Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ахәра шимазгьы иҩызцәа нижьуамызт": Џьансыхә Кәакәасқьыр иеибашьратә мҩа

© Foto / предоставила Саида ЖибаЏьансыхә Кәакәасқьыр
Џьансыхә Кәакәасқьыр  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.09.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага раԥхьатәи амшқәа рзы абџьар шьҭыхны аӷа аҿагылара изҭаз дреиуоуп 19 шықәса зхыҵуаз, аԥсуа гвардиа иалаз Џьырхәатәи арԥыс Џьансыхә Кәакәасқьыр. Анаҩс иара Гәымсҭа ахықәан ӷәӷәала дырхәит. Аибашьҩы игәалашәарақәа ажурналист Саида Жьиԥҳа ланҵамҭаҿы.
Џьансыхә Кәакәасқьыр Аҟәатәи аргыларатә техникум аҟны аҵара аниҵоз аԥсуа гвардиа далалеит. Ирратә уалԥшьақәа наигӡон Ачадара. Нанҳәа 14 1992 шықәсазы аибашьра ианалага аҽны, ичымазара иахырҟьаны аҩны дыҟан. Уаауп телехәаԥшрала Владислав Арӡынба иқәгылара баны иахьеиликааз аӷацәа Аԥсны ишақәлаз.
"Сара ашкол санҭаз инаркны издыруан, абарҭ ақырҭцәа знымзар зны ишҳақәлоз. Аиҳарак уи гәасҭо салагеит 11-тәи акласс аҿы Қырҭтәыла аҭоурых аҭыԥан Аԥсны аҭоурых маҭәарны ҳахысуа ҳаналага. Изныкымкәа амаҭәар ҿыц шԥашәдырҵои ҳәа акомиссиагьы ааны иҳазҵаахьан. Ажәакала, ҳара, дара рыдгьыл аҟны аԥҟарақәа аԥаҳҵошәа рхы мҩаԥыргон. Иуҭахы-иуҭахым ухаҿы иааиуан, ҳадгьыл аҿы ҳсасцәоушәа ҳзыҟалеи ҳәа", - игәалаиршәоит аибашьра аветеран.
Аԥсуа ҷкәынцәа Гәдоуҭа иҟаз Урыстәылатәи арратә база иақәланы абџьар аныргоз, Џьансыхәгьы ихәҭа алеигеит. Лыхны абжьаларҭантәи Аҟәа ахырхарҭала ицоз втобуск днақәтәан "Ацҳа ҟаԥшь" днаӡеит. Уи аамҭазы аԥсҭбара зцыз раԥхьатәи аидыслара еиқәтәахьан, аԥсуаа аӷацәа атанкгьы рымырххьан.
© Foto / предоставила Саида ЖибаЏьансыхә Кәакәасқьыр ицеибашьуаз иҩызцәа рыгәҭа
Џьансыхә Кәакәасқьыр ицеибашьуаз иҩызцәа рыгәҭа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2023
Џьансыхә Кәакәасқьыр ицеибашьуаз иҩызцәа рыгәҭа
"Аиҿцәажәарақәа рышьҭахь "Ацҳа ҟаԥшь" ныжьтәуп ҳәа адҵа аныҟала, Аҳабла ҿыц абжьаларҭахь ҳаихеит. Даҽа ҩымш анҵы Гәымсҭа ацҳахь ҳалбааит, устәи Алада Ешыра. Усҟан абаталионқәеи авзводқәеи абаҟахыз, еибадыруаз хәҩы-фҩы рыла агәыԥқәа аԥҵаноуп аҭыԥқәа аанкыланы ҳаштәоз. Еицылаз ҳреиуан сара, Овик Асатуриан, Алхас Кәакәасқьыр, Едик Пантиа, Гена Лыхәба, Вова захьӡыз урыс ҷкәынак. Овик, Ачадара архәҭа асҭаршынс дҳаман, насгьы Афгантәи аибашьра ихигахьан аҟнытә, аԥышәа имоуп ҳәа иҳарҭахьаз агранатаршәга иҳаркит. Алада Ешыра ҳаштәаз аӷацәа ҳалахысуа ианалага, ҳагранатаршәгала аҭак анаҳзыҟамҵа еилаҳкааит аус шамуаз. Анаҩс Гәдоуҭа иганы, иагыз рҽеины иаҳзааргеит", - аибашьра раԥхьатәи амшқәа дырзааҭгылоит Џьансыхә Кәакәасқьыр.
