Аԥсны

"Аԥсуа цәа зхаз зегьы рцәымӷын": Белла Барцыцԥҳа аибашьра ашықәсқәа рызтәи лгәалашәарақәа

Sputnik
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҩбатәи амш аҽны, аӷа хәымга Гагра араион далалеит. Ирацәаҩхеит ақырҭқәа рнапаҵаҟа инхаз аԥсуаа. Ауажәларратәи аполитикатәи ус знапы алакыз ҭҟәаны иргон, идырҳәацәон, ирыԥҟон, иршьуаз ршьуан, иаанхоз ҭаркуан. Маӡала, амшын аԥшаҳәалеи шьхалеи Бзыԥҭаҟа ииасит, Ԥсахарала ацара иахьымӡаз аҳәсеи ахәыҷқәеи. Урҭ рыбжьара иҟан ԥықәсыларада изымцазгьы. Ирмаӷькәа, рмилаҭра ладмырҟәыкәа иоурыжьуамызт. Апоетесса Белла Барцыцԥҳа дыруаӡәкыуп, аӷацәа ирыцәцаз. Аха, ақалақь аҟны дахьынӡаҟаз илбаз ргыгшәыграқәа маҷӡам. Уажәы ишәыдызгалоит лара лгәалашәарақәа.
Аибашьра шалагаз ажәабжь хьанҭа Белла Барцыцԥҳа илаҳаит Бзыԥҭа. Уи аҽны Барцыцаа рҟны рыцҳаран. Анышә дамардон, ҩымз зхыҵуаз асаби деиҭымны дынзыжьыз аҭаца қәыԥш.
"Нанҳәа 14, 1992 шықәазы, Бзыԥҭа Арасаӡыхь ҳаиланхарҭаҟны, 22 шықәса зхыҵуаз саб ашҭа ицҭаз Мақьҭаҭ Барцыц иҭаца қәыԥш анышә дамаҳдон. Аԥсы лықәгара сааҭк аҟара шагыз, ҿыц ашҭа иҭалоз аԥсҵәыуацәа ажәабжь ааргеит. Ана-ара ауаа еилагыланы ацәажәара иаҿын. Ус ауадаҟнытә ателевизоргьы абжьы геит. "Унан, ҳдырԥхашьеит, ателевизор ҿазкда" ҳәа сыҩны снеизар, ҳдиктор Зураб Аргәын аӷацәа рҽеибыҭаны ишҳажәлар атәы аҳәара даҿын. Ҳазегьы ҳаԥсы лахь ҳнеиру, мамзар ателевизор ҳахәаԥшру ҳзымдыруа ҳаилагьежьуа ҳаанхеит. Ус ҳхаҿы ҳахшыҩ ааганы, ҳҭаца рыцҳа лымҩа дықәҵаны, доус рыҩнқәа рахь идәықәлеит. Сыԥшәма имашьына инҭатәеит Миша Нанбеи иԥшәмаԥҳәыс Наҭелла Анқәабԥҳаи. Пицунда абжьаларҭаҟны ҳшааиуаз, "уахь шәабацо, аибашьра иалагеит, шәгьежьы" ҳәа ҳааныркылеит Гагрантәи иаауаз ҳдырцәа. Аха ҳаӡӷаб Мака лхала аҩны дыҟан, ҳамцар ауазма", - аибашьра раԥхьатәи амш лгәалашәоит Белла Барцыцԥҳа.
Аԥсны
"Аибашьра ҳахьӡеит аҩны": Зарина Басныкԥҳа-Коӷониа лгәалашәарақәа
Аԥсҵәыуацәа Ԥсахара ианааи, аҭыԥантәи ақырҭқәа рыҽкылцаны игылан. Ииасуаз амашьынақәа зегьы аанкыланы, аԥсуаа ахьҭатәаз агәаҭара ӷәӷәа ихрыжьуан. Лаԥшыҵашәара ахьроуаз бџьарла ирықәымчуа амашьынақәа рымырхуан. Иҭҟәаны иргоз рацәаҩхеит.
"Ҳмашьына анааныркыла, аԥенџьыр аҟнытә ҳгәыла Мурман Џьаниашьвили дызбеит. Ҳара шҳакәу ибап ҳәа сыҩҭыҵны ижәҩахыр санааха снапы дасит. Наџьнатә аахыс аиӷара ҳабжьазшәа илақәа ирцәгьаны дсыхәаԥшуан. Анцәа имчала мыцхәы ҳадмыргәаҟӡеит. Аҩныҟа ҳааит ҳаццакы-ццакуа. Ашҭа ҳанааҭала, Мака дҵәыуо даҳԥылеит, аҩны иҳамаз ҳаԥсшьаҩцәа цахьан", - еиҭалҳәоит Белла Барцыцԥҳа.
Адырҩаҽны, Цандрыԥшь аӷацәа рдесант ӡхыҵит. Ус аҭыԥантәи ақырҭқәа адгылара роуит. Гагра иалаханы иҟаз аԥсуа хацәа ирзышәарацо иалагеит. Акомпозитор Баграт Багаҭелиеи Белла Барцыцԥҳаи еиҩызцәеижьҭеи акрааҵуан. Уажәы-уажәы аҭел дизасуан дшыҟоу еилылкаарц. Аҵыхәтәаны, "сӡырҩуеит" ҳәа атрубка шьҭихит, аха иԥсыԥ алагаҩагарала илдырит акы дшақәшәаз. Уи аамҭазы дҭаркуеит ҳәа иааины иҿагылазаарын.
Аԥсны
"Гагра араион ахақәиҭтәра ашьаҭа ахьакыз": аибашьраан Бзыԥҭатәи аштаб аус шауаз
"Сгәылара инхон урыс ҭаацәарак. Ахаҵа амилициа аҟәшаҟны аус иуан. Иԥшәмаԥҳәыс Шура Морозовскаиа уахь ацара-аара азин лыман, дицхраалон азы. Ҽнак слыҳәеит Баграт ихәы бысҭоит, иқәыршәа ҳәа. Уи аамҭазы изҩыз "Ԥсоу уҷкәынцәа" захьӡыз ажәеинраала, "Баграт, ари гимнхоит, амузыка ҩтәуп" ҳәа аҵаҩны, ақьаад ааикәарҳәны ача иагәыласҵеит, суҭраҿы анашақәа ҿысхын, шәхак нацҵаны илысҭеит. Даҽа чахыкгьы апакет иҭасҵарц сҭаххеит. Аха сыԥшәма исабжьеигеит ус ишшәарҭахоз. Иалшон чахык ахьчаҩцәа рхазы иныркылар. Уаҟа ажәеинраала зныз ақьаад рықәшәар, Баграти, Шуреи, сареи иҽеимз аус ҳақәдыршәон. Ажәакала, анцәа игәаԥханы еиқәсыршәаз афатә кьыс амамкәа Баграт Багаҭелиа инапаҟны инеит. Иара, рыцҳа, ача ифарц азы напыла ианԥиҽа, "хәшәык агәылаҵаны исырҭама" ҳәа дааҟалеит ақьаад еикәарҳәы аниба. Нас изакәыз анеиликаа "Белла, бара мыжда, аамҭа бзиагьы быԥшааит" ҳәа алаф шиҳәазгьы аамҭак ашьҭахь исаиҳәеит", - ахҭыс еиҭалҳәоит апоетесса.
Баграт Багаҭелиа акамераҟны, Белла Барцыцԥҳа лажәеинраала "Ԥсоу уҷкәынцәа" азы амелодиа ихаҿы иааганы, ашәаны ибжьы ыҵакны ианаацәырига, егьи акамерантә ԥсыуа хаҵак ицирӷызуа далагеит. Нас еиликааит уи амилаҭ хақәиҭратә қәԥара "Аидгылара" аԥхьагылаҩцәа иреиуаз, Гагратәи аԥсуа школ аргылара аԥшьгаҩцәа ируаӡәкыз Ҳараз Чамагәуа шиакәыз. Иара ааха дадыргахьан. Аамҭак ашьҭахь, Баграти иареи аиҭныԥсахлара иақәшәеит.
