https://sputnik-abkhazia.info/20230914/zhamsh-zayk-gyram-sergegia-izkny-1047911739.html
"Жәамш заҵәык...": Гәырам Сергьегьиа изкны
"Жәамш заҵәык...": Гәырам Сергьегьиа изкны
Sputnik Аҧсны
Хамеигӡарыла зыԥсадгьыл ахьчара иазгылаз, аха Аиааира ззымбаз, 27 шықәса зхыҵуаз арԥыс Гәырам Сергеи-иԥа Сергьегьиа изкуп анаҩстәи анҵамҭа. Иара жәамш заҵәык... 14.09.2023, Sputnik Аҧсны
2023-09-14T17:20+0300
2023-09-14T17:20+0300
2023-09-14T18:17+0300
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аибашьра аҭоурыхқәа: аиааира 30 шықәса
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/0a/1047912506_0:146:911:658_1920x0_80_0_0_e35d36c27bc79281e83f8191c366464d.jpg
Хамеигӡарыла зыԥсадгьыл ахьчара иазгылаз, аха Аиааира ззымбаз, 27 шықәса зхыҵуаз арԥыс Гәырам Сергеи-иԥа Сергьегьиа изкуп анаҩстәи анҵамҭа. Иара жәамш заҵәык ракәын аибашьра дахьалахәыз, аха иааирԥшыз игәымшәара хашҭшьа амам. Гәырам иҭоурых анҵоуп иԥшәмаԥҳәыс Инга Лакәиаԥҳа лажәақәа рыла.Гәырам Сергьегьиа жә-класск данрылга, Украинаҟа дцоит. Арԥыс Горловка ақалақь аҟны амилициа ашкол далганы апрактика дахысуан. Аԥсныҟа даныхынҳә изанааҭ ала аусура далагоит Гагратәи амилициа аҟәшаҿы. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аламҭалазы Гәырам иан Раиса Ҭаркьылԥҳа диманы Урыстәылаҟа дыҟан. Иԥсадгьыл ашәарҭара ишҭагылоу аниаҳа хымԥада уа дынгылозма. Ԥсоу ианааи, иан доурыжьуеит, иара шьҭахьҟа дрышьҭуеит. Мышқәак рышьҭахь, Гәырам Кавказ Нхыҵтәи ҳашьцәа ахатәгәаԥхаҩцәа дрыцны шьхала дылбаауеит."Сыԥшәма ашәарыцареи аԥсыӡкреи бзиа ибон азы, Гагра араион ашьхаҭыԥқәа изымдыруаз ыҟамызт. Убри аҟнытә, Аԥсныҟа данаа, ҽынла ҿыц илбаауаз ҳашьцәа ахатәгәаԥхаҩцәа мҩаԥигон, уахынла Гагра уалалаанӡа "Красный крест" ҳәа иахьашьҭоу хаҭалатәи ажәыларатә ҭыҵрақәа мҩаԥигон. Убраауп аибашьра ажәабатәи амш аҽны, ақырҭуа снаипер дахьҭаирхо. Иара иԥсра мышқәак шагыз, Лыхны днеины ҳбаны, ахәыҷқәа шихьҵәыуаз аибашьратә цәаҳәахьы дгьежьуеит", - еиҭалҳәоит Гәырам иԥшәмаԥҳәыс Инга Лакәиаԥҳа.Гәырами Ингеи ҩыџьа ахшара рыман, аԥеи аԥҳаи. Аибашьра ианалага, дара зынӡа ихәыҷқәан. Гагра аӷацәа рнапахьы иаргаанӡа, Гәырам иаб Сергеи абыжьбатәии аабатәии аклассқәа рҿы итәаз иԥҳацәеи, иҭацеи, имаҭацәеи ақалақь иалеигоит. Иԥҳацәа иабхәараа Ҭаркьылаа рахь Гәдоуҭаҟа игоит, иҭацеи имаҭацәеи Лыхныҟа лабраа рахь. Гәырам данҭахоз аламҭалазы, Сергеи иԥшәмаԥҳәыси иареи Бзыԥҭаҟа иалҵахьан, аамҭа-аамҭала ирызнеилоз рԥа уажәазы данырымба агәаҭеира иалагеит."Сыԥшәма акыр шықәса Укриана дыҟан азы, Гагра дыздыруаз маҷӡан. Данҭахагьы, Кавказ Нхыҵынтәи иааны иҟаз хатәгәаԥхаҩык иакәыз џьышьа Гәдоуҭатәи агоспиталь иатәыз аԥсышьҭаҵарҭахь дыргоит. Уантәи ауп иаб длеины Џьырхәаҟа иԥсыбаҩ шааиго", - ҳәа азгәалҭоит Инга. Гәырам иԥсхәы анырыу ашьҭахь, уи аамҭазы Гагра аԥсуаа рнапахьы иааргоит, иҭаацәа аҩныҟа ихынҳәуеит. Ақырҭцәа аштаб злырххьаз Сергьегьиаа рынхарҭа, иқәҵны ианцоз зегьы еилаҟәаҟәа инрыжьит. Ингеи ланхәеи еицхырааны зегьы аҭыԥ иқәырҵеит, ргәы ахәра ду шанызгьы, рымч еибыҭаны хатә џьабаала ахәыҷқәа ршьапы иқәдыргылоит. Згәаҵа кылблааз аб Сергеи иакәзар, ҽнакгьы аҩны днымгылакәа иԥсадгьыл ихьчон, иԥазаҵә ишьа иуан. Гәырам Сергьегьиа данҭаха ашьҭахь ианашьан "Агәымшәаразы" амедал.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/0a/1047912506_0:61:911:744_1920x0_80_0_0_24805d213c2e35204230d7fef80273c7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аибашьра аҭоурыхқәа: аиааира 30 шықәса
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аибашьра аҭоурыхқәа: аиааира 30 шықәса
Хамеигӡарыла зыԥсадгьыл ахьчара иазгылаз, аха Аиааира ззымбаз, 27 шықәса зхыҵуаз арԥыс Гәырам Сергеи-иԥа Сергьегьиа изкуп анаҩстәи анҵамҭа. Иара жәамш заҵәык ракәын аибашьра дахьалахәыз, аха иааирԥшыз игәымшәара хашҭшьа амам. Гәырам иҭоурых анҵоуп иԥшәмаԥҳәыс Инга Лакәиаԥҳа лажәақәа рыла.
