Агәымшәара ушьа ианалоу: Ахра Кьехьыриԥа иеибашьратә мҩа иазкны

© Foto / Ҭали Џьапуаԥҳа лархив аҟынтәАхра Кьехьырип,а ицеибашьуаз иҩызцәа рыгәҭа (1)
Ахра Кьехьырип,а ицеибашьуаз иҩызцәа рыгәҭа (1)  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.05.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашәарҭара ианҭагыла, аԥсадгьыл ахьчара иазгылаз ахацәа абџьар шырзымхозгьы, "напышьашәала аӷа ҳаиҿагылоит" ҳәа гәкаҳара ҟамҵақәа зныҭрыс еиҵагылаз апатриотцәа рыгәҭа дыҟан 22 шықәса зхыҵуаз Гагратәи арԥыс Ахра Борис-иԥа Кьехьыриԥагьы. Иара аибашьра раԥхьатәи амшқәа раан ахәра шиоузгьы ихьаақәа чҳауа, аамҭа-аамҭала игәабзиара шьақәыргыло иҩызцәеи иашьцәеи дрылагыланы Егрынӡа днаӡеит. Уаауп Аиааирагьы дахьаԥылаз.
Ахра Кьехьыриԥа дшыхәыҷызнатә идыруан ҳагәҭа аӷацәа шынхоз. Уи аилкаара иара изы иуадаҩымызт иаб Борис Кьехьыриԥа амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара активла дахьалахәыз инамаданы. Дара руаҭах аҟны, Гагра, лассы-лассы ахацәа нагақәа еизон, ажәлар рызҵаарақәа ирылацәажәон.
"Ҳуаҭах азал ду ашә ҳаб еснагь ацаԥха аиаркуан. Иара адырра ахьынӡаимаз, КГБ аусзуҩцәа (ақырҭуа милаҭ иатәыз) азыӡырҩратә аппаратқәа ҿакны ирыман, аха иарбан ҭыԥқәаз издыруамызт. Уи анеилкааха аибашьра ашьҭахь ауп. Изхысҳәаауа, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара алахәцәеи иареи маӡалатәи аиԥыларақәа анрымаз, убри ҳзал аҟны имеизар анамуаз аамҭазы, иеибырҳәоз КГБ-аа ирмаҳарц азы ателевизор ма арадио абжьы арҭон. Излацәажәоз ахҭысқәа роума ауаа рыхьӡқәа роума идырҩашьон",- ихәыҷратә гәалашәарақәа дырзааҭгылоит Ахра Кьехьыриԥа.
Нанҳәа 14 1992 шықәсазы, Белоруссиантәи иааз Ахра, аибашьра ишалагаз атәы иаиҳәеит иашьцәа иреиуаз Вилон Бениа. Аҟәа, "Ацҳа ҟаԥшь" аҟны ӷәӷәала аиҿахысрақәа шцо, аԥсҭбарақәа шыҟоу нацҵо. Ажәабжь хьанҭа дшазхәыцуаз, Ахра дыццакы-ццакуа аҩныҟа иҿынеихеит. Амҩан иқәшәаз иҩыза гәакьа Ахра Агрба аԥсшәа наиаҳәаны, иԥсы еивахо изеиҭеиҳәеит иаҳаз атәы. Арԥарцәа рҩыџьегьы ирԥыхьашәаз ҳәызбақәак аашьҭырхын, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара алахәцәа еизарҭас иахьрымаз Гагратәи аԥсуа школ ахь рҿынархеит. Ахрараа рҩыџьегьы ҳаӷацәа рҟазшьақәа бзианы ирҵахьан. Изныкымкәа аҭынчԥсҭазаара аангьы ақырҭқәеи дареи напышьашәала еиҿанагалахьан.
