Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Нхыҵи-аахыҵи ахьтәы цҳа рыбжьазҵаз апоет: Геннади Аламиа иҿцәажәара

© Foto / Анатоли ЛагәлааГенна Аламиа
Генна Аламиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.07.2024
Анапаҵаҩра
Апоет, ауаажәларратә усзуҩы, ажурнал "Аԥсны Аҟазара" аредактор хада Геннади Аламиа ԥхынгәы 24 рзы 75 шықәса ихыҵит. Убри инамаданы апоет диҿцәажәеит ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.
Ҿыц аҩра иалаго апоетцәа ҿарацәа ахааназ ргәаҿы иаанхоит раԥхьа ирыҿцәажәаз, амҩа иаша иқәызҵаз апоети, раԥхьатәи ражәеинраалеи. Саргьы уи анасыԥ сзылԥхеит, иахьа уажәраанӡагьы исыцуп, иԥхаҵәаҵәараӡа сгәы иҭоуп. Ааи, сара алитератураҿы раԥхьаӡатәи сырҵаҩ иакәны даанхоит Геннади Аламиа. Ибзиаӡаны исгәалашәоит усҟан иара шаҟа дҳаиҷаҳауаз арҿиара знапы алакыз аҿар зегьы, кәицк зланы иибаз иаҭаххаргьы иаахәлаанӡа дидтәаланы иажәеинраалақәа еилиргон, ирыгыз ирыбзаз уеиҳәон, дуԥырҵӡомызт, ииԥсахуаз ацәаҳәақәа зегьы уаргьы иудукылаанӡа, урықәшаҳаҭхаанӡ. Уи сара знык-ҩынтә исыҩхьеит, уажә еиҭах азыхынҳәра салагом, иахьа слитературатә рҵаҩи сареи ҳаиқәшәара даҽа ныҳәак иазкуп, амала нас, урҭ агәалашәарақәа "ҳармышьҭыҵәҟьо" иалагар, ҳаиҭарзыхынҳәып.
– Геннади Шьаликәа-иԥа, уара алитератураҿы уцәырҵшьа зынӡа иҿыцын, ҳпоетцәа абжеиҳараҩӡак злаҩуаз ажәеинраала аклассикатә форма иаразнак уҭыҵит, ашә аӷьеиҳәа " икыдуқшалеит". Иаразнак “иԥуҽит” урҭ ражәеинраала аҩышьа атехника, еиҳа ақәыӷәӷәара азууит ажәеинраала шкәакәа. Сара ибзианы исгәалашәоит ҳредакторцәа ианырҳәоз иара уахь дмиасыр амуазар диасааит, аха ҳпоетцәа ҿарацәагьы уахь имҩахигар ҳәа ҳшәоит ҳәа. Уахь ҳәа изҿыз, арифмеи аритмеи рацәак “аҳра“ ахьырмуаз, аха ажәеинраала аҵаки аидеиеи иахьацклаԥшуаз ажәеинраала шкәакәақәа ҳәа изышьҭаз аформа акәын. Уи ҳара ҳлитератураҿы уаанӡа традициа дук амамызт, аха уара упоезиаҿы иуҳәар ауазар “еизыкәкәеит”. Сара хаҭала усазҵаауазар, усҟангьы уажәгьы даара сазыразуп уи аҩыза “арҿыцра” ахьалаугалаз ҳпоезиа, избанзар, формак амацара апоезиа аизадара иазааигәахар ҟалоит, аексперемент бзиа “ӡышхәаҵас” ианахәо ыҟоуп. Раԥхьаҵәҟьа уи иаҿагылаз апоет-аҵарауаҩ Владимир Анқәаб ашьҭахь ибзиан исгәалашәоит игәы шхьаԥссаз, ҳлитературатә хәылԥазқәа рҿы иҳаиҳәон упоезиа ирласы-рласны ҳаԥхьаларц, знык иаҳзеилымкааит ҳәа ҳнаханы иқәҳамҵаларц ушәҟәқәа, уажәеинраалақәа “рыҵанӡа” ҳнеиаанӡа ҳарԥырымҵларц.
