Аԥсны

Sputnik амчыбжь: адиверсантцәа, Урыстәылантәи алашара, Лыхнашҭа аҽаҩра аныҳәа

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит абҵара 6-12 рзы аҭыԥ змаз ахҭыс хадақәа рыхҳәаа.
Sputnik
Аӷа иганахь ала адиверсантцәа атәыла иалалеит ҳәа аинформациа агәаҭара, Урыстәылантәи Аԥсныҟа алашара аашьҭра, Лыхнашҭа аҽаҩра аныҳәа шымҩаԥысыз Sputnik аматериал аҿы.

Адиверсантцәа рыԥшаара

Абҵара 8 рзы иаалырҟьаны Аԥсны ирылаҵәеит Гәылрыԥшь араион аҿы адиверсантцәа рбеит ҳәа.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут аҳәамҭа ҟаиҵеит амчратә усбарҭақәа аԥшаарақәа мҩаԥыргоит ҳәа. Иара иажәақәа рыла, аҭыԥантәи ашәарыцацәа быжьҩык бџьарла еибыҭаз ауаа рбеит абнараҿы Азанҭа ақыҭа ааигәара. Аҟәаҟа уназго амҩақәа ркит.
Аҳәынҭқарра ашәарҭадаратә маҵзура Атәылахьчара аминистрреи, Аҳәынҭқарра ахьчаратә маҵзуреи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи алархәны иаразнак акыр зҵазкуа ахыбрақәа рахь амҩақәа адыркит, ашәарҭадара дырӷәӷәеит, иарбаз аҭыԥ аҿы аԥшыхәра мҩаԥыргеит.
Адырҩаҽынгьы аԥшаарақәа ирыцҵан, аха Гәылрыԥшь араион Азанҭа ақыҭа азааигәара бџьарла еибыҭаз гәыԥҩык ауаа рыҟазаара алшоит ҳәа иҟаз адырра шьақәырӷәӷәамхеит.
Аԥсны
Аԥсны АШәМ: Гәылрыԥшь араион адиверсантцәа алалеит ҳәа иҟаз аинформациа шьақәырӷәӷәамхеит

Урыстәылантәи Аԥсныҟа алашара аашьҭра

Аԥсны аенергокризис шыҟоу иаанхоит. Есышықәса афымцацәаҳәақәа ирықәу аидара еизҳауеит. "Амшынеиқәафымцамч" иазгәанаҭеит ЕгрыГЕС Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡыҩаӡара шәарҭоуп ҳәа. Абри инадҳәаланы Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцалашара аарышьҭуа иалагеит абҵара 5 асааҭ 00:00 инаркны.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны аилацәажәара

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иаԥҵоу Ауаажәларратә хеилак аилатәара мҩаԥысит Аҟәа, абҵара 6 рзы ҳәа аанацҳауеит аминистрра Амедиацентр.
Аилатәара алахәылацәа алацәажәеит аиҳабыратә делегациа Минск рыҟазаара алҵшәақәа, Мрагылара Ааигәатәи атәылақәа рнырра, Аԥсны аинтеграциатә еидгылақәа ралахәхара, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа аус рыцура.
Аԥсны
Аексперт Аԥсни Палестинеи рыбжьара адипеизыҟазаашьа ашьақәыргылараз ахәшьара аиҭеит
АДәА рминистр Инал Арӡынба иажәақәа рыла, Аԥсни Аидгыла ҳәынҭқарра, ИАР атәылақәа, ЕАЕЕ рхаҭарнакцәеи аимадарақәа рыбжьарҵоит.
Аусбарҭа иазгәанаҭеит Аԥсны арҭ аидгылақәа рылахәхара ишақәшаҳаҭу аҳәынҭқаррақәа реиҟарара апринцип инақәыршәаны. Иазгәаҭоуп арратә операциа ҷыда ахыркәшара ашьҭахь асовет аамҭашьҭахьтә ҵакырақәа рҿы аинтеграциатә процессқәа иҿыцу аформақәа шроуа.

