Аԥсны

Ароман ҿыци аиҿцәажәарақәеи: "Алашара" аԥшьбатәи аномер ҭыҵит

Иҭыҵит ажурнал "Алашара" аԥшьбатәи аномер. Уи аатуеит "Нхыҵи-аахыҵи ахьтәы цҳа рыбжьазҵаз" захьӡу апоет Геннади Аламиеи ажурнал аредактор хада Анатоли Лагәлааи реиҿцәажәара ала.
Sputnik
Адунеиаҿ иҟоуп ашәҟәыҩҩцәа дуқәа, зырҿиараҿ мацара идуу, иаҳракӡоу аҩаӡараҿ ихалаз. Иҟоуп, зырҿиараҿгьы, ауаажәларратә ԥсҭазаараҿгьы аҩ-мҩак еиԥшны еицзназго, уимоу, зны-зынла зырҿиара ааныжьны, ажәлар рус еиҳа зхы- зыԥсы зегьы азҭо. Уи иаанагаӡом ирҿиара еиҳа имаҷны иаанагоит ҳәа ижәлар рзы, уи иаанаго, убри аамҭазы, убри аҭыԥ аҿы, иара ида хәшәы амаӡам жәлар ирыхәо аус ду аҟаҵаразы. Убас дыҟоуп зыжәлар рлахьынҵа аиӷьтәразы зпоезиагьы, изааигәаӡаз ауаагьы аамҭала ирлас-ырласны мчыла изхазрышҭлоз, аха зырҿиара, акәаш мцеиԥш ишаҳәшаҳәуа, зажәеинраалақәа шаҟантә урыԥхьо аҟара, ҿыц аартрак, маӡак, хшыҩ ҵаулак узцәырызго Геннади Аламиа.
Адунеи ақәлаха сазраӡаз,
Ахәмарха сыҭ,
Аччаха,
Гәырҩеи насыԥи реилкааха,
Ааԥсаха сыҭ,
Ашлаха,
Уи сызхоит,
Уи салаӡоит…
Уи аҳәаа санынахыс,
Ҳәатәы-утәы сымаӡам…
Ԥсшьараамҭоуп- уи нахыс,
Ԥсшьаха змоуц дыҟаӡам…
Аԥсны
Нхыҵи-аахыҵи ахьтәы цҳа рыбжьазҵаз апоет: Геннади Аламиа иҿцәажәара
Сара ибзиаӡан исгәалашәоит, ҳаибашьра алагара хымшҟа шагыз, ажурнал "Алашара" аредакциаҿ, апоет Рауль Лашәриеи сареи ҳахьтәаз акабинетаҿ днеит Геннади. Даара дааԥспны дшыҟаз ҩашьаӡомызт, зынӡа акгьы ҵӡомызт Нхыҵынтәи дааижьҭеи, аха дзеигәырӷьозгьы дыруалуашо акы ихы-иҿы ианыԥшуан. Иахьагьы слымҳа иҭаҩуеит уи иажәақәа:
"Иамуӡакәа, ақырҭқәа еибашьраҳәа Аԥсныҟа рҿаархаргьы, нхыҵтәи ҳашьцәа шьхала мацара иааны иҳавагылоит... Уаҟа сара сзацәажәаз зегьы, аԥсуаа убриаҟара бзиа ҳарбоит, иаҭаххар, рхы ҳақәырҵоит!.. Аха уанӡа анцәа ҳноумган... Уи, ианамуӡалак…"
Аиашазы, Геннади Аламиа Нхыҵи-Аахыҵи ҳаимадаразы, ацҳа ҳабжьаҵаразы убриаҟара илиршеит, убри зегьы ҩызар, иҭҵаазар, хәы змаӡам ҭоурыхуп уаҵәы игыло ҳҿар рзы. Шәара шәазхәыц, абрантәи уаҟа нхыҵ ишьны инаргоз аҷкәынцәа рымҩаԥгара, рыхцәажәара, зылабжыш мчыла иаанкылан игылоу ани аби аԥсуа жәлар зегьы рыхьӡала рыдышшылара шаҟа ихьанҭоу. Шаҟантә ида илыԥсааз, шаҟантә дзыхцәажәоз дрыцыԥсыз иара иоуп издыруа.
Апоет Геннади Аламиа иҿцәажәареи афилософиатә хәыцрақәа рыла иҭәу уи иажәеинраалақәеи хымԥада аԥхьаҩ агәахәара ду ирҭоит.
Апроза аҟәшаҿы ажурнал иануп ашәҟәыҩҩы Анзор Мықәба ироман ҿыц "Ачамҳа ду аҵаҟа" алагарҭа. Ари ароман аҿы еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы-адраматург Анзор Мықәба ибзиаӡан дазааҭгылан рхаҿсахьақәа ҳирбоит мшын нырцә мчыла ихырҵәаны Амҳаџьырра аан иргаз ҳажәлар рлахьынҵа, ргәаҟ-ҵәаҟрақәа, ҿык-бзык иазымҳәо ргәаҟра, раныӡаара. Ажурнал "Алашара" ари ароман х-номерк рҿы иакьыԥхьуеит, агәыӷрагьы ҳамоуп уи ирацәаҩны ишаԥхьо…
Ажурналаҿ иажәеинраала ҿыцқәа рыла дықәгылеит ааигәаӡа 70 шықәса зхыҵыз апоет- академик Владимир Занҭариа.