© Foto / предоставила Саида Жиба Ахра Кьехьыриԥа
Ахра Кьехьырип,а ицеибашьуаз иҩызцәа рыгәҭа (1)  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2023
Ахра Кьехьыриԥа
"Аԥсуа школ аҟны аҭыԥантәи ахацәа рацәаҩны инеихьан. Ауараштә банкақәа арҭҟәацгақәа ҭаҵаны иҟазҵахьаз џьоукы цырақәак наҳдыркын, бџьарла ҳаиқәных ҳаҟазшәа ҳгәырӷьеит. Анаҩс, аԥсшьарҭа ҩны "Украина" ахь ҳаршьҭит. Ашәарыцга шәақькгьы џьара исԥшаан, убри сыҟәнын. Иахьагьы сыбла ихгылоуп, иҳаланхоз атәым милаҭ ҭаацәала рҽеибаркны иқәҵны ишцоз. Амашьынақәа рҿы зхацәа ирыватәаз аҳәса адәахьынтәи сахьԥшуаз рцәартәымкәа иҟазшәа збон. Ус сгәы иаанагеит "рымаҭәа аҵаҟа ак ҭарҵеит ҳәа", избанзар ас шәҩыла зцәазтәымыз зныҭрыс иабасԥыхьашәоз. Аха аԥсуаа "ҳказыжьыз" рахьтә аӡәгьы иламкьысӡеит", - иажәа иациҵоит аибашьра аветеран.
Аԥсшьарҭа ҩны "Украина" аҿаԥхьа игылаз Ахра, иҭаацәа ибарц азы аҩны даннеи сааҭқәак ааҵуаны, Бзыԥҭатәи абжьаратәи аҩбатәи ашкол аҟны аҵара ицызҵоз, нас Ленинград аԥырратә арратә ҵараиурҭа иҭалаз аурыс ҷкәын ишә днасит. Ахра ихәыҷратә ҩыза даниба иџьаишьеит, аха егьи иаразнак еилиркааит Бзыԥҭа иалаханы иҟаз иҭаацәа дрышьҭаланы дшааз, уахь Гагрантәи дышзымцо, амҩақәа шарку, насгьы Ахра ицхыраара дшаҳәо.
"Гагреи уаанӡа Колхида ҳәа иахьашьҭаз, уажәы Ԥсахара ақыҭеи рҳәааҟны ақырҭқәа бџьарла еиқәных игылан. Ус уара ишуҭаху узиасӡомызт. Убри аҟнытә ақалақь ахьынҵәо аҭыԥқәа рыла, аӡмахқәа ҳарҭысуа Бзыԥҭанӡа ҳнаӡеит. Сҩыза иҭаацәа рахь дцаанӡа сиҳәеит "уара ара уиит уааӡеит, иубоит ҳаԥсадгьыл ашәарҭара ишҭагылоу, насгьы арратә занааҭ умоуп, уҳадгыл" ҳәа, аха иара мап икит. Ашьҭахь сара снеит ауаа рацәа еизаны иахьгылаз аусҳәарҭахь. Ус уа сагьаанхеит", - иажәа иациҵоит Ахра.
© Foto / Ахра Кьехьыриԥа иҳадигалеитАхра Кьехьыриԥа ицеибашьуаз иҩызцәа рыгәҭа.
Ахра Кьехьырип,а ицеибашьуаз иҩызцәа рыгәҭа (1)  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2023
Ахра Кьехьыриԥа ицеибашьуаз иҩызцәа рыгәҭа.
Бзыԥҭа, аиҳарак Аԥсуа гвардиа алахәцәа ргәыԥ ала еиҿыркааз актәи Пицундатәи арота командаҟаҵаҩс дахагылеит Ҭемыр Надараиа, дара дрыхәҭакхеит Ахрагьы. Убри аамҭазы, Ахра иашьа Лаша, раҳәшьазаҵә Анҭица аԥсшьаҩцәа дрылакны Шәача дганы дааныжьны, ӷбала Гәдоуҭаҟа дхынҳәит. Лаша далалеит Витали Тарнаа игәыԥ. Аҷкәынцәа раб Борис Кьехьыриԥа Мамзышьхала шьапыла Бзыԥҭаҟа дылбааит. Аҽны, аб дыршьырц ишьҭаланы иахьынхоз ауаҭах ахь ақырҭқәа неит, аха ирықәымҿиеит. Ан Светлана Ҳашыгԥҳа лакәзаргьы лыԥсы еиқәдырхеит ҭелла агәҽанҵара лызҭаз аурыс ԥҳәыси (лыхьӡ ргәалашәом) дызҵәахыз агәылацәа Абӷаџьааи. Аамҭак ашьҭахь, урыс хаҵак ибзоурала, лҩыза Мери Кәакәасқьырԥҳаи лареи, ақырҭқәа ирыниар саашьақәак ракәызшәа еихьыжә-еикәыжә еилаҳәаны Ԥсахарала (Колхида) аӡмахқәа ирҭыганы Бзыԥҭаҟа иааишьҭит.