– "Аӡы хәашьызар уи ҵауылоуп ҳәа аанагаӡом"- ҳәа сҩыза Денис Чачхалиа Москва, алитературатә институт асеминар аҿы сажәеинраалақәа анеилдыргоз ииҳәаз сымгәаакәа аилкаара ахьсылшаз саԥхьаҟа даара исыхәарҭахеит. Егьырахь, саҭомҵан аха, "алитературахь уцәырҵра ҿыцын" - ҳәа иуҳәогьы зынӡагьы сақәшаҳаҭым. Издыруада, аԥсуа жәлар рпоезиа аҷыдарақәа инҭкааҵәҟьаны иахьысзымдыруаз иахҟьозҭгьы лассы-лассы исҳәарц исҭахыз сҳәазшәа ахьыснарбоз? Нас, уи амаӡақәа сзаатуа саналага ауп агәра анызга "ажәақәа реинраалара" шакәым апоезиаҿ ихадароу. Ииашоуп, аформа аҵакы иашьашәалазар еиӷьуп, аха ианамуаӡахгьы уи иаԥырхагамзар ауп. Ажәеинраала жәеинраалаҳтәуеит ҳәа арифмазы ажәа ҟьала "алымҳа ианкны" иааганы ацәаҳәа анҵәамҭаҿ идыргыло умбахьеи? Иахьынӡауа уи аҽацәыхьчалатәуп.
Художник Нугзар Логуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.07.2024
Аԥсны
Ҳбызшәеи ҳҟазареи ҳмалқәа зегьы иреиҳауп: асахьаҭыхҩы Нугзар Лагәуа иҿцәажәара - I ахәҭа
Баша иҳәаӡам "афизикеи алирикеи" ҳәа, урҭ аҩбагьы Анцәа Ду иуысхәуп, рыԥҟарақәеи дареи рышьақәгылашьақәа ауаҩы иҭахрақәа ирхьыԥшӡам. Рымаӡақәа узаартыр иаауыртит, иузаамыртыргьы дара ыҟан, иҟоуп, ишыҟоугьы инхоит. Ҳпоезиа азы "аклассикатә" форма ҳәа узҿу акәу, "аексперимент" ҳәа ззуҳәо аҩышьа акәу еиҳа иԥсабаратәу еилкааны иҳамаӡам. Сара усазҵаауазар, аԥсуа жәлар инапылаҩырам рпоезиа ду, "ачастушка" ҟазшьа змоу, "Фама, Фама, аколхоз ԥара уфама?" еиԥш иҟоу цәаҳәеиқәыршәақәак ракәымзар, "зхы иақәиҭу" поезиоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. "Ахақәиҭра" анакәхагьы, ҩнуҵҟатәи логикак, ритмк еиднамкылозар сцәаҳәақәа, ҳакритик ду, ҳпоет Владимир Аҵнариа "маҟаҿамҳәа, аххы инеилаҳауа" ҳәа ирзиҳәахьаз схы ансраалар акәхон. Ус изыҟамлеит, убри акәхап, "уҩымҭақәа рахьтә еиҳа угәы зызҭоу иарбану?" ҳәа иансазҵаалак аҭак аҟаҵара зысцәыуадаҩхо. Поезиа хаҭоуп ҳәа ззысҳәаша акы шԥасзаԥымҵари ҳәа сышгәыӷәуаз хынҩажәеи жәохә шықәса нысҵит…
– Геннади, сара есымшагьы ихааӡа исгәалашәоит уара ажурнал "Амцабз" аҿы аҭакзыԥхыкәу маӡаныҟәгаҩс аус анууаз, (усҟан шәредакциа Н. Лакәаба ихьӡ зху амҩадуаҿ иҟан), ҳара ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа ирлас-рласны уахь ҳашноуԥхьоз, ҳажәеинраалақәа реилыргара шеиҿукаауаз. Насгьы, ҳара ҳабиԥара ахаангьы иаҳхашҭӡом уа редактор хадас усҟан аус зуаз ҳаамҭазтәи аԥсуа классик Алықьса Гогәуеи, ҳсахьаҭыхҩы бзаиаӡа Валери Гамгиеи, даара абаҩхатәра ду змаз ҳашәҟәыҩҩы Даур Занҭариеи уареи ажурналаҿтәи шәусура, уа еиҿкааны ишәымаз ҳарҿиаратә интеллигенциа зегьы зҵазкуаз шәхәышҭаара ду… Уахь имҩахыҵуан ашәҟәыҩҩцәа рыдагьы аҵарауаа, асахьаҭыхҩцәа, ашәаҳәаҩцәа, ажәакала ҳдоуҳатә культуреи уаҵәтәи ҳажәлар рԥеиԥши згәы азыбылуаз зегьы. Геннади, ишԥаугәалашәо уара урҭ амшқәа?!
