Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ауаҩы игәаҵӷа иаҵдоуп иара ибызшәа

© Foto / из архива семьи Цвижба Илиа Цвижба
Илиа Цвижба - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.11.2023
Анапаҵаҩра
Уи асахьаҭыхҩы данқәыԥшӡаз, асахьаҭыхра далагаанӡа, ажәеинраала аҩра далагахьан... Уи иҿы, раԥхьа ицәырҵит апоезиа!
Ҳара класскаҿ ицтәаз зегьы иџьаҳшьон, шаҟа иԥшӡаны, шаҟа амца ацраҵаны ажәеинраала даԥхьоз!.. Аха убри аамҭазгьы иаабон, илаз аҟазараҿы, хәыҷы-хәыҷла акы "ишиманакуаз", акы аԥыжәара агар шаҭахыз, ак шаиааиуаз!.. Ус иагьыҟалеит, сара сҩыза бзиа, иахьа Аԥсны еицырдыруа асахьаҭыхҩы Ильиуша Цәыџь иҿы, асахьаҭыхра аиааиит, уи еиҳа ахы "дҭанарԥеит!" Аха зегьы акоуп, апоезиагьы зынӡа "доунамыжьӡеит", исахьаҭыхымҭақәа рыбжьара, аӡиас ду иалало акәараҷҷақәа реиԥш, ицәырҵуеит, ихааӡа изгәамҭаӡакәа иԥсы тарҵоит, аӡышеиԥш ихәоит... Ҳара, Ильуша Ҵәыџьбеи сареи қыҭак ҳаицатәуп, Ҷлоутәи ашкол ҳаицалгеит, еицҳазҳаит, акырынтә ҳхәы еиҩшаны еицаҳфахьан, Аҟәа ҳанааигьы ҳаибамырӡит, ҳҩыџьагь ҳанааибабалак, егьа ҳаццакуазаргьы, ани иҳалоу ҳаиднакылоит, ма апоезиахь "ҳаршәуеит", ма асахьаҭыхрахь, аполитикагьы "ҳацрасуеит" аха, уи рацәак ҳааигәа инаҳашьҭӡом, агәшәамшәа шаҳҳәогьы...
- Ильиа, ҳаицәажәара ҳалагап ҳхәыҷра аҟынтәи... Уареи сареи, иара убасгьы ҳсахьаҭыхҩы бзиаӡа, ҳфилософ ҳәа сишьҭоуп сара, Нодар Ҵәыџьбеи, ажурналист Даур Инаԥшьбеи, шықәсқьак раԥхьа зыԥсҭазаара иалҵыз ҳҩыза гәакьа Сергеи Сангәлиеи ииашаҵәҟьан ԥсык еицаҳхан... Уааи нас, иаҳгәалаҳаршәап ҳхәыҷра!..
- Ех, ахәыҷра, ахәыҷра! Иссиру ари Адунеи ҿыцбарах абара, аԥсҭазаара аилкаара, ахәыҷра иацу агәыразра, уи алакҭа…
Ан лыбзиабара, Аб игәаҭа, уҟазшьа иақәнаго ацәаҩа аԥшаара. Есааира ашара иацызҳауа, уӡамҩақәа ҟаԥшьӡа, ушьапқәа хырҟьаҟьа ашьац-ӡаӡа ушьҭрақәа анҵо, маҷ-маҷ аԥсҭазаара адунеи ду аҿы угәи-уԥси аларҵәан урҭ амаӡақәа иаҵоу, иагәылоу аҟәымшәышәрақәа уанду лыхҷаҭ еиԥш ианхәхәа.
Уи алакҭа хаа аразра хыхәхәаала наунагӡа Адунеи ианхалоит. Уи ала уи уԥеиԥш зегьы ианырлоит. Уԥсы ҭанаҵы иуцзаауеит имралашан. Аиҳабра-еиҵыбра иақәнаго аныҟәгара Аԥсадгьыл ахь иумоу абзиабара шьақәнаргылоит, ухдырра аӡрыжәуеит, уԥсаанӡа иуцзаауеит, наунагӡа инхоит ууаҩра иагәаӷьны.
Аҩызара–ақәлара, апатуеиқәҵара, агәаара, аччара, алафҳәара нас уи Аԥсҭазааратә Адунеи алакуаҿы ахыԥшаара, нас уброуп – уброуп иахьалаго иарбан рольу инаугӡо Аԥсҭазаара ду Асценаҿы. Аӡәы иҳәанеиԥш, "аԥсҭазаара зегьы хәмарроуп". Сара насыԥ сыман уара Анатол уеиԥш, Сергеи Сангәлиа иеиԥш, Даур Инаԥшьба иеиԥш, Нодар Ҵәыџьба иеиԥш, Даур Лагәуа иеиԥш, Даур Быҭәба иеиԥш, Белла Адлеиԥҳа леиԥш, Циала Қриаԥҳа леиԥш, Мадонеи Беллеи Сангәлиаа реиԥш, убас ирацәаҩны схәыҷра аизҳараҿы, уи адунеи ԥшӡа арҭбаараҿы иацыз ҩашьара зқәым ахаҿсахьақәа иахьагьы, сылацәа аахызҩар, иаасгәалашәоит, иҿыцбарахны сархәыцуеит, сазгәшьуеит.
