Аԥсны

Дуӡӡак аҟынтәи ҳаауеит: Амиран Адлеиба иҿцәажәара

Sputnik
Сынхаҩуп ссахьаҭыхрагь ианыԥшуеит ацәаӷәаҩ ишьҭақәа ҳәа азгәеиҭуеит ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа дзыҿцәажәаз Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы Амиран Адлеиба.
Сара ибзиаӡан исгәалашәоит ҳара ҳанхәыҷқәаз ҳқыҭа Ҷлоу аханы аӡиас Дәаб ахықәан ахәыҷқәа аӡы ҳахьҭалалоз аӡмыжь ду азааигәара абахә-сыпра дуӡӡа ҿыцәааны аскульптурақәа рыла ишҭәыз!.. Урҭ аусумҭақәа зтәыз, усҟан иҷкәынцәаз, аха зсахьаҭыхымҭакәа рыла ҳраионаҿы еиԥш, Аԥсны зегьы зыӡбахә бзианы иаарылаҩхьаз ҳсахьаҭыхҩцәа ҟаимаҭқәа Амиран Адлеибеи Нугзар Логәуеи ракәын. Аиаша шәасҳәап, иахьатәи ҳсахьаҭыхҩцәа ргалереиа ааухадыршҭрын, убриаҟара идуӡӡаз аҭӡамц-сыпра ду кылцәааны, еиуеиԥшым аскульптурақәа рыла ирҭәны, Нарҭаа ӷьеиҩқәа инадыркны, зыԥшреи зсахьеи улаԥш узаҟәмгоз аӡӷабцәа ссирқәа рсахьақәа аҭӡамц ду ирыԥхны икыдын!.. Ари зыӡбахә сымоу ахҭыс аныҟаз усҟан Асовет Еидгыла иаркы- иаркы ирцә ҳәа адунеи ахсаала иананыз ауп, ус амцхәгьы аҳәса хтны аҭӡамц дуӡӡа рсахьақәа кыдчаԥалан иҟоуҵар урзеилымкааргьы алшон, избанзар, уи ахәаԥшразы ҳқыҭаҿы инхоз реиԥш, аӡбахә заҳауаз егьырҭ ақыҭақәа рҟынтәи ирацәаҩны иаауан рхәыҷқәа рыманы. Аха усҟангьы арҭ асахьаҭыхҩцәа абаҩхатәра бзиа шрылаз зегьы иаарылаҩхьан азы, урҭ ирыхәаԥшуаз маҷк рылақәа ԥхашьозаргьы, ирҵәахуан, избанзар, ҳпоет бзиа Таиф Аџьба иҳәан еиԥш, урҭ гәныхәҵысҭала ирдыруан, уи дзырҟаҵоз амч "Дуӡӡак аҟынтәи ишаауаз!.." Иахьа сара сиҭоуп урҭ асахьаҭыхҩцәа руаӡәк, Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы Амиран Адлеиба.
- Амиран, уареи сареи ҳ-Ҷлоутәқәоуп, ҳаззеилымкаауа аӡәы, арҭ Ҷлоуаа Аҟәа иааны изеицәажәои, Ҷлоу еиԥш аҭыԥ хазына, Анцәа итәарҭа ахьрымоу, иҳәашт! Аха ус иҟалеит, иахьа ҳара ҳкультура аӷьырак зегьы Аҟәаҟа ииасны иҟоуп, арахь шамахак ракәымзар изырҿио зегьы ақыҭақәа иртәуп, ақыҭақәа ирылиааит!.. Мышкызны, ҳара иҳақәлацәоу ирхылҵыз аҟазараҿы акыр рылҵыр, убарҭ ракәхоит ҳаҳҭнықалақь Аҟәа ииз, Аҟәа иатәхо!.. Ҳара макьана ақыҭеи ақалақьи ҳаимаркуеит!.. Ус акәӡами Амиран? Насгьы, уара уабиԥара шәанцәырҵыз даара асахьаҭыхҩцәа бзиақәа шәгәарҭеит, ишәывагылеит, Сергеи Габелиа, Витали Лакрба, Сергеи Ҵәыџьба, Евгени Котлиаров, Иури Ҷкадуа, урҭ рыжәҩахыр уажәыгь иуныруама?!
- Ҳымԥада ақыҭа садҳәалоуп, сынхаҩуп ссахьаҭыхрагь ианыԥшуеит ацәаӷәаҩ ишьҭақәа. Асахьаҭыхратә ҵараиурҭа санҭала, амҩа иаша сықәырҵеит. Уамакала ҳагәцараркуан, ибзиан ҳазыҟарҵон.
