Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсра иазцоз: Есма Саманџьиа еиҭалҳәеит лаб Иури иҭоурых

© Foto / из семейного архива Есмы Саманджиа Есма Саманджиа
Есма Саманджиа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.09.2023
Анапаҵаҩра
Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы аибашьцәа рҭоурыхқәа шәзеиҭаҳәара иацаҳҵоит. Иахьа ишәыдаагалоит Марттәи ажәылараан иҭахаз Иури Саманџьиа иҭоурых. Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа длыҿцәажәеит уи иԥҳа, Аԥсуа телехәаԥшра ахаҿырԥшӡаҩ Есма Саманџьиаԥҳа.
Аԥша хьшәашәа аҿан уи аҽны. Аҭаацәа рыԥсҭазаара уаанӡеи наси ҳәа еиҩнашеит хашҭшьа змам уи амш хьанҭа. Есма Саманџьиа усҟан илхыҵуан 12 шықәса, еилылкаауан аибашьра шцоз, лаб дҭахаргьы шауаз. Марттәи ажәылара ашьҭахь акәын Иури Саманџьиа иашҭаҿы аҳәҳәабжь ангаз. Есма ибзиаӡаны илгәалашәоит урҭ ахҭысқәа, ргәашә иаалагылаз" Ацхыраара лас" лаб иԥсыбаҩ шаанагаз.

Сара сымҵәыуаӡеит

"Саб дҭахеит Марттәи ажәылара ианалагаз аҽныҵәҟьа. Аӡы ианырс иаразнак ахы иқәшәеит. Аҩныҟа днаргеит амза 17 рзы ахәылбыҽха. Санду аибашьра аԥхьа лдунеи лыԥсахит, уи аҽны леишәа ҳаргылон, сабшан. Ус, саб иашьа иԥҳәыс дааит. Сан илалҳәеит ак басҳәарц сҭахуп ҳәа. Сан иаразнак илдырит иҟалаз. Иура дҭахама лҳәеит. Ааи дҭахеит лҳәеит иааиз. Саргьы исаҳауан уи. Ахәылбыҽхарахьы ахы хан амш. Ус саб иаҳәшьа Фирузагьы дааит. Лара Гәдоуҭа агоспиталь аҿы дыҟан, иара шиакәыз шьақәлырӷәӷәеит. Иаразнакгьы дылзымдырӡеит ижакьа аужьымыз, аха инацәкьараҿы асахьа хәыҷ анын. Убри ала дылдырит. "Инапы санааха иара шиакәыз здырт", - лҳәеит. Ауацәа, аҭынхацәа еизеит иаразнак. Сан дахьыкҿарҵашаз рхианы илыман. Ари дгьежьӡом лҳәеит данцоз. Аҽнынтәарак убри лҳәон. Ахысбыжьқәа ҳаҳауан аҩны. Сара сымҵәыуаӡеит, сҽысҵәахит, избан сыздыруам. Акаруаҭ аҵаҟа схәыҵаиеит. Сшьапқәа сымнахит, сзымныҟәо сҟалеит. Нас, сдыриеит снаганы. Сшьапқәа абамба иалхызшәа сзымныҟәо сааҟалеит. Ус саб иаҳәшьеиҳабы дааҩналт сахьиаз - баб наӡаӡа ҳәа иабҳәароуп уаҵәы даҳжуеит лҳәеит. Сналгеит саб дахьыкҿаз. Ихы-иҿы хылтит. Ихцәы снап хәыҷқәа аналысшь аԥслымӡ шалаԥсаз сгәалашәоит", - абас иҟоуп Есма лаб данҭахазтәи ахҭысқәа ирыдҳәалоу асахьақәа.
Иури Саманџьиа данҭахоз хҩык аԥҳацәа драбын – Есма, Мактина, Мадина. Агәыбжьанытә 9-шықәса лхыҵуан, аиҵбӡа 3- шықәса. "Саб дшысгәалашәо атәы сҳәозар – деиқәаны, дауны, дыԥшӡаны, ихахәы рҳәны. Сара схәыҷымзи, иара даун азы ашьац илаланы ашҭа иҭалоз ашьапқәа схаҿы инхеит...", - лҳәоит Есма лаб исахьа ҭыхуа.
© Foto / из семейного архива Есмы Саманджиа Иури Саманџьиа
Есма Саманджиа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2023
Иури Саманџьиа