Анаҟәаԥиа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа

Иҳаҩсыз ахәаша Афон ҽыц имҩаԥган Анаҟәаԥиатәи абаа аиҭашьақәыргылара актәи ахәҭа ахыркәшара иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә.
Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Анаҟәаԥиатәи абаа ахыхьчаратә ҭӡы ахәҭеи агәашәқәеи еиҭашьақәыргылоуп, урҭ аусурақәа ирзоужьын аҳәырԥсарра "Анаҟәаԥиа" абиуџьет аҟынтәи 7 миллион мааҭ. Ауснагӡатә иалахәын Аԥсны аҭҵаарадырра ахаҭарнакцәа, адинмаҵзуҩцәа, ақалақь ахадара, акультура аминистрра анапхгара, ААУ астудентцәа, атәыла асасцәа.
Абаа аиҭашьақәыргыларазы апроект азырхиан 2018 шықәсазы, аха аусурақәа 2022 шықәсазоуп ианрылага. Цәыббрамзазы аусурақәа хыркәшан иҳәеит аҳәырԥсарра анапхгаҩы Алхас Аргәун.
Аргәын иажәақәа рыла, аусурақәа ирыцҵахоит- агәашәтә ҟәарч аҩнуҵҟеи аҿаԥшыларатәии хәҭақәеи еиҭашьақәыргылахоит. Аусурақәа ашықәс нҵәаанӡа ирылагар алшоит.
Аԥсны
Анаҟәаԥиатәи абаа аиҭашьақәыргылара актәи ахәҭа хыркәшахеит

Аҳәаахьчаҩцәа рҟынтәи аҳамҭа

Аԥсны игылоу Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа Очамчыратәи 2-тәи ашкол ахимиаз амобилтә лабораториа арҭеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит ашкол адиректор Илона Дамениаԥҳа.
"Алабораториатә усурақәа рымҩаԥгаразы иахәҭоу амаҭәарқәа зықәгылоу астол ду ҳамҭас иааргеит. Ахәыҷқәа рзы даара ихәарҭоуп. Аҵаҩцәа рҟынтәи ирацәаҩуп амедицина алызхырц зҭаху занааҭ ҳасабла, убри азы алабораториа акыр ихәарҭоуп", – лҳәеит Дамениаԥҳа.
Уаанӡа Аҳәаахьчаратә усбарҭа галтәи 1-тәи ашкол абиалогиаз амобилтә лабораториа ҳамҭас иарҭахьан.
"Ари ҳгәыҳҽанӡамкәа иҳауз ҳамҭоуп. Абиологиаз акыр ихәарҭоуп. Амобилтә комплексқәа адемонстрациатә експериментқәеи алабораториатә усурақәеи ирзырхоуп. Арахь иаҵанакуеит амаругақәа, ахархәагақәа, амультимедиатәи атесттәи аматериалқәа", – ҳәа лҳәеит абиологиа арҵаҩы Алла Хизанишьвили.

Аԥсадгьыл азыхынҳәра

Апроект "Ахьӡ архынҳәра" аҳәаақәа ирҭагӡаны Ҟрым Ленинтәи араион аҿы ирыԥшааит аԥснытәи аибашьҩы Ризабеи Хьибба иԥсыбаҩ.
Аԥшьаша абҵара 9 рзы, аибашьҩы Ризабеи Хьибба иԥсыбаҩ иҭынхацәа ирыҭан. Иара убас, аҽа хҩык аибашьцәа - Тарас Ҵәыџьба, Нури Џьопуа, Михаил Леиба рмаҭәарқәа, рабџьар ахәҭақәа, аҳаирплан ахәҭақәа рҭаацәа ирырҭеит.
Аҟәа араион Аҩада Ешыра ииз арҟаԥшьуаҩы Ризабеи Хьибба Ҟрымтәи афронт далахәны Керч ихьчон. Деибашьуан 138-тәи ахысратә девизиаҿы. 1942 шықәсазы адивизиа хацәынмырха аӷа иҿагылан Керчтәи адгьылбжьаха иахьаҵанакуаз. Анемец офицар ирапорт аҿы иаҳәоит Батальнаиа ақыҭа мышкы хәлаанӡа агара шрылымшаз, артиллериа хьанҭа ахархәарала ахәылбыҽха рнапаҿы ишааргаз. Ари аҭыԥ аҿоуп дахьеибашьуаз Ризабеигьы. Ара еибашьуан арумыни анемеци мпыҵахалаҩцәа.

