Аԥсны

Sputnik амчыбжь: Апарламент аилатәара, афымцамч аашьҭра, акциа "Ашьақар ҭышәынтәалоуп"

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит есымчыбжьатәи ажәабжьқәа рыхҳәаа. Абҵара 13-19 рыҩнуҵҟатәи ахҭысқәа ҳматериал аҿы.
Sputnik
Sputnik

Апарламент аилатәара

Ииасыз амчыбжь азы Апарламент адепутатцәа аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала 2023 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет аԥсахрақәа аларгалеит.
Ареспубликатә биуџьет 2023 шықәсазы азеиԥшлагалақәа 10,4 миллиард мааҭ артәоит.
Урыстәылатәи афинанстә цхыраара - 6,2 миллиард мааҭ.
2023 шықәсазы ахашәалатә лагала 87 миллион мааҭ иацлеит, аныхратә –720 миллион мааҭ иацлеит, урҭ рахьынтәи 497 миллион мааҭ - Урыстәылатәи ацхыраара ауп ҳәа иҳәеит афинансқәа рминистр Владимир Делба.
Аԥсны
Апарламент 2023 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет аԥсахрақәа аланагалеит
Иара иажәақәа рыла, 2023 шықәсазы атәыла аиҳабыра ироуит алшара ахаҭалатә финанстә цхыраара аҟаҵаразы.
Иахьазы хаҭалатәи афинанстә цхыраара рыҭазарц азыӡбоуп 84-ҩык азыҳәаҟаҵаҩцәа. Урҭ ирызшәахоит 76 миллион мааҭ иҳәеит Делба.
Иара убасгьы 60 миллион мааҭ, афымцамчҭаҩгақәа раахәара иазырхаз, ареспубликатә биуџьет аҟынтәи Аԥсны иазаарышьҭуа афымцамч аахәара иазырхахоит.

"Зегь раасҭа ихадоу Аԥсны аенергосистема ҳара ҳада аӡәгьы ишныҟәимго аилкаароуп. Ҳара еилаҳкаароуп афымца штауару, уи ахә шахшәаатәу. Урыстәыла ацхыраарала ҳааҟәымҵӡакәа азҵаарақәа рыӡбара залшаӡом", - лҳәеит аекономика аминистра Кристина Озган.

Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцамч аашьҭра иалагеит абҵара 5 рзы. Иара атәыла мраҭашәареи атәыла агәҭеи лашарала еиқәнаршәоит.

Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцамч аашьҭра

Аԥсни ПАО "Интер РАО-и" ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрацҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцамч аашьҭра иацҵахоит, абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит аекономика аминистрраҟны.
"2023 шықәса абҵарамза иалагазар Аԥсныҟа иаарышьҭуа афымцамч акоммерциатә шьаҭа амоуп. Еилаӡарала иаахәоуп 30 млн кВт⋅с (135 млн мааҭ рыхә) иара убасгьы аҽа 50 млн кВт⋅с (200 млн мааҭ) аахәаразы аиқәшаҳаҭрцҵақәа азырхиоуп", - аҳәоит адырраҭара.
Аԥсны
Аекономика аминистрра: Урыстәылантәи Аԥсныҟа афымцамч аашьҭра иацҵахоит
Уаанӡа Озган иазгәалҭеит ԥхынҷкәынмзазтәи афымца азымхара ахҩара азҵаара макьана ишыӡбам, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аилацәажәарақәа шцо.

Акциа "Ашьақар ҭышәынтәалоуп"

