Ииасыз бжьымшы рыҩнуҵҟа Аԥсны ахҭысқәа рацәан. Арахь иаҵанакуеит Гагра араион ахь ахада инеира, Апарламент аҿы апартаментқәа рзы азакәан алацәажәара, Очамчыра 2523 шықәса ахыҵра.
Sputnik
Амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа
Амчыбжь алагамҭаз Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аӡхыҵра ашьҭахь аԥхасҭа зауз Гагра араион даҭааит. Атәыла ахадаараион ахадараҿы аилацәажәара мҩаԥигеит. Аилацәажәара иалахәын аԥыза-министр Александр Анқәаб, Гагра араион ахада Иури Хагәышь, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа, атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба.
Араион ахада Иури Хагәышь ахада изеиҭеиҳәеит аԥхасҭа шроуз ақыҭақәа хԥа, ҳаблак, ақалақь ахәҭак. Аӡы рыҵалеит 1100 ҩны.
Алаҳаӡыҟа амҩа иқәыз ахада икортеж ҭыԥ-ҭыԥла иаангылон. Аслан Бжьаниа ауааԥсыра ироуз аԥхасҭа дазҵаауан.
Ахада иҳәеит аамҭа мгакәа алашара шоурышьҭуа, аӡыржәтә роуртә ишыҟаҵахо. Уи инақәыршәаны ауааԥсыра алашареи аӡи рыҭан. Амшцәгьақәа раан иаанкылаз амҩатә ныҟәарақәа еиҭахацыркын.
Ақәаршҩы рԥырхагахеит Аҟәа, Аҟәа араион, Очамчыра, Гәдоуҭа, Гал араионқәа. Ԥхынгәы 11 рзы иаԥҵан Ареспубликатә штаб аԥсабаратә рыцҳаара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы. Аҟазауаа ауааԥсыра ирыҭаз аԥхасҭа ахәшьара мҩаԥыргоит.
Апартаментқәа рзы азакәан
Атәыла ауааԥсыра рҿы ацәажәара ду зхылҿиааз Аԥсны апартаментқәеи апарт-отельқәеи рыргыларазы азакәан апроект иалацәажәон апарламентарицәа аҳәынҭқарра-зинтә еилакы аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аилацәажәара иалахәын адепутатцәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи рнапхгаҩцәеи, Ауаажәларратә палата алахәылацәа.
Азакәан ахь ариашарақәа рзы ажәалагала ҟанаҵеит апартиа "Амцахара". Апроект аҿы иазԥхьагәаҭоуп ареспублика араионқәа рҿы 5000-5000 апартамент (зынӡа 30 000) рыргылара, "Амцахара" азеиԥш квота 21 000 рҟынӡа иларҟәызарц ажәалагала ҟарҵеит.
Иара убасгьы апартиа алахәылацәа ргәаанагарала, апартаментқәа рыргылараан иалшо апараметрқәа ирхыҳәҳәозар, анаҩстәи амазаратә комплекс аҳәынҭқарратә ҭаҩра аҭахом.
Апартиа ажәалагалала апарт-отельқәа ргылалатәуп 50 апарт-отель иреиҳамкәа зҵазкуа амазаратә комплекс аҳәаақәа ирҭагӡаны, иҳәаарку адгьыл ҵакыра рыцны. Ари аҩыза аҭагылазаашьа апартиа азгәаҭарала анклавқәа раԥҵара алнаршом.
Апартиа "Аидгыларагьы" азакәан апроект ариашарақәа аднагалеит.
"Ҳара иазаҳаԥхьаӡоит аҳәаанырцәуаа еиҭамҵуа амазара раархәара азинҟаҵара ҳетнос азы ишәарҭоуп", - ҳәа азгәеиҭеит апартиа ахаҭарнак Ешсоу Какалиа.
Апартиа агәаанагарала, апартаментқәа рыргылараз адгьылқәа рзоужьра ахылаԥшра аҭахуп, дгьыл-ҭыԥцыԥхьаӡа рыҭараан Апарламент ақәшаҳаҭра ацзароуп.
