"Алым агәы зызҭаз": Захар Сымсым иҭоурых

© Foto / аҭаацәаратә архив аҟнытәДаур Сымсым
Даур Сымсым - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аналага аԥсадгьыл ахьчара иазгылаз рыгәҭа иҟан зықәра наӡамыз арԥарцәагьы. Хымԥада дара афронт ахь иргаӡомызт, аха рықәра иацҵаны, мамзар маӡала рҭаацәа ирцәыбналаны реиҳабацәа ахьеибашьуаз ицон. Убарҭ дыруаӡәкын ақәрахьымӡа, Гагратәи арԥыс, алым агәы зызҭаз, 14 шықәса зхыҵуаз абиԥазаҵә Захар Сымсымгьы.
Захар Сымсым аҵара иҵон Гагратәи абжьаратә школ №1 (уаанӡа №5 ҳәа иҟаз) аҿы. Класск аҟны аҵара ицызҵоз иҩызцәа гәагьацәа Дауҭ Агрбеи Саид Мықәбеи изларҳәо ала, даара иқәманшәалахон аматематика, алгебра, агеометриа. Даргьы арҭ амаҭәарқәа еиҳа ирыцааиуан аҟнытә еицырыӡбеит наҟ-наҟ аекономика занааҭс ишалырхуа. Захар иҭаацәа аамҭала Урыстәыла инхон. Иара ахәбатәи акласс аҟнытә ауп ари ашкол аҿы аҵара ҵара дшалагаз. Захар иқәра шмаҷызгьы маха-шьахала рԥыс наӡак еиԥш дышәхьан, иоура 180 см. иҟан. Бзиа ибон аспорт, аиҳарак абокс.
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟнытә Захар Сымсым иҩызцәа рыгәҭа
Захар Сымсым иҩызцәа рыгәҭа - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2023
Захар Сымсым иҩызцәа рыгәҭа
"Захар убриаҟара ашкол аҿы ҳаҭыр иқәын, аиашазы ҳаасҭа еиҳабызгьы иажәа иазҵаауан, иҟан ицәшәозгьы. Избанзар, Захар аиаша дахаҵгылон. Ҳара ҳхәыҷра шықәсқәа раан, Гагра ақырҭқәа ракәын аиҳарак знапаҟны иҟаз. Еснагь ҳмилаҭ интересқәа хәаҽуа ҳатәарбомызт. Егьараан ақырҭуа школ ҳавсны ҳанцоз (дара ирдыруан ҳара аԥсуа школ аҵаҩцәа шҳакәыз), иҳаҳаратәы рҿы иааҭашәоз рҳәон. Убасҟан маха-шьахала иӷәӷәаз Захар зегь раԥхьа аисра хациркуан. Уи нахыс цас рышкол ҳавсны лассы-лассы ҳамҩасуа ҳалагеит. Уажәшьҭа Захар иакәын зыбжьы ҭганы рганахь ирыхәҭаз ажәақәа зҳәоз. Абас ҳара ҳтәала аԥсуаа ршьа ҳуоит ҳәа ҳаҿын", - рышколтә ԥсҭазаара игәалаиршәоит Захар иҩыза Дауҭ Агрба.
Захар ихәыҷра шықәсқәа Гәдоуҭа араион, Калдахәара ақыҭан иаб иашьа Аслан Сымсым иҟны ихигеит. Араҟа ахәыҷы иоуит аԥсуааӡара цқьа. Иара ибон аиҳабацәа рхымҩаԥгашьа, уи хымԥада ихәыцраҿы анырра ҟанаҵеит.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аналага Захар иҩызцәеи иареи дара ртәала акырӡа игәныргеит. Уи аламҭалазы 13 шықәса ракәын ирхыҵуаз. Ааԥынра, 1993 шықәсазы, аусура иалагахьаз Гагратәи аԥсуа школ аҟны аԥышәарақәа ҭины, ажәбатәи акласс хырқәшаны, уажәшьҭа 14 шықәса ирҭагылаз Захар маӡала аибашьра дцеит. Раԥхьатәи амшқәа инаддыркны аӷа иҿагыланы иеибашьуаз Захар иаб Даур, издырӡомызт иԥа афронт ахь дышцаз. Арԥыс Шрома иаб иашьа Аслан даниба, аҭаацәа адырра рыҭаны аҩныҟа ддырхынҳәит.