Акциа абҵара 6 - 15 рзы имҩаԥысуан, ақыҭақәа рылагьы иалагеит. Ақалақьқәа рҿы абҵара 14-15 рзы имҩаԥысит.
Акциа "Ашьақар ҭышәынтәалоуп" ахьынӡамҩаԥысуаз агәаҭарақәа ирхысит 2074-ҩык, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны ашьақарчмазара змоу реилазаара" апроект "Ашьақарчмазара - лахьынҵаӡам" аҳәаақәҵаҩ Асида Адлеиԥҳа.
"Ари аформат ала ауп уаанӡагьы аус шаауаз. Мчыбжьык аԥхьа араионқәа ԥшьба ҳрылсит. Гал, Тҟәарчал, Очамчыра, Гҽдоуҭа араионқәа рқыҭақәа рахь аҳақьымцәа неит ауаа ршьақар ашәаразы", - ҳәа лҳәеит лара.
Ачымазара рацәаҩымкәа иахьрымоу змадоу рхы, ргәабзиара иахьашьклаԥшуа ауп ҳәа илшьоит Адлеиаԥҳа.
Аԥсны
Акциа "Ашьақар ҭышәынтәалоуп" шаҟаҩы рҽаладырхәыз еилкаахеит

Арҵаратә проект

Арҵаратә проект "Ҳаамҭазтәи хра злоу аметодқәа рыла аинвалидра змоу ахәыҷқәа ргәабзиара ашьақәыргылара" аихшьаалақәа ҟарҵеит Аҟәа иҟоу Москва Аҩнаҿы.
Аҵаратә проект азкуп ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи амедицинатә цхыраара рыҭара, амедицинатә цхыраара аҩаӡара ашьҭыхра. Амедицинатә гәабзиара шьақәыргылара жәларбжьаратәи академиа ацентр "Экзарта" аԥҵаҩы, адиректор Андреи Бурмистров еиҭеиҳәеит апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ауснагӡатәқәа шымҩаԥысуаз.
"Ҳара ҳзы иҿыцыз атәылахь аара агәыхыҭхыҭра ҳазцәырнагон. Агәахәара ду ҳнаҭеит шәҟазауааи ҳареи ҳаицәажәара. Ҳдыррақәа ишалшоз ала ирзеихаҳшон", - иҳәеит иара.
Аԥсны
Аинвалидра змоу ахәыҷқәа ргәабзиара ашьақәыргыларазы имҩаԥгаз апроект аихшьаалақәа ҟарҵеит
Згәабзиаратә лшарақәа ԥку ахәыҷқәа излалшо ала аҿиара роулароуп, аҵара рҵалароуп, ауаажәларра иалахәхартә аиԥш аҭагылазаашьақәа рызҭо азанааҭқәа роуртә иҟалароуп ҳәа азгәеиҭеит Бурмистров. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган алекциақәеи аҟазаратә-классқәеи. Алекциақәа ирылахәын аҭыԥантәи аҟазауаа: аҳақьымцәа-аневрологцәа, алогопедцәа, аортопедцәа, адефектологцәа.
Арҵаратә проект "Ҳаамҭазтәи хра злоу аметодқәа рыла аинвалидра змоу ахәыҷқәа ргәабзиара ашьақәыргылара" Аԥсны имҩаԥысуан абҵара 12 - 15 рзы. Апроект азы акурсқәа мҩаԥысуан Цандрыԥшьтәи ацентр "Мы вместе" аҿы, иара убасгьы Аҟәа.

Иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа аус рыцура

Абҵара 16 рзы Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит аминистр Инал Арӡынбеи аҳәынҭқарратә мчрақәа рхаҭарнакцәеи онлаин-еицәажәара. Аицәажәара азкын атәылаҿ аус зуа жәларбжьаратәи иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа русура.
Инал Арӡынба иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иаԥҵоу Ауаажәларратә хеилак аилатәара шымҩаԥысыз Аҟәа, абҵара 6 рзы.
Аилатәара алахәылацәа алацәажәеит аиҳабыратә делегациа Минск рыҟазаара алҵшәақәа, Мрагылара Ааигәатәи атәылақәа рнырра, Аԥсны аинтеграциатә еидгылақәа ралахәра, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа аус рыцура.
Иара иазгәеиҭеит ЕАР амаҵзурақәа рхаҭарнакцәа рыхәҭак ааԥхьара шрымазгьы аилацәажәара рхы шаладмырхәыз.