Ауаажәларратә палата азакәан адкылараан ишәарҭара хадараны иаԥхьаӡоит аҳәынҭқарра амилаҭ хада хыԥхьаӡарала аиҵахара ацәшәара; ақалақьргыларатә кодекси адгьыл азы акадастри рыҟамзаара, аҳәынҭқарра иԥсыҽу аҭышәныртәаларатә механизм; аҭыԥантәи аинвесторцәа анҭыҵтәиқәа рҟынӡа рзымҩаӡара; ахәқәа реизҳара Аԥсны зылшара ԥку ауааԥсыра анхарҭақәа роура ахьалнамыршо; ԥхьаҟа аҭыԥантәи ауааԥсыра иманшәалоу анхарҭа ҭыԥқәа рмоура; Аԥсны акурорт раионқәа рхашәалақәа реиҵахара; ареспублика аинфраструктура ауадаҩрақәа азышьҭымхра.
Аветерантә еиҿкаара "Аруаа" ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа иҳәеит азакәан апроект ахәаԥшра ишазыҟаҵам.
Хыԥхьаӡара рацәала апартаментқәа рыргылара аенергетика ианыруеит ҳәа азиԥхьаӡоит иара, иагьазгәеиҭоит ишцәырҵуа абзазаратә црыҵқәа рықәгареи аусеиҭарыдулареи азҵаара.
Гәлиа иҳәеит апроект анагӡаратә мчра ишазырхынҳәтәу.
"Апроект атәыла амилаҭтә шәарҭадараз ишәарҭоуп. Иԥсабаратәымкәа ауааԥсыра реизырҳара адемографиатә еиҟарамрахь икылнагоит, аетнополитикатә баланс аԥнаҵоит. Иарбанызаалак амилаҭтә еилазаара абаланс аилагара аҳәынҭқарра арӡуеит", - иҳәоит иара.
Аԥсны жәлар ракзаара Афорум алахәыла Аслан Барцыц иҳәеит адокумент аҳәынҭқарра аинтересқәа иахьрықәымшәо инамаданы адкылара алшом ҳәа. Иара иажәақәа рыла, азакәан рыдыркылаанӡа аекологцәа, аҵарауаа, аенергетикцәа, аҭыԥантәи ахаланапхгараҭара аусбараҭқәа ишразҵаатәу, егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рԥышәа шыҭҵаатәу.
Аԥсны жәлар реиҿкаарагьы азакәан адкылара иаҿагылоит. АЖәР алахәыла Омар Смыр иҳәеит апартаментқәа рзы азакәан еиҭамҵуа амазара аҳәаанырцәуаа раархәара ишеиԥшу.
"Азакәан ауааԥсыра рыбзазара аиӷьтәра акәӡам иззырхоу, аолигархцәа ринтересқәа рыхьчароуп", – иҳәеит иара.
Иара иҳәеит апартаментқәа ахьдыргыло аҭыԥқәа рҿы аҭыԥантәиқәа рзы анхарҭаҩнқәа рыргылара шалшо.
Апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба иҳәеит апартаментқәа рызҵаара акыршыҵуа ицәыргоуижьҭеи. Иара зегьы ицәырган идирбеит 2016 шықәсазтәи апрограмма, 30 000 апартамент Гагра араион аҿы рыргылара ахьазԥхьагәаҭаз.
Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба иазгәеиҭеит азҵаара аӡбара ишалахәымыз апартиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи зегьы. Абжьгара ҟаиҵеит аилацәажәарақәа ирыцҵазарц.
Очамчыра Амш
Очамчыра ақалақь шьаҭаркын ҳера ҟалаанӡа VI ашәышықәсазы, сынтәа иара иахыҵит 2523 шықәса. Ԥхынгәы 15 рзы иазгәаҭан Ақалақь амш.
Очамчыра Амш азгәаҭара иалагеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵарала. Уи ашьҭахь аԥшаҳәаҿы еиҿкаан ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа ахьцәыргаз аџьармыкьа.
Очамчыра ақалақь 2523 шықәса ахыҵра аҳаҭыразы аԥшаҳәаҟны иаартын аскульптура "Амшынҳәа ԥсҿыхҩы" ("Ручание Дельфина" - аред.). Автор Геннади Ромин-Гамгиа, иара ГенЭрген ҳәа деицырдыруеит. Аскульптура аҵла ашьапы зку напуп, уи амшынҳәа аҵыхәа амоуп.
