Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аветеранцәа, зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз аҵеицәа рыӡбахә ануҳәо, хымԥада иазгәоуҭоит урҭ реибашьратә мҩа, излахәыз ажәыларақәа, аха иҟоуп аҷкәынцәа, раԥхьатәи амшқәа раан иҭахаз. Дара реибашьратә мҩа шкьаҿхазгьы, зегь акоуп иаадырԥшыз агәымшәара аҭоурых иазынхоит. Иахьа иӡбахә шәзеиҭасҳәар сҭахуп цәыббрамза 15, 1992 шықәсазы, ашьхараҟны зырратә уалԥшьақәа нагӡауа иҭахаз бзыԥҭатәи арԥыс, абиԥазаҵә Сафер Рауф-иԥа Бганба. Аибашьҩы дихцәажәеит иаҳәшьа Лиолиа Бганԥҳа.
Сафер Бганба хҩык аиаҳәшьцәа Лиолеи, Еленеи, Еммеи рашьазаҵә иакәын. Дара раб Рауф Қьаамын-иԥа Бганбеи ран Евдокиа Кьаӷәса-иԥҳа Ԥкьынԥҳаи ахшара рацәа шрымазгьы, ақыҭанхамҩа рнапы алакын, махәҿала акрыруан, арахә рааӡон. Ажәакала, џьабаала ахәыҷқәа ршьапы иқәдыргылеит, рызегьы Иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭарҵеит. Сафер Северодвинск Балтисктәи Амшынтә флот аҟны арратә маҵура ихганы, дҭалоит Қарҭтәи аветеринартә институт, Лиолиа Ленинградтәи аинститутқәа руак аҟны аекономист изанааҭ лоуит, Елена Краснодартәи ақыҭанхамҩатә институт аҿы аҵара лҵеит, Емма Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны афилологиатә факультет англыз бызшәа аҟәша далгеит.
Рауф Бганбеи Евдокиа Ԥкьынԥҳаи рыхшара ҿырԥшыс ирыман усҟантәи аамҭазы еиҵагылаз аҿар. Сафер иакәзар, уи убри аҟара даамысҭашәан, исасра ауаа азгәышьуан. Итәашьала, игылашьала, ицәажәашьала – зегь рыла даԥсыуацәҟьаны дыҟан. Сафер бзиа ибаны иалихыз изанааҭ хада анаҩсгьы, аспорт дазҟазан, карате ахырхарҭала "амаҟа еиқәаҵәа" иман. Дшәарыцаҩ наган, дышьханыҟәан, иқәҿион абџьарҟаҵарагьы. Дахьцалакгьы, џьара бџьар хкык злихша маҭәахәык ма маругак ибар давсуамызт. "Иахьа акәымзаргьы уаҵәы иаҳҭаххоит", - ҳәа реиҳәон абџьар иазҵаауаз. Аибашьра уамак шагмыз Сафер ахыԥсаҟьага аҟаҵара даҿын.
"Сафер Қарҭ аҵара аниҵоз аҩызцәа рацәаҩӡаны иман. Есышықәса аԥхынра изаалон, пату еиқәырҵон. Аха знызаҵәыкгьы иара иоума, ҳара ҳаума, ҳхахьы иааҳгар ҳҭахымызт мышкызны дара злыҵыз ажәлар иааҳәны бџьарла иаҳҿагылоит ҳәа. Уамашәа иубашагьы, Сафер инапала иҟаҵаз абџьаргьы рганахь ирхар акәхеит", - еиҭалҳәоит аиаҳәшьа Лиолиа.
Аибашьра раԥхьатәи амшқәа инаддыркны, Сафер дыруаӡәкын шьхала, Кавказ Нхыҵынтәи хатәгәаԥхарала иаҳзаауаз ҳашьцәа ирԥылоз. Анаҩс иҩызцәа Аслани Руслани Хагәшьаа, Ефрем Возбеи, Славик Хышбеи, Алеқсандр Кьетиеи, Славик Ԥсардиеи дрыцны Ԥсахара аганахь аибашьратә цәаҳәа ахьышьақәгылаз аҭыԥ ахь дааны ирратә уалԥшьақәа наигӡон. Ус ишыҟаз, ақырҭуа ԥшыхәыҩцәа адырра роуит шьхала кавказаа ааны аԥсуаа ацхыраара шрырҭо. Убри инамаданы, диверсиак ҟалозар ҳәа Сафер амҩанызацәа ицҵаны Ауадҳара ахырхарҭахь дрышьҭуеит.
"Сафер ҳашьа заҵә иакәын азы, ҳан дӷьаҵәыӷьаҵәуа, умцан лҳәеит ҳәа акагьы шаанамгоз дырны, диҳәон ихы ихьчарц, агәҽанызаара имазарц. Ус, ирратә уалԥшьақәа рынагӡаразы цәыббрамза агәҭаны ашьхаҟа даныршьҭ, уаҟа арахә зманы итәаз, заа агәҽанҵара заухьаз ақырҭуа арахә хьча иааигәыдҵаны дишьуеит. Сафер аџыр иаҩызаз, махәҿыла иӷәӷәаз, баша-маша напыла уззымиааиуаз аӷа хәымга ихымца аҿаԥхьа дымчыдахеит", - лҳәоит аиаҳәшьа.
Сафер иԥсыбаҩ хымш ирзылбаагомызт. Ицыз иҩызцәа ак наихадыршәит ауп. Нас даргьы рыԥсы рыманы алада илбааит, иҟалазгьы рарҳәеит. Абас, аибашьра мызкы ахи аҵыхәеи рыбжьара абиԥазаҵә, 32 шықәса зхыҵуаз, аҭаацәара иаламлацыз Сафер бзиахә иԥсҭазаара ҿахҵәеит.
Рауф Бганба иҵәҩаншьап шыӡыз анилаҽ ашьҭахь аԥсҭазаара игәахшәеит. Евдокиа лакәзаргьы, лхы шьҭыхны аӡәгьы диҿаԥшуамызт. Сафер иаҳәшьа Лиолиа, лхатә ԥсҭазаара мап ацәкны, агәырҩа иамҽхакыз лҭаацәа аҵыхәтәантәи рымшынӡа илбеит. Лаҳәшьцәа аҭаацәара ианалала, лара лаб игәараҭа дазынхеит. Аҳаҭгәынқәа хылаԥшрада инылмыжьит…