22 шықәса зхыҵуаз Ахра ааратә ҽазыҟаҵарақәа дырхысуан Бзыԥҭа, аха ақәыԥшра иҭагылаз, зшьа еилашуаз арԥыс иаразнак аибашьра дцар иҭахын. Аԥсуа ар, Пицунда абжьаларҭа аҩахыс ацәаҳәа аанкыланы иантәа, "Красный крест" ҳәа иахьашьҭоу Ахра иҩызцәеи иареи аннарга ауха, аспорттә маҭәала иҽеилаҳәаны, ашәақь кны амҩаду даныланы дшааиуаз, амца зыцраз ахқәа ихаԥраауа иалагеит. Зехьынџьара уаҩ дубомызт. Дук мырҵыкәа, амҩа авара аҭыжаарантәи аӡә дҩагылан, Ахра ижәҩа даханы уахь дҭаижьит, "узҿу закузеи, ас аибашьраҿы иҟалаӡом" ҳәа диқәымчуа. Уи Бзыԥҭатәи Лиуфа Ԥсардиа иакәын. Ауха Ахра иԥсеиқәхара иара ибзоурахеит. Анаҩс Лиуфеи иԥа Владимири аибашьраҿы иҭахоит.

"Ҭыԥк аҿы сгәы сартәомызт. Аамҭа-аамҭала ԥшыхәра сҭыҵлон. Сгәазҭас чечен еибашьҩык "уџьбарра сгәаԥхоит" иҳәан автомат ҳамҭас исиҭеит. Уи ашьҭахь абзарбзан скызшәа зынӡа аӡә дысзымиааиуазшәа схы збеит", - игәалашәоит Ахра.

Убас автоматқәа змаз даҽа ҩыџьа аԥсуа еибашьцәа Адгәыр Ахьибеи Мираб Қаԥшьи аԥшыхәрақәа раан Ахра ҩызас ишьҭыхны, бнала ахәыҳаракырахь ихалеит. Убраҟа аевкалиптқәа ршьапаҟны ирбеит 50-ҩык раҟара бџьарла еиқәных, зхаҭабзиара ҳаракыз армаҭәала еилаҳәаз ақырҭқәа. Азныказы ирылахысырц рҭаххеит, аха Ахра иҳәеит "ҳара ҳхықәкы аӷа абџьар ицәгара ауп, излазбо ала ҳамчқәа еиҟарам, баша ҳпатронақәа нымхкәа, ҳахқәа аламырӡкәа ҵаҟа ҳалбааны аиҳабыра адырра раҳҭап иҳауз аинформациа ала. Ари аҭыԥ астратегиатә ҟазшьа амоуп. Аӷа ишиҭаху еиԥш инапахьы иааигар, арантәи Пицунда абжьаларҭеи Ԥсахара ақыҭа ацҳаи амҩа хадеи убоит. Ақырҭқәа ирзыманшәалахоит ҳхырӷәӷәарҭақәа ааха арыҭара, убри аҟнытә дара ираԥаагароуп" иҳәан, шьҭахьҟа "Красный крест" илбааит. Уаҟа раԥхьаӡакәны Ахреи Муҳаммад Кьылбеи еиқәшәеит. Дазусҭаз идыраанӡа, Ахра днаидгылан ахәыҳаракыраҿы иҟаз аҭагылазаашьа атәы изеиҭеиҳәеит. "Ауаа ҳашәҭ, аӷацәа ҭарханы абџьар ааҳгоит" ҳәа нацҵауа. Муҳаммад Кьылба арԥыс қәыԥш ақьаад аҟны уи ахәыҳаракыра ҭыԥқәа ҭыхны иирбарц адҵа ииҭоит. Агәра анига, "ауаа уцысҵоит, апатронақәа усҭоит, авзводгьы командаҟаҵаҩыс уасҭоит, шәца иаанышәкыл уи аҭыԥ" ҳәа идәықәиҵоит. Анҭ ақырҭқәа ахьтәаз ахь даҽа гәыԥк ишьҭоит. Ҳаибашьцәа рхықәкы рзынамыгӡеит, аиҿахысра ҟалеит, аха абџьар рзымгеит.