– Уара "ихааӡа" иугәалашәо "Амцабз" аҿы ауыс анаҳуаз ашықәсқәа сара сзын ԥсҭазаара дук зҵазкуаз аамҭа ссирны инхеит. Алықьса Гогәуа, Шьалуа Ҵәыџьба, Валери Гамгиа, Сарион Таркьыл, Даур Занҭариа, Цабу Киутԥҳа, Мери Кәҵниаԥҳа рыбзоурала ари ахәшҭаара, уара уажәақәа рыла иуҳәозар, ҳдоуҳатә культуреи уаҵәтәи ҳажәлар рԥеиԥши згәы азыбылуаз рзы еибабарҭа, еицәажәарҭа ҭыԥны иҟалеит. Аӡы ииасуа ҩынтә узҭалара аиҳа, иҳаҩсхьоу аамҭа узыхынҳәраны иҟаӡам. Иҟазаргьы, угәалашәараҿ ауп иахьынхаз, уаҳа џьаргьы. Убри акәхап, ашықәсқәа цацыԥхьаӡа, раԥхьатәи ушьаҿақәа ахьеихыугаз уашҭа гәакьахь угәы шуыхо еиԥш, уԥсҭазаара мҩа ианугаз агәалашәарақәа рыла уԥсы ҭазар еиӷьоушьо узалаго.
Ҳаири Қәтарба - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.04.2024
Аԥсны
Зыԥсадгьыл ахь зшьа иархынҳәыз ашәҟәыҩҩы: Ҳаири Қәҭарба 65 шықәса ихыҵра иазкны
Хәшҭаарада "Амцабзгьы" зыҟаломызт. Ҿыц аҩра, асахьаҭыхра, амузыка аԥҵара, алитератураҭҵаара зҽазызкыз аҿар ирзынасыԥхеит акы зҿырҵаараны иҟаз, имҩақәызҵашаз аҟазацәа дуқәа абас ҭыԥк аҿы ирбалартә, ираҳалартә иахьыҟалаз. Усҟантәи ашықәсқәа рзы иҭҳажьуаз "Еҵәаџьаа" аизгақәа ирнылоз, иӡыхьны иныҵхәрааны, нас ирҩашханы алитература аӡиас ду иаланлагалоз аҿар рҩымҭақәа санрызхәыцуа, сџьабаа хәыҷык ахьрыду азы схы сгәы ақәбзиахоит. Сгәы иалоу иахьазын усеиԥш аихаҵгылара, агәеизыбылра ахьҳамам ауп. Дырмит Гәлиа инаиркны ҳашәҟәыҩҩцәа дуқәа зегьы баҳчааӡаҩцәан ҳәа рзуҳәар ауеит. Урҭ еиҵарааӡаз ашәҟәыҩҩцәа рҭаацәароуп, аҭоурых азы имаҷу аамҭак иалагӡаны аԥсуа литература адунеизегьтәи алитература иахәҭакны аҟалара алзыршаз. Уа ҳаангылар ҟалом, аӡәаӡәала ҵәҩанк ала аанда ҳашшуеит ҳәа ҳаналагагьы хара ҳазнеиӡом, еиҳау аҳаракырақәа ҳажәҩахыр еибымҭакәа ҳзырхаларан ҳаҟаӡам. Исықәшаҳаҭым дҟалозаргьы, алитература, Дырмит Гәлиа хаҭала ауасхыр азышьҭеиҵазаргьы, иҩызцәа иман ахра ҿҟьара даҿамлазҭгьы аԥсуа литература ахан хьыҵәцара зышьҭымҵыргьы ҟалон. Уи ус шакәу азы шаҳаҭра руеит Дырмит Иасыф-иԥа абарҭ реиԥш ицәаҳәақәа: "Аԥсуа литераторцәа раԥхьа дгылан Самсон Ҷанба. Уи изкны агазеҭ "Аԥсны адаҟьаҿы ажәақәак зыҩхьан. Уи инаишьҭарххны даацәырҵит, абаҩхатәра бзиа злаз, апоет Иуа Коӷониа, насгьы иҵегь аҿар ааиҵаҩҩит… Асовет мчра анышьақәгыла ҳлитература агәақьҳәа имарымажаха азҳара иалагеит. Иахьатәи Ашәҟәҩҩцәа реидгылаҿ абас иҟоу апоетцәа, иаҳҳәап, Баграт Шьынқәба, Алықьса Лашәриа, Иван Ҭарба, Кьыршьал Чачхалиа, Алиошеи Ҷыҷыкәеи Џьонуаа, Кумф Ломиа уҳәа аӡәырҩы назлоу ачленцәа рхыԥхьаӡара ҩынҩажәаҩык рҟынӡа инаӡоит. "Иҽаҩра" цәгьамҳәа сыҟоуп! Иара саргьы даара сеигәырӷьоит алитература мхы схала сахьҭамхаз"…
Зыԥсҭазаара шықәсыла изымшәоз Дырмит Гәлиа игәахәтәы дахьиигӡеит Ҳазшаз – ижәлар адунеи ду иалахәны иҟазҵаша аҳаракырахь амҩа лаша дирбеит.
