Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik
Аншьан
Ааигәанӡа аншьын акҿаҵара ақьабз Аԥсны ԥымкрада ахархәара аманы иуԥылозҭгьы, иахьа ари ақьабз мҩаԥызго иаҳа имаҷуп, насгьы аиҭакрақәа анубаалоит. Ауаҩы даныԥслак имаҭәақәа кҿаҵаны иҟарҵон амшынҩежәанӡа (ҩынҩажәа мшы). Уи аамҭазы аԥсы дахьынӡакҿаз иҵәыуара иахьымӡаз аншьын ахьыкҿаз инеины иҵәыуон. Аншьын иара убас ашықәс аныруа азынгьы икҿаҵаны иҟарҵоит. Ас еиԥш аншьын аҟны аҵәыуара ақьабз мҩаԥыргоит ачерқьезцәеи ауаԥсааи.
Иазгәаҭатәуп, аԥсуаа рҟны ахаҵа иԥҳәыс дшыимҵәуо, иара убас ихәыҷқәеи, аԥҳәысгьы лхаҵа дылҵәыуомызт ауаа ишырбоз. Аншьын ахьыкҿаз ахаҿы аишәа хәыҷ наргыланы есыуаха ацәашьы адыркуеит мыш ҩынҩажәанӡа, уинахыс ашықәсынӡа ацәашьы адыркуеит мчыбжьыкахь знык – сабшала. Аԥсы акриҿаҵара даара хырҩа азыруеит аԥсуаа. Ацәашьы аркреиԥш, есыуаха уи ихәгьы изықәдыргылоит. Иара убас, аԥсы ихәы ықәдыргылоит аишәаргыларақәа раан.
Аншьын акҿаҵара ақьабз рымоуп аӡәырҩы ажәларқәа. Ауаҩы иԥсӡы раҳаны, иара ибаҩ рымамызаргьы аншьын кҿаҵаны ауп дшырҵәыуо. Ҳаамҭазы амшҩынҩажәанӡа амаҭәа кҿаҵаны иахьаанрыжьуа даараӡа имаҷуп. Иуҳәар ауеит ари ииасыз ақьабзқәа иреиуоуп ҳәа. Аншьын кҿарҵозаргьы иԥсыз иуадаҟны ҟәардәк иқәҵаны иҟарҵоит, уаанӡеиԥ ауаҩы иахьиҿырхасыҭоу, насгьы еиҵыхны акәӡамкәа.
Самақәа
Ииасыз, иӡыз аԥсра ақьабзқәа иреиуоуп аԥсхәра аухазы имҩаԥыргоз "самақәа" ҳәа хьӡыс измаз ақьабз. Аетнографиатә нҵамҭақәа рҟны ишаҳԥыло ала, уи мҩаԥыргон хәмаррак аҳасабала: аӡәы аԥсы дыкҿазшәа дион (зыԥсхәы руаз иакәушәа), егьырҭ идтәалаз иԥсы анҭазтәи ибзиарақәа ргәаларшәо еиҭарҳәон.Ашьҭахь аӡәы аӡы иманы зегьы инрықәҭәо дааҩналон, итәазгьы иара аԥсы еиԥш икҿазгьы гылан иҩны ицон.
Ари ақьабз даҽа вариантк излаҳәо ала, "самақәа" анымҩаԥыргоз, аԥсы еиԥш икҿаз нарцәынтәи даазшәа, уахь иҟоу-иану атәы еиҭаиҳәон.
Ажәытәан аԥсхәра амҩаԥгара иацын иара убас, аҽырхәмарреи ацәҟьа кыдҵаны аихсреи реиԥш иҟаз ахәмаррақәагьы. Иԥсыз ихьӡ бзиарала иргәалашәаразы ауаҩ ихәашаз ак ҟарҵон: амҩасырҭаҿы аҵеиџь дыргылон, ма ӡыхьк ахы ыҵырхуан, ауаҩы иԥсы ахьишьашаз сқамк дыргылон уҳәа. Иԥсыз иуа-иҭахыра рҽазыршәон ауаа бзиарыла дыргәаладыршәаразы зеиԥшла зегьы ирыхәарыз акы ааныжьра. Аԥсуа еснагь дазхәыцуан даныԥслак ашьҭахь изырҳәо ажәа, ари аҵасгьы уи аанарԥшуеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ашьамаҟа – аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа
-
Аҽықәыргылара, аҭарчеи аныҟәгара: аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа