Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аинвалидра змоу ахәыҷқәа ргәабзиара ашьақәыргыларазы имҩаԥгаз апроект аихшьаалақәа ҟарҵеит

© SputnikПресс-конференция, посвященная проекту "Современные эффективные методы реабилитации детей с инвалидностью"
Пресс-конференция, посвященная проекту Современные эффективные методы реабилитации детей с инвалидностью - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.11.2023
Анапаҵаҩра
Арҵаратә проект "Ҳаамҭазтәи хра злоу аметодқәа рыла аинвалидра змоу ахәыҷқәа ргәабзиара ашьақәыргылара" Аԥсны имҩаԥысуан абҵара 12 - 15 рзы. Апроект азы акурсқәа мҩаԥысуан Цандрыԥшьтәи ацентр "Мы вместе" аҿы, иара убасгьы Аҟәа.
АҞӘА, абҵара 16 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Арҵаратә проект "Ҳаамҭазтәи хра злоу аметодқәа рыла аинвалидра змоу ахәыҷқәа ргәабзиара ашьақәыргылара" аихшьаалақәа ҟарҵеит Аҟәа иҟоу Москва Аҩнаҿы.
Аҵаратә проект азкуп ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи амедицинатә цхыраара рыҭара, амедицинатә цхыраара аҩаӡара ашьҭыхра. Амедицинатә гәабзиара шьақәыргылара жәларбжьаратәи академиа ацентр "Экзарта" аԥҵаҩы, адиректор Андреи Бурмистров еиҭеиҳәеит апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ауснагӡатәқәа шымҩаԥысуаз.
"Ҳара ҳзы иҿыцыз атәылахь аара агәыхыҭхыҭра ҳазцәырнагон. Агәахәара ду ҳнаҭеит шәҟазауааи ҳареи ҳаицәажәара. Ҳдыррақәа ишалшоз ала ирзеихаҳшон", - иҳәеит иара.
Згәабзиаратә лшарақәа ԥку ахәыҷқәа излалшо ала аҿиара роулароуп, аҵара рҵалароуп, ауаажәларра иалахәхартә аиԥш аҭагылазаашьақәа рызҭо азанааҭқәа роуртә иҟалароуп ҳәа азгәеиҭеит Бурмистров. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган алекциақәеи аҟазаратә-классқәеи. Алекциақәа ирылахәын аҭыԥантәи аҟазауаа: аҳақьымцәа-аневрологцәа, алогопедцәа, аортопедцәа, адефектологцәа.
Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов апроект алахәылацәа ирыдиныҳәалеит қәҿиарала иахьымҩаԥыргаз. Аԥсназы асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа аҵакы дуны ирымоуп. Иахьазы ареспубликаҿы 700-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа абри ахырхарҭала амедицинатә цхыраара рҭахны иҟоуп.
"Аҵак ҷыда аманы исшьоит адыррақәа змажәдаз аҟазауаа ԥхьаҟа урҭ ахрархәара ахьрылшо. Шәара ҳцаргьы ара иаанхо ироуз адыррақәа ахәыҷқәа иарыдырҵоит", - иҳәеит Федотов.
Танцы в рамках проекта “Искусство без границ”  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.08.2023
Аԥсны
Аҟәа имҩаԥысит зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа рзы акциа "Акәашарақәа зегьы рзы"
Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаҩ, акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа иазгәалҭеит, шықәсқәак раԥхьа афонд "Движение вверх" ахаҭарнакцәеи лареи шеибадырыз, уижьҭеи афонд "Ашани" дареи аус шеицыруа.
"Иҟоуп алҵшәақәа. Ҳфонд хылаԥшра знаҭо хәыҷқәак рыхәышәтәраз аԥарашәара мҩаԥнагеит афонд "Движение вверх". Уи адагьы аиҩызара бзиа ҳабжьоуп, ҳаиныруеит, ҳԥышәеи ҳдырреи еимаадоит. Гәахәарыла ҳашәԥылоит Аԥсны", - лҳәеит лара.
Апроект мҩаԥыргоит аинвалидра змоу ахәыҷқәа рыцхырааразы Москватәи агәыҳалалратә фонд "Движение вверх", Нижни Новгород аҟынтәи амедицинатә гәабзиарашьақәыргыларатә центр "Экзарта", иара убас амедицинатә гәабзиарашьақәыргыларазы Жәларбжьаратәи академиа, Агәабзиарашьақәыргыларатә центр "Мы вместе".
Ажәабжьқәа зегьы
0