– Геннади, ҳаԥсуа интеллигенциа иҟарҵаз аҳәарала, аибашьра иалагаанӡа шықәсқәак шыбжьаз, усҟан апартиа Аԥснытәи аобком Актәи Амаӡаныҟәгаҩс иҟаз Борис Виктор-иԥа Адлеиба иҟаиҵаз ацхыраарала ҳаинтелигенциа аӷьыраҩык зегьы Аҟәа агәшашараҿ иреиӷьӡаз Ахан усурҭа ҭыԥс ирырҭеит, (иахьа Аԥсуа институт ахьтәоу). Уаҟа иҟан Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла, ажурналқәа “Алашара”, “Амцабз”, “Аԥсны аҟазара”, “Атетртә еилазаара”, раԥхьаӡатәи Аԥсны аполитикатә хеидкыла “Жәлар рфорум”, уи анапаҵаҟа иҟаз агазеҭқәа “ Аидгылара”, “Единение” аԥсышәалеи урысшәалеи уҳәа убас ирацәаны. Изхысҳәаауа, ажурнал “Амцабз” аредакциа уи ахыбрахь ианнеи, ажәлар рацәаҩӡаны шәара ишәхьыԥшны уахь анеира иалагахьан, Аԥсны алахьынҵазы згәы ҭынчмыз, иаацәгьарахаргьы аҽеидкылара иашьҭаз, згәы цҳафыруаз зегьы шәышә илагылан. Уброуп “Аидгылара” ахы ахьарҵасыз уҳәар иашоуп ҳәа сгәы иаанагоит.
– Ари адунеиаҿ акгьы машәыршәа иҟалаӡом. Иџьашьатәӡам, иаҳхысыз ашәышықәса алагамҭаз "Кьаразаа" драԥхьагылан зыжәлар ахақәиҭра рзаазгаз Нестор Лакәаба Аԥсны деиҳабны дахьтәаз Ахан аҟны иара убри ашәышықәса анҵәамҭазы аԥсуа жәлар рдоуҳатә центрны иахьыҟалаз. Ус иҟамлар акәын иџьашьатәыз. Аидгылара анаҭахым ҳәа аамҭа ҟамлаӡацт. Уи иацы иҟамкәа, иахьа иаԥшьганы уаҵәы имаҭәахәымхо иҟалаӡом. Ауааԥсыра жәларызтәуа аидгылара ауп ҳәа рыԥхьаӡон аԥсуаа ахаангьы. Убри ауп ҳара ҳажәлар рыԥсҭазаараҿы аидгылара аԥшьызгаз ҳәа аӡәы далкаан иӡбахә аҳәара зиашам. Даҽакуп уи иазааԥсаз, ианаҭаххагьы зхы ақәызҵаз рыхьӡ-рыԥша ҳҭоурых иазынхазар.
Хра злоу ахҭысқәа: Аламиа Аԥсуа -абаза жәлар Жәларбжьаратәи рконгресс иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.10.2022
Арадио
Аламиа аԥсуа-абаза жәлар рконгресс азы: кавказаа мчы дуны ишыҟалаз адунеи зегьы ирбеит
– Уареи, уара уҩызцәа ҳаԥсуа интеллигенциа даҽа гәыԥҩыки шәцәа иалашәахьан Аԥсны аибашьра ҟамлар шамуаз, ақырҭуа милаҭ ԥсааҩгарҭак шаароулак бџьаршьҭыхла иҳажәымлар шырымуаз. Убри азы, ҳажәлар азыҟаҵалатәын ацәгьагьы, абзиагьы. Аибашьра иалагаанӡа уара даара акырынтә Нхыҵ Кавкази, ҳашьцәа ахьынхоз мшыннырцәи уцахьан. Ианшәарҭаха аамҭазы, рашьцәа аԥсуаа рыцхырааразы Аԥсныҟа забџьар шьҭыхны зҿаазхаз рацәаҩӡоуп… Уи аҭоурых иахашҭӡом, иалаԥшыз аӡәырҩгьы ирҩхьеит, наҟ-наҟгьы иҵегь ирҩып ҳәа сгәы иаанагоит, иара уара ухаҭа уаҟара изгәалашәода усҟан ишәхыжәгаз, шәызлаԥшыз, Аԥсны хаҵарала иҭахаз ҳашьцәа нхыҵаа рыҷкәынцәа ркәыба уаҵагылан рашҭақәа рҭалара шаҟантә иуқәшәахьааз, шаҟантә улабжыш угәы иҭаҵәо аҵыхәтәантәи рымҩахь ианынаскьаргоз урыхцәажәахьааз…
