Аԥсҭазаара еиҳа изныруа: иахьатәи аҟаза ихаҿсахьа

© Sputnik / Томас Тхайцук Амиран Адлеиба иҟазарҭаҟны
 Амиран Адлеиба иҟазарҭаҟны  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟазара иаша зеиԥшроу, уи ауаҩы иеиқәырхара алшо иалымшо, аҟазара идеологиас иамоу арбану… Аскульптор, апоет Амиран Адлеиба арҭи егьырҭ азҵаарақәа жәпаки рзы имоу агәаанагара ҳацеиҩишеит.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Аҵаҩи арҵаҩи

Александр Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа саныҩналаз, уи адиректор Амиран Адлеиба аскульптура аус адулара даҿын.

© Sputnik / Томас ТхайцукАмиран Адлеиба иҟазарҭаҟны
Аԥсҭазаара еиҳа изныруа: иахьатәи аҟаза ихаҿсахьа - Sputnik Аҧсны
Амиран Адлеиба иҟазарҭаҟны

- Абри иагу-иабзоу сыҵаҳәа, угәы ишԥаанаго? – аԥсшәа саҳәо, сызқәымгәыӷуаз азҵаара сиҭеит аскульптор. Акәаҳараҿы сшыӷәӷәам идырызшәа, сара сҭыԥан аҭак ҟаиҵеит аҵараиурҭа астудент Аслан Аршба.

- Абра маҷк иқәцәаатәуп, ақьышәқәеи ацламҳәеи аус рыдулатәуп… - игәаанагара ҳаилиркаауан аскульптор қәыԥш. Амиран Сардион-иԥа истудент диқәшаҳаҭхеит. Уи ашьҭахь дақәшаҳаҭхеит ҳаҿцәажәарагьы.

Аӡахәеилыхрагьы анскульптуроу

Ахәыҷра еиҳау иарбану ҳәа лассы-лассы ихала ихы дазҵаауеит аскульптор Амиран Адлеиба. Иара иажәақәа рыла, ихәыҷра адунеи ссир иазкны аҩымҭа аҩра напы алаикырц агәаҳәара ду имоуп, аха макьана аамҭа изымԥшааӡац.

© Sputnik / Томас Тхайцук Амиран Адлеиба иҟазарҭаҟны
Аԥсҭазаара еиҳа изныруа: иахьатәи аҟаза ихаҿсахьа - Sputnik Аҧсны
Амиран Адлеиба иҟазарҭаҟны

Ахәыҷраҿы иааукәыршаны иҟоу ауаа, аԥсабара, урҭи уареи шәеимадара - убарҭқәа зегьы рҟынтәи ауп зегьы шалаго ҳәа агәра ганы дыҟоуп аҟаза. Ауаҩы иқәра еиҳахацыԥхьаӡа, ишьҭахҟа дхьаԥшны дзызхәыцшеи еиҿирԥшышеи еиҳа-еиҳа ирацәахоит ҳәа азгәеиҭоит иара. Ус баша машәыршәа, акы иазҳәамкәа акгьы ҟалаӡом ҳәа агәра ганы дыҟоуп.

Амиран Адлеиба: скульпторны сыҟалара сан лоуп изыбзоуроу>>

Иара убас Амиран Сардион-иԥа даараӡа дзызҿлымҳау, еснагь дзызхәыцуа ауп аҟазарахь ацәанырра ҷыдақәа ауаҩы ишизцәырҵуа атема. Иара иани иаби аҵара ду рымамызт, инхацәан, аха дара роуп аҟазарахь агәыбылра изҭаз ҳәа дазхәыцуеит.

"Ҳаҩны ахәы ҳаракы иқәгылоуп. Саб ҵаҟа дылбааны дынхар илшон, аха иџьынџь нмыжькәа, асып ԥҟаны, ауардын зхало, нас амашьынақәагьы знеиуа иҟаиҵеит. Сара уи иԥиҟоз ацаҟьақәа рҟны асахьақәа ҭаԥысыҟҟон. Усҟан уи сазхәыцны акәмызт ишыҟасҵоз, иахьысгәаԥхоз азы ауп. Аха уажәшьҭа еилыскаауеит сара сзы уи аҵакы ахьынӡаҳаракыз, анаҩстәи сыԥсҭазаараҿы анырра иҟанаҵаз. Иара убас сабгьы саб иашьагьы аӡахәа рааӡон, тоннала аҩы ҭарҭәон. Сызлиаауаз, избоз, исаҳауаз аԥсуа бзазашьа сшьа-сда иалалон. Цқьа узахәаԥшыр, аӡахәеилыхрагьы - скульптуроуп", - еиҭеиҳәоит Амиран Адлеиба.

