Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Лыԥсҭазаара далҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Валентина Шульгина

© Sputnik / Томас ТхайцукВетеран ВОВ Валентина Шульгина
Ветеран ВОВ Валентина Шульгина - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.11.2023
Анапаҵаҩра
Валентина Шульгина - Сталинградтәи аибашьра далахәын, иланашьоуп "Агәымшәараз" амедал.
АҞӘА, абҵара 12 – Sputnik. 102 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Валентина Шульгина.

Валентина Шульгина - аибашьра ахҭысқәа акыр дырхаануп, Сталинградтәии Курсктәи аибашьрақәа дрылахәын, иланашьоуп Аеҵәа ҟаԥшь аорденқәа ҩба, "Агәымшәараз" амедал, Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден II-тәи аҩаӡара.

Шульгина аибашьра зегьы асанитартә взвод адҵаҟаҵаҩыс дыҟан. Анаҩс лывзвод дәықәҵан Иапониаҟа, уа дыҟан 1953 шықәсанӡа. Иапониа ауп лыԥшәмеи лареи ахьеибадырызгьы.
Арра аҟынтәи рхы ианақәиҭтәха, 1953 шықәсазы лыԥшәмеи лареи Аԥсныҟа ииасуеит анхара.
Валентина Шульгина диит ажьырныҳәа 22, 1922 шықәсазы. Аибашьра ианалага, 19 шықәса зхыҵуаз Валентина ҳақьымс аус луан Томск. 1941 шықәса нанҳәамзазы лара Омск еиҿкааз асанитартә взвод адҵаҟаҵаҩыс дҟарҵеит. Сталинград ахақәиҭтәра ашьҭахь лара лывзвод Курск-Орловтәи ахырхарҭахь ирышьҭит.
Валентина Ефим-иԥҳа аибашьра зегьы дахысит, аиааира даԥылеит Берлин, Реихстаг аҩыра анылҵеит. Сталинград азы аибашьраан иаалырԥшыз афырхаҵаразы лара иланашьоуп "Агәымшәаразы" амедал.
Столетний юбилей у Валентины Шульгиной - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.01.2022
Аԥсны
Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа аветеран 100 шықәса лхыҵра лыдырныҳәалеит
Ажәабжьқәа зегьы
0