Аԥсыжра ашьҭахь

Есма ишеиҭалҳәо ала, ран Лиудмила Тарасова идлырбаӡомызт ҿи-лаӷырӡи шеиқәылымхуаз.
"Џьара лҽыҵәахны акәын лылаӷырӡқәа шылышьҭуаз. Сара сеиҳабымзи, саалган ус салҳәеит: "Есма, шәаб дҭахеит, уажәшьҭа са соуп абыс иҟало, бара ан лроль набыгӡалароуп баҳәшьцәа аиҵбацәа рзын. Бсыцхраалароуп", - лҳәеит. Убри агәра зган, убас схы мҩаԥызгон анаҩс. Слыцхраауан. Саҳәшьеиҵбы Мадина са соуп дзааӡаз. Сара анышәынҭрақәа рҿы ижу саб иакәымшәа, иҭахаз даҽаӡәушәа сфантазиа иснарбон. Иара иахьагьы дгьежьрашәа сгәы иснарбоит схи сареи ҳаизынханы ҳанхәыцуа…" - абас лҳәоит Есма лаб дылгәаларшәо.
Родик Хамыт - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.08.2023
Родик Ҳамыт: аибашьраҿ агәымшәацәа рацәаҩын

Аибашьра аԥхьа

"Ҳара Лыхны ҳанхон, саб ақыҭсовет аҿы ҳасабеилыргаҩыс дыҟан, аха уи адагьы абизнес усқәа инапы рылакын. Усҟан имариамызт абизнес аиҿкаара, аха иара убри ихы азышьҭны иман. Аибашьра аԥхьаҵәҟьа иҩызцәеи иареи афура аархәеит. Аибашьра мчыбжьык шагыз аҵәа рыманы ицеит Урыстәылаҟа аҭиразы. Аҵәа ҳбаҳча иҭыргеит, уи амшгьы сгәалашәоит иахьеиԥш. Аибашьра ҟалеит ҳәа анраҳа, ртауар уа иааныжьны , ҳҳәаахьы игьежьит, аха иаркын, иҭармыжьлеит. Аҳәааҿы хатәгәаԥхарала еибашьра иаауаз ачеченцәагьы рбеит, аха аӡәгьы дҭармыжьлеит. Нас, рмашьына аҳәааҿы иныжьны шьхала ихыҵны иааит. Саб данааз сгәалшәоит. Усҟан Дәрыԥшь ҳаҟан саб иаҳәшьеиҳаб лҿы. Уа агәабанқәа шьҭаҵаны гәылеи злеи зегь ҳаицынхон. Ишәарҭоуп ара рҳәан, Лыхнынтәи Дәрыԥшь ҳаргеит КАМАЗқәа ҳрықәыртәаны. Аҳәса ҵәыуон. Ҳара ҳхәыҷқәамзи, уамак ҳалахь еиқәнаҵомызт, амашьына ҳаракы ҳахьақәтәоз ҳаигәырӷьон. Мчыбжьык ҳаҟан уа. Сан дгәырҩон, ҳаб дахьыҟоу лыздыруамызт. Ус ҳшыԥшуаз хаҵак агәашә аартны дыҩҭалт", - лҳәоит Есма раԥхьатәи амшқәа дрызхьаԥшуа.
Лара ишылгәалашәо ала, раб ашҭа данҭала, иаразнак дырзымдырит. Уамашәа дырбеит, иааз дазусҭада ҳәа иџьаршьеит. Абар уи Есма ишылгәалшәо:
"Ижакьа аужьны, иеимаақәа еиҟәыжәжәа, ишәыз амаҭәақәа ԥыжәжәаны дыҟан азы, даҳзымдырит. Иара иҟазшьала ахәыҷқәа рыргәыбзыӷра, ргәыдыҳәҳәалара дамарамызт. Ауаа иахьырбо ахәыҷқәа ргәыдкылара ԥхашьароуп ҳәа иԥхьаӡон. Ҳара ҳгәырӷьеит ҳаб шиакәыз анаҳба. Данааи адырҩаҽныҵәҟьа иҽааизиган аштаб ахь дцеит. Уа аформа уҳәа ак ирҭақәеит, аха автомат имаӡамызт, ишәақь кны дцеит аԥхьа. Гагра аганахь дрышьҭит, Оҭар Гәынба командирс диман".
© Foto / из семейного архива Есмы Саманджиа Иури Саманџьиа арра даныҟаз
Есма Саманджиа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2023
Иури Саманџьиа арра даныҟаз

