Аԥсны

"Гагра изалымҵӡеит": аибашьра аветеран Амза Саманџьиа игәалашәарақәа

Sputnik
Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапаҟны иахьынӡаҟаз, ақалақь иалахаз аԥсуаа рхыԥхьаӡараҿы иҟан Антипа Саманџьиа иҭаацәагьы. Дара, Гагра ҳаруаа рнапахьы иааргаанӡа, жьҭаара ҩбанӡа изыниаз атәы еиҭеиҳәеит усҟан 21 шықәса зхыҵуаз Амза Антипа-иԥа Саманџьиа.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра шықәсыбжак шагыз Минск аррамаҵура ихганы Аԥсныҟа дааит Амза Саманџьиа. Арԥыс аусурагьы далагахьан Пицунда арадио аибыҭаҩс. Нанҳәа 14 аҽны Амзеи иаб Антипеи Мысра ирымаз аҵакыраҟны аанда шьақәдыргылон. Рус иалганы, шьыбжьышьҭахь Мысра апост аҿы ианылбаа, ираҳаит аибашьра ишалагаз.
"Ҳара Гагра "Колоннада" аханы ҳанхоит. Ҳаццакы-ццакуа аҩныҟа ҳцеит, арҭ аидысларақәа ҳзышьцылахьоу роуп, 1989 шықәсаан еиԥш хара имгакәа еилгоит ҳәа ҳгәы иаанагауа. Аха аҭагылазаашьа хьанҭахо ианалага, саншьа Ҷыҷыкәа Барцыц иҭаацәа иманы ҳара ҳахь дааит, ҳанхарҭа ҭыԥ ашьха иазааигәан, зынӡа ицәгьахар, абна ҳҽаҳҭоит ҳәа иԥхьаӡаны", - игәалашәоит Амза Саманџьиа.
Аԥсны
"Жәамш заҵәык...": Гәырам Сергьегьиа изкны
"Колоннада" аханы инхоз Саманџьиаа ашҭаҟнытә ибзианы ирбарҭан ҵаҟа, амҩа хадеи амшын аԥшаҳәаҿи имҩаԥысуаз ахҭысқәа. Аҟәараҿы ақырҭцәа абаржақәа адыргыланы машьыноума, ҩнымаҭәоума иаарԥыхьашәоз ақәҵаны иргон. Ақалақьуаа рыҩнқәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа ирыҩналаны идырҳәуан.
Саманџьиаа рҭаацәа аҟара ацлеит Антипа иабхәанда иԥшәмаԥҳәыси ихшареи иманы даннеи. Адуцәа ирычҳауазаргьы, ахәыҷқәа акрырҿаҵатәын. Зхы-зҿы аужьыз Антипа лабашьак иҵарсны, ҭынха дызмам исахьа аахәаны Гагра ажәытә хәҭахьы чаагара дцалон. Зны-зынла ргәыла аурыс хаҵа Лиоха Плужников фатәқәак рзааихәалон. Саманџьиаа маӡала рыҩны иштәаз рдыруан рыкәша-мыкәша инхоз аурысцәеи, аерманцәеи, аӡәык-ҩыџьак ақырҭцәеи, аха ирыбжьаз аиҩызара иабзоураны ирыдҵаалоз ирарҳәон "урҭ ықәҵны ицеит" ҳәа.
"Аибашьра аԥхьа ҳааигәара иҟаз аихамҩатә тоннель ахьчаҩцәеи ҳареи ибзианы ҳаибадыруан. Уажәшьҭа рыхьӡқәа сгәалашәом, аха қырҭуа хаҵак ажьы ахьикыз азы "Бегемот" ҳәа ҳзышьҭаз, изныкымкәа ҳаԥсы ҿиххьан, ҳанхарҭахь ихалоз иргьежьуан "аҩны иҟаӡам" ҳәаны. Ас лассы-лассы ҳганахь ақырҭцәа зхалозгьы, Ӡиӡигури ҳәа Гагра амилициаҟны амаҵура змаз чынуаҩык ҳара ҳҟны ашәҟәы иҭаҩыз саншьа Лиониа Барцыц аамҭала аус анеицыруаз цәымӷс дикхьан азоуп. Анцәа имчала, хыхь зыӡбахә сымаз "Бегемоти" ҳдырцәа аурыс хацәеи, ҳганахь бџьарла еиқәных ақырҭуа аруаа анхалоз, рышьҭыбжь дырцәгьон, иҳаҳаны, маанас иаҵоу еилкааны аҽыԥхьакра ҳахьӡарц азы", - еиҭеиҳәоит Амза.
Аԥсны
Аԥсра иазцоз: Есма Саманџьиа еиҭалҳәеит лаб Иури иҭоурых
Саманџьиаа ргәыла, аурыс хаҵа Лиоха Плужников атоннель аҟнытә иӡаны иааигеит жәа-иашьыкьк амоннал. Антипа иахьгьы цырақәак наигеит, ахацәа напылаҟаҵаратәи арҭҟәацгақәа алархырц. Амза иҳәоит, "аӷацәа ҳарҭҟәоит ҳәа иалагар, ҳзынҭаацәоу ҳхы ҳгәаӷьуан рнапахьы ҳнеир аасҭа" ҳәа.
"Нанҳәа 27 реиԥш, ҳдырцәа аерманцәақәак сан лаҳәшьеи, саҳәшьцәа ҩыџьеи, саншьа ихәыҷқәеи Ԥсоу аҳәаа ииарган, ҳҭынхацәа рахь Киевҟа ицеит. Ахәыҷқәа рыԥсҭазаара ашәарҭара ишҭагылам анеилаҳкаа, ҳгәы ҭынчхеит, уажәшьҭа ҳара иҳахьуазаалакгьы ҳахьааит ҳәа ҳхәыцуан", - иҳәоит Амза.
Жьҭаара 2 аҽны, Саманџьиаа рашҭантәи ирбарҭахеит "Колоннада" аҿаԥхьа ақырҭцәа аилауаҭырра ишалагаз. Ԥсоу аганахь еибарыҩуа ицошәа анырба, ирдырит ҳаибашьцәа Гагра ишалалаз. Ус рашҭа дааҭалеит Лиониа Барцыц.