– Аҩажәатәи ашәышықәса анҵәамҭазы ҳажәлар зқьышықәсала иаԥырҵоз афырхаҵаратә епос харҭәаахеит аԥсуааи урҭ рашьцәеи ршьала иҩыз адаҟьақәа рыла. Иаҳзеиԥшу аепос афырхацәа Нарҭаа дуқәа, хьыӡрацара инҭыҵызшәа, азқьышықәсақәа ирылсны иааны иахьатәи ҳаамҭаз рхаҵара аарԥшны ԥсра зқәым аепос ахь еиҭахынҳәит ада ҽак исҳәаша схаҿы иааиуам, алакәи алабҿабеи еилазыӡҩаз, зеиԥш адунеи иамбац ари ахҭыс саназхәыцуа. Владислав Арӡынба Аԥсныҟа ихынҳәра зыбзоуроу ҳәа еимазкуа шәҩыла аиааира ашьҭахь ишцәырҵыз еиԥш, ҳаибашьраҿы ҳашьцәа ааны иахьҳавагылаз зыбзоуроу ҳәа зҳәо дара иааз раасҭа еиҳаума уҳәо аҟынӡа инеихьеит. Уигьы бзиазар акәхап, аӡәы дшәаны, зны иԥсеиқәырхаганы иаҳзыҟалаз ауыс ԥшьа ихы алиршәшәо аамҭацәгьак анцәа иаҳзаауымган! Зегьы ирыцку, ҳара зегьы иаҳгәалашәозар ауп, ҳжәлар наџьнатә аахыс ирухьо абзиара хынҳәны ишырԥылаз. Уи згәалашәо абзиеи ацәгьеи ицәеилагараны дыҟаӡам.
– Геннади, уара Аԥсны раԥхьаӡатәи Ахада Владислав Григори-иԥа уидгылан реиҳа ианыцәгьаӡаз ашықәсқәа рзы, аԥсуа-қырҭуатә еибашьра иалагаанӡеи, аибашьра аани, уи ашьҭахьтәи ашықәсқәеи рзы. Иара иоуп уара уажәақәа ирылху “Аԥсны агимн” Аҳынҭқарратә комиссиа ирыдызгалаз, иагьадгылаз… Иаҳзеиҭоуҳәар ҳҭахын убри ахҭыс иазкны угәалашәарақәак.
– Владислав Григори-иԥеи сареи ҳаибадырит Москва 1968 шықәсазы. Снеихьан иҩны, ауыс ахьиуаз Мрагылараҭҵаара аинститут аҟны. Сара дыстәны дахьысыԥхьаӡоз азы акәу сыздыруам аха, дахьыҟазаалак дызлаз зегьы дрылыҷҷаауашәа збон. Ус дагьыҟан. Кыр шықәсқәа рышьҭахь, иара изкыз ашәҟәы анеиқәсыршәоз, адунеи аҿы еицырдыруаз аҵарауаа В.Г. Арӡынба изкны ирыҩуаз санаԥхьоз дызлаз дшеицгәарҭахьаз, рҩыза бзиак еиԥш ишизыҟаз, ҵарауаҩ дуны дшыршьоз збон, уи сара саҟара сыцнаҵон, шықәсқәак дсеиҳабызаргьы, сықәлак еиԥш, егьырахь аӡәгьы исызиамҳәоз сымаӡақәак анизаасыртуаз ыҟан. Иџьасшьоз уи аамҭа дшазыҟаз акәын. Иԥсадгьыл аҭоурыхи, изҭагылоу аамҭеи, уаҵәтәи амши ҳәа еилымхкәа, ахаҿсахьа гәылырҭәааны ишибоз еиԥш избо рацәаҩӡахар иҭахын. Еиҳарак аԥсуаа. Иԥсадгьыл иазыԥҵәоу аамҭа еихша-еиҩшан акәымкәа, еилшәарада жәлар ргәаҿы ԥсаатә ссирны аҭыԥ аназымҳа, шьҭада азеиԥшаамҭа ишналаӡуаз идыруан иара. Убасоуп "Аԥсны Агимнгьы" аиишьа шыҟалазгьы. Аҭоурых шьаҭа змам ажәақәа, амузыка гимнны изыҟалаӡом, иаԥызҵаз ажәлар роуп ҳәа азырҳәарц акомпозиторгьы апоетгьы рыхьӡқәа шаҟа лассы ирхашҭуа еиӷьуп.