Нодар Чанба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2023
Аԥсны
Иԥсы зыҿҳәароу аус даҿуп: Нодар Ҷанба иҿцәажәара
Ааи, исгәалашәоит. Уара, сара, Даур Инаԥшьба, Нодар Ҵәыџьба, Очамчыра раԥхьаӡа ажәеинраалақәа зыҩуа ҳәа Аҟәантәи иааны ахәыҷқәа аназыҟарҵоз еиццақәаз ҳауп. Уоуп ҳахьеибадырыз раԥхьаӡа еицырдыруа нас иҟалаз апоетессацәа – Гәында Кәыҵниаԥҳа, Гунда Сақаниаԥҳа, Саида Делԥҳа. Исгәалашәоит усҟан заҟа игәцаракны, иҳахӡыӡаан ҳаназыҟарҵоз, Сарион Ҭаркьыл, Вова Агрба, Рауф Ебжьноу, Алықьса Гогәуа аныздырыз.
Ааи, сара споетмхаӡеит, аха аҟазара рацәак сацәыхарамхаӡеит, асахьаҭыхра сҽазысшәеит. Уи мҩас иалысхит.
- Шьҭа ҳаиасып Аҟәаҟа, ара ҳанааи иҳақәшәеит абаҩхатәра злаз аҷкәынцәа бзиақәа, асахьаҭыхҩцәа, ашәаҳәаҩцәа, апоетцәа, актиорцәа... Хәыҷы -хәыҷла "иҳалаз" цәырҵуа иалагеит, адәы иқәыԥшыр аҭаххеит!..
- 1978 шықәсазы ашкол саналга Аҟәаҟа сааит. Аҳаблаҿыц аҟны уаха-сахаҳәа аргыларақәа цон. Уа аусура салагеит. Аҭыӡқәа ршьыхра напы асыркит, ԥыҭрак ашьҭахь хар амамкәа егьысҵеит. Усҟан ус иҟан, аԥсуа хәышықәса еиԥмырҟьаӡакәа аус иур ауадақәа иоуан. Сара усҟан 18 шықәса схыҵуан, аха ахацәа акыр здыруаз, аԥышәа змаз исдырбон ииашаны ишыҟаҵатәыз. Зны ус сыӡбеит, амел шкәакәа ԥшааны, асахьақәа аҭӡамц ианысҵап ҳәа. Шьыбжьон ҳәа ҳаԥсы анаҳшьоз, аҭӡы скыдлан мелла асахьақәа ранҵара салагеит!.. Уи ҳазҿыз ауада ҭӡыцыԥхьаӡа, уа аус зуаз рхаҿсахьақәа, абаҳа кны, ауеидра кны, ма итәаны рыԥсы аныршьоз ҭысхуан. Хәыҷы-хәыҷла жә-еихагылак иҟаз аҩны сахьала еиқәсыршәеит!.. Ари збаз ҳапрораб дцан асахьаҭыхҩцәа дуқәа иреиҳәеит!.. Адырҩаҽны иааит Витали Лакрбеи Сергеи Ҵәыџьи. Урҭ агәра сдыргеит абаҩхатәра шсылаз… Нас сҭалеит Аҟәатәи асахьаҭыхыратә ҵараиурҭа. Убри инаркны иалагеит сҟазаратә ԥсҭазаара ҿыц, ҳаҳҭнықалақь Аҟа агәаҿы.
Уброуп ҳахьеибадырыз Леонид Енықьи сареи. Ҷлоуаа Нодар Ҵыџьба саԥхьа дҭалахьан, Беслан Логәуа, Пыжьа Ашьхаруа, Анатоли Алҭеиба, иара убасгьы Омар Матуа - Аԥсны Афырхаҵа, аибашьраан Очамчыра дҭахеит.
Убас, раԥхьаӡа сналагеит шьаҿа-шьаҿала сҟазаратә ԥсҭазаара аихаҳара.
Нас, аҵараиурҭа саналга, 1983 шықәса инаркны 1987 шықәсанӡа аус зуан Ҷлоутәи асахьаҭыхратә школ аҿы рҵаҩыс. Ҷлоуаа ирацәаҩны асахьаҭыхҩцәа еиҵасааӡеит: Дама Акаба, Адамур Акаба, Руслан Инаԥшьба, Роман Џьапуа, Алхас Кәарҷиа уҳәа. Аибашьраан арҭ арԥарцәа зегьы хаҵарыла рхы аадрыԥшит, хацәнамырха еибашьит… Дама дҭахеит Аҟәа аныргоз, Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихуп. Сааӡамҭа сҵаҩцәа есымша срызгәыдууп.