Аԥсуа ҳәынҭқарратә телехәаԥшра аиубилеи

Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аԥсуа телехәаԥшра 45 шықәса ахыҵит.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсуа телехәаԥшра 45 шықәса ахыҵра амшныҳәа рыдиныҳәалеит аусзуҩцәа. Атәыла ахада иазгәеиҭеит, Аԥсуа телехәаԥшра аефир ахь ацәырҵра- аиаша иазықәԥоз Аԥсны жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҿы аҭыԥ ҷыда шаннакылаз атәы.
Ари арыцхә инамаданы Аслан Бжьаниа гәыԥҩык ателехәаԥшра аусзуҩцәа аҳаҭыртә хьыӡқәа ранеишьеит.
Аԥсны
Актәи аҳәынҭқарратә: Аԥсуа милаҭтә телехәаԥшра афотоҭоурых
Шықәсырацәала ажурналистика ахырхарҭаҟны лыҵшәабзиалатәи русуразы "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ рыхҵоуп Ирина Агрԥҳа, Лана Аԥшьлааԥҳа, Сима Аргәынԥҳа, Зорро Бигәаа, Фатима Гергьиаԥҳа, Асида Гәниаԥҳа, Арифа Қапԥҳа, Камила Кьырвалԥҳа, Наала Мықәԥҳа, Аруна Чагәааԥҳа, Алхас Ҷолокәуа.
Атәыла ахада Иусԥҟа инақәыршәаны "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ" ҳәа ахьӡ рыхҵоуп Давид Аҩӡба, Шьаризан Аҳәԥҳа, Владислав Бигәаа, Медеиа Гәаланӡиаԥҳа, Ельдар Дамиров, Фарида Џьопуаԥҳа, Ада Қәираиаԥҳа, Оксана Табаӷәуаԥҳа, Русҭам Харцыз.

Аԥсны амилициа амш

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рветеранцәеи русзуҩцәеи дрыдныҳәалеит амилициа аԥҵоижьҭеи 102 шықәса аҵра инамаданы.
Адныҳәаларатә шәҟәы Атәыла ахада ихьӡала агәырӷьаратә еилатәараҟны даԥхьеит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба.
"Шәара Азакәан, ауаажәларратә зинеиҿкаара, ашәарҭадара ахьчара шәнапы иануп. Шәара аҭакԥхықәра ду шәыдуп шәаԥхьа иҟаз аиҳабацәа иаԥырҵаз атрадициа шьахәқәа реиқәырхаразы, рықәныҟәаразы", - аҳәоит Аԥсны ахада иҟаиҵаз адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.
Иара убас аԥсуа милициа аусзуҩцәа ирыдиныҳәалеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут.

Амшен

Аерман культуреи абзазареи рфестиваль "Амшен" мҩаԥысит Гагра араион Алаҳаӡы ақыҭан аҩаша, абҵара 7 рзы.
Аныҳәа ихы алаирхәит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа. Аныҳәа рыдныҳәало атәыла ахада иазгәеиҭеит, атоурыхтә мзызқәа ирыхҟьаны аԥсуааи аермацәеи жәларык реиԥш ҳшыҟоу.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа аерман культуреи абзазареи рфестиваль "Амшен" иҽалаирхәит
"Аҭоурыхтә мзызқәа ирхырҟьаны ҳара иаку жәларык реиԥш ҳаҟоуп, ҳбызшәа, ҳкультура, ҳдинхаҵара рҷыдарақәа ирыхьмырԥшыкәа, ҳара зегьы Аԥсны Аҳәынҭқарра ҳатәылауаауп, иаку аҭоурыхи иаку алахьынҵеи ҳаидыркылоит", - иҳәеит иара.
Аслан Бжьаниа иҳәеит "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз арҵаҩы" ҳәа ахьӡ шрыхҵоу Мархьаултәи ашкол адиректор Ева Кеиан, Амжәықәхәатәи ашкол аиҵбыратә классқәа рырҵаҩы Вартуш Хамалиан, Иашҭхәатәи ашкол №2 афизика арҵаҩы Феликс Џьидариан.

Аҽаҩра аныҳәа

Амчыбжь хыркәшахеит Лыхнашҭа имҩаԥысыз аҽаҩра аныҳәа ала. Сынтәагьы аҽаҩраныҳәа агәалаҟазаара бзиеи алахҿыхреи ацны имҩасит. Хыԥхьаӡара рацәала иаҭааз асасцәа алшара рыман аԥсуа чыс хкқәа ргьама абара, ҳҵас, ҳқьабз, ҳкультура агәылаԥшра.
Аныҳәа иалахәын Гәдоуҭа араион 20-қыҭеи, Афон ҽыц ақалақьи, Ҟарачы -Черкесскынтәи абазақәеи, Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра амузеии.
Аныҳәахь алахәылацәа инаргеит рхатәы аалыҵ, рҽаҩра, ицәырыргеит рнапкымҭақәа, еиҿыркааит ацәыргақәҵақәа.
Аԥсны
Агастрономиатә ҟазара: Лыхны аҽаҩра аныҳәаҿ афатә-ажәтәс ирыдыргалоз