"Ҭаҳмадак, иҳәит, дычмазаҩуп, дықәуп, иҳәит. Аҽбыга икыуп, иҳәеит, (Аԥсцәаҳа) ашьшьаҳа, иҳәит, аҽнышьыбжьон дааин, иҳәит, ашьшьаҳа ихчны даатәеит, иҳәит. Ани ихчны данаатәа, дысыԥсуаз имдыри, арахь ихы рханы диеит, иҳәит. Арахь диасын, агьирахь ихы рханы диеит, иҳәит…
- Иҟоу удыруоу?.. Усгьы-усгьы ушьҭа нас иусырбои, сугаразы уааит, аха аӡара сыҭ… Абрыгь-абрыгь аамҭазы уаа, убранӡа снапала скәыпа ҟасҵар сҭахуп, - ҳәа иҳәит, иҳәит.
… Дықәлан дцеит. Агьи инапала иҟаиҵеит акәыпа. Аҿҳәара ииҭаз аамҭаз дааизар, икәыпа еиқәышәшәа иқәгылоуп.
- Иҟауҵама? – иҳәан, - Иҟасҵит, ааи!.. Издыруада ихәыҷхар ҳәа сшәот, уара уҩҭаиар, уара иузыбзиахозар, саргьы исзыбзиахот, - ҳа иҳәан,.. аԥсцәаҳа даныҩҭаиа, агьыи аҵәымӷ рхианы иман, аҟәақҳәа аҵәымӷ алаиҵит, иҳәит" - абас зыԥсра аахьаз ауаҩы аԥсцәаҳа дижьеит, иԥсра ахирԥеит, аха аԥсцәаҳа, усгьы дыԥсцәаҳауп, дыԥсуа дыҟазма. Анышә дахьамаз аҭыԥ аҿы џьрыцк кашәан, аџь иазҳаит. Заҟа ҵых сеидру, аџь анажә, иааҵыҩрын, аԥсцәаҳа акәыпа дызҭаз ааимыҩрит, иаргьы дыҩҭыҵт. "Иҽбыга аахәан даарылалан, ҽынла аара даҟәыҵт амала, уахынла ауп акәымзар, ҽынла, дыркыр ҳәа дшәаны дааиӡом" ҳәа еиҭарҳәоит ("Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа. 12 томкны. 7 атом. Аҟәа, 2002. Еиқәлыршәеит Ц. С. Габниа).
Аԥсцәаҳа адәы дықәлаанӡа аԥсра ыҟаӡамызт ҳәа рҳәоит. Акыр иажәыз иган абахәра иарҭон. Аха уи даҽа ҭоурыхуп. Уажәы зыӡбахә ҳамоу аԥсцәаҳа иоуп. Уи антропоморфтә хаҿсахьоуп, дыҟаҵәҟьоуп ҳәа еиҭарҳәоит ажәабжьҳәаҩцәа. Ауаа раамҭа анааилак, рыԥсы рхыхны изго иоуп. Иара ицәыршәагоу хаҿуп имоу, аха зны-зынла иҽиԥсахларгь илшоит, ауаҩ иԥшра иманы данцәырҵуа ыҟоуп.
Аԥсцәаҳа ихаҿсахьа цәырҵуеит алакәқәа рҟынгьы. Уи Анцәа иоуп ауаа рахь даазышьҭуа, зыҿҳәара ааиз дигарц. Иааџьоушьаратәа, аҧсцәаҳа арыцҳашьара илоума уҳәаратәы данаарԥшу ыҟоуп. Ус еиԥш ҳбоит "Ани, аби, рԥазаҵәи" ҳәа хыс измоу алакә аҿы. Аԥсцәаҳа иигараны иҟаз аҷкәын иани, иаби, иареи аишәа иахатәаны аныҳәаҿа шныркылоз, Анцәа ишинықәуаз аниаҳа, урҭ рԥазаҵә дымгакәа, агәылара инхоз, быжьҩык ахшара змаз рҟынтәи аӡәы даарылхны дигеит. Анцәа иҿы даннеига, сара уззысышьҭыз иакәымкәа ари дзааугеи ҳәа акыр диацәҳаит, сара уи изы џьанаҭ ҭыԥ сырхиеит ҳәа иаиҳәеит. Азҿлымҳара амоуп аҷкәын иани иаби, иара ихаҭеи аҵәца рныҳәашьа. Иааҳгап абра:
"- Анцәа суҳәоит, сара лагажәык соуп, ҵеис умчала исхылҵны аԥсабара исзықәу абри сԥазаҵә иоуп, убри ибзабаа сырбы! Анцәа, дызшаз, умаҵ аура идыруа, сареи иан аҭакәажәыи ҳгәы ҳамаргакәа ҳамаҵ аура идырратәа, агәабзиара иҭаны уиқәныҳәаразы суҳәоит, - иҳәан, иаҵәца ижәыт аб.
Иан аҭакәажә аҵәца аақәылхын, дныҳәеит:
- Нан, сара сызрышкәакәаз, Анцәа ду, уара дуықәныҳәааит, адыунеи шкәакәа аҿы бзиарас иҟоу зегь унасыԥ рылазааит. Ацәгьара уҟәыхзааит, абзиара узааигәазааит! Узшаз дудыруа, ҳара узыхшаз удыруа, агәабзиара – зегьы ирыцкуп, убри уалхәыдамкәа, убзиарала ҳажәынҭа шышны, Анцәа ду дыуқәныҳәааит! – лҳәан, лаҵәца лжәыт.
Аҷкәын даагылан, убас дныҳәеит:
- Сара, шәԥазаҵә, ариаҟара аџьа зыдбаланы ишәааӡаз, шәааԥсара смырӡратәа, шәааԥсара пату ақәҵаны, ҵеи мыжда даҳхылҵын шәымҳәаратәа, шәныҟәгара злаздырра хшыҩ бзиа Анцәа исиҭааит! – иҳәан, ижәыт".
Абри ашьҭахь Анцәа иҳәеит ари аҷкәын ихазы мацара акәым иани иаби рзынгьы џьанаҭ ҭыԥ рхианы ишимазаауа, убриазоуп уи аԥсцәаҳа дигаратәы дзиишьҭызгьы.
Ари алакә ишаҳнарбо ала аԥсцәаҳа ауаа рыԥсқәа раагаразы дназышьҭуа Анцәа иоуп, урҭ досу рыҿҳәара шрымоу еиԥш, рҭыԥгьы рзалхны имоуп.