аԥсаатәи реиҿырԥшра. "Ашьхакаԥкаԥ абжьы лыбжьуп, ашьауардын ахшыҩ лыхшыҩуп", "Раӡын даҷшәа деихаԥсоуп, ашьхакаԥкаԥ абжьы лхоуп" - абри аҩыза аиҿырԥшрақәа уԥылоит жәлар рпоезиаҿы.
Еицырдыруа ашәҟәыҩҩы Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" аҟны абри аҩыза аиҿырԥшра ихы иаирхәоит: "Аукы, шкәакәак, лыбла ӷрақәа есымша ичча-ччо, аразра рхыҳәҳәыла, лыхцәы хьаԥшшәыла, асаара ишьҭасуа, лыбжьы хаакәакәараӡа, уажәыгь ашьхакаԥкаԥ абжьеиԥш сгәы иқәыҩуеит". Иара убас:
"Абна илоу ашәарах агәабзиара лыман, ахрақәа иргәылаԥхо акаԥкаԥ абжьы лхан" - иҩуан ашәҟәыҩҩы Алықьса Џьениа.
"Хара сшыҟоугь ла слызхәыцуеит. Дысзынмыжьзаап, арагь дсыцуп. Абахә ҵәцара са саҿалан, Акаԥкаԥ цәажәон лара лҿала…" - азгәеиҭоит апоет Владимир Анқәаб.
Аԥсны
"Амамырџагә еиԥш": ауаҩи аԥсаатәи реиҿырԥшразы ажәақәак

Акаԥкаԥ алитератураҿы

Аԥсуа литература зырҿио авторцәа аӡәырҩы рҩымҭақәа ирнубаалоит ашьхакаԥкаԥ аҭынчра иахаҵгыло, ашәарах ирыхӡыӡаауа ԥсаатәны ишыҟоу.
"Гәшәиу!" – иқәгьежьаауа иаақәылт уи. Акаԥкаԥ ашьхатәыла ахьчоит ҳәа баша ирҳәом. Абла иахьынӡананаго џьара акы анаақәаца, иаразнак игәанамҭар зал¬шом. (Алықьса Гогәуа)
Ашьыжь ашьха. Акаԥкаԥ сарҿыхеит ашацкыраз, атрышә иасуан ахра агәаҿы. (Мушьни Миқаиа)
Акаԥкаԥ абжьакәзар ашьха иагәҭыхан, аҵҵра зҽазызкуаз ӡыхькгьы хәыҭхәыҭуан. (Белла Барцыцԥха)
Зны-зынла аҳаҩа аҟынтәи игоз акаԥкаԥ абжьы, изхылаԥшуаз ашәарах ргәырҽанырҵон, ашәарыцаҩ ихы иаҿамшәарц азы. (Рушьни Џьопуа)
Инахараны иааҩуан акаԥкаԥ абжьы, арҩашгьы џьара агәгәаҳәа иҭаҽҽон. (Џьума Аҳәба).
Ажәҵыс ахьнеиуа амшра иатәуп: аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи ирыхҳәаау жәлар разгәаҭарақәа