Лиудмила Сергьегьиаԥҳа: "Аидгылара" ҳхақәиҭра иашьаҭахеит
Белла Барцыцԥҳа лыԥшәма Иасон Сыҷынаа дчеиџьыка уаҩын. Аҭынч ԥсҭазаара аан иҩнаҭа аԥсуа интеллигенциа иртәарҭан, иргыларҭан. Уажәгьы, ара еизо иалагеит ааигәа инхоз, Гагра изалымҵыз аԥсуа хацәа. Дара зегьы, Белла иларҳәо иалагеит лыԥҳа даашьҭхны дықәымҵыр ада ԥсыхәа шыҟамло. Усҟан дара ирыздыруамызт, Белла аибашьра ацара лгәы ишҭаз. Бџьарсгьы ишеиқәлыршәахьаз азеиԥш тетрадқәеи аҩыгақәеи. Ианлымхаҳәа, "бара ҩыџьа бхәыҷқәа анышә иабҭахьеит, ари деиқәырха, иабатәи еибашьроу" ҳәа илаӷьуа иалагеит.
"Аԥсуа университет аиҟәшара иалахәыз сгәыла Феликс Тҟьебучаа иҭаацәа, "шәыԥҳа дҳашәҭ, ҳара даҳҵәахуеит" ҳәа ансарҳәа, аӡыршы сықәырҭәазшәа "ахәыҷы дсыманы Гагра салҵроуп" ҳәа сааҟалеит. Феликс афашист ҳәа ззырҳәоз иакәын, иаб Грышьа аԥсуаа рзы аичырчаратә статиақәа ҩны ҳгазеҭ "Авангард" ианиҵон, нас сара иаҿаԥысҽуан. Абанҭ ракәызма зыгәра згоз. Ажәакала ақалақь ҳшалҵшаз азхәыцра ҳалагеит. Иҳаҳаит, Гагра ахәбатәи аиланхарҭа "Кемпинг" амшын аԥшаҳәала, аӡымҩангагатә цәаҳәақәа урықәсны уиасыр шыҟалоз. Сара саныхәыҷыз аӡы саанахәахьан аҟнытә ашәара сыман. Мака дызгаанӡа, схала аҭагылазаашьа ҭысҵаарц, аӡы аҩаӡара зеиԥшроу збарц сцеит. Сазусҭоу узымдырратәы ҭакәажәҵас сҽеилаҳәаны, сеихьыжә-еикәыжә ашарԥазы шьапыла ааҵрақәа рыла сҿынасхеит. Аҭыԥ аҟны саннеи аӡымҩангагатә цәаҳәа санықәгыла, иаҵсны ицоз аӡы саналаԥш сыхлахаҵ гьыжьны алада сҭаҳаит. Сааҭк анышәаԥшь злаз аӡы сызҭыҵуамызт, маҟҿаҳәаранӡа сылагылан. Цәгьаԥсышьала адгьыл санықәгыла, аҳәанҵәа сыхьтата шьҭахьҟа сеихеит. Аԥсуа школ ашҭа санҭала маҷк сыԥсы ааиқәаҳаит. Нас ԥшьала сындәықәлахт. Амҩахь амаӷқәа сцәырԥԥан, сшьапы ахьаагьы аиут. Аҩны санааи игәасҭеит сашьпы шхтыз. Скалошқәа аӡы ишагазгьы сзымдырит", - ахҭыс лгәалашәоит Белла.
Аԥсны
"Аибашьратә ԥышәа": Гагра араион ахақәиҭтәра иалахәыз Баҭал Ҭарба изкны
Адырҩаҽны, иҟалалак ҟалааит рҳәан, Беллеи Макеи аԥсуаа ахьгылаз аган ахь ицоз автобус рҽахьыргӡеит. Анцәа имчала, аԥсҟы зкыз аурыс машьынаныҟәцаҩ Ԥсахара дшааныркылазгьы уиаҟара дыдмырҳәацәеит, иаргьы еилҟьак иакәын дласны диасит. Беллараа Гарԥҟа иааит.
