Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аибашьратә ԥышәа": Гагра араион ахақәиҭтәра иалахәыз Баҭал Ҭарба изкны

© Sputnik / Из семейного архива семьи ТарбаБатал Тарба
Батал Тарба - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2023
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 6 рзы иҵит 31 шықәса, Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟнытә ахы иақәиҭтәуижьҭеи. Ари агәалашәаратә рыцхә инамаданы иӡбахә шәзеиҭасҳәар сҭахуп ажәыларатә операциа иалахәыз, Леон иорден занашьоу, хышықәса раԥхьа зыдунеи зыԥсахыз Баҭал Оҭарбеи-иԥа Ҭарба. Аибашьҩы инысымҩа анҵоуп иԥшәмаԥҳәыс Мери Бигәааԥҳа лажәақәа рыла.
© Sputnik / Из семейного архива семьи ТарбаБаҭал Ҭарба
Батал Тарба - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2023
Баҭал Ҭарба
Нанҳәа 14, 1992 шықәсазы, Аԥсны аӷа хәымга данақәла, зыԥсадгьыл ахьчара иазгылаз дреиуоуп 29 шықәса ирҭагылаз лыхнытәи арԥыс Баҭал Оҭарбеи-иԥа Ҭарба. Аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы Баҭал дахәҭакхеит Леонид Аҩӡба командаҟаҵаҩс дызмаз акәылӡтанктә десант аибашьыгатә аршьаҟатә машьына (БМП) авзвод. Нанҳәамза анҵәамҭазы, БМП амашьынақәа рыхәҭак Гагратәи ахырхарҭахь иаашьҭын, аӷа ҳаибашьцәа иаанкыланы ирымаз ацәаҳәа ԥижәарц далагозар, аҿагылара иҭаразы.
Васили (Феликс) Базба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2023
Аԥсны
"Ажәылара раԥхьатәи амш": Гагра ахақәиҭтәраан иҭахаз аибашьҩы Васили Базба изкны
"Баҭал иҩыза, ари авзвод акомандаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩс иҟаз Рафаель Амԥар иҟнытә излаздыруа ала, ргәыԥ 35-ҩык аибашьцәа рыла ишьақәгылан. Реибашьыгатә машьына аекипаж №7 аоператор-ақәкыҩс даман Роберт Кәарҷиа, амеханик-аныҟәцаҩс дыҟан Лиова Ҷыҭанаа. Адесантникцәа иреиуан Рафаели Спартаки Амԥараа, Аслан Агәмаа, убра дрыцын Баҭалгьы. Адесантникцәа хықәкы хадас ирыман БМП адҵа хада нанагӡарц азы аӷацәа рҟнытә ахьчара", - лҳәоит Баҭал иԥшәмаԥҳәыс Мери Бигәааԥҳа.
Аекипаж №7 Пицунда, "Птицефабрика" ҳәа иахьашьҭоу аҟынтә амҩа хада рыцқьо иаауан. Ажәылара аҽны, арыцхә 2 рзы, аибашьцәа ӷәӷәала гагратәи авокзал аҿы аиҿахысрақәа ирықәшәеит. Ԥхьаҟа идәықәлар изымцо аҟынӡа рхеиҵаҵақәа нҵәахьан. Убасҟан Баҭал илшеит аамҭа кьаҿ иалагӡаны, ибылуа игылаз аӷацәа ртехника аҟнытә дара ирыгхаз аџьаԥҳаны аҭгара. Ус инаӡеит гагратәи амилициа аҟәшаҟынӡа. Убра рекипаж №7 ааха ӷәӷәа аиуоит. Дҭахоит аоператор-ақәкыҩ Роберт Кәарҷиа.
Освобождение Гагрского района - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.10.2023
Аԥсны
"Дахьымӡеит...": Гагра араион ахақәиҭтәраан иҭахаз Славик-Маҳаид Амԥар изкны
"Гагра араион Ахадара ахыбра аҿаԥхьа игылаз аӷацәа ртанк иеихсуеит ҳәа аекипаж №7 алахәцәа аҽазышәара анымҩаԥырга, иаразнак ирзақәмыршәаӡеит. Уи аамҭазы дара амилициа аҟәша аԥхьа амҩа хада иангылан. Ақырҭцәа ӷәӷәала ахысра анхдырты, адесантникцәа БМП илбааны ԥхьаҟа ижәылеит. Убра дырхәит Спартак Амԥар. БМП дшақәтәац даанхон Роберт Кәарҷиа, аха аӷацәа аибашьыгатә машьына ахыб иақәдыршәаз ахеиҵаҵа арԥыс иԥсҭазаара ҿахнаҵәоит. Гагратәи ажәылараан, арыцхә 5 рзы дҭахоит аибашьыгатә аршьаҟатә машьына (БМП) авзвод акомандаҟаҵаҩ Леонид Аҩӡбагьы", - лыԥшәма дызлахәыз Гагратәи аоперациа далацәажәоит Мери Бигәааԥҳа.
Джофик Цкуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.10.2023
Аԥсны
"Гагроуп аиааира ашьаҭа ахьакыз": аибашьҩы Џьофик Цкәуа игәалашәарақәа
Жьҭаара 6 ашарԥазы, аԥсуа еибашьцәа шьаҭанкыла Гагра араион аӷа даларцоит. Ԥсоу аҳәаа иахадыргылоит аԥсуа бираҟ.
Баҭал Ҭарба еибашьҩык иаҳасабала Гагратәи ажәыларатә аоперациа иалагӡаны аԥышәа ӷәӷәа иоуит. Уи нахыс ҽнакгьы аҩны даанымхакәа Шромаҟа дцоит. Далахәын Аҟәа аҭарцәра. Аиааира ҩымчыбжь шагыз Баҭал ахәра ӷәӷәа иоуоит, аха анцәа имчала иԥсы еиқәхоит. 2020 шықәсазы, аибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Баҭал Ҭарба, ихәрақәа ирхылҿиааз, акыр шықәса дзыргәаҟуаз ачымазара иԥсҭазаара ҿахнаҵәоит.
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ианалага ҩымз ааҵуаны, иԥсадгьыл ихы ақәиҵоит Баҭал иашьа гәакьа Даҳәыҟәа Ҭарба. Иара дҭахоит Алада Ешыра, абҵарамза 1992 шықәсазы.
Абхазские ополченцы контролируют дорогу на Гагро-Бзыбском направлении. - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2023
Аԥсны
"Зегь рыла дҿырԥшыган": Гагра ахақәиҭтәраан иҭахаз Даур Аиба изкны
Ажәабжьқәа зегьы
0