Гәырам Сергьегьиа жә-класск данрылга, Украинаҟа дцоит. Арԥыс Горловка ақалақь аҟны амилициа ашкол далганы апрактика дахысуан. Аԥсныҟа даныхынҳә изанааҭ ала аусура далагоит Гагратәи амилициа аҟәшаҿы. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аламҭалазы Гәырам иан Раиса Ҭаркьылԥҳа диманы Урыстәылаҟа дыҟан. Иԥсадгьыл ашәарҭара ишҭагылоу аниаҳа хымԥада уа дынгылозма. Ԥсоу ианааи, иан доурыжьуеит, иара шьҭахьҟа дрышьҭуеит. Мышқәак рышьҭахь, Гәырам Кавказ Нхыҵтәи ҳашьцәа ахатәгәаԥхаҩцәа дрыцны шьхала дылбаауеит.
"Сыԥшәма ашәарыцареи аԥсыӡкреи бзиа ибон азы, Гагра араион ашьхаҭыԥқәа изымдыруаз ыҟамызт. Убри аҟнытә, Аԥсныҟа данаа, ҽынла ҿыц илбаауаз ҳашьцәа ахатәгәаԥхаҩцәа мҩаԥигон, уахынла Гагра уалалаанӡа "Красный крест" ҳәа иахьашьҭоу хаҭалатәи ажәыларатә ҭыҵрақәа мҩаԥигон. Убраауп аибашьра ажәабатәи амш аҽны, ақырҭуа снаипер дахьҭаирхо. Иара иԥсра мышқәак шагыз, Лыхны днеины ҳбаны, ахәыҷқәа шихьҵәыуаз аибашьратә цәаҳәахьы дгьежьуеит", - еиҭалҳәоит Гәырам иԥшәмаԥҳәыс Инга Лакәиаԥҳа.
Гәырами Ингеи ҩыџьа ахшара рыман, аԥеи аԥҳаи. Аибашьра ианалага, дара зынӡа ихәыҷқәан. Гагра аӷацәа рнапахьы иаргаанӡа, Гәырам иаб Сергеи абыжьбатәии аабатәии аклассқәа рҿы итәаз иԥҳацәеи, иҭацеи, имаҭацәеи ақалақь иалеигоит. Иԥҳацәа иабхәараа Ҭаркьылаа рахь Гәдоуҭаҟа игоит, иҭацеи имаҭацәеи Лыхныҟа лабраа рахь.
Гәырам данҭахоз аламҭалазы, Сергеи иԥшәмаԥҳәыси иареи Бзыԥҭаҟа иалҵахьан, аамҭа-аамҭала ирызнеилоз рԥа уажәазы данырымба агәаҭеира иалагеит.
"Сыԥшәма акыр шықәса Укриана дыҟан азы, Гагра дыздыруаз маҷӡан. Данҭахагьы, Кавказ Нхыҵынтәи иааны иҟаз хатәгәаԥхаҩык иакәыз џьышьа Гәдоуҭатәи агоспиталь иатәыз аԥсышьҭаҵарҭахь дыргоит. Уантәи ауп иаб длеины Џьырхәаҟа иԥсыбаҩ шааиго", - ҳәа азгәалҭоит Инга.
Гәырам 27 шықәса ракәын ихыҵуаз иԥсадгьыл ихы анақәиҵоз. Хышықәса зхыҵуаз иԥа Алхаси ҩышықәса ирҭагылаз иԥҳа Симонеи изхара изымбеит, дыззеибашьуаз ахақәиҭра дзаламгәырӷьеит.
Гәырам иԥсхәы анырыу ашьҭахь, уи аамҭазы Гагра аԥсуаа рнапахьы иааргоит, иҭаацәа аҩныҟа ихынҳәуеит. Ақырҭцәа аштаб злырххьаз Сергьегьиаа рынхарҭа, иқәҵны ианцоз зегьы еилаҟәаҟәа инрыжьит. Ингеи ланхәеи еицхырааны зегьы аҭыԥ иқәырҵеит, ргәы ахәра ду шанызгьы, рымч еибыҭаны хатә џьабаала ахәыҷқәа ршьапы иқәдыргылоит. Згәаҵа кылблааз аб Сергеи иакәзар, ҽнакгьы аҩны днымгылакәа иԥсадгьыл ихьчон, иԥазаҵә ишьа иуан.
Гәырам Сергьегьиа данҭаха ашьҭахь ианашьан "Агәымшәаразы" амедал.