Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ажәытә Аҟәа иазку Анзор Агәмаа ишәҟәы харҭәааны иҭыҵит

© Sputnik / Бадрак АвидзбаПрезентация книги Анзора Агумаа "Сухумъ"
Презентация книги Анзора Агумаа Сухумъ - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.07.2023
Анапаҵаҩра
Ашәҟәы аҭыжьра иазлырхиеит Анзора Агәмаа иԥшәмаԥҳәыс – Аҳәынҭқарратә музеи аԥсабара аҟәша аиҳабы Таисиа Аланиаԥҳа.
АҞӘА, ԥхынгәы 14 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Анзор Агәмаа ишәҟәы "Аҟәа. Ақалақь аҭоурыхи XIX ашәышықәса анҵәамҭеи XX ашәышықәса алагамҭеи рзтәи архитектуреи рзы аочеркқәа" аӡыргара мҩаԥысит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр афоие аҟны.
"Ашәҟәы аинтерес ду амоуп, XIX ашәышықәса анҵәамҭеи XX ашәышықәса алагамҭеи рзтәи Аҟәа аҭоурыхи архитектуреи иааилацалан иахьаарԥшу ҳәа азуҳәар ауеит. Архитектура адагьы ара излацәажәо шьардоуп. Ари аҭыжьымҭа ицхыраагӡахар ҟалоит акандидаттә ма адоктортә диссертациақәа зыҩуа рзы, ҳчынуаа, ҳаргылаҩцәа рзы еснагь еихдыршәшәо шәҟәхар алшоит ", - ҳәа иҳәеит аҭыжьымҭа аҭҵаарадырратә редактор, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Олег Бӷажәба.
Анзор Агәмаа ишәҟәы "Аҟәа. Ақалақь аҭоурыхи XIX ашәышықәса анҵәамҭеи XX ашәышықәса алагамҭеи рзтәи архитектуреи рзы аочеркқәа" иагәылалеит уаанӡатәи Аҟәа иазкыз ишәҟәы аматериалқәа реиԥш иҿыцу аматериалқәагьы, уаанӡа ирзымдыруаз афотосахьа ҿыцқәа.
Аӡыргараҿ инеиз зегьы идырбан Анзор Агәмаа дызлахәыз архивтә кадрқәа. Уа иара далацәажәон аҳҭнықалақь архитектура.
Анзор Агәмаа иазирхиеит 100 инарзынаԥшуа аҭҵаарадырратә статиақәа "Аԥсуа енциклопедиаз", аҭҵаарадырратә конференциа дуқәа дырлахәылан. Иара илахәрала имҩаԥган Аԥснытәи жәларбжьаратәи археологиатә конференциақәа, иҭыжьын урҭ рматериалқәа. Археологиа, аҭоурых, архивтә ус, аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара уҳәа ирызкны 20 ҭҵаарадырратә кьыԥхьымҭа дравторын.
Аҵарауаҩ далахәын Аҟәеи Афони рзы археологиатә баҟақәа рыхьчаратә ҳәаақәа рышьақәыргылара. Анзора Агәмаа иԥсҭазаара далҵит 2012 шықәсазы.
Ихарҭәаау ашәҟәы еиҭаҭыжьуп аилахәыра "АКВАФОН - GSM" абзоурала.
Ажәабжьқәа зегьы
0