Иахьагьы иҳамоуп аҿар бзиа, абаҩхатәра ду злоу, заԥсуара ыҟоу, Аԥсынра иазааԥсо…
Ауаҩы ижәлари имилаҭи рҿа ауп иԥсы ахьҭоу. Анатоли, сара есымша дысгәалашәоит уареи сареи ҳҩыза бзиаӡа Сергеи Сангәлиа, иареи сареи улирика бзиа ибаны ҳаицлабны ҳаԥхьон ҳанааибабоз. Иахьагьы уажәеинраалақәа ҿырҳәала исҳәоит, урҭ схәыҷреиԥш пату сызрықәуп… Ианакәызаалак сҩызцәа реизҳара сеиӷәырӷьон, срызгәдууан гәыкала.
Сергей Цвижба - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.11.2020
Арадио
Ҵәыџьба: аҟазара уаҩы иҭахымхар, аҳәынҭқарра иаҭахымхар, ихыбгалоит, аамҭа иархәашоит
- Уара Аҟәа асахьаҭыхратә ҵараиурҭа уҭалеит, нас аҭаацәара уалалеит, нас аибашьра еилашыра агәҭаҵәҟьа уалагылан, хаԥсыра ухугеит, аха уеиқәхеит анцәаиҟынтә... Иахьа иугәалауршәар сҭахуп урҭ амшқәа, аибашьра ианналагоз раԥхьатәи ашәымҭақәа рзы уахьыҟаз, хашҭра зқәым хҭысқәак…
- Аибашьра атәы имаҷны салацәажәоит ианакәызаалак. Аха азҵаара ансуҭа иааркьаҿны аҭак ҟасҵоит.
Аиашазы, аибашьра ҳажәлар ирзаанагаз аԥхасҭа уи шәышықәсала иаҳнырлоит. Ҳдемографиа ҿанаҟәеит. Ахьааи алаӷырӡи, ашьаарҵәыреи, ҳадгьыл макьана 30 шықәса шҵхьоугьы, иаламбаӡацт. Схырхәоит анацәа, абацәа рҿаԥхьа, зҵеицәа хазынақәа ҭахаз.
Сара стәы хыла исҳәозар, аибашьра ахы инаркны аҵыхәанӡа салагылан, исылшоз ҟасҵеит, схы самеигӡеит…
Раԥхьаӡа, Сергеи Ҵыџьи, Шьоҭа Адлеибеи, Зураб Кәарҷиеи сареи ҳауп Ҷлоу ақыҭан абџьар кны иаагылаз. Нас, Мераб Кьышьмариа иаҳа аԥышәа иман, Афганистан аибашьра дахысхьан, ҳнаидгылеит жәаҩык-жәохәҩык Мықәаа, Арадуаа, Отаԥаа, Ҭхьынаа, Ҷлоуаа, Мыркәылаа хәҷы-хәыҷла ҳҽеибыҭаны. Мераб Кьышьмари иԥышәа ду ҳақәгәыӷит, командирс дҟаҳҵеит.
Исгәалашәоит, ԥшыхәра ҳәа Лабрала Цхьынҵҟар ҳалбааит, амала ҳазбаз шьоукы ҳацәгьа рҳәеит, раԥхьаӡа убра верталиотла иҳалахысит. Уброуп иахьалагаз сеибашьратә ԥышәара.
Нас, Иура Какалиа, Басариаа рыҷкәынцәа, Мықә савхозынтәи - Џьынџьал Вадик ҳхатә гәаԥхарала аԥшыхәра ҳалагеит. Еиҿаҳкааит аԥшыхәратә гәыԥ. Есымша, ақәа ауаз, асы ауаз, 60 километра ҳныҟәон, сааҭк ҳаԥсы ҳшьар иҳазхон.
Иура Какалиа дҳацәҭахеит, уи Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихуп. Сара Кәачара иҟасҵаз аԥшыхәра даара иарманшәалеит ҳар, ирҳәоит, уи ақыҭа агараҿгьы даара ирыхәеит ҳәа… Аибашьраан иҟасҵаз зегьы уажә ара исызҳәом, уи мышкызны сыздыруа сҩызцәа ирҳәап.
Амала абра сузаԥхьар сҭахуп аибашьраан изҩыз сажәеинраала:
Ҳара Анцәа иҿаԥхьа гәнаҳа ҳамуит,
Дақырҭуоуп иҳақәлаз ҳитҟәарцаз.
