Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ашәба иҳәеит Апарламент апартаментқәа рзы азакәан аусура ишацнаҵо

© Sputnik / Томас Тхайцук Лаша Ашуба
Лаша Ашуба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.07.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны апартаментқәеи апарт-отельқәеи рыргылара ҭышәынзыртәало азакәанқәа рпроектқәа иахьрылацәажәоз аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак аилатәара мҩаԥысит ԥхынгәы 12 рзы.
АҞӘА, ԥхынгәы 13 - Sputnik. Аԥсны Жәлар реизара "Апарт-отельқәеи апартаментқәеи рзинтә статус аҭышәныртәаларазы" азакәан апроект ԥхьаҟагьы иалацәажәоит ҳәа иҳәеит Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба. Аҳәамҭа кьыԥхьуп азакәанԥҵаратә усбарҭа асоциал ҳақәа рҿы аофициалтә даҟьаҿы.
Ашәба иҳәеит ари азҵаара акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа конструктивла аусура ишаԥырхаго, ацәаныррақәа раарԥшреи аполитикеи аҽырцәыхьчара шаҭаху.
"Асеиԥш иҟоу азҵаарақәа рыӡбараан аконструктивтә знеишьеи ахынкылареи аҭахуп. Апарламент адепутатцәа Аконституциа инақәыршәаны рымчхара аҳәаақәа ахьынӡанаӡо бзианы ирдыруеит. Уи аҳәаақәа рыҽҭарыгӡоит. Аԥсны Жәлар реизара азакәан апроект ԥхьаҟагьы иалацәажәоит", - ҳәа иҳәеит Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба.
Ашәба иҳәеит, азакәан алацәажәараан еиуеиԥшымыз агәаанагарақәа шцәырҵыз, урҭ рҟынтәи ишыҟаз ақәыӷәӷәаратә ҟазшьа змаз.
Апарламент аиҳабы иазгәеиҭеит, аиԥыларахь апартиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи зегьыҵәҟьа шнаԥхьамыз, аха асеиԥш иҟоу азҵаарақәа рылацәажәара аҵак ду аманы ишыҟоу.
Ажәабжьқәа зегьы
0