Амиран Сардион-иԥа иажәақәа рыла, аԥсуаа рмилаҭ ҟазшьа ҷыдақәа ҵыхәаԥҵәарада иџьаишьоит, урҭ рҟнытә иаликаауа иреиуоуп ашьхақәа рыбзиабара. Ҳхылҵшьҭрақәа ирдыруаз аԥсабара амаӡақәа абиԥарала еимырдон, насгьы ашьхарахь аныҟәара зылшо - иӷәӷәоу, зхы иақәиҭу, итәым ауаа роуп ҳәа азгәеиҭеит аскульптор.

Ахаҳә аԥсы ҭазҵо Саида Ԥлиаԥҳа>>

Ашьхақәа рыбзиабара аҟаза иԥсҭазаара иахәҭакуп. Есмҽыша Ҷлоуҟа данцо кыр аамҭа дгыланы урҭ дрыхәаԥшуеит, ирымидоит аҟазара игәы азҭазҵо адоуҳамч. Кырӡа дзеиҷаҳауа уи агәыбылра кыршықәса уажәаԥхьа, ихәыҷраамҭазы изцәырҵхьан.

© Sputnik / Томас Тхайцук Амиран Адлеиба иҟазарҭаҟны
Аԥсҭазаара еиҳа изныруа: иахьатәи аҟаза ихаҿсахьа - Sputnik Аҧсны
Амиран Адлеиба иҟазарҭаҟны

"Раԥхьаӡа Ерцахә ашьха сылаԥш анақәшәа, ибзиаӡаны игәныскылеит уи асахьа. Усҟан уи ашьха ахьӡ сыздыруамызт. Отаԥҟа сабдураахь лассы-лассы аанҿасра сцалон. Уаҟа аиҳабацәа ахьеицәажәоз саншьа иҳәамҭаны исаҳаит Кәышә иҳәымҩа ажә дхалар дҿахоит, аҿа дхалар дажәуеит ҳәа ахшыҩҵак ссир. Анаҩс ауп ианеилыскааз уи зхиҳәаауаз Ерцахә ашьха шакәыз", - игалаиршәоит аскульптор.

Амаҭәар арҟыҵымыҵра

Амиран Адлеиба апоет Ҷыҷыкәа Џьонуа иааԥхьарала раԥхьаӡакәны Аҟәа данааз, ахәбатәи акласс аҟны дтәан. Иара иеиԥш ари аиԥылара иалахәын арҿиара иазҿлымҳаз даҽа ԥшьҩык аҿарацәа. Апоет ахәыҷқәа идирбаз Дырмит Гәлиа ибаҟа – ахаҳә иаласаз, абахә еиԥш иҳаракыз - заԥхьаҟа искульпторхараны иҟаз арԥыс иџьашьатәшәа иааинырит.

© Sputnik / Томас Тхайцук Амиран Адлеиба иҟазарҭаҟны
Аԥсҭазаара еиҳа изныруа: иахьатәи аҟаза ихаҿсахьа - Sputnik Аҧсны
Амиран Адлеиба иҟазарҭаҟны

Убри ашықәсан ауп Амиран Адлеиба раԥхьаӡатәи иусумҭа напы анаиркызгьы. Игәынкыланы имаз ала, 50-ҟа сантиметра аура аҭаны, анышәаԥшь иалхны иҟаиҵеит Дырмит Гәлиа ихаҿсахьа.

"Аа-класск рҟны саннеи Шоҭа Русҭавели искульптура напы асыркит. Март мзазы акәын, цәгьала ихьҭан аҽны. Мышкы иалагӡаны, адәы сыцәгыланы, алашьцара иаасымнахаанӡа иҟаҵаны салгеит. Иахьа саназхәыцуа, ахьҭаҵәҟьа сызламкыз џьасшьоит. Хымԥада, аҟазара абзиабара ду акәын исзырҟаҵоз", - игәалаиршәоит аскульптор.

© Sputnik / Томас Тхайцук Амиран Адлеиба иҟазарҭаҟны
Аԥсҭазаара еиҳа изныруа: иахьатәи аҟаза ихаҿсахьа - Sputnik Аҧсны
Амиран Адлеиба иҟазарҭаҟны

Уи ашьҭахь аскульптор қәыԥш иҟаиҵеит зыдунеи зыԥсахыз Ҷлоутәи ашкол адиректор Константин Аҳәба ибиуст. Ари анапкымҭақәа збаз зегьы автор иддырҽхәалон, џьашьахәыс ишьҭырхуан. Аха иара уи дахнаԥааӡомызт, избан акәзар, ауаа ргәаанагара зеиԥшразаалакгьы, гәаныла иалиххьан иԥсҭазаара ззикуаз азанааҭ.