Иасон Сыҷынаа аҩны маӡала аԥсуа хацәа шидикылац идикылон. Ацәгьаҳәаҩцәа рыбз иахҟьаны, лассы-лассы ақырҭқәа неины иқәымчуан, аҵыхәтәаны ааха дадыргеит. Амцаҿы ижәуаз аҟәыд анырба, ирдырит аӡәы изы мацара ишрацәацәаз, "зхәы ҟауҵода" ҳәа иқәымчуа ианалага, ҿимҭӡеит рыцҳа, аха еилкаамзи ауаа дшырзыԥшыз. Усҟан шьапыла иасны ихдырбгеит. Иасон ихала данаанха, ииулак иҩызцәа рахь адырра ҟаиҵеит иҩны ишацклаԥшуа.
Белла Барцыцԥҳа мызкы инацны иҵхьан аибашьра адәаҟнытә дыррак лмоуижьҭеи. Убри аҟнытә илыӡбеит Гәдоуҭа иаԥҵаз апресс-центр ахь ацара. Оҭҳара абжьаларҭахь сылбаап ҳәа амҩа дананыла, длықәшәеит Баграт Багаҭелиа. Амҩа хадаҟны ираҳаит Гагра араион аӷа дшалцахаз. Иаразнакгьы арахь еихеит.

"Сгәы хыҭхыҭуа ашҭа санааҭала, снапала еиҭасҳаз араҵла амҵан сархив зегь былны ишьҭан. 37-тәи ашықәсқәа ирылаӡыз ирызкны еизызгахьаз аматериалқәеи исыцәԥсхьаз рфотосахьақәеи амца иахәлабгахьан. Еиҭа ԥсрахеит сара сзы… Нас еилыскааит ҳаҩнгьы рблыр шырҭахыз. Намыс змазгьы ыҟан ақырҭқәа рыбжьарагьы. Сгәыла, Уча Чарквиани ҳәа иҟаз дырҿагылазаап ацәгьоуцәа. Сыԥшәма иакәзар, иоуз аахақәа ирхырҟьаны имчкәа цаны аиара даман. Москва инхоз ҳҩызцәа аҭаҭарцәа рыбзоурала, Макеи иареи уахь исшьҭын, игәабзиара еиҭашьақәдыргылеит. Аха зегь акоуп ихьаақәа лассы-лассы рхы цәырыргон", - илгәалашәоит апоетесса.

Аибашьцәа ргәы зырӷәӷәоз ашәақәа аԥҵатәын, ҳажәлар агәыӷра рыҭатәын аҟнытә иус днадгылеит Баграт Багаҭелиа. Аха акультура аҩнахьы унеиуа иҟамызт. Ҩаԥхьа Иасон Сыҷынаа ишәқәа рзааиртит аинтеллигенциа ахаҭарнакцәа. Рзал аҟны Баграт Багаҭелиеи Ражден Гәымбеи аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥырго иалагеит. Белла Барцыцԥҳа лакәзар, зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз аибашьцәа рҭаацәа рахь лымҩа лырхеит. Лыхәҭаҵас лгәаҵа икылхны еизылгеит, анаҩс шәҟәны иҭлыжьит лҩымҭақәа "Ԥсоутәи аҵх", "Амцажәла абжьы" Гагратәи аԥсуа школи, Ирина Сыҷынааԥҳаи ирызку уҳәа жәпакы.
Зыжәлар рхьаа зырҿиареи зыԥсҭазаареи ирныԥшуа: Белла Барцыцԥҳа лиубилеи иазкны
Белла Барцыцԥҳа далахәын Владимир Касланӡиа иԥа анышә иеиҭамадара. Иара ибаҩ Пицунда абжьаларҭа иаԥну азеиԥш ԥсыжырҭаҟнытә иаб игәараҭахь иргон. Уи аусмҩаԥгатә зегьы зыблала избаз, згәаҵәа арӷәӷәаз аԥҳәыс анаҩс шаҳаҭра азылуит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, абҵарамзазы, Аҟәа ареспубликатә хәшәтәырҭа авара ижыз, хәажәкыратәи ажәылараан иҭахаз ҳҵеицәа рыбаҩ аҵхрагьы.
Аиааира 31 шықәса шахылазгьы, апоетесса иацтәи амш илзаҩызоуп. Уи иацу агәалашәара лыԥсҭазаара иашьагәыҭхеит. Лара игәнылгеит зыӡбахә лыҩхьоу зықьҩыла аибашьцәа рҭоурых. Урҭ дрыциит, аха лыбжа рылҭеит ианҭаха.