© Foto / Ахра Кьехьыриԥа иҳадигалеитАхра Кьехьыриԥа ицеибашьуаз иҩызцәа рыгәҭа.
Ахра Кьехьырип,а ицеибашьуаз иҩызцәа рыгәҭа (1)  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2023
Ахра Кьехьыриԥа ицеибашьуаз иҩызцәа рыгәҭа.
Ахра ицыз 22-ҩы аҷкәынцәа еихшаны ахәыҳаракыраҿы быжьҭыԥк ааныркылеит. Ус ишыҟаз, Муҳаммад Кьылба "акомандаҟаҵаҩцәа сшәацәажәароуп, шәылбаа" ҳәа адҵа аныҟаиҵа, Ахра ирациа ныжьны уахь дцеит. Убасҟан ақырҭқәа ажәылара иалаган, ҳаҷкәынцәа иркыз быжьҭыԥк рахьтә ԥшьба рымырхит. Ахра ахысбыжьқәа аниаҳа Муҳаммад ирациала рыҽрымидан, иҟалаз азы адырра ирҭеит.
"Аибашьыга машьына БРДМ ала иҳалахысуан шаанӡа. Иҟалалакгьы ҟалааит ҳҳәан, ашьыжь ҳаргьы ԥхьаҟа дара рахь ҳжәылеит. Уи аамҭазы дара зкуммулиатор тәаз БРДМ ныжьны иҩхьан. Ус ари атрофеи ҳнапахьы иааҳгеит", - еиҭеиҳәоит аибашьра аветеран.
Уи аҽны Ахра ишьапы ахы ақәшәоит. Џьамали Гарики Барцыцаа аҷкәын амцашыра далыргоит. Ахәы Бзыԥҭа амбулаториахь даннаргалак Заира Ҳарабуаԥҳа раԥхьатәи ацхыраара илҭоит, анаҩс Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь дрышьҭоит.
© Foto / Ахра Кьехьыриԥа иҳадигалеитАхра Кьехьыриԥа ицеибашьуаз иҩызцәа рыгәҭа.
Ахра Кьехьырип,а ицеибашьуаз иҩызцәа рыгәҭа (1)  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2023
Ахра Кьехьыриԥа ицеибашьуаз иҩызцәа рыгәҭа.
"Гәдоуҭа агоспиталь аҟны дааны сибеит сашьцәа иреиуаз Лиутик Бениа. Уи аҽны иара Ешыраҟа дцоит, ус уа дагьҭахоит. Убри аамҭазы ачымазара иамҽхакыз саб Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы дышьҭан. Уажәшьҭа хар сымамкәа саныҟала, сҩызцәа иара иахь срыманы ицоит. "Сыла иабеит Ахра, иааит убри аамҭа ҳаӷацәа иҩны ицо, сгәы ҭынчхеит" ҳәа илаӷырӡқәа иҿықәыҳәҳә раԥхьа саниба ииҳәаз абарҭ ажәақәа роуп", - игәалашәоит аԥа.
Ахра Кьехьыриԥа агоспиталь данҭыҵ Гагра, Ареспубликатә агәабзиарачаԥарҭатә центр аҿы дышьҭарҵоит. Аамҭак ашьҭахь, аҵаргәақәа зыҽрынҵаны иныҟәоз аибашьҩы, Пицунда, аԥсшьарҭа ҩны "Кәыдры" Амиран Берзениа икомандаҟаҵарала аҩбатәи адесанттә-қәыларатә баталион аиҿкаара ишаҿыз иаҳауеит. Алабақәа нышьҭаҵаны Ахра дышцыркьозгьы уахь дцоит.