Агимн Ҭаҭарсҭан аҳҭнықалақь Казан ианҵаны ианаарга нахыс Владислав Арӡынба игәы аладуны шаҟаҩ азирӡырҩыз аҳәара уадаҩуп. Москватәи уаҩ дук дазыӡырҩны, "ари еиԥш агимн Китаи еиԥш тәыла дук иақәнагоуп" аниҳәа, Аԥсны Ахада "ҳара ҳҳәынҭқарра Китаи еиҵаны иаҳбаӡом" ҳәа ииҳәаз иахьа уажәраанӡа ажәлар рҿы еиҭарҳәоит.
Аҩынтә раан Агимн Москва, Урыстәыла арадиои ателехәаԥшреи иртәу аҳәынҭқарратә симфониатә оркестр аҿы ианырҵараны иҟан. Уахь ҳцеит Нодар Ҷанба напхгара зиҭоз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә капелла, акомпозитор В. Ҷкадуа, сара. Адунеи иакәшан иҭалахьаз аоркестр артистцәа азныказ ҳаараҭәарымшьазшәа збеит. "Лассы наҟ ҳалганы уарашк аажәындаз" ҳәа шеибырҳәазгьы саҳаит саԥхьа итәаз ҩыџьа аскрипкарҳәаҩцәа. Арахь аоркестр анапхгаҩы дахьзымааз иахҟьаны Нодар Ҷанба уи иҭыԥ ааникылар акәхеит. Уи зынӡа рхы аарыхнахӡеит аԥшәмацәа. Ҩба-хԥа минуҭ роуп ииҭаххаз Н.Ҷанба аоркестр инапаҿы иааигарц азыҳәан. Лабҿаба избеит аҟазара иашаҵәҟьа ззымиааиуа мчы шыҟам. Акопеллаа аоркестр ашәа анацырҳәа нахыс ара аҳра зуаз аԥсуа музыкеи аԥсуа артистцәеи аԥсуа дирижори ракәын. Уажәраанӡа ауарашжәра иахыццакуаз артистцәа, Агимн анҵаразы ахә зыхшәаау аамҭа шәазымхәыцын, иахьынӡаҭахыу аус шәыцаауеит ҳәа иаақәгылт. Абасала, ҳгимн хаҭабзиара ҳаракыла иҭаҩны ауыха зегьы ҳшеицыз Москва амҵа Пахраҟа сҩызцәа Шведоваа рахь ҳцеит. Рчеиџьыка рнапы иқәыргыланы иаҳԥылеит аԥшәмацәа, урҭ ргәылацәа. Аҵх агәы еиҩнашаанӡа ақалақь хәыҷы иахыҩан аԥсуа, аурыс ашәақәа, иара Агимн ахаҭа. Уи ауыха зхы акыз аиҩызара иахьа уажәраанӡагьы рыбла аҷыц еиԥш ихьчо, еихаҳауа иааргоит иалахәыз зегьы. Исхашҭраны сыҟаӡам уаа ҩынҩажәеижәаҩык ҳаицны ҳнеирц ҳҭахыуп ҳәа санырзас аԥшәмаԥҳәыс "иаԥсыуаазар рыԥхьаӡара аҭахӡам, шаҟаҩ зааиуа ааиааит!" ҳәа илҳәаз. Нас уара иаԥсыуаам ҳәала!
– Адунеитә литература иадыруеит ашәҟәыҩҩцәа дуқәа раԥхьа даҽа ҭҵаарадырратә хырхарҭақәак рыла иалагоз, зынӡа алитература иазааигәамыз аҵараиурҭақәа ирылгоз, аха нас, ани ирылоу акәиц иамышьҭкәа, даҽа лашарак харантәи "ихәыҵыԥхан" иднарбо ианалагалак, уахь, дара "ртәыҵәҟьахь" имиасыр ауӡомызт. Ҳлитератураҿгьы, уареи, ашәҟәыҩҩы Даур Наҷьҟьебиеи физикала шәалагеит, уи ала аҵараиурҭақәа шәырҭалеит, шықәсқәакгьы уаҟа аҵара шәҵеит, аха нас шәбаҩхатәрақәа "рхы шәҭадырԥеит!" урҭ ирзааигәаз аҵараиурҭақәа шәырҭалан шәрылымгар рымуит. Шәҩыџьагьы шәызтәыз адоуҳа шәнапқәа аанкыланы шәагеит. Маҷк иаҳгәалаҳаршәап урҭ ашықәсқәагьы, афизик-лирикцәа рқәыԥшраамҭа.
