Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аексперт Аԥсни Палестинеи рыбжьара адипеизыҟазаашьа ашьақәыргылараз ахәшьара аиҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПризнание Сирией Абхазии
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.11.2023
Анапаҵаҩра
Абҵара 6 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны Ауаажәларратә хеилак аилатәара мҩаԥысит, уа аминистр Инал Арӡынба далацәажәеит Аԥсни Палестинеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьа ашьақәыргылара азҵаара.
АҞӘА, абҵара 8 - Sputnik. Израили ХАМАСи рыбжьара иҟоу аҭагылазаашьа инамаданы адунеи аҿы палестинатәи аҳәынҭқарра аԥҵахар ҟалоит ҳәа анырҳәо Аԥсназы ицәырҵуеит алшарақәа –аполитика ду аҽалархәразы ҳәа Sputnik Южная Осетия иазеиҭеиҳәеит Мрагылара Ааигәеи Кавкази рзы аексперт, аполитолог Станислав Тарасов.

"Палестинатәи автономиа аҳәынҭқарра адунеи атәылақәа жәпакы, Урыстәылагь налаҵан, иазхарҵоит. Абри атәы официалла аҳәарагьы иазыхиоуп. Аԥсны ари аҭагылазаашьаҿы геополитикатә субиектк аҳасаб ала ахы мҩаԥнагоит. Ари шьаҿа бзиоуп", - иҳәеит иара.

Тарасов иазгәеиҭоит аҳәынҭқарра, аҽа ҳәынҭқаррак азхаҵара зҽаззырхио ахатәы ҳәынҭқарра арӷәӷәоит. Абри аганахь ала Аԥсны зегь иашаны иҟанаҵоит.
Аексперт иажәақәа рыла, Аԥсни Палестинеи наҟ-ааҟ рхьыԥшымрақәа азхеибаҵар ҟалоит. Убри аан аекономика аганахь ала уи акгьы рнаҭом, аха агеополитикатә зхаҵара аганахь ала аҵакы амоуп.
Абҵара 6 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны Ауаажәларратә хеилак аилатәара мҩаԥысит, уа аминистр Инал Арӡынба далацәажәеит Аԥсни Палестинеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьа ашьақәыргылара азҵаара, иҳәеит Урыстәыла иҟоу Палестина ацҳаражәҳәаҩ иацәажәарақәа шымҩаԥысуа.
Инал Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.11.2023
Аԥсны
Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иаԥҵоу Ауаажәларратә хеилак аилатәара мҩаԥысит Аҟәа
Ажәабжьқәа зегьы
0