Аныҳәа рзеиҿкаан ахәыҷқәагьы, дара аниматорцәа рзықәгылеит, еиуеиԥшым ахәмаррақәа рзеиҿыркааит.
Ахәылбыҽха аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа злахәыз аконцерти аушьҭымҭацәа рбали мҩаԥысит. Аныҳәа хыркәшахеит амузыкатә феиерверк ала.
Гәлиа иаԥхьахә азы аиндаҭлара
Алитература, аҟазара, архитектура русхк аҟны Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиура зылшо рыхьӡқәа рҳәеит. Абри азы Sputnik адырра анаҭеит Аԥсны акультура аминистрра.
Арахь иаҵанакуеит: Мадина Аргәынԥҳа лықәыргыламҭа аспектакль "Сариа", Инна Аҳашԥҳа лажәеинраалақәа реизга "Аԥсыраӡа", афильмқәа "Зураб Ачба", "Атеррор ду. Ҩарданаа рхылҵшьҭра алахьынҵа", "Аслан Оҭырба", "Ауахҭа", "Аԥсны адоуҳа" – Асҭанда Қьецԥҳаа, асахьаҭыхыҩ Нугзар Логәуа ирҿиамҭақәа, "Аԥсуа реквием" – Нодар Ҷанба, Шебзухова Лариса Рушьбеи Смыр ипоема "Семра" абаза бызшәахь аиҭага.
Иаиааиз рыхьӡқәа рылаҳәахоит 2023 шықәса анҵәамҭаз.
Алитература, аҟазара, архитектура русхк аҟны Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аицлабра рылаҳәан сынтәа, хәажәкырамзазы. Акомиссиахь азыҳәақәа рыдыркылон рашәара 1 аҟынӡа. Аԥхьахә рыҭахар алшоит 2020-2022 шықәсқәа рзы иҭыжьыз арҿиамҭақәа.
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа шьаҭаркын 1967 шықәсазы. Раԥхьатәи алауреатцәа - Баграт Шьынқәба, Иван Папасқьыр.
Аҟәа иазку Анзор Агәмаа ишәҟәы
Анзор Агәмаа ишәҟәы "Аҟәа. Ақалақь аҭоурыхи XIX ашәышықәса анҵәамҭеи XX ашәышықәса алагамҭеи рзтәи архитектуреи рзы аочеркқәа" аӡыргара мҩаԥысит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр афоие аҟны.
"Ашәҟәы аинтерес ду амоуп, XIX ашәышықәса анҵәамҭеи XX ашәышықәса алагамҭеи рзтәи Аҟәа аҭоурыхи архитектуреи иааилацалан иахьаарԥшу ҳәа азуҳәар ауеит. Архитектура адагьы ара излацәажәо шьардоуп. Ари аҭыжьымҭа ицхыраагӡахар ҟалоит акандидаттә ма адоктортә диссертациақәа зыҩуа рзы, ҳчынуаа, ҳаргылаҩцәа рзы еснагь еихдыршәшәо шәҟәхар алшоит ", - ҳәа иҳәеит аҭыжьымҭа аҭҵаарадырратә редактор, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Олег Бӷажәба.
Анзор Агәмаа ишәҟәы "Аҟәа. Ақалақь аҭоурыхи XIX ашәышықәса анҵәамҭеи XX ашәышықәса алагамҭеи рзтәи архитектуреи рзы аочеркқәа" иагәылалеит уаанӡатәи Аҟәа иазкыз ишәҟәы аматериалқәа реиԥш иҿыцу аматериалқәагьы, уаанӡа ирзымдыруаз афотосахьа ҿыцқәа.
Аӡыргараҿ инеиз зегьы идырбан Анзор Агәмаа дызлахәыз архивтә кадрқәа. Уа иара далацәажәон аҳҭнықалақь архитектура.
Ихарҭәаау ашәҟәы еиҭаҭыжьуп аилахәыра "АҞӘАФОН - GSM" абзоурала.
Ахада араионқәа дырҭааит
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ииасыз амчыбжь азы Гәылрыԥшьи Аҟәеи араионқәа дырҭааит, ауааԥсыра дырԥылеит.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Кациқыҭ ақыҭан абзазаратә црыҵ кьакьақәа реизакырҭаҿы аусурақәа шцо даҭаан игәеиҭеит. Имҩаԥгоу аусурақәа ртәы атәыла ахада изеиҭеиҳәеит Аԥсны акапиталтә ргылара Аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба.