– Уфизикны уажәыр уԥсҭазаара лирикатә ҵыҵӷәык шамаз узеилымкааӡакәа унымҩасыр ҟалоит. Улирикымкәа аԥсабара маӡак узаҵхраны уҟаӡам. Машәыршәа иҟамлазар акәхап Даургьы саргьы аҳа ҳақәлан аҵәа ҿаҳхырц ҳахьалагаз. Акы заҵәык издыруа афизикеи алирикеи усҟак "еицәтәыму" шәырхкқәаӡам. Урҭ реиҿыбаара ҳмыхәазар иаҳԥырхагамхаӡеит. "Зхы ҳҭазырԥаз абаҩхатәрақәа" ҳәа узҿу ҽаҩрак ҳзаарышьҭзар Даур иҩымҭақәа рҿы меигӡарахда иуԥыло алирикатә хьаҵрақәа ирыбзоуроу рацәаӡоуп. Саргьы, "иҩымҭақәа реилкаара уадаҩуп ҳәа зсзырҳәо, сшамкәа сшаны сзықәнагалаз ари адунеи злеибарку аԥҟарақәа ржьакца рықәхны аԥхьаҩцәа "ирҿасырҷҷарц" сахьаҿу акәзар ҟалап.
Амиран Адлейба - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.02.2024
Аԥсны
Дуӡӡак аҟынтәи ҳаауеит: Амиран Адлеиба иҿцәажәара
– Уара уабиԥара апоетцәа ҳлитератураҿы даара рышьҭа ӷәӷәаны ианырҵеит. Хашҭшьас ирымои Таиф Аџьбеи, Рушьбеи Смыри, Рауль Лашәриеи. Урҭи уареи ԥсык еицышәхан, иахьеи уахеи шәеицын. Сара агәра згоит урҭ ирлас-ырласны ишугәалашәо, иахьа уиубилеи ԥшӡа аламҭалазгьы дареи уареи ишәызку угәалашәара ҟәандақәа ԥыҭк уҳазрылацәажәар ҳҭахын.
– Таиф Аџьба, Рауль Лашәриа, Рушьбеи Смыр… Ииашаҵәҟьаны арҭ апоетцә дуқәа идыргылаз апоезиа абааш аҭӡы хаҳәк аналшәа инеилаҳауеит, уаҳа акагьы. Дара, нас егьырҭ рылымкаа инысҵыз ашықәсқәа схы рхызбаауеит. Урҭ, сҩызцәа гәакьақәа, сыԥсҭазаара иахәҭакын, ус иагьынхеит. Ршьапышьҭыбжь зныҩуа амҩақәа, рашәаҳәабжь зхыҩуа ашьхақәа рыла еибаркыу ари адунеи дара рцәа ахыскаауеит. Ианыгәхьаазгалакь рҩымҭа ссирқәа снаргәлалан исыԥшаауеит, срацәажәоит, сыгәҭыхақәуа расҳәоит. Ус ҳнеилап ҳаиқәшәара аҟынӡа…
– Геннади, уара даара иҵаулан ихәыцуа поетуп, зны-зынла уцәаҳәақәа романк иазышьҭымхша аидара иаҵоуҵоит, урҭ знык срыԥхьеит ҳәа урыдҵны узцаӡом, хынтә-ԥшьынтә ухынҳәны уанрыԥхьалак ауп, иуарҳәарц ирҭаху аҵакы ангәылшәо. Уи поезиа цқьоуп, ҟазароуп, убри азоуп уара аҩра уанналага ашәҟәыҩҩцәа дуқәа Алықьса Гогәуеи Фазиль Искандери иаразнак ушәҟәқәа изрыхцәажәаз, раԥхьажәақәа зырҩыз, аҳәатәы зроуз. Ус анакәха, уаргьы ҳлитератураҿы иумоуп угәы иҭаҵәаху апоетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи рҩымҭақәа, тәыла харак аҟынтәи уҩныҟа уаныхынҳәлак угәы аԥсы шашьо еиԥш, угәы аԥсы ахьашьо, урыԥхьацԥхьаӡа маӡак-маӡак узаазыртуа, мчы ҿыцк улазҵо, лашарак ацәаара узырбо.
– Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы сырзыхынҳәит кырытә сзыԥхьахьаз, сгәы иҭаҵәахны исымоу аԥсуа поетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи рҩымҭақәа. Уара иуҳәан еиԥш, тәыла харак аҟынтә уаныхынҳәлак угәы аԥсы шашьо еиԥш, угәы аԥсы азыршьо, урыԥхьацԥхьаӡа маӡк- маӡак узаазыртуа, мыч ҿыцк улазҵо, инахараны лашарак узырбо аҩымҭақәа рыла сыԥсы ҭоуп иахьа сара. Срыԥхьоит, сеиҭарыԥхьоит Дырмит Гәлиа, Баграт Шьынқәба, Иуа Коӷониа уҳәа рҩымҭа ссирқәа. Излаилшазеи абысҟатәи баҩхатәра рырҿыхара! – ҳәа сизхәыцуеит аԥсуа литература ашьаҭаркҩы.