"Захар мчыла аҩныҟа данаарга, иаб иҿы иргамеит зегь акоуп аибашьра дышцо. Сара цас иҳәеит аасгәахәын, иажәақәа хырҩаа рысымҭеит. Владислав Арӡынба "аԥсадгьыл ахьчара иазгылатәуп" ҳәа ааԥхьара ҟаиҵеит, доусы илшо ҟаиҵароуп ҳәа раҭеикит аиҳабацәа, нас ауп саргьы агәҭынчымра ансоу. Убасҟан Даур даалаган, Афонҿыц ахәыҳаркыраҿы иҩыза Дима Барцыц дызҿагылаз ареактивтә система аицҭырҟьаратә мца "Град" усгьы џьаргьы еиҭаргаӡом, уа дицзааит ҳәа Захар иара иахь дигоит. Аха нас излеилаҳкааз ала, уи асистема "Град" ԥхьаҟа аиҿагылара ӷәӷәақәа ахьыҟаз иргеит, Захаргьы дацны дцоит", - илгәалашәоит аибашьҩы иан Анна Павлова.
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟнытәДаур Сымсым_Захар Сымсым иаб
Даур Сымсым_Захар Сымсым иаб - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2023
Даур Сымсым_Захар Сымсым иаб
Захар Сымсым аҩныҟа дхынҳәуеит иаб дицны Аиааира ашьҭахь хымш ааҵуаны. Арԥыс Егрынӡа днаӡазаап.
Захар класск аҟны аҵара ицызҵоз иҩызцәа ирыздырӡомызт иара аибашьра дышцаз. Ираимҳәаӡеит. Адырра риҭар даргьы ишьҭалар ҳәа дшәеит. Аҷкәынцәа еиқәгәыӷны маӡала афронт ахь ицар, издыруада ирлахьынҵахоз.
"Захар аибашьрантәи даныхынҳә фырхаҵа дук еиԥш дҳадаҳкылеит. Ҽакала ҟалашьа амазма. Уеизгьы зықәра иаҵанамккәа адунаӡа еиԥш ишәхьаз ҳҩыза ҿырԥшыс дҳаман. Уахи-ҽни иганаҿы аҟазаара ҳҭахын", - еиҭеиҳәоит Захар иҩыза Саид Мықәба.
Захар иқәра шмаҷызгьы, аԥсра дацәымшәакәа иеиҳабацәа дрыцны абџьар даҿагылеит. Иҩызцәа иахьагьы иргәалашәоит уи шаҟа иманшәаланы ихы иаирхәоз.
1994 шықәсазы, Захар Сымсым Калдахәара дшыҟаз, иҩыза аҵеиџь аҟнытә аӡаагара дышицхраауаз, изгәамҭакәа афымцатә цәаҳәа даниеит. Уи акәхеит, арԥыс хазына уи аҽны игәы аусура иаҟәыҵит.
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟнытәЗахар Сымсым иҩызцәа рыгәҭа
Даур Сымсым - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2023
Захар Сымсым иҩызцәа рыгәҭа
Захар машәырла иԥсра иҭаацәеи игәакьацәеи ахгара шырцәыуадаҩыз еиԥш, акраамҭа класск аҟны аҵара ицызҵоз иҩызцәа гәакьацәагьы агәырҩа иамҽхакны иаман. Лассы-лассы иҳаҭгәын ахь ицон, иаб Даур иганаҿы иҟан.
Аамҭа иаратәы ҟанаҵоит, арҭ ахҭысқәа уажәшьҭа кыршықәса рхылахьеит, аха Захар иҩызцәа ргәаҿы дынхеит игәымшәаз, зыԥсадгьыл азы згәы былуаз фырхаҵаны.
P.S. Захар хәыҷ иеибашьратә мҩа инарҵауланы издыруаз дызцеибашьуаз Дима Барцыц идунеи иԥсаххьеит. Иԥсҭазаара далҵит иаб Даургьы. Ус егьа иҟазаргьы, Захар еибашьҩык иаҳасабала ихьӡ нхоит ари аҭоурых сзеиҭазҳәаз иҩызцәа ыҟанаҵы.
Ажәабжьқәа зегьы
0