Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны АШәМ: Гәылрыԥшь араион адиверсантцәа алалеит ҳәа иҟаз аинформациа шьақәырӷәӷәамхеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Служба госбезопасности Абхазии
Служба госбезопасности Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.11.2023
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион Азанҭа ақыҭан адиверсантцәа алалеит ҳәа иҟаз аинформациа амчратә усбарҭақәа зегь ршьапы иқәнаргылеит, аԥшаарақәа ирылахәын ашьаҟатә гәыԥқәеи авиациеи.
АҞӘА, абҵара 9 – Sputnik. Гәылрыԥшь араион Азанҭа ақыҭа азааигәара бџьарла еибыҭаз гәыԥҩык ауаа рыҟазаара алшоит ҳәа иҟаз адырра шьақәырӷәӷәамхеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АШәМ апресс-маҵзура.
"АШәМ Аԥсны ашәарҭадараз иаразнак анырра ҟанаҵоит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Иазгәаҭоуп, Аҳәынҭқарра ашәарҭадаратә маҵзура Атәылахьчара аминистрреи, Аҳәынҭқарра ахьчаратә маҵзуреи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи алархәны иаразнак акыр зҵазкуа ахыбрақәа рахь амҩақәа шадаркыз, ашәарҭадара шырӷәӷәаз, аҭыԥлкааҟны аԥшыхәра шымҩаԥгаз.
Ахәылбаҽха, абҵара 8 рзы Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут иҳәеит ареспублика аҵакырахь иалалаз адиверсантцәа рыԥшааразы Аԥсны амчратә усбарҭақәа зегьы рышьҭоуп ҳәа. Иара иажәақәа рыла, аҭыԥантәи ашәарыцаҩцәа бџьарла еибыҭаз быжьҩык ауаа Азанҭа ақыҭан ирбеит. Аҟәаҟа ааирҭақәа зегьы аркын.
Гәылрыԥшь араиони Қырҭтәыла аҵакыреи ашьхара аганахь ала еиԥнуп. Амшынԥшаҳәаҟынтәи аҳәаа аҟынӡа 200 километра бжьоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0