"Саншьа ҳаԥсы ҭоушәа аниба, игәырӷьара ҵҩа амамызт. Иаразнак Блабырхәаҟа ҳаишьҭит мышқәак ҳаԥсы еиваҳгарц. Жьҭаара 4 рзы саби сареи аҩныҟа ҳгьежьит. Амҩан иаҳбон зехьынџьара аԥсцәа шаныжьлаз, ибылуан аӷацәа ртехника. Гагра араион шьаҭанкыла аԥсуа ган анапаҟны ианыҟала, ишьақәгыло иалагеит абаталионқәа. Сареи сҩыза Ахра Ашәхәаҵааи Гагратәи ардыԥхьала ҳалалеит, уи еиҳарак амилициа аусзуҩцәа рыла ишьақәгылан. Дара ҳрыцны ҩымчыбжь Алада Ешыра ҳтәан. Анаҩс ҳалалеит ҿыц ишьақәгылаз Ренат Қарчаа командаҟаҵаҩс дызмаз 1-тәи абаталион. Еицқәаз аҷкәынцәа ҳрацәаҩын, аха зегь рыхьӡқәа сгәаламшәозаргьы, рыӡбахә сҳәар сҭахуп Дима Адлеиба, Лаврик Чақмач-оӷлы, Астик Барцыц, Ахра Ашәхәаҵаа, Славик Гьезердаа", - игәалашәарақәа дырзааҭгылоит аибашьра аветеран.

Амза Саманџьиа дызлахәыз раԥхьатәи иӷәӷәаз жәыларахеит Ианвартәи. Усҟан рывзвод Гәымсҭа аҩадатәи ацҳанӡа ианнеи, дрыцәҭахоит ркомандаҟаҵаҩ Мартин Думаниан. Амза далахәын Марттәи ажәыларагьы.
"Ренат Қарчаа иашьҭахь командаҟаҵаҩс дҳауит Славик Анқәаб. Марттәи ажәылараан ҳрота Дима Свиатокум дахагыланы жәылара ҳцеит. Гәымсҭа аӡиас ҳарны Ачадара абылтәыҭаҭәарҭа ҳаназааигәаха, аӷацәа ҳкомандаҟаҵаҩ Дима дҭадырхоит. Хымш амацәаз ҳҭакын убра. Шьҭахьҟа ҳанхьаҵуаз, Толик Лакәабеи Ирина Гоцериӡеи ҳацәҭахоит", - ахҭысқәа еиҭеиҳәоит Амза.
Ииультәи ажәылараан, арыцхә ҩба рзы Лаврик Чақмач-оӷлы икомандаҟаҵарала Амза Саманџьиа дызлаз аԥшыхәратә гәыԥ раԥхьаӡакәны шахала Цугуровка ихалаз, раԥхьатәи аидыслара здызкылаз роуп. Усҟан амина дахаԥжәеит ирыцеибашьуаз рҩыза Џьон Канџьариа, аха, анцәа иџьшьаны, арԥыс ишьапы ицәыӡзаргьы, иԥсы еиқәхеит.
Аԥсны
"Ахәра шимазгьы иҩызцәа нижьуамызт": Џьансыхә Кәакәасқьыр иеибашьратә мҩа
"Цугуровкантәи арыцхә 4 рзы Каман ҳнеит, уаҟа итәаз афонаа ҳаԥсахит. Ԥхынгәы 9 рзы Шрома ахырхарҭахь ҳцеит. Убраҟа иҳацәҭахеит Гриша Илиушьенко, Енвер Ӡаԥшь-иԥа, Толик Котелевец. Сара сыхәдаџьали сшьапқәеи ахәра роуит. Аԥхьанатә Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь сыргеит, нас Гагратәи ахәышәтәырҭахь. Сҭагылазаашьа анеиӷьха, Ҭемыр Аршбеи Витали Манистови срыцны салалеит Зурик Қәычбериа командаҟаҵаҩс дызмаз 30-ҩык аибашьцәа рыла ишьақәгылаз агәыԥ. 16-ҩык урҭ рахьтә Аҟәа аҭарцәраан ахәрақәа роуит. Цәыббра 29 рзы, иаанхаз Галнӡа ҳнаӡеит, убраауп адырҩаҽны Аиааира ҳахьаԥылазгьы. Ахаан исхашҭуам аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рлакҭақәа. Урҭ ҭәын агәырӷьареи агәыӷреи рыла", - игәалашәоит аибашьра аветеран.
Амза Саманџьиа иеибашьратә лшамҭақәа рзы ианашьоуп "Агәымшәаразы" амедал.