"Аҩбатәи адесанттә-қәыларатә баталион ахьеиҿыркаауаз дсыцны дцеит уи аԥхьаҟа сзабадырхьаз Даниил Григориан захьӡыз ерман ҷкәынак. Исԥылеит уаҟа Цыгәаа аишьцәа Бесик, Русик, Ремзик, Гарик. Дыҟан Зураб Демерџьиԥа. Сахьнеиз сцыркьошәа анырба, мап сцәыркар ҳәа сшәан "сшьапы аӡаӷьа ыҵалеит" ҳәа расҳәеит. Араҟа мызкы аҽазыҟаҵара ҳаҿын. Есышьыжь х-километрак ҳаҩуан аҟнытә сшьапы ахьаа аҽарцәгьеит. Анаҩс саншьа иԥа Руслан Ҳалбад иҿы исыргамеит ахәра шсымаз, аха шьҭахьҟа сышхьамҵо нацҵаны. Исгәалашәоит аҽазыҟаҵарақәа анхыркәшаха Владислав Арӡынба дааны аӡәаӡәала абџьарқәа шҳаиҭоз. Ҳаргьы ҳбираҟ гәӡны ажәылара ҳшазыхиоу агәра иҳаргеит. Исхашҭӡом убас, "Кьехьыриԥа, ацәаҳәа уалҵ ҳәа Амиран Берзениа анҿиҭыз. Ииҳәари ҳәа сышгылаз, аҷкәынцәа рахь ихы наирхан, "ари ахәра имоуп, шәгәы ишԥаанаго иаԥсома игара" ҳәа дразҵааит. "Абриаҟара ичҳазар, хымԥада дгатәуп" ҳәа еицҿакны рыбжьы дыргеит даргьы. Сгәы ааҭынчхеит", - иеибашьратә мҩа атәы еиҭеиҳәоит аветеран.
Хәажәкыратәи ажәылара аламҭалазоуп аҩбатәи адесанттә-қәыларатә баталион Ешыраҟа ианырга. Уазабаа, "Аҵәаҭра" ҳәа иахьашьҭоу идыртәеит.
"Уазабаантәи Цугуровка шәхалароуп ҳәа адҵа аныҟала, бџьарла ҳаиқәных амҩа ҳақәлеит. Ҽынла ашьхамҩа анысра цәгьоуп, ҳара уахынла ҳамцар амуит. Алашара каурԥхар ҟалом, уцәажәар аӷацәа ираҳауеит. Укаҳар ҿымҭӡакәа ухьаа учҳароуп. Ажәакала иаҳулак ҳҭыԥ аҟны ҳнеит. Анаҩстәи ҳадҵақәа ҳшырзыԥшыз, "шәхьаҵ" ҳәа ҳзаарыцҳаит. Еиҭах ҳабџьари ҳџьаԥҳани ҳрыҵаланы Ешыраҟа ҳалбааит. Иалагеит ишьаарҵәырахаз хәажәкыратәи ажәылара. Сара сшьапы ахьаа цәырҵын Гәымсҭа аӡиас сызмырӡеит. Амала сахьӡеит ихәыз Ҳаҭхәа ҷкәынак иҭыгара. "Уара уаҳа џьаргьы уаҳгаӡом" ҳәа мчыла Гагра агәабзиарачаԥарҭатә центр ахь саарышьҭуеит. Анаҩс Амиран Берзениа ибаталион аҽеиҩнашоит. Иара Очамчыратәи ахырхарҭахь дцоит. Аишьцәа Цыгәаа Лиосик Цыгәба ибаталион иалалоит. Руслан Ҳалбад командаҟаҵаҩс дахагылоит абригадатә-ԥшыхәратә гәыԥ. Иԥсаҭа бзиахааит, аибашьра ашьҭахь иԥсҭазаара далҵгәышьеит", - иажәабжь иациҵоит аветеран.
© Foto / Ахра Кьехьыриԥа иҳадигалеитАхра Кьехьыриԥа ицеибашьуаз иҩызцәа рыгәҭа.
Ахра Кьехьырип,а ицеибашьуаз иҩызцәа рыгәҭа (1)  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2023
Ахра Кьехьыриԥа ицеибашьуаз иҩызцәа рыгәҭа.