Аԥсҭазаара еиҳа изныруа: иахьатәи аҟаза ихаҿсахьа
- Уара, ҳажәлар ирхыргаз аибашьраан Очамчыра араионаҿ уҟан, ҳаибашьцәа уаарԥырымшәаӡакәа урывагылан, уалагылан ашьаарҵәыра, урылаԥшит аԥсрагьы, абзарагьы, иреиӷьӡаз ҳаҷкәынцәа унапала рылацәа еиқәыԥсаны, рыжра уқәшәеит... Аха угәы каумыжьит, ацәашьеиԥш урылагылан ужәлар... Убри ахьаа ду акәхап иахьа ҳаҷкәынцәа фырхацәа ахьамадоу ҳақалақь агәшашараҿы игылоу, еиҳа ииашоуп иуҳәар, иарсу-уара ускульптура, хәыҷгьы дугьы неины аныҳәақәеи агәалашәарамшқәеи зегьы раан изхырхәо... Уи аскульптура амакет зегьы раԥхьа изгәаԥхаз, убраҟа аргыларагьы аԥшьызгаз, Аԥсны раԥхьаӡатәи Ахада В.Г. Арӡынба иоуп рҳәеит. Маҷк иаҳгәалаҳаршәап урҭ ахҭысқәа...
- Ҳауаажәлар ахьгылаз срылагылан, исылшоз ҟасҵон. Уи аҩыза уаҳа Анцәа иаҳзааумган. Убри аибашьра иахылҵит афырхацәа ирхагылоу абаҟа. Ҳәарада В.Г. Арӡынба уи амҩа ааиртит. Уи нахыс аиҳабыра ахаҵгылеит. Апоезиа ахьыҟам аҟазара зыҟалом, уи адоуҳа загьы ирыцуп!
- Микеланджело дуӡӡагьы асахьаҭыхреи апоезиеи еилеигӡон, деицыртәын, ҵабыргуп, асахьатыхра еиҳа " ииааит", аха апоезиаҿы иҟаиҵахьоугьы аҩсшьа ыҟам!.. Уимоу, инапала еиқәиршәеит иажәеинраалақәа реизга ашәҟәы. Уи зегьы зхысҳәаауа, уаргьы уҟазараҿы апоезиа аҽбзиа еиԥш " иувакуп", ҳжурнал "Алашараҿ" гәахәарыла уаҳкьыԥхьхьеит, ҵыԥх ашықәс анынҵәоз ҳашәҟәҭыжьырҭа ауснагӡаҿ ишьақәҳрыӷәӷәеит уажәеинраалақәа реизга... Абраҟагьы уаҳзалацажәар ҳҭахуп ҳаԥсуа литератураҿы уара есымша иуцу ҳашәҟәыҩҩцәа рыхьӡқәа, уаҳзаԥхьа ушәҟә ҿыц ианыларан иҟоу уажәеинраалақәа руак.
- Ибзиоуп, уи маҷк иауцәоуп, аха сара даара бзиа избоит азы уазыӡыҩрыр сҭахуп…
Дәаб ахыкәахь…
Дәаб аӡиас нырцә аарцә,
Аӡаҳ дызхылаԥшуа ахәҷра,
Амашәыр рыҟәганы,
Ӡыбна ӡышәнаҟа иагоит,
Ӡызлан ӡаҳкәажә дшабоит.
Дәаб аӡиас аԥшаҳәа,
Аӡыжь ҵаулақәа зырҳаз,
Асыпра, ахаҳәду, Қәабзҭоу,
Иахьеицаҳхаагаз ҳхәҷра,
Ҳанхьаԥшаанӡа иахьҳазҳа!
Алеишәа даара имариаӡам,
Ианхышхыҵәо имитәуп.
Хаҳәи-мҿыхәи зегь еиларгьыжь,
Аӡыршьҭра мшынҵас иҭырҭәаа,
Аҳацаҟь иажәлан ианарбго,
Ҳӡыжь ахаҳә ду азырҵысӡом,
Аӡымшын зхыҩрны ицауа,
Иахьгылоу иқәацаӡом!