Гагра анҭадырцәы ашьҭахь

Гагра ахақәиҭтәра аамҭазоуп Иура абџьар аниоуз. Есма лаб иашьа Аԥсны афырхаҵа Заур ишылзеиҭеиҳәахьо ала, Иура иҩызцәеи иареи ақалақь аныдрыцқьоз аиарҭаларшәқәа ирылаҳәаны ақырҭқәа ирҵәахыз абџьар иахҭыгәлазаап. Абар Есма еиҭалҳәо:
"Сара исгәалашәоит саб абџьар аҩныҟа ианааигаз - агранатаршәга, нас автомат ихазы инижьит. Егьырҭ изҭахыз агәылацәагьы ирзишеит. Иара аҩныҟа шамаха дааӡомызт. Уарла-шәарла ашҭа данааҭалоз, ибушлат аҩнуҵҟатәи аџьыба ашоколадқәа ҭаҵаны иаҳзааигон. Есымша сан илеиҳәон - сара сҭахоит, нас бхәыҷқәа аашьҭыхны бан лахь бца, бара ара ибцәыуадаҩхоит ҳәа. Гагра анырга (саб иашьа иоуп исазҳәаз), абри КБРЦ ахьыҟоу ақырҭқәа шәҩык раҟара тәазаарын, аԥсуаа рыкәшеит. Саб иҩызцәеи иареи ақырҭқәа ирыдыргалеит рнапы иҩахарц, рыҽрырҭарц. Егьырҭ мап ркит. Знык, ҩынтә ирыдыргалеит, аха идәылымҵит. Нас, агранатаршәга аашьҭихын саб дрыххысааит. Нас, ирытҟәеит зегь акоуп. Урҭ ахьҭаркыз саб еиҭа ирыцҳашьаны аҭаҭын рзигон, ауаҩра ааирԥшуан".