Ахра Кьехьыриԥа маҷк игәабзиара анышьақәиргыла, еиҭа Ешыраҟа ддәықәлоит. Убраҟа аибашьыгатә машьына БМП арныҟәцашьа идырҵарц азы дрыҳәоит. Аибашьра ашьҭахь машәырла иҭахаз Дима Гьетиа Ахра игәахәтәы наигӡоит, БМП арныҟәцашьа иирҵоит. Амашьына акомандаҟаҵаҩс даиуоит Џьамал Қчач, Ахра амеханик-арныҟәцаҩс дҟалоит. Ргәыԥ иахәҭакын убас аишьцәа гәакьацәа Сулхани Џьусҭани Қчачаа.
"Валера Мхонџьиа ҳәа иҟаз акомандаҟаҵаҩ иҳалаиҳәоит БМП ала Гаграҟа ицатәуп, убра адесант ӡхыҵраны иҟоуп ҳәа. Иахьа аԥсшьарҭа ҩны "Нарҭ" ҳәа иахьыҟоу амшын аҟәараҿы акраамҭа ҳгылан. Анаҩс еиҭа Ешыраҟа сцеит. Салалоит Валикәа Багаҭелиа командаҟаҵаҩс дызмаз, курск аҟны аҵара сыцызҵоз Бесик Кәыҵниа дызлаз ахԥатәи абаталион. Сшьапы сыхьуан, аха срыҳәеит аҵәҩанҵәхысгатә-аҳаирхыхьчаратә шьақәыргыламҭа саҿадыргыларц. Уи азы хымш Афон аинструктаж сахысит. Сыдҵақәа инрқәыршәаны аӷацәа рпозициақәа срылахысуан", - еиҭеиҳәоит аибашьҩы.
Ахра Кьехьыриԥа Валикәа Багаҭелиа игәыԥ дацны ҩынтә Цугуровка дхалеит. Убасҟан ирыцын ҳәа игәалашәоит Анзор Гәлариа, Славик Саӷариа, Дикран Цкәуеи иԥацәа Занбеи Арзаабеи, убас иашьа иԥа Царбеи Цкәуа, дыҟан Захар Аиба.
Аҩынтәраан 16 сааҭ аиҿахысрақәа цон. Ахра иҳәоит 67-ҩык шырхәыз, 18-ҩык шҭахаз.
© Foto / Ахра Кьехьыриԥа иҳадигалеитАхра Кьехьыриԥа ицеибашьуаз иҩызцәа рыгәҭа.
Ахра Кьехьырип,а ицеибашьуаз иҩызцәа рыгәҭа (1)  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2023
Ахра Кьехьыриԥа ицеибашьуаз иҩызцәа рыгәҭа.
"Цугуровка аҩынтәраан ашахамҩа ҟаҵаны ҳанхала, аӷацәа рхьарԥшра акәын хықәкыс иҳамаз. Рымчқәа ҳара ҳахь идырхар, егьырҭ ҳаибашьцәа Шьромеи Камани ргон. Хахь итәаз ҳаӷацәа ашарԥазы асааҭ хәба рзы ҳарԥыҩлеит. Дара шанхеит аџьма мҩахәасҭала изларылшеи ахалара ҳәа. Уа ҳазлаԥшыз ахлымӡаах алацәажәара сцәыуадаҩуп. Хә-сааҭк маҟҿаҳәаранӡа аӡы зҭаз аҭабиақәа ҳарҭагылан. Нас адҵа ҟалеит даҽа хырхарҭак ахь албааразы. Аснаипер дышхысуаз ҳдыруан азы, 30 метра абжьаазаара ахыкәалаа еиԥш ҳабжьысны ҳцар акәын. Убра даҳцәырхәит Мирон Џьугьелиа. Аснаипер иԥсы шҭаз идыруан, аха димшьӡеит, ацхыраара аиҭаразы ҳнеир ԥыҭҩык ҳҭаирхоит ҳәа иԥхьаӡаны. Мирон данырхә ашьҭахь иарбаз аҭыԥ ахь имцацыз хҩык ҳакәын иҟаз, руаӡәы ихьӡ сгәалашәом, егьи Гагратәиин диерманын, аибашьраҿгьы дҭахоит Робик Арутиуниан ҳәа. Ажәакала ҳахҩыкгьы зныҭрыс ҳаҵҟьан, ахьшь акәҷышь шьҭԥааны ианаго еиԥш дҳаманы ҳалбааит. Мирон аибашьра ашьҭахь жәашықәса ааҵуаны данызба, "Ахра, убра скашәмыжьоз, абас адәы сықәзыр аасҭа сыԥсыр еӷьымзи" - ҳәа саиҳәеит аколиаска иантәалаз актәи агәыԥ аинвалидра змаз аибашьҩы. Ари ачҳара уадаҩуп", - иажәа иациҵоит аветеран.