Раԥхьаӡакәны еибадырыз,
Анык ҳлыхшазшәа еицзызҳаз ,
Иаахәлаанӡа асып зцәуаз,
Наурҵас сахьақәак ииуан,
Евфрати Нили рхыԥша зныруаз,
Жәинраалақәак ҳаҩуан,
Иабаҳдыруаз ҳхәыҷқәамзи,
Аӡы ҳащӡааиххьаз хазшаз,
Дәаб аӡыԥшьа ҳахьзыршаз,
Иаҳхылаԥшху Анцәа дуӡӡа!
Иреиӷьыз аамҭа ахьаҳхаагаз,
Шәытарак зламыз ҳхәҷра,
Уи ацқьара ҳзеиқәрхазар,
Иҳабаргузеи нас ҳара,
Иҳазҿлымҳауп ҳаҳҭынра!
Сқәыԥшра амҵәыжәҩа ахьымҩасыз,
Дәаб аӡиас аԥшаҳәа,
Раԥхьаӡа ацҳаҵәры сахьықәсыз,
Иахьықәсыргылаз сшьаҿа,
Амаакыра ахьааныскылаз,
Ашколахь санцоз сгәырӷьаҵәа!
Ҳҿара ахсаала шьҭоуп икаххаа,
Аимара акалҭ аԥшаҳәа,
Сышьҭыхны самоуп ахыԥша,
Схәыцра Дәабеиԥш ихышхыҵәан,
Ахыҵхырҭахь санԥшуа,
Ԥанаҩ ԥшӡа снаҿаԥшуеит,
Ерцахә акьатрацә ацәаара,
Харантә аԥхыӡеиԥш снахьыԥшуеит.
Есааира згәеисбжь саҳауа,
Мыкшымзар мышкаҵыхәа,
Дәаб ахықәахь са схынҳәуеит!
- Амиран, уара даара аԥышәа бзиа змоу сахьаҭыхҩуп, ирацәаны аус ууеит арҵаҩра аамҭа маҷымкәа ишуцәагоугьы... Шәара шәхаан еиԥш, иахьа ирацәаҩума шәҵараиурҭахь инеиуа аҿар, асахьаҭыхра знапалаку, абаҩхатәра акәиц злоу?!
- Аҿар бзиа аиҵагылара иаҿуп, ҷыдала игәцарактәуп, хаҭала идыртәуп, ирыдгылатәуп, доус дзыԥсо дырны.
Аскульптор иҟазарҭаҟны
- Уара аҭаацәара ду уалҵит, зегьы аҟазара пату ақәызҵоз ракәын… Уажәы маҷк урзааҭгылар сҭахуп урҭ угәалашәарақәа, насгьы уқәыԥшра иацу жәеинраалақәакгьы уаҳазрыԥхьар!..
- Ҳаракыракаҿ ҳанхоит ҳара Ҷлоу, адунеи уалаԥшуеит, амшын ухыԥшылот. Алаԥшҳәаа аатуеит. Ажәытәан ҳаҩны ауардын заҵәык акән инеиуаз. Саб инапала ауардын аныҟаиҵоз сихәаԥшуан. Амҩа ирҭбааит, еихала асып цәны. Аурагьы акыр инаскьаган, аҿыгҳарагьы метраки бжаки ахьыҟаз убарын. Абар ассир, иаатит апанорама асахьақәа ранҵаразы. Ҿырԥшыгас исоухьан сашьеиҳаб Шьоҭа иҭиххьаз аҽы. Нас даҽастихиакгьы, иснырхьаз ашәаԥшь иаарту алаԥшҳәааҿ. Саб аҵлақәа анеилихуаз ажәҩан иадызбалоз рынаурқәа... Ашьхаруа Кәасҭа иџьҵла амч, нас усынтәи Дырмит ибаҟа амч, уантәи Аҟәа амузеи аԥхьа игылоу адольмен амч инаркны Генри Мур идоуҳа аҟынӡа, Фиди инаиркны Антуан Бурдель иҟынӡа хәыц-хәыц сыԥшаауеит, сгәы сҭахәцуа сымҩа сықәуп аҩныҟа... Апоезиа абзиабара заа иалагахьан, "Иаирума" аҟнытә. Саб Баграт ду иҟны даннеи, ҳамҭас ашәҟәы "Иаирума" ииҭеит. Уи ныҳәа дуун ҳаҩнаҭазы! Иуа Коӷониа ипоемақәа ҳабжьы ҭыганы ҳрыԥхьон. Ачамгәыри агитареи ашәа ацырҳәон, ҭаацәала ашәа анецаҳҳәозгьы ыҟан. Сашьеиҵбы Нодар адаул дасуан. Аџьџьаҳәа апоезиатә хәылԥазқәа мҩаԥаагон... Уажәы сеиҭоузаԥхьар сҭахуп даҽа жәеинраалакгьы.