Аԥсны
Зҭәымҭа иҭагылоу апоет-академик: Владимир Занҭариа 70 шықәса ихыҵит
Владимир ирҿиара азы аредакциа "Алашара" амышьҭа бзиоуп ҳҳәаргьы ҳацәыԥхашьаӡом, избанзар, шықәсқәак раԥхьа иажәеинраалақәа еидызкыло ишәҟәы Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиахь ианықәҳаргыла, хьаҳәаԥаҳәада ианашьахеит, уи ахьӡ ҳарак даԥсахеит. Убригь, ҳпоезиа зегьы азы иааироуп, избанзар, убраҟагьы икьыԥхьын ииашаҵәҟьаны ҳбызшәеи, ҳажәлари, уаҵәтәи ҳԥеиԥши рызхәыцра иазку ажәеинраала бзиақәа. Абраҟа, инымҩатәны акәзаргьы иазгәасҭарц сҭахуп, иахьа ҳпоезиа зегьы ааизакны уахәаԥшуазар, еиҳаракгьы аграждантә лирика, агәаӷьра маҷк ишацәыӡыз, ашәҭ ԥшӡақәеи, ашьха ҳракқәеи, аԥша ҟәандеи шьҭа ҳаԥхьаҩ дрызхыхӡом, драҩсуеит, егьа ицәгьазаргьы, апоезиаҿгьы аиаша ашьапы ӷәӷәақәа ирықәургылар ҟалоит, аҵакыҵәах ицәхьаҵтәуп, уи шьҭа ҳаԥхьаҩ игәы изақәкӡом, аиаша исахьаркны аҳәашьа азыԥшаалатәуп. Убри аганахьалагьы, Владимир ипрозаҿгьы, ипоезиаҿгьы, аҵак бзиа аҭаны, иаахтны ицәажәара иҩымҭақәа еиҳагьы урзааигәартәуеит, инапыршьышьуа, ирзымдыруа, ирыцәтәыму иаламлакәа, раамҭа аҿахәы рҳәоит.
Абраҟа иааҳгап апоет иажәеинраалақәа иреиӷьӡоу руак:
"Ахақәиҭра ацәызгада аҽыҩ?"
Изшьаҳада абри аҽыҩ, изшьаҳада,
Иақәызхыда аҽыццышә акәадыр?
Адәеиужьқәа ирықәын ахы мшаҭа,
Изҭаххада аҽыҩ ашоура хҽыр?
Ашьапқәа ирхоу зынџьырқәакгьы хьархьаруеит,
Ахы раҳа агәашәқәа рахь иԥшлоит.
Абар нахьхьи иахьықәу аҩызцәа кәаруа,
Иара уахь ианхьаԥшуа агәы ԥшаалоит…
Икьыркьырлоит, икьыркьырлоит, игәаҭеилоит,
Ацәа цыҩцҩлон анкьа зны- ицыҩцыҩ.
Ашьапы наҵшьуа ашҭаҿ иаалеиҩеилоит,
Изшьаҳада аеҵә кыдызхлоз аҽыҩ?
Ахақәиҭра ацәызгада аҽыҩ?!
Апоезиа аҟәшаҿы аԥхьаҩ иԥылоит апоет Инна Аҳашба ллитературатә ҭынха аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ирыҵаркуа лажәеинраалақәа. Иара убасгьы араҟа иуԥылоит Аԥсны ииз, иааӡаз абырзен поет Николаи Патулиди иажәеинраалақәа, урҭ ҟазарыла аԥсшәахь еиҭеигахьан апоет гәлымҵәах Таиф Аџьба. Абар урҭ руак абра иааҳгоит:
Аԥсны
Ҳаԥсуара иазышәаҳәоз абырзен поет: Николаи Патулиди диижьҭеи 80 шықәса ҵит
Имацәысуеит, нас аҟәақҳәа ихысуеит,
Адунеи хыџхыџуеит ишәаны.
Ақалақь ақәа шауаз иӡыфеит,
Ахан дуқәа гылоуп илаҳәны.
Егьаурым, иазымдырӡо ишаҟәыҵра,
Имақарлааит амшцәгьа ишаҭаху.
Даҽакуп изтәу зынӡа са схәыцра,
Амра шашоуп сашәақәа зызку…
Даара гәахәарыла узыԥхьаша арҿиамҭақәа рацәаны иануп "Алашара" ари аномер, аха урҭ зегьы ҳарзааҭгылан рҵакы аиҭаҳәара ара хықәкы хадас иҳамам, уи аус аԥхьаҩ изынҳажьуеит, акызаҵәык абраҟа иаҳарбоит урҭ рыхьӡқәа.
Ажурнал "Аиҭага ҿыцқәа" аҟәшаҿы иануп Геннади Аламиа иеиҭеигаз аурыс драматург ду А. Вампилов икомедиа "Аԥеиҳаб", иара убасгьы апоет Валери Касланӡиа еиҭеигеит А. Пушкини, А. Толстоии ражәеинраалақәа. Аслан Занҭариа еиҭеигеит Едгар Апллан По, Константинос Кавафиси, Иосиф Бродски ражәеинраалақәа.
"Алашара" уажәтәи аномер иануп иара убасгьы, Валентин Кәаӷәаниеи, Ҭали Џапуаԥҳаи, Апаллон Думааи, Виачеслав Аблоҭиеи, Саида Ҳаџьымԥҳаи уҳәа авторцәа рацәаҩны рҩымҭақәа.
Иаарласны ажурнал "Алашара" аԥшьбатәи аномер Аԥсны араионқәа зегь рҿы инагахоит.