Ҳхәыҷқәаҵәҟьа дырмеигӡеит, рыԥсы шҭаз иблит,
Ҳҭоурых ихәаҽырц, бызшәадагь ҳаанхарцаз…
Иаадыруеит агәаӷ, агәаӷ шарҿиауа,
Уи ауаҩы дарлашәыр шалшо.
Ҳарҭ ҳреиуам ахацәа зхы лазырҟәуа,
Ҳаԥсуазаргь инаҳагӡароуп иаҳуалԥшьо…
Аиашаз ҳшықәԥо жәларызегь ирбоит,
Ҳфырхаҵара аҿаԥхьа ихырхәоит.
Амц мчыдоуп, иныҵаба ицоит,
Адоурыхаҿы хьӡамам, ихәыдоуп…
Ҳара анцәа иҿаԥхьа гәнаҳа ҳамуит,
Хьӡи-ԥшеи ҳаманы ҳааиуеит.
Ҳабдуцәа рыԥсалыԥха адоуҳамч ҳамҟьашьит,
Аҳаҳаира, Афырхацәа, ҳаиааиуеит!..
Абри ажәеинраала сҩызцәа лассы-лассы ҳаԥсы анеиҭаҳкуаз садырԥхьон, ргәы шьҭнахуан. Иара убас исгәалашәоит аибашьраан асы мҟәыл маҟҿаҳәара ианлеиз. Ақырҭқәа Лабра иақәлоит ҳәа адырра анҳау, гәыԥҩык аибашьцәа ҳцеит ацхырааразы. Ҳаннеи, қыҭацыԥхьаӡа, ҩыџьа-ҩыџьа, хҩы-хҩы, аҳаракыра ихалан ихьчо итәахьан. Бџьарла рацәак ҳаиқәшәамызт аха, зегьы ргәы хыҭхыҭуа, ақырҭцәа абрахь Лабра иажәлар, егьырҭ ақыҭақәа – Кәтол, Ҭоумышь, Ӷәада,Ҷлоу иалалар рылшон азы, зегьы ибзиан ирдыруан ара иаҳмыхьчар ада ԥсыхәа шҳамамыз. Ҳабџьар маҷуп ҳәа згәы каҳан иҟазгьы ыҟан аха, ишырҳәо еиԥш, ар маҷ хьӡы ргеит ҳәа, убасҟан даара ибзиан зегьы еицырдырхьаз ансамбль "Шьараҭын" акәашаҩ Резо Чачхалиеи сареи апҟеиҳәа шәак аацәырган ҳабжьы ныҭҳарҟьеит. Нас акәашарахь ҳаниас, имагәқәа ааишьхны, ишьапы хырҟьаҟьаны асы днылагыланы акәашара дналагеит!.. Зегьы ргәы шьҭыҵит, зегьы агәра аагеит ари аибашьра ҳара ҳшаиааиуаз!..
Резо ԥсаҭашкәакәа ашьҭахь Цагера ажәылараан дҭахеит, ихҵоуп Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ.
Ус заҟа, заҟа фырхаҵара аадрыԥшызеи ҳаԥсуа ҷкәынцәа гәымшәақәа. Урҭ зегьы аԥсҭазаара еилаҳан - аԥсра ршьуан… Сара аибашьраҿ избаз-исаҳаз зегьы хә-томк ҟалоит, ҳаиасыԥ егьырҭ азҵаарақәа рахь…
- Зегьы реиԥш, аибашьра ашьҭахь аԥсҭазаарахь ахынҳәра даара иуадаҩын аха, игәаӷьны аҭаацәара салалеит. Хҩык ахшара срабуп. Зегьы аҵара дуқәа дсырҵеит. Аиҵбы Леон Ҵыџьба - адунеи дачемпионны дҟалеит. Аспорт сара бзиа избон, сыԥсы алан, иаргьы дысхьыԥшит.
Аибашьра ашьҭахь, амлакра, ахьҭакра, аблокада зегьы ҳариааиуан, уахынла смыцәаӡакәа асахьақәа ҭысхуан. Нас, Нури Кәарҷиа ибзоурала 40 усумҭа рцәыргара сылшеит. Уи нахыс мышьҭабзиала, 15 шықәса иалагӡаны 11 цәыргақәҵа Аҟәа иҟасҵеит. Аибашьра ашьҭахь, схы срыҽхәом, раԥхьаӡа ацәыргақәҵа ҟазҵаз сара соуп Аҟәа. Сусумҭақәа аҳәаанырцә ахатәы галереиақәа рҿы ирацәаны иҟоуп. Иреиӷьқәоу ҳаԥсуа галереиа иазынсыжьит. Иахьауажәраанӡа схандеиуеит исылшо ала. Сыжәлари сыԥсадгьыли рымаҵ шызуц изуеит, гәаартыла ауаа сырзыҟоуп. Ауаҩы ари адунеиаҿы иҭынхо, ихылҵызи иаԥиҵази роуп…
© Foto / из архива семьи Цвижба