Народный поэт, академик Академии наук Республики Абхазия Мушни Ласурия. - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.01.2024
Аԥсны
Жәлары зегьы бзиа еицырбо арҿиаҩы: Мушьни Лашәриа 86 шықәса ихыҵит
– Ҳара аԥсуа жәлар ҳмилаҭтә зҵаарақәа раԥхьа игылоуп ҳхыԥхьаӡареи ҳбызшәеи. Аҩбагьы еизааигәаӡаны еидҳәалоуп азы, еицумыӡбакәа, шьаҿа ӷәӷәак аҟаҵара цәгьоуп ԥхьаҟа. Геннади, уара урҭ уахи-ҽни урызхәыцуеит, иуҳәар ҟалоит, упоезиагьы, уԥсҭазаарагьы зегь дара ирызкуп ҳәа. Аха изааӡари, иахьа урҭ аҩ-зҵааракгьы ҳгәы ишаҭаху ӡбашьа рмоуит, адәахьала уахьахәаԥшуа, иаҳԥырхаго аӡәгьы дыҟаӡам, ҳаҿиартә, ҳаизҳартә, ҳбызшәала ҳцәажәартә алшара ҳамоуп, аусаҿ ҳаннеилак, мчык џьара иҳахан ҳагоит, ӡыбларак ҳаанахәоит, убри аҽаҭан ацара иаҳа иаҳзыманшәалоушәа аабоит, аҿагылара аасҭа. Даара ишәарҭоуп ауаа, ҳара ҳахьцалакгьы иҳацу абанҭ уара уцәаҳәа бзиақәа зхашҭуа: "Иԥсҭазаара ҭацә шԥаласу, зшьа иалоу згәаламшәо!.."
– Уара узҿу, аԥсуа бызшәа ҳәынҭқарратә бызшәоуп ҳәа аконституциа иану еилазго аҳәынҭқарра аӷацәа роуп. Урҭ ртәы анцәа ибароуп, ԥеиԥшда иқәхараны иҟоу ахәыҷқәа ирхароу шысзеилымкаауагьы, уи азҵаара салацәажәарц сҭахӡам.
– Санхәыҷыз, саб "Амцабз" аредакциаҿ снапы санкны саннеигоз аҽнеиԥш иахьагьы сызцәыԥхашьо, иахьагьы зпоезиа бзиа избо, зажәеинраалақәа рацәаны ҿырҳәала издыруа, зыԥсҭазаара аӷьырак зегьы зыжәлар реиқәырхареи, Кавказтәи ҳаешьара жәлар рыгәҭа ҳгылазарц изылшо зегьы ҟазҵаз, дареи ҳареи ахьтәы цҳа ҳабжьазҵаз, Геннади Аламиа 75 шықәса ихыҵит!.. Иугәаламшәои, Баграт ду 60 шықәса даннеи абас ааҭирҟьеит:
Ех, аф зысша хынҩажәа,
Саршлаӡаргьы, уаҳа егьамчым!..
Ааи, ааигәатәи абиԥара иатәу, иреиҳаӡоу аҳаракыраҿ ҳлитература хазгалаз ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа - Шьынқәбеи Гогәуеи ирцәагаз аамҭа рацәоуп ажәлар рымаҵура, рхьаа аныҟәгара, рҿахәы аҳәара. Аха нас, иара аамҭа дара рахь иархынҳәит убри аҩыза амч, рбаҩхатәра иаԥнаҵартә еиԥш, аԥсуа жәлар адунеи иқәнаҵ ирхамышҭуа, рда иҭахәмаруа раԥсуа шьеиԥш ирыцзаауа арҿиамҭақәа. Уара иаԥуҵахьоу арҿиамҭақәагьы убарҭ адуқәа урывадыргылоит, насгьы, апроза ашықәс уааины уҭагылеит. Ирҳәоит, алитаратураҿы зегьраҵкыс ихаауп ҳәа, апоет апрозахь даниасуа ишьапышьҭыбжь. Уи апрозатә "дгьыл" уара уҿы макьана “ҵкәа" амаӡам, ус анакәха, рыцкгьы ахькамшәац адгьыл, хымԥада имарымажахоит!!!
Ажәабжьқәа зегьы
0