Аамҭа - зегь зраӡо…
Аӡәы итәы аӡәы имҳәар ауӡом,
Ачҳара акәхап излаӡо...
Аӡәы итәы ҽаӡәы изгаӡом,
Аамҭа акәхап израӡо.
Амци аҵабырги ааибӡом,
Еиҿагылан еибашьуеит,
Аиаша здыруа дыццакӡом,
Ихатәымҩа иԥшаауеит.
Адунеи хызфаауа дмиӡац,
Азхәыцха змоу рацәаҩӡам,
Анышә иамфо уаҩы дҟамлац,
Ԥсгаха узымҭо дуаҩӡам.
Аиаша дшашьҭоу, амц аазрыхуа,
Амцҳәаҩ иаасҭа сицәшәоит,
Ԥсреи бзареи ршьаҿа зшәахьада,
Ԥсра зқәым ԥсҭазаара збахьада,
Ишыбзоу иԥсыз загьы дреицәоуп .
Зегь иреӷьыз аамҭа асып анысцәуаз акәын!.. Усҟан агәаҳәара исымаз иахьагьы исымоуп. Аха усҟан зынӡаск схы сақәиҭын! Сромантикын, сыԥсабаратәын. Исзырҟаҵоз аҿырԥштәқәа ыҟан сахьиз аҩны. Сҭаацәа ирҿызгеит сҳәар сылшот. Уи аиҭаҳәара уажәы ара салагом. Сашьаеиҳаб иҭихыз аҽы, саб инапала иицәуаз илабашьақәа, сан лнапҟазара уҳәа, убарҭқәа зегь иргәылсхит иахьатәи снапҟазара сҳәар сылшот... Хҩы аишьцәеи ҩыџьа аиҳәшьцәеи, ҳани ҳаби налаҵаны быжьҩык, илахҿыхыз ҭаацәаран, лассы-ласс асасцәа ҳҭаауан.
Амиран Адлеиба: скульпторны сыҟалара сан лоуп изыбзоуроу
Ҳаҩны алитератуатә кәакь еиҿкааны исыман. Уа зегь рпартреҭқәа кыдын, снапала иҟасҵаз ракән. Хә-класск рҟны сантәаз, ажурнал "Амцабзаҿ" ианылеит аҽеиқәа ҳәа хыс измаз сажәеинраала. Уи абас иҟан:
Аҽеиқәа ссир, аҽеиқәа ,
Ашҭаҿ игыло икакәкәа,
Уи сзақәтәар, сҩеидасыр сара,
Аԥырцә қамызқәа сԥарын,
Чоу ҳәа агәашә сыҭҟьарын,
Аҽышькыл сангылан сԥыруа!
Ашкол салгамҭаз аԥсуа хаҵа ихаҿсахьа ҟасҵеит, аҵараиурҭахьгьы иаазгеит. Витали Лакрба иклассахь сиган, аҩбатәи акәурсаҿ сиртәеит. Сиааӡеит… Уа сышҭаз, 1971 шықәсазы Горки ихьӡ зхыз арҵаҩратә институт сҭалеит. Сҵарақәа еилазгӡон... Урҭ санрылга, 1976 шықәсазы Қарҭтәи асахьаҭыхратә Академиа сҭалеит. Салгамҭаз, хышқәса инапаҿы сҟалеит апрофессор, аскульптор Георги Очиаури. Сыгәцареикит, дысхылаԥшит, адырра ду змаз, зинтеллект ҳаракыз уаҩ дуун. В К. Лакрба сызниҵаз амҩа Очиаури еихеиҳаит...
- Аиаша ҳҳәап,ақырҭқәа ҳара макьана ишҳаӷацәоугьы, Асовет аамҭазы, Қарҭтәи асахьаҭыхратә Академиа иалган иааз ҳсахьаҭыхҩцәа даара ирацәаҩуп... Урҭ иахьа зеиӷьҭам арҿиамҭақәа аԥырҵахьеит, аҵәахырҭатә галереиаҿы иҟоуп хәы змаӡам русумҭақәа... Уи даара ибзиоуп, аха иахьатәи асахьаҭыхҩцәа, шәҵараиурҭа иалго аҿар, рҵара иацырҵарц рҭаххар, иабацо?