Цугуровка дырхәит Ахра курск аҿы аҵара ицызҵоз Мгәыӡырхәатәи арԥыс Алхас Ажьиба. Иара дыҭҟәаны аӷацәа дыргеит. Аибашьра ашьҭахь Шьромеи Иашҭхәеи ақыҭақәа рыбжьара ашәанцәа руахәама хәыҷык авара дышжыз еилкаахеит.
© Foto / Ахра Кьехьыриԥа иҳадигалеитАхра Кьехьыриԥа ицеибашьуаз иҩызцәа рыгәҭа.
Ахра Кьехьырип,а ицеибашьуаз иҩызцәа рыгәҭа (1)  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2023
Ахра Кьехьыриԥа ицеибашьуаз иҩызцәа рыгәҭа.
Цугуровкантәи ҳаибашьцәа анылбаа, иаразнак Гәымсҭа аӡиас ирратәы изыҟамлеит аӡы шьҭыҵны иахьыҟаз иахҟьаны. Аҽазышәара анымҩаԥырга, ақырҭқәа ирхәыз Хасик Гәлариеи Радик Мықәбеи аӡы иаанахәеит, нас иамархгәышьеит, аха башан. Арҭ амш хьанҭақәа раан иҭахаз зегьы рыхьӡқәа Ахра игәалашәом, аха иҟоуп зыӡбахә иҳәазгьы, урҭ иреиуоуп Нури Ҳалуашь, Даур Барцыц, Фомин зыжәлаз урыс ҷкәынак, убас ижәла заҵәык игәалашәоит Ростобаиа-Амҷба ҷкәынак.
Аԥсуа еибашьцәа ӷәӷәала аиҿахысрақәа ирықәшәеит Иашҭхәа ақыҭаҿгьы. Ахра икомандаҟаҵаҩ Валикәа Багаҭелиа ахәшәтәырҭа данақәшәа, диԥсахуеит Фата Дбар. Иара инапхгарала ақыҭа аӷа далцан. Абраҟа дҭахоит Даур Амқәаб, маха-маха арҭҟәацга деимнахоит ахәыҷааӡарҭа ааӡамҭа (детдомовец) Иури Гогориани. Ахра Кьехьыриԥа ҩаԥхьа ахәра иоуоит, аха дхьаҵӡом. Гәымшәарыла рхы аадырԥшит Ферон Ҳагба, Зурик Ладариа, Ҭенгьиз Осиа, Гена Гәынба, Баҭал Барцыц.
"Иашҭхәа ҭарцәны Аҟәа ҳаналала дҭахоит ҳмедиаҳәшьа Марина Ҭаниаԥҳа, дырхәоит сашьцәа иреиуоу Беслан Бениа. Устәи ҳамҩа ҳархоит Аԥсны Мрагыларатәи аган ахь. Ҳнаӡоит Егрынӡа. Убраауп Аиааира амшгьы сахьаԥыло", - абас иҟоуп сажәабжьҳәаҩ игәалашәарақәа.
Ахра Кьехьыриԥа ианашьоуп Леон иорден.
Есышықәса, Цугуровка иҭахаз ҳаибашьцәа ргәалашәара ахьӡала, Уазабаа Ахреи дызцеибашьуаз иҩызцәеи ирзышьақәдыргылаз абаҟахьы ихалоит. Араҟа ҿымҭӡакәа инатәаны, ҳаҷкәынцәа ршьа зхьыршу ашәаԥыџьаԥ иналаԥшны "шәыԥсы ҭынчыз" ҳәа ӡык-ҩык нхырҭәалоит...
Ажәабжьқәа зегьы
0