Илиа Ҵәыџьба иусумҭа

Илиа Ҵәыџьба иусумҭа - Sputnik Аҧсны
1/5

Илиа Ҵәыџьба иусумҭа

© Foto / из архива семьи Цвижба

Илиа Ҵәыџьба иусумҭа

Илиа Ҵәыџьба иусумҭа - Sputnik Аҧсны
2/5

Илиа Ҵәыџьба иусумҭа

© Foto / из архива семьи Цвижба

Илиа Ҵәыџьба иусумҭа

Илиа Ҵәыџьба иусумҭа - Sputnik Аҧсны
3/5

Илиа Ҵәыџьба иусумҭа

© Foto / из архива семьи Цвижба

Илиа Ҵәыџьба иусумҭа

Илиа Ҵәыџьба иусумҭа - Sputnik Аҧсны
4/5

Илиа Ҵәыџьба иусумҭа

© Foto / из архива семьи Цвижба

Илиа Ҵәыџьба иусумҭа

Илиа Ҵәыџьба иусумҭа - Sputnik Аҧсны
5/5

Илиа Ҵәыџьба иусумҭа

1/5

Илиа Ҵәыџьба иусумҭа

2/5

Илиа Ҵәыџьба иусумҭа

3/5

Илиа Ҵәыџьба иусумҭа

4/5

Илиа Ҵәыџьба иусумҭа

5/5

Илиа Ҵәыџьба иусумҭа

- Иахьа Аԥсны уара иубар шԥауҭаху, 30 шықәса рыҩнуҵҟа ҳажәлар зыхьӡаз, изхьымӡаз, ҳҵеира раԥхьаҟа ирзыԥшу, ҳадиаспора рыԥсадгьыл гәакьахь раагаразы мҩақәас иубои?..
- Сгәы иалоуп, иахьа аԥсуа ҳәынҭқарра анҳамоу аамҭазы, аԥсышәала ҳусҳәарҭақәеи ҳҳәынҭқарратә хыбрақәеи зегьы рҿы ахархәара ахьамоуз. 2015 шықәсазы ҳпарламент иаднакылеит азакәан, ишьақәдырӷәӷәеит аԥсышәала аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәа аусурақәа мҩаԥыргаларц, аха иахьа уажәраанӡа уи ишахәҭаз аус амуит, игәыгәҭажьны иаанхеит. Уи зегьы иҳаԥсыҽроуп. Уи ҳаԥсуара ҵнаршәаауеит. Аԥсуаа аԥеԥш бзиа анҳауа убасҟан ауп, ҳаԥсуа бызшәа ҳхаасҭа пату ақәҵаны, игәцаракны, иҳаракны ианышьҭаҳхлак, уи ҳагьеиднакылоит, ԥхьаҟагьы ҳагоит, ҳмилаҭ еиқәнархоит…
Убасҟан ауп еиҵагыло ҳаԥсуа ҵеира аԥеиԥш бзиа анроуа, мамзар адунеи ҳалаӡыр ҳалшоит…
Абызшәоуп амилаҭ еиқәзырхо!..
Аҳәынҭқарра зыҟалом амилаҭ идеиа ыҟамкәа… Уи иахьа иазхәыцуа рацәаҩым. Уи амаҵ утәуп, ирҿыхатәуп адемографиатә политика. Уи мшын нырцә иҟоу ҳаԥса хылҵшьҭрақәа аанагароуп рыԥсадгьыл ахь. Уи ҳаԥсуара еиқәзырхо акакәны избоит… Амилаҭ идеиа шьаҿа-шьаҿала еихаҳаны иқәныҟәалатәуп, иӡбалатәуп ажәлар ргәы иҵхо азҵаарақәа реизҳаразы, рыҿиаразы, рӷьацаразы… Уи закәанзароуп зегьы ҳзы…