Аизакырҭа аҵакыраҿы хәышықәса ахархәара зылшо ажра ҟаҵоуп, ишьақәыргылоуп аилыхырҭатә цәаҳәа, аанда акәыршоуп.
Анаҩс араион ахадараҿы имҩаԥысит араион ахада иаҳасабырба.
2023 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны Гәылрыԥшь араион абиуџьет ахь инеит 120,8 миллион мааҭ ҳәа иҳәеит араион ахада Саид Ҳаразиа.
Ҳаразиа иазгәеиҭеит, ашықәсбжатәи ауснагӡа инақәыршәаны абиуџьеҭ иҭалар шакәыз 116 миллион мааҭ. Абас ала, 104% аус нагӡоуп.
Ахашәалақәа ирхыҵхырҭа хадахеит ахашәалахәытә шәахтә - 56,1%.
2023 шықәса фымз рыҩнуҵҟа араион ауааԥсыра 24 миллион мааҭ ахашәалахәытә шәахтә ршәеит, 7,9 миллион мааҭ – ақьар-шәахтә, 4,3 миллион мааҭ – адгьыл азы ашәахтә аҳасабала.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҳәеит араион арбагақәа шыҳараку.
"Асовет аамҭақәа раан ацитрус аалыҵ акыр иеиҳан, аха усҟан ара ишынхоз 55 000-ҩык ауааԥсыра (иахьа – 18 000-ҩык)" - иҳәеит иара.
Анаҩс атәыла ахада Аҟәа араион даҭааит. Араион ахада Алхас Ҷыҭанаа 2023 шықәсазтәи аусурақәа рцашьазы ажәахә ҟаиҵеит.
Иара иажәақәа рыла, араион абиуџьет ашықәсыбжатә аплантә хашәала 126 миллион ыҟоуп.
"Рашәарамзанӡатәи арбагақәа рыла ахатә хашәалақәа рыплантә рбагақәа 64,4 миллион ма 129% инагӡоуп. Иазԥхьагәаҭаз адотациатә ԥарашәара - 61,7 миллион мааҭ рҟынтә 20,6 миллион роуп иалагалоу. 41 миллион мааҭ ареспубликатә биуџьет аҟынтә иаҳмоуцт. 98% асубсидиақәа ҳаҭоуп", - иҳәеит араион ахада.
Аслан Бжьаниа иқәгылараан иазгәеиҭеит ауааԥсыра рҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа аицыӡбара шырҭаху.
"Иаҳҭахыми Аҟәа араион аҿы ахәыҷбаҳчақәа ыҟазарц? Ҳәарада иаҳҭахуп. Уи иаҿагылогьы аӡәгьы дыҟам. Аха аресурсқәа рзымхара ҳаиԥнарҟьоит, аекономика шьақәханы иҟоуп. Ари иахьакәым иацакәым ианыҟалаз. Аибашьра иахҟьаԥҟьоуп. Аиҳабыратә абиԥара ибзианы ирдыруеит араион уаанӡатәи аекономикатә ҭагылазаашьа", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Ҩ-тәылауаҩрак раиуразы аиқәшаҳаҭра
Урыстәыла ахада Владимир Путин Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара ҩ-тәылауаҩрак раиуразы аиқәшаҳаҭра шьақәзырӷәӷәо афедералтә закәан инапы аҵеиҩит.
Аиқәшаҳаҭраҿы ишарбоу ала, аиқәшаҳаҭра аганқәа руак атәылауаҩ азин имоуп итәылауаҩра мап ацәымккәа егьи аган атәылауаҩра иоур.
Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны нанҳәа 26 2008 шықәсанӡа Урыстәыла атәылауаҩра змаз, абри аамҭазы иара зцәымӡыз, зықәра наӡоу Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи атәылауаҩра ирмарианы аиуразы арзаҳал рҩыр алшоит.
Имариоу аформала Урыстәыла атәылауаҩра аиушьа аусмҩаԥгатә уи иаҵанакуа акатегориақәеи иазырхиатәны иҟоу адокументқәа реиқәыԥхьаӡеи ҳәаақәҵахоит Урыстәыла ахада хаз игоу иӡбрала.