Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Амцҳәарҭеи" "аҵаҳәарҭеи", "адәныҟа иҟоу": иӡуа аԥсыжра ақьабзқәа иреиуоу

© Sputnik / Константин Чалабов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПраздник Ивана Купалы в Великом Новгороде
Праздник Ивана Купалы в Великом Новгороде - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.11.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсыжра иадҳәалоу ақьабзқәа ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.

"Адәныҟа иҟоу"

Аԥсыжра иадҳәалоу ақьабзқәа рхы ыҵырхуеит ажәытәӡатәи аамҭақәа инадыркны. Урҭ амагиатә ҵакы рыманы иҟан акыр зқьышықәса. Аԥсы иқәнагоу ҟаҵалатәуп, мамзар абзацәа (аҭынхацәа) дырԥырхагахоит, дырзыцәгьахоит ҳәа иԥхьаӡан. Ус изыԥхьаӡо ыҟоуп иахьагьы. Убри аҟнытә аԥсыжратә қьабзқәагьы зегьы зызкыу аԥсы игәы аҟаҵара, "дыдмыргәаарц", иҳақ анагӡара ауп.
Аԥсы аҩны дадыԥшылоит ҳәа иԥхьаӡоит, убри азы аишәаргыларақәеи аԥсхәреи мҩаԥыргоит, инышәынҭраҿы афатә ықәдыргылоит, нарцәы дахьнеиуа ддыԥшыло днымхарц, "дҭынхадаха" дықәымхарц.
Похороны - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2020
Аншьан, Самақәа: аԥсуаа ртрадицатә культураҿы аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа
Аԥсуаа аԥсцәа ирызкны аишәаргыларақәа иҟарҵо иреиуоуп "адәныҟа иҟоу" ҳәа изышьҭоу. Аҵарауаҩ Сергеи Зыхәба ишиҩуаз ала, "ари аишәаргылара, мамзаргьы аныҳәагатәы мҩаԥыргон иара убас аԥҳәыс ахшара данлоулак, аҭаца аҩн ду данҩаргоз, арахә анхьалак, Аиҭар ма Мқамгариа ихьӡ ала ианныҳәоз".
Адәныҟа иҟоу ҳәа ианныҳәоз, аԥсаҭатә шьны, аҭаацәа реиҳабы данныҳәоз абас иҳәон: "Адәныҟа иҟоу, ажәытәан, аҿатәын! Ҳабацәа жәытәнатә аахыс ишыҟарҵалоз еиԥш, ҳаргьы инаҳагӡоит ишәықәнагоу аԥсаҭатә. Шәара ҳшәыҳәоит, ҳарахә-ҳашәахә, ҳара, ҳшәыхьчаларц, шәаҳхылаԥшларц, ахәыжәи ауацжәи рыда ԥхасҭа ҳашәымҭарц!" – ҳәа, абарҭ ажәақәа ааигоит аетнограф Николаи Џьанашьиа.
Ашьамаҟа – аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.11.2019
Ашьамаҟа – аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа

"Аԥсы аҵаҳәарҭа дыҟоуп, ҳара – амцҳәарҭа"

Аԥсуаа ажәаны ирҳәоит: "Аԥсы аҵаҳәарҭа дыҟоуп, ҳара (абзацәа) – амцҳәарҭа" ҳәа.
Аԥсуаа злахәаԥшуаз ала, ауаҩы ицәа-ижьы нижьуеит, "иԥсы ихыҵны ицоит". Убри аҟнытә ауаҩы иԥсы ацарҭа арҭарц азы аҩны ашәқәа, аԥенџьырқәа аадыртуан. Иара убасгьы ауаҩы данеиқәыркуаз иҭынхацәа иацәажәон, уаанӡа ирцәыԥсхьаз рҭынхацәа рыхьӡ ҳәо, "урҭи уареи шәеиқәшәааит", "ҳаргьы ҳанԥсуа џьанаҭ ҳаиқәшәааит" ҳәа иарҳәон. "Арахь иҟоу" рзы акәзаргьы, игәы рҭынчны дыҟазарц, урҭ рзы дымгәамҵырц иҳәон.
Ацәашьы - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2019
Аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа – ашәаџьҳәареи аҷаԥшьареи
Ҳаамҭазы иӡыз ақьабзқәа иреиуоуп аншьан – аԥсымаҭәа акҿаҵара. Аԥсы иҷаԥшьара иацыз ақьабзқәакгьы убас – уи иара иацыз ашәаҳәара, асамырҟәыл. Амыткәм аҳәара акәзаргьы, ақалақь аҟны моу, ақыҭақәа рҟынгьы аҟәыҵра ишаҿу убоит, "аҵәыуацәа" хьыӡҳәала анкьа ирдыруазҭгьы, иахьа ус еиԥш цәымзаркыралагь иузыԥшаауам. Ауаҩы зегьы дрышьцылоит ҳәа шырҳәо еиԥш, аԥсрақәагьы ирышьцылеит, ргәы мбылуа иҟам аха.
Ажәҩан - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.05.2019
Агәаҟрақәа раанкылара, ма аԥсраҿаҳәара ақьабз
Ажәабжьқәа зегьы
0