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҵәыџьба Урыстәыла иусумҭақәа рӡыргара иазкны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2023
Арадио
Ҵәыџьба Урыстәыла иусумҭақәа рӡыргаразы: еиҭа аус зундаз ҳәа агәацԥыҳәара соуит
- Уара сахьаҭыхҩык иаҳасабала Аԥсны уеицырдыруеит, Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы инарҭбаан уусумҭақәа аабахьеит, ирлас-ырлас аинтернет аҿы иқәургылоит. Урҭ зегьы сара шамахак акгьы саҩсмыжьӡацт… Уаԥхьаҟа уара уусумҭақәа ирызҿлымҳау ахәаԥшцәа злаургәырӷьаран иҟои, аҭаҵәах бзиақәа умамкәа уҟам?!
- Схы ааздыруа саныҟалаз инаркны иахьа уажәраанӡа бзиа избоз ҳабдуцәа иаҳзеиҭарҳәоз Нарҭаа ирызку ҳфольклор асахьахь ииаганы иҟасҵар сҭахуп. Уи аус адулара саҿуп, даҽа хԥаҟа шықәса сагоит, хынҩажәа усумҭа сзыҟаҵар, ицәырызгоит. Усҟан хымԥада зегьы адырра шәысҭоит, шәнасыԥхьоит.
Егьыс, Афеисбук аҿы лассы-лассы иқәсыргылалоит сусумҭақәа. Аиашазы, аус зуеит еиԥмырҟьаӡакәа, сгәы иалоу иҟасҵахьоу аасҭа иҟасымҵац еиҳаушәа збоит. Уи ақәра акәу иҟазҵо сыздыруам. Имаҷушәа збоит… Аҟазара ҳәаа амаӡам. Аҟазареи аԥсҭазаареи акоуп. Аҟазара иаҿу зегьы алаԥықәшәа бзиа рзеиӷьасшьоит, ҳазшаз дырзыразхааит. Аспорти акультуреи роуп амилаҭи аҳәынҭқарреи ӡырызго адунеиаҿы…
- Иахьа зегьы иаҳхьаау иреиҳауп ҳхыԥхьаӡареи ҳбызшәеи, уи апробльема еиҳау зҵаара ҳамаӡам, аӡбашьақәагьы еиуеиԥшым… Уара ушԥахәаԥшуеи?
- Абызшәа… Ҳара ҳаԥсуа бызшәа аҟара иԥшӡоу, ибеиоу даҽа бызшәак ыҟоуп ҳәа сыҟам… Уи иамоу амчи адоуҳаи еилызкааз адунеи зегьы дақәлахоит… Абиԥарақәа еимаздо, еиқәзырхо ажәлар жәларны инхартә иҟазҵо рбызшәоуп… Уи адоуҳақәа ирдоуҳауп. Дарбанзаалак ауаҩытәҩса игәаҵӷа иаҵдоуп иара ибызшәа…
- Сара асахьаҭыхра исеилнаркааз рацәоуп: Апоезиа, апроза, архитектура, амузыка, афилософиа, амистика, аԥсихологиа, агеометриа, анатомиа, абиологиа уҳәа инарҵауланы срызхьанарԥшит. Иҟоу шыҟоу, иахьынтәиааз ҟазараҭҵааҩык иаҳасабала иубозароуп, иҭуҵаауазароуп, уаԥхьароуп. Иҿыцу аӡәы уиламҩашьо ухаҿра уоурц азыҳәан… Хыхь ишазгәасҭаз еиԥш, анцәа исаҭәеишьар, шәсыргәырӷьаргьы ҟалап!..
© Foto / из архива семьи Цвижба