Џьансыхә иажәақәа рыла, раԥхьа еиҳабыс ирхылаԥшуаз Мушьни Хәарцкьиа иакәын. Ашьҭахь, Амиран Берзениа икомандаҟаҵарала аибашьра иалагеит. Алада Ешыра аӷацәа иҵарҵахьаз амина Алхас Кәакәасқьыр данахаԥжәа, агоспиталь ахь дызгаз дреиуан Џьансыхә. Аибашьҩы ихәыз иашьа дныжьны дхынҳәаанӡа, иҩызцәа Шромаҟа ицахьан. Ианеигәныҩ, ҩаԥхьа иԥсадгьыл ахьчара дазгылеит. Џьансыхә далахәын Ажьырныҳәатәи ажәылара. Хәажәкыратәи ажәылараан Шрома дыҟан.
Заур Хупориа - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2023
Аԥсны
"Мызкы амацәаз ҳҭакын": аибашьраан Гагра иалаханы иҟаз Заур Хәупориа игәалашәарақәа
Ԥхынгәы 25 1993 шықәсазы, Руслан Ҳалбад командаҟаҵаҩс дызмаз, Рома Аҩӡба акомандаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩс дахьыҟаз аԥшыхәратә гәыԥ дацны, Џьансыхә Кәакәасқьыр Шромаҟа дхалеит. "Двуречье" ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥан рҽеиҩшаны аҭагылазаашьа аҭҵаара иалагеит.
"Ааҩык ԥхьаҟа ицеит, ааҩык ахьаԥшратә маниовр ҳасабала ҳаанхеит. Аиҿахысра ҳақәшәеит. Ҳҩызцәагьы рҭагылазаашьа цәгьахеит, аха рыԥсы рыманы иааит, аӡәы дырхәит. Маҷк ианҭынчраха аԥсуа ган ахь иаҳулак ҳаихеит. Лиова Аҩӡбеи, Ныгәзари Сосои Чачибаиааи, Уҷа Чаавеи, Аслан Ҭырқьбеи, Адгәыр Чагәааи ҳшааиуаз ахыԥсаҟьага аԥҽыха схы иақәшәеит", - аӷацәа дшырхәыз еиҭеиҳәоит Џьансыхә.
Афонтәи аибашьцәеи, ҳашьцәа адыгааи ргәыԥ ахаҭарнакцәеи еицхырааны Џьансыхә аҩада дхаргалеит. Арԥыс раԥхьа Афонтәи агоспиталь ахь днаргеит, устәи Гәдоуҭаҟа дыргеит, иара убраауп иԥсгьы ахьааиз. Ашьҭахь, Џьансыхә игәабзиара ашьақәыргыларазы дышьҭарҵоит Гагра иҟоу ареспубликатә агәабзиарачаԥарҭатә центр. Араҟа иара машәыршәа диқәшәоит, амина иахаҳаны зшьапы зцәыӡыз, аибашьра раԥхьатәи амшқәа раан дызцыз иҩыза Овик Асатуриан.
© Foto / предоставила Саида ЖибаЏьансыхә Кәакәасқьыр ицеибашьуаз иҩызцәа рыгәҭа
Џьансыхә Кәакәасқьыр ицеибашьуаз иҩызцәа рыгәҭа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2023
Џьансыхә Кәакәасқьыр ицеибашьуаз иҩызцәа рыгәҭа
"Овики сареи агәабзиарачаԥарҭатә центр аҟнытә Ешыраҟа ицоз машьынак анаҳԥыхьашәалак, ҳҩызцәа рахь ҳдәықәлон. Ҳхымхәаны ҳахьыҟаз, ҳалшарақәа ахьмаҷыз даара игәнаҳгон, аха ҳрылатәаны ргәалаҟазаарақәа анаҳбалак ҳгәы ҳардон", - иҳәоит аибашьҩы.
Цәыббра 18 1993 шықәсазы, Аҟәа агаразы ажәылара ианалагоз аамҭазы, Алада Ешыра ирхәоит Џьансыхә иаб Сергеи Кәакәасқьыри иҩыза Лиова Аҩӡбеи, Сергеи аибашьра раԥхьатәи амшқәа инаддыркны илшоз зегь ҟаиҵон. Инапы ианын абџьари аџьаԥҳани афронт ахь агара. Сергеи Гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны дахьышьҭаз иҷкәын днеины дибалон. Аиааира амшгьы аби аԥеи убраауп иахьаԥылаз.
"Агоспиталь ишьҭаз зегьы рхьаақәа рхашҭит, еилалаз, Аиааира иасимволхаз ахысбыжьқәа анраҳа", - игәалашәоит аветеран.
Аӷацәа еибыҳәаны иҟазшәа, аби аԥеи рыхқәа рхәит. Аха анцәа имчала инагӡаны акәымзаргьы ргәабзиара шьақәгылеит. Сергеии Џьансыхәи реибашьратә лшамҭақәа рзы аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа рыла иалкаауп. Аб ианашьоуп "Агәымшәаразы" медал, аԥа – Леон иорден.
Ажәабжьқәа зегьы
0