© Sputnik / Томас Тхайцук Амиран Адлеиба иҟазарҭаҟны
Аԥсҭазаара еиҳа изныруа: иахьатәи аҟаза ихаҿсахьа - Sputnik Аҧсны
Амиран Адлеиба иҟазарҭаҟны

Аскульптор қәыԥш Қарҭтәи аҿыханҵа академиа 5 акурс анаиркуаз аамҭазы, иԥсҭазаараҿы ароль ӷәӷәа назыгӡаз даҽа "еиԥыларак" ҟалеит. Аҟәа ақалақь аҟны иара раԥхьаӡакәны ибеит адольмен.

Давид Симониа: аҟаза аԥсҭазаара бзиа ибозароуп>>

"Сыла иабаз ахаҿсахьа амхылдыз еиԥш исҟәынҷаблеит. Ари ҟалашьас иамои, ари скульптураӡам, схы изласырхәари ҳәа исызцәырҵыз азҵаарақәа иаразнак рҭак шысзыҟамҵазгьы, шықәсқәак раԥхьа Ерцахә ашьха шыснырыз еиԥшҵәҟьа сгәы аҵанӡа инеит. Анаҩс, Стоунхенџь иазку Генри Мур иҩымҭа санаԥхьа, раԥхьаӡа адольмен анызба исоуз ацәаныррақәа сгәалашәеит. Амеголиттә аамҭа иаҵанакуа абаҟақәа иагьа иҭырҵаахьазаргьы, зегь акоуп, амаӡа рыҵоуп. Аха амаҭәар зырҟыҵымыҵуа аҟазацәа ҳакәша-мыкәша иҟоу еиҳа иазааигәаны анырра рылшоит ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Амиран Сардион-иԥа.

© Sputnik / Томас Тхайцук Амиран Адлеиба иҟазарҭаҟны
Аԥсҭазаара еиҳа изныруа: иахьатәи аҟаза ихаҿсахьа - Sputnik Аҧсны
Амиран Адлеиба иҟазарҭаҟны

Идеологиас иҟоу - ҟазароуп

Аскульптор, апоет Амиран Адлеиба арҿиареи аҟазареи еимаркуа, еиԥмырҟьаӡакәа зыуаажәлари зыԥсадгьыли рлахьынҵа иазхәыцуа уаҩуп. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аилазаара аҩнуҵҟа аидеологиақәагьы рҽырыԥсахуеит, аамҭа аҭахрақәа ирықәшәо аанхоит, аҭоурых иазынхоит урҭ ирышьамшәало, ирхьымӡо. Аха иара, аҟаза иаша изы, ианакәызаалак идеологиас иҟаӡоу аҟазара ауп ҳәа агәра ганы дыҟоуп.

"Ауаҩы деиқәзырхо ицәа иалоу абзиабара дуӡӡа ацқьара ауп. Иҟалоит уи уҭанархаргьы. Аха, зегь акоуп, ухы мжьакәа, убаҩхатәра ииашаны амаҵ азууазар – укыднаҟьоит, аха уеиқәнархоит ҳәа сгәы иаанагоит. Асовет ҳәынҭқарра аидеологиа аныӷәӷәаз, аԥсуа милаҭ ахақәиҭра аидеиа ҳгәылацәа ақырҭқәа ианырхәаҽуаз - ҳшәаӡомызт, ҳақәԥон. Аҭынч ԥсҭазаараҿы аинтригақәа рацәахеит, ҳара иаҳтәым ҟазшьақәак ҳалаҽит. Ҳәарада, уи ҳмилаҭтә ҟазара аҿиара иаԥырхагоуп. Аха аҟаза иаша иарбан аамҭазаалакгьы, акагьы дахәаԥшӡом, акгьы дахьыԥшӡам, еснагь иус инапы алакуп", - иҳәеит Адлеиба.

Асахьаҭыхратә ҵараиурҭахь уаннеиуа, ари ахыбраҿы аԥсҭазаара беиа змоу аҟазара адоуҳамч аауныруеит. Иагьараан аусуратә уадахь уҩналаргьы, Амиран Сардион-иԥа хымԥада уа дубоит. Еснагь аҟазара даҿуп. Уажәгьы, ҳанеиҿцәажәа ашьҭахь, снаскьаганы иус дазыхынҳәит. Анышәаԥшь ԥызҟоз аҟаза иаҳәызба, адәахьала, аԥенџьыр аҟынтәи избарҭан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0