- Анцәа иҟынтә Апснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аҟны еиҿкаауп аҟазара афакультет, уи акафедра деиҳабуп ҳсахьаҭыхҩы бзиа Нугзар Логәуа. Уи ивагылоуп даара ҳзықәгәыӷуа арҵаҩцәа. Ԥшӡала, уахь рымҩа аартуп абаҩхатәра злоу аҿар.
Аԥсны
Ауаҩы игәаҵӷа иаҵдоуп иара ибызшәа
- Уара ҵыԥх хаҭалатәи ацәыргақәҵа уман Аҟәа, уи аԥхьагьы уцәыргақәҵақәа мҩаԥысхьеит еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Нхыҵ Кавказ, Москва, Сҭампыл, Шәача, Италиа. Аҟәа агәҭаны хә-метрак иҟоу аибашьра аанкыларазы символра зуа аҟама ургылеит, Аҳәынҭқарратә музеи аҿаԥхьа абҩа иалху, 101 шықәса нызҵыз асахьаҭыхҩы Александр Чачба-Шервашиӡе ибаҟа, ус шаҟа усумҭа бзиа умпыҵыҵхьоузеи. Уажәгьы тәамҩахә умаӡам, аусумҭа хатәрақәа урҿуп… Амиран, уара уацәажәара, узыӡҩрра, сара есымша агәахәа дуӡӡа снаҭоит... Избанзар, уара абаҩхатәра бзиа ахьумоу анаҩсгьы, сара уахьынӡаздыруа, ахаан аиаша уавамгылацт, сара схазы исыхәоит ҳәа, ужәлар ирԥырхагоу уск ҟаумҵацт, есымша угәаанагара ҭыцҟьааны иуҳәоит... Уи сара ауаҩ иҟазшьақәа зегьы иреиӷьасшьоит.
- Ҳауаажәлар абзиара дуқәа рԥеиԥшзааит. Ҳхақәиҭреи ҳхьыԥшымреи нагӡара рықәзааит! Алықьса, аԥсуаа ҳаӷба ду, ҳгени, ҽаанбзиала днеиааит! Аԥсуа жәлар аизыразра, апатуеиқәҵара Анцәа Ду еицҳалиршааит. Ажәлар ду ҳрыланыхәазааит! Анцәа ҳрыцҳашьа.
- Амиран, ҳажәлар, ламыс змоу, ихәыцуа ауаа, даара агәхьаа ду рнаҭеит асахьаҭыхҩцәа ишәыхьыз, уи зегьы ҳзы итрагедиоуп… Аха убригь иаиааитәуп, иԥшаатәуп амч. Асахьаҭыхҩцәа, шәара шәхала шәакәӡам ари аҩыза ахьаа ду зауз, ҳара зегьы ҳшәыцгәырҩоит… Амиран, уареи уара уҩызцәеи шәеиԥш иҟоу ауаа ҟәышқәа хымԥада уи агәырҩагьы шәҽашәҭаӡом, шәышьҭахь иааиуа аҿаргьы амҩаҿыцқәа рзышәыԥшаауеит.
- Иҳахьыз амыхьтә ансаҳа, ашарԥаз ауп, срыцҳашьан исарымҳәаӡеит, сгәы шыснархьуаз рдыруан, саргьы гәабзеираӷәӷәак змоу сакәӡам… Снеит шарԥазы, иҟаз збеит, аума, алҩа хатәалан, сгәы снархьт ҳәарада, аха уажәшьҭа анышә ужыр, анышә аауеит, иаҳҵәут, иаҳхьит ҳәа акагьы узырҽеиӡом… Рҽеишьас иҟоу, иаанхаз еиқәырхатәуп. Урыстәылантәи иааз арестовраторцәа ирӡбо аабап, аҳақьымра азутәуп, игәцарактәуп, иҷабтәуп зҳәаз еиԥш, ари даараӡа имариам усуп, ахарџь ӷәӷәангьы иаҭахуп, ҳәарада, уи аҳәынҭқарра ахаҵгылара ҟарҵоит. Егьирахьҟа, ахыбра ҳзыԥшаатәхоит наҟ-наҟ, иҟоу ахьаҳҵәахыша Пушкин имҩаҟны игылоу ареконструкциа бзианы иазуны, уи аҳәынҭқаррагьы игәцараркуеит, иара ацәыргақәҵатә залгьы иазыхынҳәтәуп уашьҭаншәа, икакәкәа иҟаҵатәуп анахьгьы арахьгьы. Абри аҿы ҳаангылароуп ҳара асахьаҭыхҩцәа, ҳҳәынҭқарра алшарагьы еилкааны убри амҩа ҳақәлароуп ҳәа сгәы иаанагоит.
