Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

2024 шықәсазы Амилаҭтә галереиа ахыбра хәҭа-хәҭала ишьақәыргылахоит

© Foto / Пресс-служба Министерства культуры Абхазии Второй этаж Национальной картинной галереи по улице Пушкина будет восстановлен в этом году
Второй этаж Национальной картинной галереи по улице Пушкина будет восстановлен в этом году - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2024
Анапаҵаҩра
1999 шықәсазы Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Аҟәа, Пушкин имҩаҿ игылоу ахыбра Амилаҭтә сахьаҭыхымҭақәа ргалереиа иазалихит.
АҞӘА, жәабран 3 – Sputnik. Амилаҭтә сахьаҭыхымҭақәа ргалереиа аҩбатәи аихагыла ҳазҭоу ашықәсазы еиҭашьақәыргылахоит ҳәа адырра ҟанаҵоит акультура Аминистрра апресс-маҵзура.
Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб идҵала аҟазауаа ахыбра аҭагылазаашьа ҭырҵааит.
"Абылра иацәынхази аԥхьаҟа иаархәараны иҟоу асахьаҭыхымҭақәеи, иара убас аусуцәа ахьтәаша ауадақәеи абарҭ роуп раԥхьа иҟаҵатәу. Уи азы уажәы ҳахәаԥшны ҩба-хԥа уада алхны еиҭашьақәҳаргылоит", - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарратә еилазаара "Аԥсныргылара" адиректор хада Руслан Тәанба.
Уажәазын иазгәаҭоу ҩба-хԥа уада реиҭашьақәаргылараз апроект-харџьынҵатә шәҟәқәа реиқәыршәара иаҿуп, аекспертиза мҩаԥгахоит.
Тәанба: амилаҭтә галереиа ахыбра абжа аҟаҵаразы апроект аиқәыршәара хацыркуп  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.02.2024
Арадио
Тәанба: амилаҭтә галереиа ахыбра абжа аҟаҵаразы апроект аиқәыршәара хацыркуп
Амилаҭтә сахьаҭыхымҭақәа ргалереиа ахыбраҟны имҩаԥысыз анҭыҵтәи аилатәара рхы аладырхәит атәыла акультура аминистр аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Динара Смырԥҳа, аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы Аҳәынҭқарратә усбарҭа анапхгаҩы Гарик Сангәлиа, Аҳәынҭқарратә еилазаара "Аԥсныргылара" адиректор хада Руслан Тәанба, Амилаҭтә сахьаҭыхымҭақәа ргалереиа адиректор Сурам Сақаниа, Аԥсны шьаҭанкылатәи аргыларатә усбарҭа ахаҭарнакцәа.
Ажьырныҳәа 21 рзы Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбра амцакраан иблит Амилаҭтә сахьаҭыхымҭақәа ргалереиа афонд. 4000 сахьаҭыхымҭақәа рҟынтәи иаанхеит 200.
Ажәабжьқәа зегьы
0