АЗХ аҿы ацәыргақәҵа

Аԥсуа сахьаҭыхыҩ Борис Ашәба ицәыргақәҵа "Амра ашәахәақәа" аадыртит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы абҵара 14 рзы.
Акультуратә уснагӡатә аҭааҩцәа аԥсшәа раҳәо, Аидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа ирзеиҭеиҳәеит асахьаҭыхыҩ инысымҩа, иҟазаратә мҩа, ирҿиара аҭбаара, иазгәеиҭеит асахьаҭыхыҩ рҿиаҩык иаҳасабала иҷыдоу аҟазшьа шимоу, аекономикатә ҭҵаарадырра аусхк аҟны апрофессионализм дуи асахьақәа ирныԥшуа иҟыбаҩи шеилаӡҩоу.
Борис Ашәба – Аҟәатәи асахьаҭыхратә школ даушьҭымҭоуп. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аекономикатә факультет далгеит 1989 шықәсазы. Аекономикатә ҭҵаарадыррақәа дыркандидатуп. Иусумҭақәа ҵәахуп ахатәы коллекциақәа рҿы Аԥсны, Урыстәыла, Испаниа, Ҭырқәтәыла.
Аԥсны
Мрашәахәала иҭәу аҟазара: Борис Ашәба иусумҭақәа рцәыргақәҵа аатит Аҟәа

"Apsny Star"ахԥатәи асезон аҩбатәи аконцерт

Амузыкатә проект "Apsny Star" ахԥатәи асезон аҩбатәи аконцерт мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы аҩаша, абҵара 14 рзы.
Ари аконцерт уаанӡатәиқәа иреиԥшмызт - алахәцәа ҩыџьа-ҩыџьа еицықәгылон. Ильда Қәычбериаԥҳа лкомандаҟынтәи х-дуетк - Иракли Џьумутиеи Лола Колбаиеи, Адгәыр Лазариеи Рената Хаџьиевеи, Самвел Миракиани Миранда Мархолиаԥҳаи. Ажиури иқәдыргылаз абаллқәеи ирҵаҩы ишылӡбаз алеи апроект аанижьит Адгәыр Лазариа.
Арҵаҩы Фаиа Мархолиаԥҳа лкомандаҟынтәи еицықәгылеит Софиа Миаукинеи Викториа Лабиеи, Кристина Кәыбрааи Сариа Аибеи, Аслан Шьакаиеи Диана Карбашьиани. Аҵыхәтәантәи апроект аанлыжьит.
Аԥсны
"Apsny Star" асуперсезон аҩбатәи аконцерт мҩаԥысит Аҳәынҭфилармониаҿы
"Apsny Star" асуперсезон хыркәшахоит ԥхынҷкәын 22 рзы. Апроект аҳамҭа хада - Гнесинаа рыхьӡ зху Амузыкатә академиаҿы хәыда-ԥсада аҵараҵара.
Апроект Аpsny-Star еиҿкаауп Аԥсны акультура аминистрра адгыларала, апроект аспонсор хада - амобилтә еимадара "Аҟәафон". Апроект аинформациатә дгылара анаҭоит аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны.

Амчыбжь ацәыӡқәа

102 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Валентина Шульгина. Лараӡәзаҵәык лакәын Сталинградтәи аибашьра иалахәны иахьанӡа Аԥсны иҟаз.
Валентина Ефим-иԥҳа аибашьра зегьы дахысит, аиааира даԥылеит Берлин, Реихстаг аҩыра анылҵеит. Сталинград азы аибашьраан иаалырԥшыз афырхаҵаразы лара иланашьан "Агәымшәаразы" амедал.
Аԥсны
Лыԥсҭазаара далҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Валентина Шульгина
Иара убасгьы ари амчыбжь азы Асовет Еидгыла, адунеи арекордсмен, атлетика хьанҭазы ачемпион Руслан Ҭаркьыл 74 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит.
Аштангашьҭыхыҩ, СССР ачемпион, адунеи арекордсмен Руслан Ҭаркьыл диит 1950 шықәса лаҵара 5 рзы Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан. 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, Леон иорден ианашьоуп. Ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара.
Арадио
Бениа адунеи арекордсмен Руслан Ҭаркьыл: абык дысцәыӡызшәа убас пату сызиқәын