Чачба дуӡӡа инаҩсангьы, аԥсуа сахьаҭыхҩцәа акыр рымазар зегьы уа иҟан, еиқәымхаӡеит, акык, ҩбак, хԥак рыда даараӡа зыхә ҳаракыз, згьама ҵаулаз асахьақәа зегьы налахәаша ицеит. Аха инхаз ацәынхақәа ҟәшәатәуп, ахатә колекциақәа рҿы иҟоу цыра-цырала акака змам аӡәгьы ҳаҟаӡам, насгьы, аԥсҭынха рҿиамҭақәа аӡәыр акыр имазар алаҳәара ҟаҵатәуп, еизгатәуп цыра-цыра. Убри анаҩсан, дырҩагьых, ҳҟазацәа дуқәа рҟазарҭақәа рҿы иаҭаатәуп, ирымоу, ирыхӡу, рыҩаӡара аҳракыра, убри аҳәынҭқарраҿы, аидиологиа аҟазара ҭызҵаауа, уи ахырхарҭа иахылаԥшуа аидиологцәа аҭаххоит хымԥада. Ҳаиқәгәамҵуа акәымкәа, ҳамч еизакны, ажәлар ргәы камыжькәа, ҳазлалҵша алашарахь амҩа ҳақәлар ахәҭоуп ҳәа сгәы иаанагоит сара сыхәҭаахь. Сара исцәалаӡызгьы ыҟоуп, жәабаҟа усумҭа, уи сара хьаас исымаӡам, сара хьаас исымоу, Валери Гамгиа иеиԥш иҟоу ажәлар рҵеи дуӡӡа, ирҿиамҭақәа лалахәаша ицеит, Александр Чачба ирҿиамҭақәа лалахәаша ицеит, адунеиаҿы иазхаҵоу апрофессианал ду, убри даара ихьымӡӷуп, уи рыцҳарагәышьоуп, аха угәы каужьыр ҟалаӡом, изызҳауа аҿар ааӡатәуп, убарҭ ргәы шьҭыхтәуп ҳәа сгәы иаанагоит сара. Акадырқәа рааӡара иахаӡгылатәуп, иазааԥсатәуп сара сгәанала.
Раԥхьа иргылан, иҟалаз арыцҳара мзызс иамоу ҭҵаатәуп, еилкаатәуп, ахәшьара аҭатәуп. Убри анаҩсан, напы арктәуп еиқәхаз рыхәшәтәра, арестоврациа рзура, афотоматериалқәа рыла еиқәханы иҟоу Валери Гамгиа иусумҭақәа реиҭашьақәыргылара иазхәыцтәуп, азҵаара шьҭыхтәуп, ацифрахь ииаганы иҟоу аԥҵамҭақәа, ҷыдала ирхылаԥштәуп, апортал аԥҵатәуп. Чачба иусумҭақәа ахьыҟазаалак рыԥшаара азҵаара шьҭыхтәуп хымԥада. Аҳәынҭқарратә галереиа излауала ахылаԥшра ҷыда аҭатәуп, ирластәуп, аринахысгьы аҟазацәа русумҭақәа ахьеиқәҳархаша, аҿар русумҭақәа ахьеиқәхаша, ирласны, излауала напарктәуп ес-иҟалалакгьы.
Аԥсны
2024 шықәсазы Амилаҭтә галереиа ахыбра хәҭа-хәҭала ишьақәыргылахоит
Ажәакала, аџьабара ҳаҟәыҵны, конкретла аусурахь ииастәуп, аус дуӡӡа ҳаԥхьаҟа ишьҭоуп, ҳгәы камыжькәа, иҳахьыз дырны, ахәшьара аҭаны, иҳалымшаз зегьы еилкааны, иҟаҳамҵаша ҟаҳҵартә, аҭакԥхыкәра иҳаду, убри зегьы хьымӡӷ мгакәа иҟаҳҵароуп зегьы. Убра ҳаидгылароуп, иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп хамеигӡарада. Ҳаԥсҭазаара иҳаднаҵоит аӡәк еиԥш зегьы ҳаидымгылар ада ԥсыхәа шҳамам, абри иҟалаз агәырҩагьы иаҳнардыруеит ҳәа сгәы иаанагоит. Аха агәра згоит, зегьы ҳанеидгыла, ҳгәырҩа ҳшаиааиуа.