Апарламент 2023 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет аԥсахрақәа аланагалеит
14:11 13.11.2023 (ирҿыцуп: 14:52 13.11.2023)
© SputnikСессия парламента
© Sputnik
Анапаҵаҩра
2023 шықәсазы ареспубликатә биуџьет ахашәалатә лагала 87 миллион мааҭ иацлеит, аныхратә –720 миллион мааҭ.
АҞӘА, абҵара 12 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Апарламент адепутатцәа аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала 2023 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет аԥсахрақәа аларгалеит.
Ареспубликатә биуџьет 2023 шықәсазы азеиԥшлагалақәа 10,4 миллиард мааҭ артәоит.
Урыстәылатәи афинанстә цхыраара - 6,2 миллиард мааҭ. Урҭ рҟынтәи:
Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы– 4,26 миллиард;
аинвестпрограмма анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны абиуџьеттә инвистициақәа рынагӡаразы – 1,2 миллиард;
аекономика аусхк аҳәынҭқарратә дгылара аҭаразы– 76 миллион.
Азеиԥш ныхрақәа идыртәоит 12,3 миллиард мааҭ, абасала адефицит 1,8 миллиард артәоит.
Акредитқәа рыла ареспублика аҩнуҵҟатәи ауал хыхьтәи аҳәаа 2024 шықәса ажьырныҳәа 1 азы 1,15 миллиард мааҭ ҳәа ишьақәдыртәоит.
2023 шықәсазы ареспубликатә ԥсахрақәа рыпрограмма шьақәырӷәӷәоуп 1,15 миллиард мааҭ ҳәа.
2023 шықәсазы ахашәалатә лагала 87 миллион мааҭ иацлеит, аныхратә –720 миллион мааҭ иацлеит, урҭ рахьынтәи 497 миллион мааҭ - Урыстәылатәи ацхыраара оуп.
Иазгәаҭоуп аԥарақәа шырзоужьу абарҭ аныхрақәа реиқәыршәаразы:
Аԥсны АҩАР Аинформациа-координациатә центр аныҟәгараз – 87 миллион мааҭ;
Аԥсны АҩАР аматериал-техникатә еиҿкаара аамҭа-аамҭала аиӷьтәраз – 34,8 миллион мааҭ;
Аԥсны ахадеи Аминистрцәа реилазаареи ррезервтә фондқәа рышьҭыхраз – 100 миллион мааҭ;
Аминистрцәа реилазаара аҭахрақәа аԥара рзоужьраз (афымцалашареи абылтәы-хьшьтәы маҭәашьарқәеи рыхәшәара)– 7,3 миллион мааҭ;
Аԥсны АдәАР аԥаразоужьраз – 2,59 миллионмааҭ.
2023 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет аԥсахрақәа ралагалараз азакәан апроект адепутатцәа ирыдигалеит афинансқәа рминистр Владимир Делба.
Иара иажәақәа рыла, 2023 шықәсазы атәыла аиҳабыра ироуит алшара ахаҭалатә финанстә цхыраара аҟаҵаразы.
Иахьазы хаҭалатәи афинанстә цхыраара рыҭазарц азыӡбоуп 84-ҩык азыҳәаҟаҵаҩцәа. Урҭ ирызшәахоит 76 миллион мааҭ иҳәеит Делба.
Иара убасгьы иҳәеит, ашықәс нҵәаанӡа абиуџьет аусхк иаҵанакуа аусуҩцәа ркатегориақәак рулафахәқәа шышьҭыххо. Урҭ аныхрақәа азгәаҭоуп, ажьырныҳәамза инаркны жьҭаарамзанӡа аиҭаҳасабыркра мҩаԥгахоит.