Илиа Ҵәыџьба

Илиа Ҵәыџьба - Sputnik Аҧсны
1/4

Илиа Ҵәыџьба

© Foto / из архива семьи Цвижба

Илиа Ҵәыџьба

Илиа Ҵәыџьба - Sputnik Аҧсны
2/4

Илиа Ҵәыџьба

© Foto / из архива семьи Цвижба

Илиа Ҵәыџьба

Илиа Ҵәыџьба - Sputnik Аҧсны
3/4

Илиа Ҵәыџьба

© Foto / из архива семьи Цвижба

Илиа Ҵәыџьба

Илиа Ҵәыџьба - Sputnik Аҧсны
4/4

Илиа Ҵәыџьба

1/4

Илиа Ҵәыџьба

2/4

Илиа Ҵәыџьба

3/4

Илиа Ҵәыџьба

4/4

Илиа Ҵәыџьба

-Ҳаиҿцәажәара анҵәамҭаз, уареи сареи анкьа ҳанқәыԥшӡаз Ҷлоу, Дәаб аӡиас, амшәқәа реиԥш ихыжьлаз ахаҳә еиқәаҵәа дуқәа ҳрықәтәаны ажәеинраалақәа ҳашрыԥхьоз еиԥш, уажәгьы иҿыцу жәеинраалак ацыԥҵәахак "цаҳәцаҳәуа" иаасызцәыругар, даара сургәырӷьон, аҩнынӡагьы сагон!..
- Дәаб аӡиас, Анатоли уаргьы саргьы иҳанаҭаз рацәоуп. Уи иаҳнарҵеит аӡырҩышьа, ахәыцшьа, адунеи агәеисыбжь, аԥсы ахьҭоу абара… Иаҳнарҵеит аҟазара амаҵ азура, ԥсыцқьала анхашьа анҵышьа. Анҭ ҳныхақәа реиԥш иахьагьы уи аӡмыжьқәа рлакҭақәа цқьоуп. Ихыҽҽо ишлеиц илеиуеит Ԥанаҩи Ҷлоуи иргәылсны. Ауаҩы ишьҭра аныҵӡом, ишьҭыбжь адунеи ахаҿы ианхалоит… Есааира иазҳалоит ауаҩреи Аԥсҭазаареи еицнаҵы. Иахьатәи ҳцәажәарагьы хҳаркәшап нас, Анцәа ду абас ҳанеиқәиршәа, абыржәы сгәалашәараҿ иааиз лирикатә жәеинраалак ацыԥҵәаха ала:
Ашәшьы анхыла, иасыз ԥшан,
Сынхьаԥшит, аҵлақәа рнапеинҟьабжь аасаҳан…
Ирҩашьыго ааԥын хага ааилаԥсан,
Иҩеижьӡа, снылагылеит, быӷькаԥсан…
Абар иссиру ԥҳәызбаԥшӡак дахьнеиуа,
Илгәыдыҳәҳәала абӷьыцқәа аԥша иҿнаршәаз…
Анаџьалбеит, илыхьзеи, нас уи дзыргәаҭеиуа,
Аԥша гызмалума, лыхцәеиқәа еилзыршәшәаз!!!
Ажәабжьқәа зегьы
0