Аԥсра иазцоз

Есма лаб иашьа ишлеиҳәаз ала, Аҟәа агаразы Пицунда еиҿыркааит аҽазыҟаҵарақәа. Хымыз инарзынаԥшуа Руслан Зарданиа командаҟаҵаҩыс дызмаз "Арҵаҩы" ҳәа адыргахьӡ змаз ажәыларатә баталион аҿы дыҟан Иури.
Есма Саманџьиа иҳалҭоит абас иҟоу аинформациа:
"Саб иҽаниҵеит аԥсра иазцоз ҳәа изышьҭаз рсиа (батальон смертников). Инапы аҵеиҩит дҭахар иҭаацәа агәынамӡара шаадмырԥшуа. Саб сан илеиҳәеит уи аиқәшаҳаҭра атәы. Сан иҿалмырхьит. Ииашаны иҟауҵеит лҳәеит. Зныкгьы илымҳәеит сан аҩны уҟаз, еибашьра умцан ҳәа. Ари уара уԥсадгьыл ауп, ухәыҷқәа ара инхоит лҳәон. Сан харковтәиуп. Иара иҭахын ҳлыманы лан лахь дцарц, аха илуамызт. Ҳара уара ҳаузыԥшызаауеит, зегь ирыхьуа ҳаргьы иҳахьып лҳәон".
Иури Пицунда аҽазыҟаҵарақәа рҿы дшыҟаз, ӷәӷәала ахьҭа илалеит, ишоура шьҭыҵит, иԥсы изеивымго дҟалеит. Усҟан Дәрыԥшь агоспиталь ыҟан, убра дышьҭарҵеит.
"Саб иашьа идыруан Марттәи ажәылара ҟалараны ишыҟаз, иашьа убри дахирԥар иҭахын, илаԥықәшәа бааԥсын азы. Ахәшәтәырҭаҿы ирҳәеит ирыԥҳа аӡы аанахәаны ишыҟаз. Игәгьы ихьуазаарын. Аха, саб иаҳаит уаҵәы ажәыларахь иҩызцәа шцоз. Ахәшәтәырҭаҟынтәи иҽӡаны дцеит. Аҩны дааит. Ҳаргьы ҳачмазаҩцәаны ҳашьҭан, ахьҭа ҳалаланы ҳаҟан. Ахәшәтәырҭаҿы дшышьҭаз ҳамдыруаз, сан данылба уамашәа илбеит. Уаазгазеи лҳәеит. 39 градус амцашоура иман сан ианылшәа. "Сҩызцәа ажәыларахь ицоит, саргьы сцароуп, - ҳәа лаҭеикит. - Ауаа аҩны шәышԥатәоу ҳәа срықәыӡбоит, нкылашьас исымоузеи ажәыларахь сымцакәа", - иҳәеит. Иҽааизиган, дцеит. Саҳәшьа Мактина ашоура ҳаракӡаны илыман, дпатон, убри дшылҿыз ауп сан саб илахь иџьымшь аӡатәра дшахьымӡаз. Амашьына сзыԥшуп, сыццакуеит иҳәан дцеит. Лара уи хьаас илкит. Ари дҭахоит лҳәеит", - илхамышҭуа ахҭысқәа цәырылгоит Есма.
Даур Сичинаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.09.2023
Аԥсны
"Аибашьра еицәахеит ҳашьцәа рыбаҩ аҵхра": Марттәи ажәылараан иҭахаз Даур Сыҷынаа изкны
Есма леиҳабацәа ишларҳәаз ала, лаб ирҭеит ахыхьчагақәа, аха имгаӡеит, аӡы сзырсуам схьанҭахоит ҳәа.
"Март 16 рзы Гәымсҭа ианырс, адамба даақәгылоны игәаҵаӷара ҩ-хык ақәшәеит. Аха иԥсы ҭан рҳәеит. Агәылацәа рацәаҩны ицын Џьынџьыуаа, Возаа уҳәа. Иҭахақәазгьы ыҟоуп, хабарда ибжьаӡызгьы. Агәылацәа ицыз даашьҭырхын аӡы дырыргеит. Уи азоуп ихцәы еиқәарақәа аԥслымӡ зрылаз снапы аналысшьуаз. Дахьдырҳәазоз дыцәҟьан маҷк, егьырахь дыцәоушәа дыҟан сахьиҿаԥшуаз усҟан", - лаб иҭахашьа ҳлырдыруеит Есма Саманџьиа.
Иури иҭаацәа ишырдыруа ала, ргәыла Мартин Возба ахәы аӡы данырырга дааиган, Ешыра авагонқәа ахьгылаз дриҭеит.
"Умшәан, акгьы сыхьӡом, Мартин. Шәкасыжьит, ара аешелон сҭаиазаап ҳәа лафкгьы иҳәазаап саб. Амедиаҳәшьагьы акгьы ихьуам лҳәеит Мартин ишиаҳауаз, аха иԥсы еиқәымхеит. Имч маҷымзи, ахьҭа илаланы дыҟан, ашоурагьы иман, изымычҳаит. Ахьаа ртәага аморфин аниларҵа, дызҭанагалаз ацәа дзалымҵӡеит аешелон аҿы дыԥсит", - абас иҟоуп Иура иҭахашьа Есма лажәақәа рыла.
Иури Саманџьиа иааирԥшыз агәымшәаразы данҭаха ашьҭахь ианашьан "Агәымшәараз амедал".

Аԥсҭазаара уадаҩхеит

"Аиааира амш аҽны аҩны ҳаҟан. Ахысра, асалиутқәа дәықәырҵеит. Арратә ҳаирбаӷәаза ҳазааигәаны ҳанхоит ҳара. Аҳаирпланқәа, авертолиотқәа хылеит. Ус аӡәы ҿиҭит "Аиааира" ҳәа. Сан шамаха дҵәыуаӡом, уи аҽны лылаӷырӡ лзынкыломызт. Саб данҭаха ашьҭахь ҳаԥсҭазаара уадаҩхеит. Саб иашьа Заургьы ӷәӷәала дхәын аԥхынтәи ажәылараҿы. Сан саб имашьынақәа уҳәа иҳамаз ҭиуа ҳлааӡеит. Ԥсоу дцон, ауҭра ҟалҵон. Саб иашьа Заур даара дҳацхрааит. Сани иареи ҳаб иҟамзаара ҳнырыртә иҟарымҵеит. Сан иаҳлырбаӡомызт ишылцәыуадаҩыз. Ллеишәа цәгьаны, џьара ҳалмышьҭуа дыҟамызт, амала илҳәон ижәдыруаз шәаб дшәырԥхашьар шыҟамло ҳәа. Ишақәнаго шәхы мҩаԥыжәгалароуп лҳәон. Ҳаргьы аԥҟарақәа еилаҳгомызт", - абас иҟан Есма лҭаацәа аибашьра ашьҭахьтәи рҭоурых.
© Foto / из семейного архива Есмы Саманджиа Есма Саманџьиа
Есма Саманджиа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2023
Есма Саманџьиа
Зегь реиԥш, даргьы ирхыргон аԥсҭазаара ирыднагалоз ауадаҩрақәа. Есма Саманџьиа ҳуниверститет аекономикатә факультет дҭан, аха инамыгӡаӡакәа аҩнра ҳәа дцеит. Уи лан лаҳаҭыраз дҭалеит. Лара илгәаԥхон иахьа лнапы злаку ахцәыҟаҵара, ахаҿырхиара. Аамҭак азы Шәача ариелтор лаҳасабала фирмак аҿы аус луан. Ԥыҭрак ашьҭахь Аԥсныҟа дааит. Нас, лаҳәшьа илалаҳәеит Илиа Шевчук истудиаҿы аҵаҩцәа шрыдыркылоз. Убарҭ акурсқәа дрылгеит. Лаҳәшьа ахә ахылшәааит аҵара. Шевчук иҭаацәа даара илхаҵгылеит, иаразнак аусра даладыргеит. Есма ԥшьҩык ахшара дрануп - хҩык аԥацәеи ԥҳаки. Аус луеит Аԥсуа телехәаԥшраҿы ахаҿырхиаҩы-ахцәыҟаҵаҩ лаҳасабала.
© Foto / из семейного архива Есмы Саманджиа Есма Саманџьиа лҭаацәеи лареи
Есма Саманджиа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2023
Есма Саманџьиа лҭаацәеи лареи
"Сус бзиа избоит. Санҿаз сзеилаҳауаз ауп. Сан - аекономика афакультет бҭал, еснагь аԥара бымазаауеит, быцқьаӡа, бшәыра хәыҷ кны бусурахь бцалоит, уаҳа сара исҭахи лҳәон. Зегь акоуп сара санхәыҷыз сзеилаҳауаз аус ахь саанагеит", - абас лҳәоит Есма лнапы злаку аус дшазыҟоу аарԥшуа.
Аибашьра анеилга Есма ланду Харковынтәи даауан, лыԥҳа лхәыҷқәеи лареи уахь илгарц лҭахны.
"Сан илымуит. Схәыҷқәа Аԥсны ирызҳароуп, сыԥшәма иҳаҭгәын ара иҟоуп лҳәеит. Сан аԥсшәагьы лҵеит, аурысшәа ззымдыруа абыргцәа анлацәажәо аҭак рылҭоит. Саб шамаха ԥхыӡ дызбом, дызбаргьы, аказы сгәысҽаниҵоит...", - абас ихлыркәшеит Есма Саманџьиа лҭоурых.
Абар 30 шықәса инареиҳауп Есма лаб Иури дҭахеижьҭеи, аха лара ишылҳәо ала, џьара дцаны даарашәа лгәы илнарбоит, аҳаҭгәын аҿы ижу иара иакәымшәа даназхәыцуа ыҟоуп…
Вика Жиба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.08.2023
Аԥсны
Ҳара ҳаҟоуп, дара ҭахеит: Вика Жьиба лгәалашәарақәа
Ажәабжьқәа зегьы
0